Атехнологиа

Атехнологиа (ажәытә бырз. бызшәа аҟынтә τέχνη «аҟазара, адырра, аҟазара» + λόγος «ажәа; ахәыҩҵак, аҵакы, аилкаара») - иаҭаху алҵшәа аиуразы азнеишьақәеи ахархәагақәеи реизга[1]; инарҭбааны иуҳәозар — апрактикатә дҵақәа рыӡбаразы ҭҵаарадыррақәа рхархәара[1][2]. Атехнологиа иаҵанакуеит аусушьақәа, аусуратә еихшанҵақәа, аусқәа реишьҭагылашьа[3] — даҽакала иуҳәозар, азҵаара «ишԥа, изла, иарбан хархәагала» изакәызаалак аҟаҵара ауаны ишыҟоу аҭак ҟанаҵоит.
Атехнологиа иҿыцу, ганрацәа зымҽхазкуа терминуп, уи ашьақәырӷәӷәага наӡа еснагь иаҳцәыӡуеит ари аилкаара аҵакы иааиԥмырҟьаӡакәа иахьыҿио, аҽахьаԥсахуа иахҟьаны, ахаҭа ахала еиԥш, егьырҭ иара еиԥш иҭбаау аилкаарақәа ирҿырԥшны иуҳәозаргьы: акультура, аилазаара, аполитика, адин, аԥсабара реиԥш иҟоу[4]. 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы, атермин «атехнологиа» иаҵанакуан амыругақәеи амашьынақәеи рыдагьы ахархәагақәеи, апроцессқәеи, ахшыҩҵакқәеи реизгагьы. 20-тәи ашәышықәса азбжазы ари аилкаара абас еиԥш иҟаз ажәеицааирақәа рыла ишьақәыргылан «ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу зегьы злаиԥсахуа, аныррагьы злаиҭо ахархәагақәа ма аусқәа»[5].
Аилкаара «атехнологиа» ашьақәырӷәӷәагақәак
[аредакциазура | акод аредакциазура]И. Т. Фролов аредакциа ззиуз Афилософиатә жәар ишаҳәо ала, «атехнологиа артефактқәеи, ааглыхратә усмҩаԥгатәқәеи апроцессқәеи, аресурсқәа рхыҵхырҭақәеи, аинформациа ауаажәларратә мҽхакы аподсистемақәеи, амҩақәҵареи, афинанстә цхыраареи егьырҭ атехнологиақәа рымадахаеи иуадаҩу рыҿиаратә системақәа роуп»[6].
Аилыркааратә социологиатә жәар ду "Коллинс" ари ахшыҩҵак абас иаанарԥшуеит: "Атехнологиақәа — адыррақәа апрактикаҿы рхархәареи азнеишьақәа ааглыхратә усурақәа рҿы аус друреи ауп."[7]
Ушаков 1940 шықәсазы иҭижьыз Аилыркааратә жәар аҿы атехнологиа ҳәа иашьҭоуп — «аҭҵаарадыррақәа реизга, афабрикақәа рҟны иарбанызаалак алыҵ аус адулашьа атәы зҳәо адыррақәа реизга имазеиу аалыҵахь аиагара; абасеиԥш иҟоу аус адуларақәа рыпроцессқәа реизга»[8].
Ожегов ижәар аҿы атехнологиа алкаауп абас: «хазы игоу ааглыхратә хырхарҭаҿы ааглыхратә методқәеи апроцессқәеи реизга, иара убасгьы ааглыхратә знеишьақәа рыҭҵаарадырратә хҳәаа»[9].
Аилкаарақәа ишаҳдырбо ала, атехнологиа аҵакы еизада иаанагоит унапахьы иузааго алҵшәа змоу иалкаау дҵак аӡбашьа. Заалыҵ аиҳарак зегьы ҷыдоу, насгьы зылҵшәа ауаҩытәыҩса ихьыԥшу напылаҟаҵаратәи ааглыхра еиԥшымкәа, атехнологиатә анаплакытә ааглыхра аусқәеи хархәара змоу азнеишьақәеи раԥҵара аанагоит.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Атехнологиа аҭоурых

1772 шықәсазы Иоганн Бекман атермин «атехнологиа» аҭҵаарадырратә хархәара алеигалеит. Уи хьӡыс иеиҭеит Геттингентәи Ауниверситет аҿы дзыԥхьоз аҭҵаарадырратә маҭәар[10].
1822 азы, Аимпериатә ҭҵаарадырратә академиа академик В. М. Севергин атехнологиа аҟәшақәа 10 аликааит[11]:
- Аметаллқәа
- Аминералқәа
- Аҵла
- Ибылуа амаҭәахәқәа
- Ихырҳагоу ахәҭақәа
- Ахимиатә аалыҵқәа
- Аԥстәқәа аус рыдулара
- Абақәа
- Ақьаад
- Амыругақәа
Иҳараку атехнологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Иҳараку атехнологиа
Ҳаамҭа иаҵанакуа еиҳа иҿыцу, иԥхьацагоу атехнологиақәа «иҳараку атехнологиақәа» ҳәа ирышьҭоуп (англыз бызшәала: high technology, high-tech). Иҳараку атехнологиақәеи урҭ ирышьашәалоу атехникеи рхархәарахь аиасра иахьатәи аамҭазы аҭҵаарадырра-технологиатә револиуциаҿы (АТР) зегь реиҳа ихадоу еиԥшьыгоуп. Иҳараку атехнологиақәа рахь абжьааԥны иаҵанакуеит ҭҵаарадыррала еиҳарак ибеиоу ааглыхра ахырхарҭақәа: аелектроникасса, акомпиутертә техника, аробототехника, атомтә фымцамчхара, аҳаирпланқәа рыргылара, акосмостә техника, амикробиологиатә ааглыхра.
Аарыхратә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Атехнологиақәа еихшазар ауеит иалкаау ааглыхратә ҟәша иадҳәаланы, мамзаргьы иалкаау амаҭәахәқәеи урҭ рымпыҵахалареи аус рыдулареи иадҳәаланы. Ахырхарҭатә технологиақәа ирыҵанакуеит, иаҳҳәап, ашьхатә усурақәа ртехнологиа, амеханика-нџьныртә технологиа, аргыларатә технологиа; амаҭәарқәа ирыдҳәалоуп аихаӡақәа ртехнологиа, ахәыцтә аалыҵқәа ртехнологиа, арахәыцқәа ртехнологиа[12].
Ахимиатә технологиа шьаҭас иамоуп ахимиатә реакциақәа раан имҩаԥысуа апроцессқәа, урҭ ирыхҟьаны еиҭаркуа аалыҵқәа рҟазшьақәа рҽырыԥсахуеит[12].
Аметаллқәа ртехнологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аметаллқәа ртехнологиа иаҵанакуеит имазеим аалыҵ аҟынтәи аметаллқәа риура еиԥш, урҭ рхимиатә еилазаареи, ахимиатәи афизикатәи ҟазшьарбагақәеи, аметаллургиагьы уахь иналаҵаны, рыԥсахралеи иара убасгьы аус здыруло аметаллтә хәҭақәа рформақәеи, реиҿкаашьеи, рфизикатә ҟазшьақәа рыԥсахрақәеи рылагьы. Уахь иаҵанакуеит аиларҭәаратә ааглыхра, аидырҭәалара, аидырҷаблара, аметаллқәа механикала аус рыдулара, аметаллқәа фымцафизикалеи фымцахимиалеи аус рыдулашьақәа, аметалл зыхьчо ахҟьақәа аҭара[12][13].
Аметаллургиа – аҭҵаарадырреи атехникеи ирхырхарҭоуп, амаденқәа мамзаргьы егьырҭ амаҭәарқәа рҟнытә аметаллқәа риура апроцессқәеи, иара убасгьы аметаллтә еиларҭәақәа рҟазшьарбақәеи, реиҿкаашьеи, рхимиатә еилазаашьеи рыԥсахрақәа ирыдҳәалоу апроцессқәеи зҵазкуа. Раԥхьаӡатәи иҭшәоу аҵакы ала — амаденқәа аметаллқәа рылхра аҟазара ауп иаанаго.[14] Уахь иаҵанакуеит амаҭәашьар архиара (аԥсы алаҵара уҳәа уб.иҵ.), амаҭәашьарқәа рҟынтәи аметаллқәа риура, урҭ рҟынтәи аиларҭәақәа рыҟаҵара, ԥхаррала аус рыдулара, ахимиа-ԥхарратә усадулара, аметаллқәа термомеханикала аус рыдулара, аметаллқәа қәыӷәӷәарала аус рыдулара, ажьира, адыргаҷаҟаҵара, аркәымпылра, акылхра уҳәа уб. егь. уахь иналаҵаны[13].
Ахимиатә технологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Ахимиатә технологиа
Ахимиатә технологиа — «амаҭәашьарқәеи абжьаратәи аалыҵқәеи шьаҭанкыла рхимиатә усдулара амыругақәеи, азнеишьақәеи, апроцессқәеи ирызку ҭҵаарадырроуп»[15].
Ахимиатә технологиа ацәырҵра 18-тәи ашәышықәса анҵәамҭа иаҵанакуеит, уи аамҭазы иара хазы игоу ахимиатә ааглыхрақәа, урҭ рмыруга хадақәа, аматериалтәи амчхаратәи балансқәа рыхҳәааҟаҵара азанааҭын. 20-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа раан, ахимиатә индустриа аҿиаратә ҩаӡара убасҟак иҳаракхеит, ахимиа-технологиатә процессқәа рзеиԥш закәанқәа рыҭҵаареи, урҭ рвариантқәа раԥҵареи рынагӡареи хымԥада иаҭаххеит. Ахимиатә технологиа еиуеиԥшым ахимиатә, афизико-химиатә, амеханикатә процессқәа нанагӡоит, процесск аҟынгьыдара зегьы еиднакылоит[15]:
- амаҭәахә кьакьақәа рырхәашареи реихшареи, рылагарагьы уахь иналаҵаны,
- Еиламгыло аилаҟәаҟәақәа рыҟалареи реихшареи
- Амассеиҭныԥсахлара
- Аԥхарреимдара
- Арчқәа реидыӷәӷәалара,
- иҳаракуи илаҟәуи аҳауаҟәандарақәа раԥҵара,
- афымцатә, амҳалдызтә, аультрабжьытә ҭыԥҳәаақәа раԥҵара[15].
Амашьынаргыларатә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Амашьынаргыларатә технологиа
Амашьынаргыларатә технологиа атехнологиатә процессқәа рыҭҵаареи рырҿиареи ирызкуп, еиуеиԥшым амашьынақәеи аинструментқәеи рыҟаҵареи рҭыжьреи уахь иналаҵаны. Уахь иаҵанакуеит атехникатә ԥхьаӡарақәа, амаҭәахәқәа урҭ аус рыдулашьеи алхра, ахаҭабзиара ацклаԥшра, ахәҭақәа рыҟаҵара аметодқәеи, ахәҭақәеи аизгақәеи реиԥшьра[12], Амашьынаргыларатә зауадқәа рыпроектқәа рыҟаҵара, урҭ рҿы ааглыхра аиҿкаара.
Аргыларатә технологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аргылара — амаҭәахәқәа раагалыхратә ҟәша ауп, уи аалыҵ ахархәара иазыхиоу ахыбрақәеи аргыларақәеи роуп, даҽакала иуҳәозар, ахыбрақәа рыргылареи рырҿыцреи, иара убас урҭ рырбгареи реиҭагареи занааҭс иамоуп.
Аргылараҿы атехнологиатә процессқәа ихадоу ҩ-гәыԥк рыла еихшоуп – аҭыԥантәии аҭыԥанҭыҵтәии ҳәа. Аргылара апроцесс — аргылара аҭыԥ ахаҭаҟны имҩаԥысуа ааглыхратә процесс иахьӡуп. Аргыларҭа ҭыԥ — аргылара аобиект ахьыҟоу аҭыԥ ауп, уи иаҵанакуа ацхыраагӡатә ҵакырадгьылқәагьы шацу. Аргыларатә процесс аан уи иалахәу, аџьаустә мыругақәа (амеханизмқәа, ахархәагақәа) рыцхыраарала, хәыҷы-хәыҷла аусуратә маҭәарқәа (амаҭәахәқәа, аалыҵқәа, аконструкциақәа) аргыларатә аалыҵқәа (аргыларатә обиект) рылырхуеит[16].
Апроцесс хәҭа рацәала ишьақәгылоуп, урҭ рҟынтә зегь реиҳа имариоуп еиҿкаарала еиҟәыҭхам, технологиала еизаку «аусуратә операциа». Иааизакны аргылара апроцесс ихаз-хазу аусура ахкқәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ ахьӡ рыҭоуп аусура ахкы иаанаго аиҿартәышьатә элементқәа рыла (ахыб ахҩара, аизолиациа), мамзаргьы аусураҿы ахархәара змоу амарҭхәқәа рыла (анышә, ахаҳә, ақьырмыт). Аргылараан инарыгӡоу аусурақәа зегьы акымзаракактәи, адгьылахыхьтәи, ахыркәшаратәи, мамзаргьы иҷыдоу ациклқәа рахь иаҵанакуеит. Акымзаракактәи ацикл иаҵанакуеит ҵаҟатәи аихагыла ашьаҭа аҩаӡара аҵаҟа инагӡоу аус хадақәа, адгьылахыхьтәи ацикл — уи ахыхь, ахыркәшаратәи ацикл иаҵанакуеит еиҳарак адәахьтәи аҭеиҭыԥш мацара ианыԥшуа аусурақәа, иҷыдоу ацикл — аҩныҵҟатәи аимадарақәа реиҿкаареи ахархәагақәа рышьақәыргылареи ирызкуп[16].
Афымцалашара иадҳәалоу атехнологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Афымцатә еиҵаҵарақәа рыҟазаара, русеицура, рныҟәара ирхылҿиаауа ацәырҵрақәа реизга[17].
Акустикатә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аелектроника атехнологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аелектронқәеи аелектромҳалдызтә ҳәаақәеи реинырреи, еиҳаракгьы ажәабжь адкыларазы, аҭаразы, аус адуларазы, афымцамҳалдызтә мчхара аиҭарҿиаразы априборқәеи ахархәагақәеи раԥҵара аметодқәеи ирызку ҭҵаарадырроуп[18].
Ананотехнологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Ананотехнологиа
Шьаҭанкылатәи ахархәаратәи аҭҵаарадырреи атехникеи рдисциплинабжьаратә ҟәша ауп, атеориатә ҵаҵӷәқәеи, аҭҵаара апрактикатә знеишьақәеи, анализи асинтези реизгақәа ирызку, иара убасгьы хазы игоу атомқәеи амолекулақәеи рымҩақәҵара амҩала иаԥҵоу атомтә еилазаашьа аманы ааглыхра азнеишьақәеи амарҭхә ахархәареи ирызку.
Абиотехнологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Абиотехнологиа
Атехникатә проблемақәа рыӡбаразы зыԥсы ҭоу аорганизмқәа, урҭ рсистемақәа, мамзаргьы рыԥсҭазааратә усура аалыҵқәа рхархәара алшарақәа зҭызҵаауа адисциплина, иара убасгьы агенетикатә инженериа ахархәарала иахәҭоу аҟазшьақәа змоу ԥсы зхоу аорганизмқәа раԥҵара алшара. Абиотехнологиа шьаҭас иамоуп агенетика, амолекуляртә биологиа, абиохимиа, аембриологиа, ахәҭаҷтә биологиа, иара убасгьы ахархәаратә дисциплинақәа – ахимиатәи аинформациатәи атехнологиақәа, аробототехника.
Акосмостә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Акосмостә технологиа
Акосмостә техника аобиектқәа ма ԥсы зхоу ацәеижьқәа акосмос ахь рашьҭра, Адгьыл ахь рылбаара, мамзаргьы акосмос аҿы русура иадҳәалоуп. Икосмостә техникоуп акосмостә ныҟәагақәа зегьы, амҩанызақәа уахь иналаҵаны, акосмостә телескопқәа, апланетабжьаратәи автоматтә станциақәа, аорбитатә станциақәа, иара убас урҭ рҿы иҟоу аиқәыршәагатә мыругақәа. Акосмос аҿы ишиашоу аус зымуа, аха уи иадҳәалоу егьырҭ аракета-ныҟәгагақәа, ашаттлқәа, идыртәоу аппаратқәа, иара убас егьи атехникагьы акосмостә ҳәа азырҳәоит, иагьахыԥхьаӡалоуп.
Арратә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Арратә техника
Аибашьратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи ралыршареи, архәҭақәа (амчқәа) разыҟаҵареи, атехника хыла ахархәаразы агәҽанызаара аҩаӡара аиқәырхареи ирызку технологиақәоуп.
Алага-ҩагатә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Алага-ҩагаАлага-ҩагатә процесс иазку аҭҵаарадырра, ауааи аматериалтә маҭәахәқәеи реиҭагаразы апрактикатә проблемақәа рызхьаԥшреи рыӡбареи, аметодқәеи ҭызҵаауа, алага-ҩагатә хархәагақәа зегьы еизакны, ҭҵаарадырралеи, шәарҭадаралеи, ӷәӷәарылеи, ҟаҵашьалеи, аусқәа реишьҭагылашьалеи ирышьашәало аҵаки ахықәки змоу.
Аинформациатә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Аинформациатә технологиақәа
Аинформациатә технологиақәа (IT, иара убас – аинформациа-коммуникациатә технологиақәа[19][20]) - азнеишьақәа, апрограмма-техникатәи атехнологиатәи хархәагақәа реизга, ажәабжь аԥшаара, аизгара, аус адулара, аҵәахра, аӡыргара, ацәыргара аалзыршо[21]; адырра аизгареи, аҵәахреи, аус адулареи, аларҵәареи, ахархәареи раан акомпиутертә техника ахархәара аҷыдарақәеи, азнеишьақәеи аметодқәеи (ГОСТ 34.003-90)[22]; адыррақәа реизгаразы, раарбразы, рыҵәахразы, раларҵәаразы ихымԥадатәу аресурсқәа[23].
20-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи 21-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы аинформациатә технологиақәа ауаатәыҩса рыԥсҭазаара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны мҽхакы ҭбаала ахархәара роууеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы[21]:
- аҭҵаарадырра - аексперименталтә дыррақәа ранраалара, амодельҟаҵара, уҳәа убас иҵегьы;
- аҵарадырра – аелектронтә шәҟәқәа, харантәи арҵаратә системақәа, уҳәа уб. иҵ;
- агәабзиарахьчара - ашьақәыргылара, аналитикатә системақәа, уҳәа убас иҵегьы;
- аҟазара – аҟазара аелектронтә хкқәа ирзаагӡа;
- арратә ус – аибашьратә ҭагылазаашьа ацклаԥшра, аҭҵаара, аҭагылазаашьатә модель аҟаҵара, уҳәа убас иҵегьы;
- аҳәынҭқарратә напхгараҭара – аелектронтә бжьыҭара, адырраҭаратәи аналитикатәи системақәа, уҳәа убас иҵегьы;
- ааглыхра - ааглыхратә процессқәа равтоматизациеи уи аиҿкаара азԥхьагәаҭареи;
- абизнес – акомпаниақәа рымҩақәҵара, урҭ реимадара алыршара, интернеттә дәқьанқәа, интернет ала аблетқәа рҿаҵара, уҳәа убас иҵегьы.
Аинформациатә технологиақәа ирыҵанакуеит атехникатә мыругақәа, апрограмматә мыругақәа, аиҿкаара-методикатә еиқәыршәара, астандартизациа[21].
Атехникатә мыругақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акомпиутертә техникеи аиҿцааратә техникеи рмыругақәа еиҩырдыраауеит[21].
Акомпиутертә техника ахархәагақәа ыҟоуп адыррақәа рҭагалареи, аус рыдулареи, рҭыжьреи, рыҵәахреи рзы. Аинформациа аҭагаларазы рхы иадырхәоит аклавиатурақәа, ацифратә камерақәа, аудиои авидеои рҭагаларатә хархәагақәа[21], акомпиутертә ҳәынаԥ[24]. Зылшарақәа ԥку ауаа рзы иҟоуп иҷыдоу ахархәагақәа[21].
Апроцессорқәа адыррақәа аус рыдуланы, алҵшәақәа ахархәаразы ианаало ахаҿра арҭоит. Уи атекстқәа, асахьа, аудио, мамзаргьы авидео информациақәа ракәзар ауеит. Аинформациа аарԥшразы еиҳарак рхы иадырхәоит адисплеиқәа, апринтҟаҵагақәа, адинамикқәеи алымҳаҭаҵақәеи, афакс-машьынақәа, иара убасгьы еиуеиԥшым афункциарацәа змоу ахархәагақәеи[21].
Аинформациа аҵәахразы рхы иадырхәоит амҳалдызтә дискқәа, алентақәа, афлеш-гәынкылагақәа, уҳәа убас иҵегьы[21].
Аиҿцааратә техника аинформациа хараӡа идәықәнаҵоит. Аиҿцааратә хархәагақәа рхала аусуразы еиԥш, акомпиутертә техника ахархәагақәа ирыцынгьы аусура рылшоит[21].
Асоциалтә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Асоциалтә технологиақәа – ауаа рсоциалтә хымҩамԥгара амҩақәҵаразы рхы иадырхәо апрактикатә дыррақәа рсистемеи адҵақәа рыӡбашьа аметодқәеи роуп, асоциалтә зԥхьагәаҭареи асоциалтә проектшьҭыхреи раан ицәырҵуа, хархәарагьы зоууа. Асоциалтә технологиақәа асоциалтә структурақәа раԥҵареи рыԥсахреи ирызкуп. Асоциалтә технологиақәа шьаҭас ирымоуп асоциалтә ҭҵаарадыррақәак ртеориатә қәҿиарақәа – асоциологиа, асоциалтә еиҿкаареи анапхгареи ртеориа, иара убас апсихологиа, уҳәа убас иҵегьы, ауаажәларратә системақәа русуратә ԥышәагьы хархәара аҭо. Ахцәажәаратәи, аилыркааратәи, аҭҵааратәи, азԥхьагәаҭаратәи адыррақәа рхархәарала, асоциалтә технологиа асоциалтә дҵақәа рыӡбаразы аусқәа реишьҭагылашьа шьҭнахуеит, практикала иагьынанагӡоит. Асоциалтә технологиақәа хаҭалатәи асоциалтә дҵақәа ирызкуп, зегьзымҽхазкуа ауаажәларратә ԥсахрақәа урҭ напрыланакуам. Аилкаара «асоциалтә технологиа» ҵакы ҭшәала ахархәара амазар алшоит анаҩстәи ахырхарҭақәа рахь иаҵанакны[25]:
- ааглыхратәи асоциалтәи рахь, анаҩстәи апроблемақәа рыӡбаразы:
- Аџьа аалыҵ аизырҳара,
- Агәыԥқәа рҟны аизыҟазаашьақәа реиӷьтәра,
- анапхгареи амҩақәҵареи реиӷьтәра;
- аполитикатә:
- Аполитикатә маркетинг,
- аполитикатә ӡыргара,
- алхратә технологиақәа.
Инарҭбааны иуҳәозар, асоциалтә технологиа ҳәа иԥхьаӡоуп урҭ иҷыдоу атехнологиақәа зегьы ааизакны[25].
Ателекоммуникациатә технологиақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Афымцеимадара
Аимадара ахкы, афымцамҳалдызтә сигналқәа рыла ажәабжь анацҳара аметод, иаҳҳәап, ателқәа рыла, арахәыцтә-оптикатә даҷ ма арадио рыла.
Шәахә. иара уб.
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Иҳараку атехнологиа
- Атехнологиатә еиҿкаара
- Атехнологиатә хсаала
- Атехнологиатә процесс
- Аарыхратә процесс
- Ацәынха змам атехнологиа
- Ацәынха лаҟә атехнологиа
- Ирмариоу атехнологиақәа
- Анџьнырра, Аконсалтинг
- Атехнологиа, Ааглыхра
- Аҭҵаарадырратә-техникатә револиуциа
- Аинновациатә усура
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 Некрасов С. И., Некрасова Н. А. Философия науки и техники: тематический словарь. — Орёл: ОГУ. 2010.
- ↑ Technology Архив ҟаҵан 2016-04-22 азы Wayback Machine аҟны. // Encyclopædia Britannica. Encyclopædia Britannica Online. Encyclopædia Britannica Inc., 2016. Web. 08 янв. 2016
- ↑ "Технология". Глоссарий.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 2017-10-05 ахь. Ириашоу 2017-09-02 шықәсазы.
- ↑ Gibert, M.G. The Meaning of Technology. Selected Readings from American Sources. — Universitat Politecnica de Catalunya, Iniciativa Digital Politecnica, 2004. — P. 9–10. — ISBN 9788498803136.
- ↑ History of technology Архив ҟаҵан 2016-04-23 азы Wayback Machine аҟны. // Encyclopædia Britannica. Encyclopædia Britannica Online. Encyclopædia Britannica Inc., 2016. Web. 08 янв. 2016
- ↑ Философский словарь / под ред. И. Т. Фролова. — 7 изд., перераб. и доп. — М.: Республика, 2001. — 719 с.
- ↑ Джери Д., Джери Дж. Большой толковый социологический словарь. В 2-х томах. Том 2. (П-Я): Пер. с англ. Н. Н. Марчук. — М.: Вече, ACT, 1999. — 528 с.
- ↑ Ушаков Д. Н., Волин Б. М. Толковый словарь русского языка. В четырёх томах. Том 4. — М.: ГИНС, 1940. — 1500 с.
- ↑ Ожегов С. И., Шведова Н. Ю. Толковый словарь русского языка. — М.: «Азъ Ltd.», 1992, — 960 с.
- ↑ Salomon J. What is Technology? The Issue of its origins and definitions // Historiy of technology. 1984/ Vol. 1. P. 113—156.
- ↑ Севергин В. М. О предметах учений технологий // Технологический журнал. 1822. Т. 7. Ч. 1. С. 1.
- ↑ 12,0 12,1 12,2 12,3 Технология — статья из Большой советской энциклопедии.
- ↑ 13,0 13,1 Технология металлов — статья из Большой советской энциклопедии.
- ↑ Металлургия — статья из Большой советской энциклопедии.
- ↑ 15,0 15,1 15,2 Химическая технология // Франкфурт — Чага. — М. : Советская энциклопедия, 1978. — (Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров ; 1969—1978, т. 28).
- ↑ 16,0 16,1 А. Ф. Юдина, В. В. Верстов, Г. М. Бадьин. Технологические процессы в строительстве. — М.: Издательскиу центр «Академия», 2013. — (Высшее профессиональное образование). — ISBN 78-5-7695-5024-9. — [Архивировано 2 рашәарамза 2016 года.]
- ↑ Спиридонов О. П. «Универсальные физические постоянные», М., «Просвещение», 1984, с. 52, ББК 22.3 С72
- ↑ Электроника // Экслибрис — Яя. — М. : Советская энциклопедия, 1978. — (Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров ; 1969—1978, т. 30).
- ↑ ISO/IEC/IEEE 24765:2010 Systems and software engineering — Vocabulary
- ↑ Когаловский М. Р. и др. Глоссарий по информационному обществу Архив ҟаҵан 2020-03-31 азы Wayback Machine аҟны. / Под общ. ред. Ю. Е. Хохлова. — М.: Институт развития информационного общества, 2009. стр 61 — 160 с.
- ↑ 21,0 21,1 21,2 21,3 21,4 21,5 21,6 21,7 21,8 Информационные технологии : [арх. 3 ажьырныҳәамза 2023] / С. Д. Кузнецов // Излучение плазмы — Исламский фронт спасения. — М. : Большая российская энциклопедия, 2008. — С. 493. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 11). — ISBN 978-5-85270-342-2.
- ↑ «Информационная технология. Комплекс стандартов на автоматизированные системы. Автоматизированные системы. Термины и определения»
- ↑ ISO/IEC 38500:2008, Corporate governance of information technology: resources required to acquire, process, store and disseminate information
- ↑ Мышь : [арх. 31 ԥхынҷкәынмза 2022] / Э. М. Пройдаков // Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов. — М. : Большая российская энциклопедия, 2004—2017.
- ↑ 25,0 25,1 В.М.Быченков (2007-01-01). "Технологии социальные// Новая философская энциклопедия". Институт Философии Российской Академии Наук. Иархивтәоу аоригиналзы 2016-05-23 ахь. Ириашоу 2016-05-07 шықәсазы.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Герасимов Я. И. Химическая термодинамика в цветной металлургии. Т. 1-7. / Я. И. Герасимов, А. Н. Крестовников, А. С. Шахов и др. — М.: Металлургиздат, 1960—1973. — 2108 с.
- Металловеды / Составитель С. С. Черняк — Иркутск: Изд-во ИрГУ, 2000. — 532 с.
- Павленко Н. И. История металлургии в России XVIII века.
- Артоболевский И. И. Теория механизмов и машин: Учеб. для втузов. — 4-е изд., перераб. и доп. — М.: Наука, 1988. — 640 с.
- Техника в её историческом развитии. В 2-х томах. — М.: Наука, 1979-1982.
- Ушаков Е. В. Философия техники и технологии. — М.: Юрайт, 2017. — 307 с. — ISBN 978-5-534-04704-2.
- Хорошев А. Н. Введение в управление проектированием механических систем: Учебное пособие. — Белгород, 1999. — 372 с. — ISBN 5-217-00016-3. (электронная версия 2011 г.)
- Вейсбах. «Практическая механика» (в переводе Усова); Weisbach, «Lehrbuch der lugenieur und Maschinenmechanik, bearbeitet von Herrmann»; Collignon, «Traité de Mécanique»
- Чебышёв. «О простейшей суставчатой системе» («Записки Императорской академии наук», приложение к LX тому) и многие другие статьи в «Записках Императорской академии наук»
- Альбицкий. «Конические зубчатые колеса», «Цилиндрические зубчатые колеса», «Винтовое зацепление»
- Gibert, M.G. The Meaning of Technology. Selected Readings from American Sources. — Universitat Politecnica de Catalunya. Iniciativa Digital Politecnica, 2004. — ISBN 9788498803136.
- Дальский А.М. Технология конструкционных материалов. - М., Машиностроение, 2003. - ISBN 5-217-03198-0. - 512 с.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Величайшие инженерные достижения XX века Архив ҟаҵан 2020-03-23 азы Wayback Machine аҟны. (англ.)
- Технологии. Предложения.Архив ҟаҵан 2008-12-23 азы Wayback Machine аҟны.
- Биржа технологий и патентов
Ари астатиа аҩышьа енциклопедиатәым, мамзаргьы алитературатә бызшәа анормақәа еиланагоит. (2009-03-07) |
Ари астатиа дырҩеигь аус адулатәуп. (2009-09-30) |