Перейти к содержанию

Ауаҩы

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Ауаҩы» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Ауаҩы (аҵакы).

Ауаҩы — иҭҵаау аԥсабара ахкқәа рҟынтәи зегь раасҭа зыхдырреи зхәыцреи еизырҳау, зыԥсы ҭоу ԥсабаратә, еилазааратә хкуп. Ауаажәларра-ҭоурыхтә усуреи акультуреи дырсубиектуп. Ԥсабарала ҳаамҭазтәи ауаа зегьы ахдырра змоу Ауаҩы ихкы иаҵанакуеит(алаҭ. Homo sapiens Априматқәа рыхкы, Амаамын ахкы ахкы, агомонид аҭаацәара алаҭ. Haplorhini), антропогенез ҳәа изышьҭоу, аеволиуциатә процесс ду абзоурала Адгьыл аҟны ииз. Ҳаамҭазтәи ауаҩы егьырҭ аԥстәқәа дрылызкаауа ҷыдарақәоуп иара еснагь иҽыриашаны иныҟәара, ихшыҩи ихәыцреи еиҳа ибзианы иахьыҿио, иара убас еилырго ицәажәара[1].

315 000 шықәса инарзынаԥшуа раԥхьа Марокко, Џьебел-Ирхуд инхоз зааӡатәи Homo sapiens исахьа шьақәыргыла.

Атермин «ауаҩы» иаанаго аилкааразы ԥшьы знеишьак иреиҵамкәа иалкаазар ауеит: ауаҩытәыҩса аԥстәқәа рсистематикаҿыалаҭ. Homo sapiens; ауаҩытәыҩса зыԥсы ҭоу адунеи аҳәаақәа ирҭысуа, идыру аҩаӡараҿы уи адунеи иаҿагылоу зыԥсы ҭоу акы аҳасабала; ауаҩы «ауаҩытәыҩса ихылҵ» аилкаара аҳасабала; ауаҩытәыҩса хаҭарак иаҳасабала[2]. Иара убас Ауаҩы (алаҭ. Homo) — Homo sapiens инаваргыланы, зыхәҭаак Homo sapiens ахылҵшьҭрақәа иреиуоу, иԥсхьоу ахкқәа жәпакы зҵазкуа, аԥсабаратә хылҵшьҭра иаԥсабаратә хьӡуп. Анхашьатә, адинхаҵаратә, афилософиатә еилкаарақәа рҟны, аҭҵаарадырра даҽакала иаҳәозаргьы, ауаҩытәыҩса амаамынқәа иара убас зынӡагьы аԥстәқәа дырхыԥхьаӡалаӡам.

Ҳаамҭазтәи ацәеижьеиҿартәышьа змоу ауаҩы (алаҭ. Homo sapiens )[К 1] 300 000 шықәса инарзынаԥшуа раԥхьа Африка адгьылҵакыраҿы дшьақәгылеит, Геиделбергтәи ауаҩы (мамзаргьы Родезиитәи ауаҩы) дихылҵны, уи ашьҭахь Африкантәи ддәықәлеит, хәыҷы-хәыҷла егьырҭ ауаҩытәыҩса хкқәа дрылаӡҩо, рҭыԥ аанкыло. Ҳаамҭазтәи ахымҩаԥгашьа ауаатәыҩса иаадырԥшуа иалагеит 160 000 — 60 000 шықәса раԥхьа. 13 000 шықәса инарзынаԥшуа раԥхьа Мраҭашәаратәи Азиа излагаз анеолиттә револиуциа, аиҭаҵратә ԥсҭазаашьа (аԥстәааӡареи аизгареи) аҟынтәи адгьылқәаарыхрахь ииасыз, џьарак еиланхоз ауаажәларратә еиҿкаарақәа аԥнаҵеит. Адгьылқәаарыхрахь аиасра ахашәала ааннажьуа иалагеит. Ахашәала ацәырҵреи, афатә аарыхра иадымхало ауаатәыҩса зых иақәиҭу аамҭа роуреи, аклаастә еилазаареи аҳәынҭқарреи реиҿкаара зыбзоурахаз, кыраамҭа ицоз ауаажәларратә еизҳазыӷьара иалагамҭахеит.

Ауаҩытәыҩса ихы, иара убас иааикәыршаны иҟоу адунеи ҭиҵаауеит, аԥсахрақәагььы алеигалоит. Акультуреи ихатә ҭоурыхи аԥиҵоит. Ауаҩытәыҩса дзакәу, иара ихылҵшьҭреи иҵаки, адунеи аҟны иникыло аҭыԥи — афилософиеи, адинхаҵареи, аҭҵаарадырреи аҟазареи иреиҳау азҵаарақәа иреиуан, иреиуоуп иахьагьы.[1]

Ихадароу астатиа: Антропогенез

ДНК аишьҭанеишьақәа реиҿырԥшра ишанарбо ала, иахьа зыԥсы ҭоу ахкқәа рыҟнытә ауаҩытәыҩса зегь раасҭа изааигәоуп ашимпанзе ахкқәа ҩба (иаабац, бонобо)[3][4][5]. Ҳаамҭазтәи ауаҩытәыҩса (Homo sapiens) ихылҵшьҭра зыдҳәалоу афилогенетикатә цәаҳәа егьырҭ агоминидқәа ирылҵит 6-7 млн шықәса раԥхьа (амиоценаҿ)[3][6][7]. Ари ацәаҳәа егьырҭ ахаҭарнакцәа (еиҳаракгьы австралопитекцәеи Homo ахылҵшьҭра ахкқәа жәпаки) ҳара ҳаамҭанӡа изымааӡеит.

Australopithecus afarensis («Лиуси» , армарахьала) Неандерталтәи амузеи (Еркрат, Меттманн) аҟны иеиҭашьақәыргылареи ҳаамҭазтәи аҭыԥҳаи.

Homo sapiens еиҳа еилкааны ишьақәыргылоу ихылҵшьҭра ҳәа дыԥхьаӡоуп Homo erectus. Иара убас меижьарада дихылҵшьҭраны дыԥхьаӡоуп Геиделбергтәи мамзаргьы Родезиитәи ауаҩы. Анеандерталец, излаабо ала, ҳаамҭазтәи ауаҩытәыҩса дихылҵшьҭрамызт, уи аҵыхәтәантәи иеволиуциатә цәаҳәа авараҿ иҟаз ацәаҳәа дахаҭарнакын. Ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырратә еиқәшаҳаҭра Homo sapiens ицәырҵра Африка иаднаҳәалоит, Homo heidelbergensis иакәзар — Европа.

Ауаҩытәыҩса ицәырҵра крызҵазкуа ацәеижьхәҭатәи аҭеиҭыԥштәи ҽыԥсахрақәа ирыдҳәалоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы:

ДНК амитохондриалтә полиморфизмқәа реиҿырԥшреи ахаҳәхарақәа ррыцхәқәа реилкаареи алшара ҳарҭоит Homo sapiens 200 нызқь шықәса инарзынаԥшуа раԥхьа ицәырҵит ҳәа аҳәара («Амитохондриатәи Ева» данынхоз аамҭазы — уажәтәи аамҭазы инхо ауаа зегьы ан лганахьала рзеиԥш ҭынха; уажәтәи аамҭазы инхо ауаа зегьы аб иганахьала рзеиԥш ҭынха — «Y-хромосома змаз Адам» — ԥыҭраамҭак анҵы ауп данцәырҵыз)[8].

2009 шықәсазы Пенсильваниатәи Ауниверситет аҟны еиҿкааз Сара Тишкофф напхгара зылҭоз аҵарауаа ргәыԥ ажурнал «Science» аҟны Африка ажәларқәа ргенетикатә хкырацәара иҵауланы аҭҵаарақәа рылҵшәақәа ркьыԥхьит. Дара излашьақәдыргылаз ала, зегь раасҭа имаҷны аилаларақәа зхызгаз ижәытәӡатәиу махәҭоуп, аԥхьан агәҩара шыҟаз еиԥш, коисантәи абызшәақәа рыла ицәажәо абушменцәеи егьырҭ ажәларқәеи зҵазкуа агенетикатә кластер. Убарҭ ракәзар ҟалап ҳаамҭазтәи ауаатәыҩса зегьы еицырзеиԥшу рҭынхацәа реиҳа ирзааигәоу амахәҭагьы[9].

Ахдырра змоу ауаҩы ҳаамҭазтәи адгьылҵакыраҿы дшықәынхо асахьа. Агьежьқәа ирҭаку анбанқәа агаплогәыԥ Мт-ДНК аанагоит.

74 нызқь шықәса раԥхьа авулкан (Индонезиатәи Тоба акәызҭгьы ҟаларын) ахыҵра ӷәӷәа (20-30 шықәса аҵаара) зхызгаз ауаатәыҩса ргәыԥ (2 нызқьҩык инарзынаԥшуа), Африка иахьа иқәынхо ауаа ирхылҵшьҭрақәан. 60-40 нызқь шықәса инарзынаԥшуа раԥхьа ауаа Азиаҟа ихыҵит, уаантәи — Европаҟа (40 нызқь ш.), Австралиаҟеи Америкеи (35-15 нызқь ш.)[8].

Убри аамҭазы, ахдырреи, ахәыцшьеи абызшәеи рыҭҵаара мариаӡам, избанзар урҭ рҽеиҭакрақәа агоминидқәа рцәынхақәеи рыԥсҭазаашьа ашьҭрақәеи рыла ашьақәыргылара ҟалом. Арҭ аҟазшьақәа рҽеиҭакрақәа рыҭҵааразы аҵарауаа еиуеиԥшым аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа рылҵшәақәа рхы иадырхәоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ацәеижьтәи акультуратәи антропологиа, аԥстәқәа рҟазшьа аҭҵаара, ауаҩытәыҩсеи аԥстәқәеи рхымҩаԥгашьа аҭҵаара, анеирофизиологиа, агенетика.

Зыӡбахә ҳамоу алшарақәа (ацәажәара, адинхаҵара, аҟазара) рыҽшырыԥсахуаз, насгьы Homo sapiens иуадаҩу аилазааратә еиҿкаареи акультуреи рцәырҵраҿы инарыгӡаз аус иахьанӡагьы аҵарауаа еимактәыс ирымоуп.

Аԥыжәара змоу антропогенез атеориа адагьы , ауаҩытәыҩса ицәырҵра иадҳәалоу макьаназы имаҷӡаны иҭҵаау егьырҭ атеориақәагьы рацәоуп (иаахтны иаҳҳәозар инашаноу уахь иналаҵаны). Иаҳҳәап, ауаҩытәыҩса ладаамерикатәи ихылҵшьҭра ахшыҩзцара. Егьырҭ агипотезақәа рӷьырак аҭҵаарадырразааигәарахь иаҵанакуеит, нарха змоу аҭҵаарадырра урҭ аднакылаӡом.

Абиологиатә ҷыдарақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Ауаҩытәыҩса ицәеижь

Ҳаамҭазтәи асистемаҿы абиологиатә хкы ахдырра змоу Ауаҩы (алаҭ. Homo sapiens) Ауаҩы (Homo) ихылҵшьҭра иаҵанакуеит, агоминид аҭаацәара хшлаичо априматқәа рыкласс ацәаҳәаҿы[10].

Витрувиатәи ауаҩы - ауаҩытәыҩса исахьа ахьтәы ԥҟарсҭа

Ахшыбаҩ ду, анацхыԥ ҟьаԥсқәеи еиҿагыло анацәа дуи зҟазшьоу хә-нацәак змоу амаҿа, иара убас егьырҭ ҷыдарақәаккгьы априматқәа реиҳарак еицырзеиԥшуп. Аиҿырԥшратә анатомиеи, афизиологиеи, амолекулатә биологиеи, аиммуногенетикеи, апатологиеи ргенетикақәа рыҭҵаара алҵшәақәа изларҳәо ала, ауаҩытәыҩса зегь раасҭа изааигәоуп ауаа рсахьа змоу африкатәи амаамынқәаашимпанзе, иара убас еиҳа имаҷны — агорилла[10]. Ауаҩытәыҩса и-ДНК ашимпанзе атәи 98,5% еиҵамкәа еишьашәалоу агенқәа рымоуп[11][12].

Аԥҳәыс, ашәҟәы "Локомоция животных" аҟнытә, Едвард Меибридж иусумҭа

Ауаҩы ицәеижь егьырҭ амаамынқәа излареиԥшым рацәоуп:

  • ашьапқәа еиҳауп анапқәа раасҭа,
  • S-еиԥшу абӷа улаԥш иҵашәо ахәдаџьали аӡареи рырхәарақәа змоу,
  • Ииашаны аныҟәара иадҳәалоу хәадырақәаки еиԥшьрақәаки рҟазшьа, ршәага-зага, рҭыԥ,
  • Атаз илаҟәны иҟьаҟьаны ашьақәгылара,
  • аԥхьашьҭахьтәи ахырхарҭала агәышԥы аихац аҟьаԥсшәара,
  • анацәа ду егьырҭ анацәкьарақәа зегьы рҟынӡа анаӡара алшара
  • анацәкьыс аҵыхәан ибзианы иҿиаз арӷаз еилаҵәыҩқәа[10].

Ауаҩытәыҩса ихшыҩгьы ҷыдарақәак амоуп:

  • еиҿҳарԥшуазар ашәага-загақәа дууп (бжьаратәла уи акапан ашимпанзе ахшыҩ акапан аасҭа хынтә-ԥшьынтә еиҳауп),
  • ахшыҩ ахәҭақәа ҩаӡара ҳаракыла рыҿиара, уи иадҳәалазар ауа ажәаҳәа аҿиара[10].

Иҟоуп егьырҭ априматқәа даҽакалагьы реиԥшымзаарақәа, иаҳҳәап,

  • анатомиатә ҷыдарақәа, абжьышьақәгылара аппарат ауадаҩхара иахылҿиааз, аҟырҟы иамоу абжьы амускул уахь иналаҵаны.
  • ахшыбаҩ ахаҿытә хәҭа аизҳара иахылҿиааз ахшыҩтә хәҭагьы аизҳара[10]
  • ахәбабара аихсыӷьра
  • Ауаҩытәыҩса аилкааара
Ихадароу астатиа: Ауаҩытәыҩса иԥсабареи иҵаки

Ауаҩытәыҩса иҵакы анҭырҵаауа зхыԥхьаӡара рацәоу аҷыдарақәа рыбжьара ихадоу , егьырҭ аԥстқәа дреиԥшымкәа дҟазҵо аҷыдара аԥшаара ауп хықәкы хадас ирымоу.

  1. Зегь раасҭа еилкаау, насгьы еиҳа аларҵәара змоу мыруганы ауаҩы имоуп ахдырра, убри азы иара изырҳәоит «ахдырра змоу ауаҩы» (homo sapiens) ҳәа.
  2. Аџьабаа иадҳәалоу даҽа мыруга хадак абзоурала, иара изырҳәоит homo faber ҳәа — иҟазҵо, иаԥызҵо ауаҩы ааанарго.
  3. Анаҩстәи ихадоу ҷыдароуп ацәажәара. Иаҳҳәап, Е. Кассирер ауаҩы homo symbolicus ҳәа даликаауан — асимвол уаҩы ҳәа аанарго. Уи иаанагоит аԥсҭазаара змоу, асимволқәа еиқәзырхо, иагьаԥызҵо, урҭ рахьтә зегь раасҭа ихадоу символны ажәа змоу. Ажәа ауаҩы егьырҭ ауаа рацәажәаразы алшара инаҭоит, уи абзоурала аҵабырг дунеи аилкаареи ахархәареи рапроцесс еиҳа феида аланы имҩаԥысуеит.
  4. Ауаҩы аилазаара иахәҭоу иакәны иеилкаара Аристотель ихаан аахыс иаауеит. Уи ианиааз ари азҵаара хадара злоу акы акәны иԥхьаӡон.


Абри ала инҵәаӡом ауаҩытәыҩса иҵакы аарԥшра иазырхоу, хадара злоу ауаҩытәыҩса ицәаҩақәа зныԥшуа аилкаарақәа рхыԥхьаӡара, аха урҭ ирылаӡам зегьы зҵазкуа, зеиԥшла зышьаҭала ауаҩытәыҩса иԥсабара аконцепциа шьақәыргылазар, иагьырҿиалазар ауа ҵабыргыхаҭак. Ауаҩытәыҩса иԥсабара ари аҩыза аҵакы аԥшаара, ганкахьала ауаҩы ицәаҩаҟазшьақәа рыҭҵаара аганахьала иҟоу арбагақәа ирышьашәалоу, даҽа ганкахьалагьы уи аҿиара амҩақәа заа ишьақәзыргылоу, насгьы иара иҟазаара ҵакыс иамоу аилкаара афилософиатә хәыцра аетапқәа зегьы рҟны тема хадақәаны иҟан[13].

Мрагыларатәи мраҭашәаратәи амифологиақәа рҟны, иара убас антикатәи афилософиа, ауаҩытәыҩса Адунеи амаӡақәа рацәаны иаазыртуа цаԥханы деилкаауп. Анкьатәи аамҭақәа рзы ауаҩы аԥсабара иҽаҟәыиҭхомызт, иааикәыршаны иҟаз адунеи аԥсҭазаара дадҳәаланы ихы иԥхьаӡон. Уи иагьаныԥшит антропоморфизм аҟны — гәынхәҵысҭала Адунеи , иара убас уи иамоу амчрақәа зыԥсы ҭоу акакәны ауаҩы данрызнеиуа. Ажәытә мифологиеи афилософиеи рҟны, апараллелизми акосмосмаҷ аизоморфхареи ҭҵаауп. Даҽакала иаҳҳәозар, ауаҩы иҩнуҵҟатәи адунеии акосмос дуи реиҿцаара. Уи ҿырԥштәқәас иазыҟоуп Ведатәи пуруша, скандинавиатәи «Едде» иану Имир, китаитәи Паньгу[13].

Антикатә аамҭазы ауаҩы ихдырра дарҷыдоит ҳәа агәаанагара цәырҵит. Аиудаизм аҟны ауаҩытәыҩса ацәгьеи абзиеи рыбжьала алхразы ахақәиҭра змоу хаҭарак иаҳасабала агәаанагара шьақәгылоит, анаҩс ақьырсианрахьгьы ииасуеит. Аиҭаира аепохазы Европа ииз агуманизм аидеиа, ауаҩытәыҩса, зхатә ҷыдарақәа змоу ахаҭара змоу иреиҳау малны дшьақәнарӷәӷәоит. Арккара аепохазы ауаҩытәыҩса зылшарақәа ԥкым, ихьыԥшым, иҟәыӷоу хаҭараны даарԥшуп. Иклассикоу анемец философиа ауаҩы ԥсызхоу аӡәы иаҳасабала ихақәиҭра апроблема ҭнаҵаауеит. XlX-тәи ашә. Иммануилл Кант иусумҭақәа рҟны афилософиатә антропологиа аԥҵаразы ахшыҩзцарақәа аарԥшуп. Ауаҩытәыҩса иԥсабара аҭҵаара апанлогизм ахәыцрақәа рыкритика ацын. Аромантизм еиҳа хшыҩзышьҭра анаҭоит зеиԥшыҟам аҩнуҵҟатәи адунеи беиа змоу ауаҩытәыҩса игәҭахәыцрақәа рыԥсырҭақәа, ус акәзар ауаҩытәыҩса лымкаалатәи иҷыдара акәны ихәыцратә лшарақәа рнаҩсгьы, ицәанырратә лшарақәагьы аднакылоит[13].

Карл Маркс ауаҩы ауаажәларра-ҭоурыхтә ҵакы аганахьала дҭиҵаауеит, иара иҟны ауаҩы раԥхьаӡа инаргыланы иҟазаареи иҿиареи ҳәаақәызҵо аҭагылазаашьақәеи ихдырра ацныҟәареи рыла иалкаау еилазааратә хкуп. Хаҭала: "ауаҩытәыҩса иҵакы... аилазааратә еизыҟазаашьақәа зегьы реилалара ауп". Ауаҩы аҭоурых дагьаҿыҵгоуп, дагьалҵшәоуп. Ауаҩы хаҭала, насгьы ҭоурыхла иеизҳара ауаатәыҩса зегьы рԥышәа ахаҳареи ахархәареи ауп. Маркс ифилософиа-антропологиатә хәыцра аурыси асовет философцәа русумҭақәа реиԥш, Франкфурттәи ашкол ахаҭарнакцәа русумҭақәагьы анырра рынаҭеит. Урҭ иаадырԥшит ауаҩы иҿиарамҩаҿы иара ихаҭа иаԥиҵаз аилазааратә институтқәа дырхьыԥшны дшыҟало ахшыҩҵак[13].

Кантизыхынҳәҩы Ернст Кассирер ауаҩытәыҩса «асимволтә ԥстәы» аҳасабала дихәаԥшуеит. Зхала иҟоу хырхарҭаны философиатә антропологиа ашьаҭаҿы иҟоуп Макс Шелер, Хельмут Плеснер, Арнольд Гелен русумҭақәа. Ахдырранҭыҵтәи аилкаара аӡбаратә ҵакы арҭоит З. Фреид ипсихоанализ, К.Г. Иунг ианалитикатә психологиа. Аекзистенцианализм - аԥсҭазаара аҵакы, ахареи аҭакԥхықәреи, алхреи аӡбареи, ауаҩытәыҩса дзызшоуи аԥсреи дшырзыҟоу ирызку азҵаарақәа ирзааҭгылоит. Аперсонализм ауаҩытәыҩса ишьаҭарку онтологиатә категорианы ихәаԥшуеит, аструктурализм - анкьатәи ахдырра иҵаулаӡоу аибаркрақәа ирҵәахыз иакәны[13].

1960 шықәсазы Вальтер Брюнинг[нем.] ишәҟәы «Афилософиатә антропологиа. Аҭоурыхтә хылҿиаареи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи»[14] аҟны ихадоу ауаҩытәыҩса ифилософиатә концепциақәа рыхкқәа аликааит, афилософиатә хәыцра ҟалаанӡа 2,5 нызқь шықәса раԥхьа иҟалахьаз:

  1. ауаҩы иҵаки иԥсабареи заанаҵы ирхиаз аҭагылазаашьақәа ирхьыԥшуп ҳәа изыԥхьаӡоз аконцепциақәа — ма «аҵакқәеи» «анормақәеи» (аметафизикатәи адинхаҵаратә ҵареи), мамзаргьы «ахдырреи» «аԥсабареи» рзакәанқәа (арационализми анатурализми);
  2. ауаҩытәыҩса психологиала иҭышәынтәалахьоу аӡә иеиԥш ихәаԥшуа аконцепциақәа, хазы игоу ихьыԥшым асубиектқәа(аиндивидуализми, аперсонализми аспиритуализми рҟны, насшәа — аекзестенциализм афилософиаҟны);
  3. Аԥсҭазаара ахдырранҭыҵтәи алхәашьра ауаҩытәыҩса аҵыхәтәантәи лҵшәаны далазырӡуа аиррационалистттә концепциа (аԥсҭазаара афилософиа уб.иҵ.);
  4. аформақәеи анормақәеи реиҭашьақәыргылара аконцепциа, раԥхьа — мацара асубиективтәи аинтерсубиективтәи, атрансценденталтә шьақәгыларақәа ракәны, анаҩс — аобиективтә структурақәа реиԥш (апрагматизмм, атрансцендентализм, аобиектитә идеализм)[13].
Ихадароу астатиа: Ауаатәыҩса

Ауаатәыҩса рцивилизациа аҭоурых

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Адунеизегьтәи аҭоурых

Ауаҩытәыҩса ицивилизациа иузаҟәымҭхо ахәҭақәа еиуеиԥшым аамҭаа ацыԥҵәахақәа рзы ишьақәгылеит. Урҭ рыхәҭак Homo sapiens ицәырҵра кыршықәса шагызгьы аҭыԥ рыман.

Ахаҳәтә мыругақәа. Иахьатәи аамҭазы зегь раасҭа иажәу мыругақәоуп аҩхаа Олдоваи(Танзаниа) ипшааз. Урҭ рықәра 2,6 млн шықәса инаӡоит.

Амцеиқәҵашьа аҵара. Археологиатә ԥшааарақәа жәпакы иаҳдырбоит агоминидцәа амцаа рхы ишадырхәоз 1,6 — 1,5, 1 млн шықәса раԥхьа[15][16].

Аҟазара. Зааӡатәи аҿырԥштәқәа иреиуоуп ихаҳәхаз амшын хьаԥарч ала ирԥшӡоу ахаҳә еиха. Уи ақәра 200 000 шықәса рҟынӡа инаӡоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аҵарауаа џьоукы-џьоукы ижәытәӡоу аҟазара аҿырԥштәы аҳасабала Израиль иԥшааз аус зыдулоу агалька ахьӡ рҳәоит. Уи ахаҳә, иҟалап аԥҳәыс лхаҿсахьа аанарԥшуазар. Иара ақәра 330 000 — 230 000 шықәса ирҭаӡоит.

"Пекинтәи ауаҩы" ("синантроп") ихшыҩҭра ареконструкциа. Ҳаамҭазтәи антропологиаҿы Homo erectus ҳәа иашьҭоуп.

Аматериалтә культура аҿиараҿы иалыркаауеит археологиатә культурақәак, артефактқәа рыхкқәеи , урҭ раԥҵашьа атехнологиақәеи рыла аиԥшымзаарақәа змоу.

Раԥхьаӡатәи ауаа шәарыцацәан, еизгаҩцәан. Аиҭаҵратә ԥсҭазаашьа рыман. Инықәырԥшшәа ҳера ҟалаанӡа 10-тәи азқьышықәсазы (арыцхәқәа еиуеиԥшым, агеографиатә дкьылҵакырақәа зеиԥшроу еиԥш) ауаатәыҩса рыԥсҭазаашьаҿы, анеолиттә револиуциа ҳәа хьӡыс изауз, ақыҭанхамҩа анапахьы аагара иадҳәалаз аҽеиҭакра ӷәӷәақәа ҟалеит. Ақыҭанхамҩахь аиасра аргылара ду азы ихымԥадатәыз аҽкыдырхалареи раԥхьаӡатәи аиланхара ҭбаақәа реиҿкаареи иабзоурахеит. Аизгара аҟынтәи адгьылқәаарыхрахь аиасра Гиобекли-Тепе ауахәамақәа рҟны имҩаԥгаз археологиатә еимдарақәа ирныԥшуеит, ауаарацәа адгьылҵакыра маҷ рықәынхара иагьахылҿиаауеит ( аизгара анхашьа ауаарацәа акрырзаҿаҵомызт). Ақыҭанхамҩеи, ахәаахәҭреи, ауааԥсыра рхыԥхьаӡареи реизҳара абзоурала аилазаара аҽшара иалагеит, анаҩс Ижәытәӡатәиу адунеи раԥхьаӡатәи ацивилизациақәа шьақәгылеит.

Ауаатәыҩса рҭоурых ахҳәаазыҟаҵара арманшәаларазы цыԥҵәахала еиҟәыршоит:

Адгьыл иқәынхо ауааԥсыра

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Адгьыл иқәынхо ауааԥсыра
Токио Ду, адунеи аҟны иреиҳаӡоу агломерациа

Адгьыл иқәынхо ауааԥсыра — Адгьыл ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо ауааԥсыра рыҿиара иалҵшәаны зҽызыԥсахуа рхыԥхьаӡара еизга иарбагоуп.

1970-тәи ашықәсқәа рҟынӡа адунеи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара агиперболатә закәан инақәыршәаны иазҳауан; 1990 шықәса инаркны Адгьыл ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ацлашьа еиҳа еихсыӷьуеит[18], 1990 шықәсазы ацлара ахыԥхьаӡара 87,4 млн шьақәнаргылеит. Убри аамҭазы, иааизакны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аизҳара атәы ҳҳәозар, уи ацлара иаҿуп ( 2002 шықәсазы 74 млн ацлеит, 2014 шықәсазы — 87 млн[19]), 2000-тәи ашықәсқәа рзы 1963 шықәса иаҿырԥшны иаҳҳәозар ахыԥхьаӡара ацлара ҩынтә ишеиҵахазгьы. 1963 шықәсазы ацлара арбагақәа зегьы иреиҳан ( есышықәса 2,2 %)[20].

ООН арбагақәа рыла, 1994—2014 шықәсқәа рзы қәрала 60 шықәса еиҳаз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ҩынтә иацлеит, 2014 шықәсазы зықәрахь инеихьоу ауаа рхыԥхьаӡара хәышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳахеит[21].

2009 шықәсазы ауаҩытәыҩса иҭоурых аҟны раԥхьаӡакәны ақалақьуаа рхыԥхьаӡара 3,4 миллиардҩык рҟынӡа инаӡан ақыҭауаа рхыԥхьаӡара иаҟарахеит[22].

Worldometer арбагақәа рыла, абҵрарамза 15, 2022 шықәсазы Адгьыл ауааԥсыраа рхыԥхьаӡара 8 миллиардк рҟынӡа инаӡеит[23].

Ихадароу астатиа: Антропологиа

Иҵабыргыҵәҟьаны наукала аҭҵаарақәа хацыркхеит XIX ашәыш. 2-тәи азбжа инаркны. 1859 шықәсазы икьыԥхьыз ԥсабарала имҩаԥысуа алхра иазкыз Дарвин итеориа антропогенез аҭҵаара амацара акәымкәа, аетнографиа, археологиа, апсихологиа реиԥш иҟоу ауаҩытәыҩса иҭҵаара егьырҭ аҟәшақәа жәпакгьы анырра дуӡӡа анаҭеит. Иахьатәи аамҭазы ауаҩы ԥсабаратә хкны, аилазаара ахәҭак иаҳасабала, мамзаргьы хаҭарак иаҳасабала иҟазшьа аганқәа руакы заҵәык зымҽхазымкуа ҭҵаарадырра ҷыдакгьы нымхаӡац; еизгоуп иагьеидкылоуп хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым адыррақәа. Ажәа "антропологиа" злоу аҭҵаарадыррақәа рацәаны ицәырҵит, — акультуратә антропологиа, асоциалтә антропологиа, аполитикатә антропологиа, апоезиатә антропологиа уҳәа[13].

Ауаҩы изку аҭҵаарадырра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

XX ашәыш. ауаҩытәыҩса иԥсабаратә, иуаажәларратә ҟазшьақәеи иеизыҟазаашьақәеи ҭызҵаауа хазы ихоу ҭҵаарадыррак аԥҵазарц ажәалагала ҟаҵан. Уи аԥҵахазҭгьы, И.Т. Фролови В.Г. Борзенкови «Афилософиатә енциклопедиа ҿыц» аҟны изларыҩуаз ала, иҭнаҵаарц иалшоз амаҭәар абасала иахцәажәазар ауан:

Ауаҩы — ауаажәларра-ҭоурыхтә процесси, аматериалтәи адоуҳатә культуреи Адгьыл аҟны аҿиареи дрымҩаԥгаҩуп, биосоциалтә ԥсыхкуп, аԥсҭазаара егьырҭ аформақәа генетикала ирыдҳәалоу, аха амыругақәа рыҟаҵашьа ахьидыруа абзоурала урҭ зхы рылызкааз, ажәаҳәеи ахдырреи змоу.

[13]

Ахҳәәақәа

  1. Ҳаамҭазы Адгьыл иқәынхо «Homo sapiens» ихкы ихьӡуп «Homo sapiens sapiens», мамзаргьы Ҳаамҭазтәи анатомиа змоу ауаҩыAlondra Oubre. Instinct and Revelation: Reflections on the Origins of Numinous Perception. — Routledge, 2013-10-11. — 316 с. — ISBN 9781134384747.

Ахыҵхырҭақәа

  1. 1,0 1,1 Человек // Большой энциклопедический словарь / Гл. ред. А. М. Прохоров. — 1-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1991. — ISBN 5-85270-160-2.
  2. Фролов И. Т., Борзенков В. Г. Человек // Новая философская энциклопедия / Ин-т философии РАН; Нац. обществ.-науч. фонд; Предс. научно-ред. совета В. С. Стёпин, заместители предс.: А. А. Гусейнов, Г. Ю. Семигин, уч. секр. А. П. Огурцов. — 2-е изд., испр. и допол. — М.: Мысль, 2010. — ISBN 978-5-244-01115-9.
  3. 3,0 3,1 Chen F-C, Li. W-H. Genomic Divergences between Humans and Other Hominoids and the Effective Population Size of the Common Ancestor of Humans and Chimpanzees. Am. J. Hum. Genet., 2001, v. 68 p. 444—456
  4. Kumar S. et al. Placing confidence limits on the molecular age of the human-chimpanzee divergence. PNAS, 2005, v. 102, p. 18842-18847
  5. Brunet M. et al. A new hominid from the Upper Miocene of Chad, Central Africa. Nature, 2002, v. 418, p. 145—151.
  6. M. Ruvolo. Molecular Phylogeny of the Hominoids: Inference from Multiple Independent DNA Sequence Data Sets, Mol. Biol. Evol. 14 (1997) 248—265.
  7. Salem A-H. et al. Alu elements and hominid phylogenetics. PNAS, 2003, v. 100, p. 12787-12791
  8. 8,0 8,1 Cavalli-Sforza L. L., Feldman M. W. The application of molecular genetic approaches to the study of human evolution. Nature genetics, 2003, v. 33, p. 266—275
  9. "Африканское кроворазделение". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-11-20 ахь. Ириашоу 2015-10-31 шықәсазы.
  10. 10,0 10,1 10,2 10,3 10,4 Человек // Биологический энциклопедический словарь / Гл. редактор М. С. Гиляров. — М.: Советская энциклопедия, 1986.
  11. Бриттен, Р. Д. 2002. «Divergence between samples of chimpanzee and human DNA sequences is 5 % counting indels.» Proceedings National Academy Science 99:13633-13635.
  12. Fujiyama A, Watanabe H, Toyoda A, Taylor TD, Itoh T, Tsai SF, Park HS, Yaspo ML, Lehrach H, Chen Z, Fu G. 2002. «Construction and analysis of a Human-Chimpanzee Comparative Clone Map.» Science 295: 131—134.
  13. 13,0 13,1 13,2 13,3 13,4 13,5 13,6 13,7 Фролов И. Т., Борзенков В. Г. Человек // Новая философская энциклопедия / Ин-т философии РАН; Нац. обществ.-науч. фонд; Предс. научно-ред. совета В. С. Стёпин, заместители предс.: А. А. Гусейнов, Г. Ю. Семигин, уч. секр. А. П. Огурцов. — 2-е изд., испр. и допол. — М.: Мысль, 2010. — ISBN 978-5-244-01115-9.
  14. Брюнинг В.[нем.] Философская антропология. Исторические предпосылки и современное состояние.(1960). Пер. с нем. А. В. Перцева. // Западная философия. Итоги тысячелетия. Екатеринбург-Бишкек, 1997, с.209-410.
  15. Rowlett R. M. Did the use of fire for cooking lead to a diet change that resulted in the expansion of brain size in Homo erectus from that of Australopithecus africanus? Science, 1999, V. 283, p. 2004—2005
  16. Brain C. K., Sillent A. Evidence from the Swartkrans cave for the earliest use of fire. Nature, 1988, v. 336, p. 464—466
  17. Маныкин А. С. Новая и Новейшая история стран Западной Европы и Америки. — М.:Филол. о-во «СЛОВО»; Эксмо, 2004. — Стр. 6.
  18. "Экспертный портал Высшей школы экономики". Иархивтәоу аоригиналзы 2013-09-10 ахь. Ириашоу 2017-02-16 шықәсазы.
  19. Population Reference Bureau. 2014 World population data sheet (англ.) // Population Reference Bureau : pdf. — P. 2. Архивировано 18 жәабранмза 2018 года.
  20. "Темпы прироста населения мира сокращаются, но абсолютное число жителей планеты все еще быстро растет". demoscope.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 2017-08-14 ахь. Ириашоу 2016-01-23 шықәсазы.
  21. ООН: население Земли достигло 7,2 млрд человек Архив ҟаҵан 2019-12-22 азы Wayback Machine аҟны. // Вести Экономика
  22. "В 2009 году число горожан впервые сравнялось с числом сельских жителей, составив 3,4 миллиарда человек". Иархивтәоу аоригиналзы 2017-03-06 ахь. Ириашоу 2017-02-16 шықәсазы.
  23. "World Population Clock: 8 Billion People (LIVE, 2022) - Worldometer". www.worldometers.info (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2021-03-03 ахь. Ириашоу 2022-12-13 шықәсазы.