Перейти к содержанию

Астрономиа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Астрономиа» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Астрономиа (аҵакы).
Аҭҵаарадырра
Астрономиа
англ. Astronomy
Акраб наҟәыра амозаикатә ҭыхымҭа. НАСА иаԥнаҵеит Хаббл ҳәа изышьҭоу акосмостә телескоп ахархәарала, 1999-2000 шықәсқәа рзы.
Акраб наҟәыра амозаикатә ҭыхымҭа. НАСА иаԥнаҵеит Хаббл ҳәа изышьҭоу акосмостә телескоп ахархәарала, 1999-2000 шықәсқәа рзы.
Атема Аԥсабараҭҵаара
Аҭҵаара амаҭәар Иубарҭоу адунеи
Ахыҵхырҭа аамҭа XVIII ашәышықәса
Ахырхарҭа хадақәа ажәҩантә механика, астрофизика, акосмологиа, апланетологиа, уҳәа убас иҵегьы.
Astronomy

Астрономиа (ажәытә бырз. быз. ἄστρον - “аеҵәа” , νόμος – “азакәан”) – Адунеи иазку аҭҵаарадырра, ажәҩантә цәеижьқәеи (апланетақәа, аеҵәақәа, астероидқәа, уб. иҵ.) асистемақәеи ахьыҟоу, рныҟәара, рышьақәгылашьа, рхылҵшьҭра, рыҿиара ҭызҵаауа.[1]

Хықәкыла, астрономиа иҭнаҵаауеит Амреи егьырҭ аеҵәақәеи, Амратә система апланетақәеи урҭ рымҩанызақәеи, аекзопланетақәа, астероидқәа, акометақәа, аметеороидқәа, апланетабжьаратәи алыҵ, аеҵәабжьаратәи алыҵ, апульсарқәа, акылҳара еиқәаҵәақәа, анаҟәрақәа, агалактикақәеи урҭ реилаҵәарақәеи, акуазарқәа уҳәа уб. иҵ.[2]

Атермин «астрономиа» (ажәытә бырз. быз. ἀστρονομία) ажәытә бырзен бызшәала ἀστήρ, ἄστρον (астер, астрон) - “аеҵәа”; νόμος (номос) — «аҵас, ашьақәыргылара, азакәан».[3]

Ихадароу астатиа: Астрономиа аҭоурых

Астрономиа зегь реиҳа ижәытәӡоу, иреиҳабӡоу аҭҵаарадыррақәа иреиуоуп. Уи ауаатәыҩса рҭахрақәа ирхылҿиааит.

Адгьыл аҿы ауаа ықәнагалеижьҭеи, урҭ еснагь ажәҩан аҿы ирбоз иазҿлымҳан. Ажәытәӡатәи аамҭақәа раангьы урҭ игәарҭеит ажәҩан аҿы иҟоу амаҭәарқәа рныҟәареи аамҭа-аамҭала аҳауа аҽыԥсахрақәеи шеидҳәалоу. Усҟан астрономиа ӷәӷәала астрологиа иалаҩашьаны иҟан.

Ажәытәӡатәи адгьылқәаарыхҩцәа аеҵәақәеи еҵәаџьааи ахьыҟаз ала ашықәс аамҭақәа ралагамҭа еилыркаауан. Еиҭаҵуаз ажәларқәа Амреи аеҵәақәеи рыла амҩақәҵара рыман. Ашықәсқәа рыԥхьаӡара аҭахра иахҟьаны амзар аԥҵарагьы ҟалеит. Аҭоурых аԥхьатәи аамҭақәа рзы инхоз ауааҵәҟьагьы Амреи, Амзеи, еҵәақәаки ргылареи рҭашәареи ирыдҳәалоз ахҭыс хадақәа рдыруан . Амреи Амзеи ртыҩкра аамҭа-аамҭала еиҭаҟалараны ишыҟоу еилкаауижьҭеи акрааҵуеит. Ижәытәӡоу аҩыратә хыҵхырҭақәа рҟны иуԥылоит астрономиатә цәырҵрақәа рыхҳәаақәа, иара убасгьы ажәҩантә жәеижь лашақәа ргылареи рҭахареи аамҭа аԥхьагәаҭаразы имариаӡоу аԥхьаӡаратә схемақәа, аамҭа аԥхьаӡара аметодқәа, амзар ахылаԥшра.

Аҭоурыхԥхьатәи акультурақәеи ажәытәӡатәи ацивилизациақәеи рышьҭахь иаанрыжьит ирацәаны астрономиатә артефактқәа, урҭ ажәҩантә цәеижьқәа рныҟәара азакәанеизшәарақәа шырдыруа аазырԥшуа. Ҿырԥштәык аҳасабала иаагазар ауеит абиԥараԥхьатәи Ажәытәӡамысратәи абаҟақәеи Стоунхенџьи. Вавилонаа, аберзенцәа, акитаиуаа, индиауаа, маиаа, аинкқәа раԥхьатәи рцивилизациақәа уахынла ажәҩан аметодикатә хылаԥшрақәа ирылагахьан.

Астрономиа қәҿиарала аҿиара иаҿын Ажәытәтәи Вавилон, Мысра, Китаи, Индиа. Китаитәи ашықәсҩыраҿы иануп ҳера ҟалаанӡа 3-тәи азқьышықәсазы иҟалаз Амра атыҩкра. Аҿиара зауз арифметикеи агеометриеи рышьаҭала Амреи, Амзеи, апланета лашақәеи рныҟәарақәа реилзыркаауаз иагьаԥхьагәазҭоз атеориақәа Абжьарадгьылмшын атәылақәа рҿы ақьырсианра ҟалаанӡатәи аамҭа аҵыхәтәантәи ашәышықәсақәа рзы иаԥҵан. Имариоу, аха хәарҭара злоу амыругақәа ирыцны, урҭ Аҿыцҿиара аепоханӡа апрактикатә хықәкқәа рымаҵ руан.

Особенно большого развития достигла астрономия в Древней Греции. Пифагор впервые пришёл к выводу, что Земля имеет шарообразную форму, а Аристарх Самосский высказал предположение, что Земля вращается вокруг Солнца. Гиппарх во II в. до н. э. составил один из первых звёздных каталогов. В произведении Птолемея «Альмагест», написанном во II в. н. э., изложена геоцентрическая система мира, которая была общепринятой на протяжении почти полутора тысяч лет.

Абжьаратәи ашәышықәсақәа раан Мрагыларатәи атәылақәа рҿы астрономиа аҿиара ду аиуит. Астрономиеи астрологиеи раԥхьаӡакәны еиҟәиҭхеит 10-тәи ашәышықәсазы аҵарауаҩ ал-Фараби, итрактат «Еҵәақәа ражәаҳәарақәа рҿы ииашоуи ииашами» аҟны. 9-тәи ашәышықәсазы, андалусиатәи аҵарауаҩ ибн Фирнас Адунеи аҿы апланетақәеи аеҵәақәеи рныҟәара аазырԥшуа амыруга аԥиҵеит.[4] 994 ашықәсазы, Абжьаратәи Азиатәи астроном Ал-Хуџьанди раԥхьаӡатәи аҭӡамцтә секстант дуӡӡа ҟаиҵеит, уи Адгьыл аҵәҩан анаара («аеклиптика анаара») ииашаны аилкааразы иҟаҵан, 2 минуҭк заҵәык рыла агха аманы. Аҵарауаҩ Али ибн Ридуан 1006 шықәсазы игәеиҭаз уажәы SN 1006 ҳәа изышьҭоу супериҿыцу аеҵәа зегь реиҳа инарҭбааны ахҳәаа азиуит.[5] Аԥсылмантә дунеи астрономиа 16-тәи ашәыш. Анҵәамҭанӡа аҿиара иаҿын.[6] Убас, Такиуддин аш-Шами 1577–80 шықәсқәа рзы иаԥиҵеит аамҭа секундла изыԥхьаӡоз амеханикатә астрономиатә сааҭқәа, уи 16-тәи ашәышықәсазы апрактикатә астрономиаҿы зегь реиҳа ихадоу алагала ҿыцқәа иреиуоуп, избан акәзар уаанӡатәи асааҭқәа астрономиатә хықәкқәа рыла рхархәаразы иахьынӡарыхәҭаз ииашамызт.

16-тәи ашәышықәса инаркны Европа астрономиа аҿиара иалагоит. Ахәаахәҭреи амшынныҟәареи рыҿиареи, ааглыхра ашьаҭаркреи иадҳәаланы аҭахра ҿыцқәа цәырҵуа иалагеит, урҭ адин анырра аҟынтәи аҭҵаарадырра ахақәиҭтәра иацхрааит, насгьы аартра дуқәа жәпакы ирызнанагеит.

Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа зегьы рыҟнытә астрономиа еиҳарак Римтәи акуриа аҿагылара ианиеит. 1822 шықәсазы ауп аинквизициа официалла ианрылаҳәаз, уаанӡа акатоликтә уахәама иамаз агәаанагарақәа ирҿагыланы, Адгьыл аныҟәашьеи Амра амҵысреи ирызку аӡбарақәа зну ашәҟәқәа Рим ркьыԥхьра азин шрымоу. Уи ашьҭахь, 1835 шықәсазтәи изиным ашәҟәқәа риндекс анҭыҵ, Коперник, Кеплер, Галилеи рыхьӡқәа уантәи ианыхын.[7]

Аҭҵаарадырратә астрономиа инагӡаны иалкаахеит Аҿыцҿиара аамҭазы, насгьы уи азы акыр аамҭа аҭаххеит. Аха ателескоп аӡбара мацара ауп астрономиа иахьатәи ихьыԥшым аҭҵаарадырра аҟынӡа аҿиара алзыршаз.

Ҭоурыхла астрономиа иаҵанакуан астрометриа, аеҵәақәа рыла амҩақәҵара, ахылаԥшратә астрономиа, амзарқәа рыҟаҵара, уимоу астрологиагьы. Иахьа азанааҭтә астрономиа астрофизика асиноним аҳасабала иԥхьаӡоуп.

Иахьатәи астрономиа аира иадырҳәалоит Птолемей идунеи агеоцентртә система мап ацәкра (2-тәи ашәышықәса) насгьы уи Николаи Коперник игелиоцентртә системала аԥсахра (16-тәи ашәышықәса азбжа), ажәҩантә цәеижьқәа ателескоп ахархәарала рыҭҵаара алагара(Галилеи, 18-тәи ашәыш. алагамҭа), адунеизегьтәи агравитациа азакәан аартра (Исаак Ниутон, 17-тәи ашәышықәса анҵәамҭа). 18-19-тәи ашәышықәсақәа астрономиазы Амратә система, ҳ-Галактика, иара убас аеҵәақәа, Амра, апланетақәа, егьырҭ акосмостә цәеижьқәа рфизикатә ҟазшьақәа ирызку адыррақәа реизгара иаамҭан.

20-тәи ашәышықәсазы иҟалаз аҭҵаарадырра-техникатә револиуциа, астрономиеи, ҷыдала астрофизикеи рыҿиараҿы анырра ду анаҭеит.

Аоптикатә телескоп дуқәа рцәырҵреи, згәылҭәаара ҳараку арадиотелескопқәа раԥҵареи, системала ахылаԥшрақәеи рыбзоурала, Амра миллиардла аеҵәақәа злахәу адырган еиԥшу асистема дуӡӡа – агалактика иахәҭакны ишыҟоу аартра алнаршеит. 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы астрономцәа игәарҭеит ари асистема миллионла иҟоу иара иеиԥшу агалактикақәа ишреиуоу.

Егьырҭ агалактикақәа раартра агалактика анҭыҵтәи астрономиа аҿиара иацхрааит. Агалактикақәа рспектрқәа рыҭҵаара Едвин Хаббл илнаршеит 1929 азы «агалактикақәа реиԥхьыттара» ҳәа изышьҭоу ацәырҵра алкаара, уи анаҩс Адунеи азеиԥш ҽырҭбаара шьаҭас иҟаҵаны аҵакы гәылыршәахеит.

Атмосфера анҭыҵтәи астрономтә гәаҭарақәа рзы аракетақәеи адгьылтә мҩанызақәеи рхархәара иахҟьаны акосмостә цәеижьқәа рыхк ҿыцқәа аартхеит: арадиогалактикақәа, аквазарқәа, апульсарқәа, арентгентә шәахәаркырақәа рхыҵхырҭақәа, уҳәа убас иҵегьы. Ишьақәыргылан аеҵәақәа револиуциа атеариеи Амратә система акосмогониеи рышьаҭақәа. 20-тәи ашәышықәсазтәи астрофизиказы еихьӡара дуны иҟалеит арелиативисттә космологиа — Адунеи аеволиуциа атеориа.

Астрономиа — иазыҟаҵам ауаа макьанагьы зҽалархәра рылшо, зхыԥхьаӡара рацәам аҭҵаарадыррақәа иреиуоуп: азҿлымҳаратә астрономиа акыр зҵазкуа астрономиатә аартрақәа жәпакы рҿы ахатә лагала ҟанаҵеит.

Астрономиа аҭҵаарадырратә дисциплина аҳасабала аиҿартәышьа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Амзатә астрономиа: Асахьаҿы иаагоу акратер ду Дедал ауп, Аполлон 11 аусзуҩцәа 1969 азы Амза ахыкәшара аамҭазы иҭырхыз. Акратер Амза иубарҭам аган агәҭа азааигәара иҟоуп, уи аикәшара 93 км иҟоуп.
Агалактиканҭыҵтәи астрономиа: агравитационтә блаҷрақәа. Иубарҭоуп ииаҵәоу аиқәҳәалаԥшра змоу обиектқәак, урҭ иррацәоу галактикак асахьақәа роуп, афото агәҭа иазааигәоу агалактика ҩеижьқәа реизгара иахылҿиааз агравитациатә линза аеффект абзоурала иррацәоу. Аблаҷы аизакра агравитациатә ҳәааҭаӡарала иаԥҵоуп, уи алашара ашәахәақәа ареицаҟьоит, уи иахҟьаны еиҳа ихараны иҟоу аобиект асахьа аизырҳареи аицакреи ҟалоит

Иахьатәи астрономиа дара-дара еидҳәалоу аҟәшақәа рыла еиҟәшоуп, убри аҟнытә астрономиа аихшара ганкахьала инықәырԥшны ауп ишыҟаҵоу. Астрономиа аҟәша хадақәа иреиуоуп:

  • Астрометриа – ажәҩантә лашарбагақәа рҭыԥқәеи рныҟәареи ҭнаҵаауеит. Уаанӡа астрометриа усыс инанагӡоз ажәҩантә цәеижьқәа рныҟәара ҭҵааны агеографиатә координатқәеи аамҭеи икылкааны рышьақәыргылара акәын (уажәы уи азы даҽа ӡбашьақәак рхы иадырхәоит). Иахьатәи астрометриа иаҵанакуеит:
    • фундаменталтә астрометриа, дҵас измоу агәаҭарақәа рыла ажәҩантә цәеижьқәа ркоординатқәа рышьақәыргылара, аеҵәақәа рҭыԥқәа ркаталогқәа реиқәыршәара, астрономиатә параметрқәа рыԥхьаӡаратә ҵакқәа рышьақәыргылара — алашарбагақәа ркоординатқәа закәанеизшгәаралатәи рҽыԥсахрақәа ҳасабс ргара алзыршо ашәагаақәа;
    • еиуеиԥшым акоординаттә системақәа рыла ажәҩантә цәеижьқәа рҭыԥқәеи рныҟәареи рзы аматематикатә методқәа аԥызҵо асфератә астрономиа, иара убасгьы аамҭа цацыԥхьаӡа алашарбагақәа ркоординатқәа иааиԥмырҟьаӡакәа рҽыԥсахра атеориа;
  • Атеориатә астрономиа ажәҩантә цәеижьқәа рорбитақәа рҭыԥқәа рҟынтәи рыԥшааразы аметодқәеи, насгьы ажәҩантә цәеижьқәа рорбитақәа рҟны еилкаау аелементқәа рыла рефемеридқәа (иубарҭоу аҭыԥқәа) рыԥхьаӡаразы аметодқәеи ҳанаҭоит (аҭактә дҵа).
  • Ажәҩантә механика адунеизегьтәи агравитациа амчқәа рнырра аҵаҟа ажәҩантә цәеижьқәа рныҟәара азакәанқәа ҭнаҵаауеит, ажәҩантә цәеижьқәа рмассақәеи рформақәеи, урҭ рсистемақәа рҭышәынтәалареи шьақәнаргылоит.

Абарҭ ах-ҟәшак еиҳарак астрономиа актәи адҵа рыӡбоит (ажәҩантә цәеижьқәа рныҟәара аҭҵаара), урҭ лассы-лассы аклассикатә астрономиа ҳәа иашьҭоуп.

  • Астрофизика ажәҩантә обиектқәа рышьақәгылашьеи, рфизикатә ҟазшьақәеи, рхимиатә еилазаареи ҭнаҵаауеит. Уи еиҟәшоуп: а) апрактикатә (ахылаԥшратә) астрофизика ҳәа, зҟны астрофизикатә ҭҵаарақәа рыпрактикатә методқәеи урҭ ирышьашәало ​​ахархәагақәеи амыругақәеи ӡбахо, хархәарагьы ахьаҭахо; б) атеориатә астрофизика ҳәа, зҟны афизика азакәанқәа рышьаҭала, игәаҭоу афизикатә цәырҵрақәа рзы аилыркаарақәа ҟаҵоу.

Астрофизика аҟәшақәа жәпакы иҷыдоу аҭҵаара аметодқәа рыла иалкаахоит

  • Аеҵәатә астрономиа аеҵәақәа, аеҵәатә системақәа, аеҵәабжьаратәи аматериа аҭыԥҭаӡараҿы раларҵәашьеи рныҟәареи азакәанеизшәарақәа ҭнаҵаауеит, урҭ рфизикатә ҷыдарақәа ҳасаб рзуны.
  • Акосмохимиа иҭнаҵаауеит акосмостә цәеижьқәа рхимиатә еилазаара, Адунеи аҿы ахимиатә элементқәа рырацәареи рыларҵәареи рзакәанқәа, акосмостә материа ашьақәгылараан атомқәа реилаҵареи реиҭанеиааиреи амҩаԥысшьа. Зны-зынла иалыркаауеит арыдаркыратә космохимиа, арыдаркыратә еилаҳара апроцессқәеи акосмостә цәеижьқәа ризотоптә еилазаареи ҭызҵаауа. Ануклеогенез акосмохимиа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшӡом.

Арҭ аҩ-ҟәшак рҿы шамахамзар астрономиа аҩбатәи адҵа азҵаарақәа аӡбара рыҭахоит(ажәҩантә цәеижьқәа реиҿкаашьа).

  • Акосмогониа ажәҩантә цәеижьқәа рхылҵшьҭреи револиуциеи ирызку азҵаарақәа ҭнаҵаауеит, ҳадгьылгьы уахь иналаҵаны.
  • Акосмологиа Адунеи аиҿкаареи аҿиареи рзеиԥш закәанеизшәарақәа ҭнаҵаауеит.

Ажәҩантә цәеижьхәҭақәа ирызкны еизгоу адыррақәа зегьы шьаҭас иҟаҵаны, астрономиа аҵыхәтәантәи аҩ-ҟәшак ахԥатәи уи адҵа (ажәҩантә цәеижьқәа рхылҵшьҭреи револиуциеи) рыӡбоит.

Азеиԥш астрономиа акурс аҿы еиуеиԥшым астрономиа аҟәшақәа ироуз ихадоу аметодқәеи ихадаӡоу алҵшәақәеи ирызку адыррақәа системала раарԥшра мҩаԥысуеит.

20-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ишьақәгылаз ахырхарҭа ҿыцқәа иреиуоуп археоастрономиа, ижәытәӡатәу ауаа растрономиатә дыррақәа ҭызҵаауа, Адгьыл апрецессиа ацәырҵра ашьаҭала ажәытә ргыларақәа ррыцхәыркраҿы ацхыраара ҟазҵо.

Апланетатә наҟәра Ашышкамс - Mz3. Иԥсуа агәҭантәи аеҵәа аҟынтәи арчы аҭыҵра асимметриа амоуп, иаабац атҟәацрақәа рҟынтәи еилаҩынтуа ацҟьарақәа иреиԥшымкәа

Аеҵәақәеи аеҵәақәа револиуциеи рыҭҵаара Адунеи аилкаараҿы хадара злоу аҵак ду амоуп. Астрономцәа аеҵәақәа ҭырҵаауеит ахылаԥшрақәагьы, атеориатә модельқәагьы рыцхыраарала, уажәы акомпиутертә ԥхьаӡаратә шьақәыргылашьагьы рхы иархәаны.

Аеҵәақәа рышьақәгылара асабарчытә наҟәырақәа рҟны имҩаԥысуеит.[8] Иахьынӡахәҭоу еиларӷәӷәоу анаҟәрақәа рҭыԥқәа агравитациа амчала аҽеилацалара рылшоит, абри аҭагылазаашьаҿы иоужьхо амчхара абзоурала аҽырԥхо. Аҳауаҟәандара иахьынӡаҭаху ианшлакь, апротоеҵәа агәыцә аҟны атермогәыцәтә реакциақәа ирылагоит, нас уи еҵәахоит.

Аӡрии агелии раҵкыс ихьанҭоу аелементқәа шамахак зегьы аеҵәақәа рҿы ишьақәгылоит.

Астрономиа иҭнаҵаауа амаҭәари адҵақәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Арадиотелескопқәа астрономцәа рхы иадырхәо еиуеиԥшым аинструментқәа иреиуоуп.

Астрономиа адҵа хадақәа иреиуоуп:[9]

  1. Иубарҭоу, насгьы ажәҩантә цәеижьқәа акосмос аҿы иахьыҟаҵәҟьоу аҭыԥқәа, урҭ рныҟәарақәа рыҭҵаара, урҭ ршәага-загақәеи рформақәеи реилкаара.
  2. Ажәҩантә цәеижьқәа реилазаашьа аҭҵаара, урҭ рҟны иҟоу амаҭәашьарқәа рхимиатә еилазаареи рфизикатә ҟазшьақәеи (аилацалара, аҟәандара, уҳәа убас иҵегьы) рыҭҵаара.
  3. Хазы игоу ажәҩантә цәеижьқәеи урҭ еиҿыркаауа асистемақәеи рхылҵшьҭреи рыҿиареи ирызку азҵаарақәа рыӡбара.
  4. Адунеи реиҳа изеиԥштәу аҟазшьақәа рыҭҵаара, Адунеи иубарҭоу ахәҭа - Аметагалактика атеориа ашьақәыргылара.

Абарҭ азҵаарақәа рыӡбаразы иаҭахуп аус зуа аҭҵааратә методқәа раԥҵара — атеориатәқәа реиԥш, апрактикатәқәагьы. Актәи адҵа нагӡахоит ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы излагахьаз кыраамҭатәи ахылаԥшрақәа рыла, насгьы 300 шықәса раахыс еицырдыруа амеханика азакәанқәа рышьаҭала. Убри аҟнытә, астрономиа ари аганахьала ҳара иҳамоуп зегь реиҳа ибеиоу адыррақәа, ҷыдала Адгьыл иазааигәоу ажәҩантә цәеижьқәа рзы: Амза, Амра, апланетақәа, астероидқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Аҩбатәи адҵа анагӡара алыршахеит аспектралтә анализи афотоҭыхреи рцәырҵра абзоурала. Ажәҩантә цәеижьхәҭақәа рфизикатә ҟазшьақәа рыҭҵаара иалагеит 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы, хадара злоу апроблемақәа — аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы.

Ахԥатәи адҵазы иаҭахуп иубарҭоу аматериал аизгара. Уажәтәи аамҭазы, арҭ реиԥш иҟоу адыррақәа макьана иазхом ажәҩантә цәеижьқәеи урҭ рсистемақәеи рхылҵшьҭреи рыҿиареи апроцесс ииашаны ахҳәаа азыҟаҵаразы. Убри аҟнытә, ари ахырхарҭала иҟоу адыррақәа азеиԥш хшыҩзышьҭрақәеи, цәгьам-бзиам аиаша еиԥшу агипотезақәеи рыла иԥкуп.

Аԥшьбатәи адҵа зегь реиҳа зымҽхак дуу, насгьы зегь реиҳа иуадаҩу ауп. Апрактика ишаҳнарбо ала иҟоу афизикатә теориақәа ари апроблема аӡбаразы иазхаӡом. Иаҭахуп еиҳа изеиԥштәхоу афизикатә теориа аԥҵара, аматериа аҭагылазаашьеи афизикатә процессқәеи рыхцәажәара зылшо, аиҵаӷәӷәара, аҳауаҟәандара, ақәыӷәӷәара иреиҳаӡоу арбагақәа раан. Ари азҵаара аӡбаразы Адунеи ахәҭақәа рҟынтәи ахылаԥшратә дыррақәа хымԥадатәуп, миллиардла алашара шықәсақәа зыбжьоу аҭыԥқәа рҿы иҟоу. Иахьатәи атехникатә лшарақәа арҭ аганқәа хәҭа-хәҭала рыҭҵаара алдыршом. Ус ишыҟоугьы, ари адҵа уажәы зегь реиҳа ихадоуп, насгьы, Урыстәылагьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы астрономцәа қәҿиарала аӡбара иаҿуп.

Астрономиаҿы, егьырҭ аҭҵаарадыррақәа рҿеиԥш, иӡбам апроблемақәа рацәоуп.

Астрономиатә мыругақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Астрономиатә мыругақәа

Ахылаԥшрақәеи астрономиа ахкқәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Иаабарҭоу Адунеи иазку агәаанагара, еиуеиԥшым ателескопқәа рҟынтәи асахьақәа назлоу.

20-тәи ашәышықәсазы астрономиа ихадоу ҩ-ҟәшакны еиҟәшахеит:

  1. ахылаԥшратә астрономиа — ажәҩантә цәеижьқәа ирызку ахылаԥшратә дыррақәа раиура, анаҩс анализ ззухо;
  2. атеориатә астрономиа — астрономиатә обиектқәеи ацәырҵрақәеи ахҳәаа рзыҟазаразы амодельқәа (аналитикатәи, мамзаргьы акомпиутертәи) раԥҵара иазырхоуп.

Абарҭ аҩ-махәҭак дара-дара хеибарҭәаауеит: атеориатә астрономиа ахылаԥшратә лҵшәақәа рзы аилыркаарақәа ирышьҭоуп, ахылаԥшратә астрономиа атеориатә лкаақәеи агипотезақәеи рзы аматериал алҵуеит, насгьы урҭ ргәаҭара алнаршоит.

Астрономиатә хылаԥшрақәа реиҳарак — иубартә иҟоу алашареи егьырҭ афымцамҳалдызтә шәахәаркрақәеи рҭаҩреи анализ рыҭареи ауп иаҵанакуа. Астрономиатә хылаԥшрақәа еиҩшазар ҟалоит ашәара-зарақәа ахьымҩаԥысуа афымцамҳалдызтә спектр аҭыԥ ала.[10] Аспектр ахәҭақәак Адгьыл аҟынтәи иубар алшоит (даҽакала иуҳәозар, уи ахҟьа аҟынтәи), егьырҭ ахылаԥшрақәа мҩаԥысуеит аҳаракыра дуӡӡақәа рҿы, мамзаргьы акосмос аҿы мацара (Адгьыл иакәшо акосмостә ӷбақәа рҿы). Арҭ аҭҵааратә гәыԥқәа ирызку адыррақәа ҵаҟа иаагоуп.

Аоптикатә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аоптикатә астрономиа

Аоптикатә астрономиа (иубарҭоу алашара астрономиа ҳәагьы иашьҭоуп) — зегь реиҳа ижәытәӡоу акосмос аҭҵааратә формоуп. Актәи, ахылаԥшрақәа напыла иҭырхуан. 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭази, 20-тәи ашәышықәса аиҳараки аҭҵаарақәа афотосахьақәа рыла имҩаԥысуан.[11] Уажәы асахьақәа роууеит ацифратә детекторқәа рыла, ҷыдала аиҵаҵаратә еидҳәалара змоу амыругақәа (ПЗС) рышьаҭаҿы иаԥҵоу адетекторқәа рыла. Иубарҭоу алашара 4000 Ǻ инаркны 7000 Ǻ рҟынӡа (400–700 нанометр) рҟынӡа инаӡоит, аха ари адиапазон аҿы ахархәара змоу амыруга ааигәатәи ультрафиолеттәи аинфраҟаԥшьтәи адиапазонқәа рыхәаԥшра алнаршоит.[11]

Аинфраҟаԥшьтә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аинфраҟаԥшьтә астрономиа
Аинфраҟаԥшьтә космостә телескоп «Гершель»

Аинфраҟаԥшьтә астрономиа ажәҩантә цәеижьқәа рҟынтәи аинфраҟаԥшьтә шәахәахылҵрақәа рҭаҩреи анализ рзуреи иазкуп. Уи ацәқәырԥа аура иубаратәы иҟоу алашара ацәқәырԥа аура иазааигәоуп, аха аинфраҟаԥшьтә шәахәахылҵра ӷәӷәала атмосфера илбаанадоит, насгьы Адгьыл атмосферагьы ӷәӷәала ари адиапазон аҿы ишәахәахылҵуеит.[12] Убри аҟнытә, аинфраҟаԥшьтә шәахәахылҵра аҭҵааразы аобсерваториақәа иҳараку, насгьы иҩарроу аҭыԥқәа рҿы, мамзаргьы акосмос аҿы иҟазароуп. Аинфраҟаԥшьтә спектр иубарҭоу алашара ашәахәахылҵразы мыцхәы ихьшәашәоу аобиектқәа рыҭҵаараҿы ихәарҭоуп (иаҳҳәап, аеҵәақәа ирыкәшо асабарчытә дарганқәеи апланетақәеи). Аинфраҟаԥшьтә шәахәақәа иубаратәы иҟоу алашара лбааздо асаба ԥсҭҳәақәа ирылсны ацара рылшоит, уи амолекулатә ԥсҭҳәақәеи агалактика агәыцәқәеи рҿы аеҵәа қәыԥшқәа рбара алнаршоит, ҳгалактика агәы азааигәара иҟоу аеҵәақәагьы уахь иналаҵаны. Молекулақәак аинфраҟаԥштә диапазон аҟны ӷәӷәала ишәахәаркуп, уи астрономиатә обиектқәа рхимиатә еилазаара аҭҵаара алнаршоит (иаҳҳәап, акометақәа рҿы аӡы аԥшаара).[13]

Аультрафиолеттә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аультрафиолеттә астрономиа

Аультрафиолеттә астрономиа ацәқәырԥақәа рыҩаӡара 100 инаркны 3200 Å рҟынӡа (10–320 нанометр) иҟоу рҟны аус амоуп. Абарҭ ацәқәырԥақәа рыҩаӡарақәа рҿы иҟоу алашара Адгьыл атмосфера илбаанадоит, убри аҟнытә ари адиапазон аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит атмосфера хыхьтәи ахҟьақәа рҟынтәи ма акосмос аҟынтәи. Аультрафиолеттә астрономиа еиҳа ианаалоит аеҵәа цақәа рыҭҵааразы (О, В аклассқәа), избан акәзар ашәахәахылҵрақәа реиҳарак ари адиапазон аҿы имҩаԥысуеит. Арахь иаҵанакуеит егьырҭ агалактикақәеи апланетартә наҟәрақәеи рҿы иҟоу аеҵәа жәҩангәыԥшшәылақәеи, ихыхьҿыцу ацәынхақәеи, зыԥсы ҭоу агалактикатә гәыцәқәеи рыҭҵаара. Аха, аультрафиолеттә шәахәахылҵра аеҵәабжьаратәи асаба мариала илбаанадоит, убри аҟнытә ашәарақәа рымҩаԥгараан уи аҟны арҽеирақәа алагалалатәуп.[14]

Ихадароу астатиа: Арадиоастрономиа
Сирокко, Ниу-Мексико, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны арадиотелескопқәа реизга дуӡӡа

Арадиоастрономиа – миллиметрк еиҳаны ацәқәырԥақәа рыҩаӡара змоу ашәахәахылҵрақәа рыҭҵаара ауп.[14] Арадиоастрономиа егьырҭ астрономтә хылаԥшрақәа реиҳарак иреиԥшым, избан акәзар иҭҵаахо арадиоцәқәырԥақәа хаз-хазы афотонқәа реиԥш акәымкәа, ацәқәырԥақәа реиԥш рыхәаԥшра ауеит. Абасала, арадио цәқәырԥа амплитуда еиԥш, афазагьы шәазар ауеит, ацәқәырԥа кьаҿқәа рзы уи аҟаҵара уамак имариам.[14]

Арадио цәқәырԥақәак астрономтә обиектқәа рҟынтәи аԥхарратә шәахәахылҵра еиԥш ишҭыҵуагьы, Адгьыл аҟынтәи иаҳбо арадиошәахәахылҵрақәа реиҳарак шьҭрала синхротронтә шәахәахылҵрақәоуп, урҭ ҟалоит аелеқтронқәа амҳалдызтә ҭыԥҭаӡараҿы ианныҟәо.[14] Уи адагьы, аспектртә цәаҳәақәак аеҵәабжьаратәи арчы иахылҿиаауеит, иаҳҳәап, 21 см аура змоу инеитралтәу аӡри аспектртә цәаҳәа.[14]

Арадиодиапазон аҿы акосмостә обиектқәа рыхкырацәара убарҭоуп, иаҳҳәап асуперҿыц еҵәақәа, аеҵәабжьаратәи арчы, апульсарқәа, зыԥсы ҭоу галактикатә гәыцәқәа.[14]

Арентгентә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Арентгентә астрономиа

Рентгентә астрономиа арентгентә диапазон аҿы иҟоу астрономиатә обиектқәа ҭнаҵаауеит. Абжьааԥны аобиектқәа арентгентә шәахәахылҵра рхылҵуеит абарҭ рыбзоурала:

Арентгентә әшахәахылҵра Адгьыл атмосфера иахьылбаанадо азы, рентгентә хылаԥшрақәа еиҳарак имҩаԥысуеит аорбиталтә станциақәа, аракетақәа, ма акосмостә ӷбақәа рҟынтәи. Акосмос аҿы иҟоу еицырдыруа арентгентә хыҵхырҭақәа рахь иаҵанакуеит: иҩбоу арентгентә еҵәақәа, апульсарқәа, ахыхьҿыцқәа рыԥрцәынхақәа, аеллиптикатә галактикақәа, агалактикақәа реилазаарақәа, иара убас агалактика зыԥсы ҭоу агәыцәқәа.[14]

Ихадароу астатиа: Агамма- астрономиа

Агамма-астрономииа — астрономтә обиектқәа рҟынтәи икьаҿӡоу ацәқәырԥа змоу ашәахәахылҵрақәа рыҭҵаара ауп. Агамма-шәахәақәа ишиашоу рыцклаԥшра ҟалоит (Комптонтәи Ателескоп еиԥш иҟоу амҩанызақәа ирҩызоу рыла) мамзаргьы ишиашам (Черенков татмосфератә ателескопқәа ҳәа изышьҭоу иҷыдоу ателескопқәа рыла). Арҭ ателескопқәа Комптон иеффект, иара убас Черенков ирадиациа реиԥш иҟоу еиуеиԥшым афизикатә процессқәа ирыхҟьаны агамма-шәахәақәа Адгьыл атмосфера ианылбаанадо иҟало иубарҭо алашара ацәырҟьарақәа рыԥшаауеит.[15]

Агамма-лашарақәа рхыҵхырҭақәа реиҳарак агамма-хәыҷҟьарақәа роуп, урҭ агамма-шәахәақәа миллисекундқәаки зықь секундки рыбжьара ирхылҵуеит. Агамма-шәахәахылҵрақәа рхыҵхырҭақәа рҟынтәи 10% мацара роуп кыраамҭа зыԥсы ҭоу. Урҭ, рахьтә, апульсарқәа, анеитронтә еҵәақәа, насгьы активтә галактикатә гәыцәқәа рҿы иҟоу акылҳара еиқәахьы зхы хоу.[14]

Астрономиа афымцамҳалдызтә шәахәахылҵра иадҳәалам

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Адгьыл аҟынтәи афымцамҳалдызтә шәахәахылҵра мацара акәымкәа, егьырҭ ашәахәахылҵра ахкқәагьы убаратәы иҟоуп.

Анеитринтә астрономиаҿы, иҷыдоу адгьылҵаҟатәи аобиектқәаа, иаҳҳәап, SAGE, GALLEX, Камиока II/III реиԥш иҟоу рхы иадырхәоит анеитрино арԥшааразы. Арҭ анеитриноқәа еиҳарак Амра аҟынтә иаауеит, аха иара убасгьы ахыхьҿыцтәи аеҵәақәа рҟынтәгьы.[14][16] Уи адагьы, ҳаамҭазтәи аобсерваториақәа акосмостә шәахәақәа рыԥшаара рылшоит, избанзар урҭ амчхара дуӡӡа змоу хәҭаҷқәоуп, урҭ Адгьыл атмосфера ианалало аҩбатәи хәҭаҷқәа ркаскадқәа ҟарҵоит. Уи адагьы, ԥхьаҟатәи анеитрино детекторқәак акосмостә шәахәақәа Адгьыл атмосфера ианақәшәо ​​ииз ахәҭаҷқәа ишиашоу ирнырлоит.[14]

Астрономиа аметодқәа рҿы хырхарҭа ҿыцны иҟалар алшоит агравитационтә цәқәырԥақәа растрономиа, уи агравитациатә цәқәырԥақәа рыԥшаагақәа рхархәара иазырхоуп еизаку аобиектқәа рыцклаԥшразы. Обсерваториақәак уажәнатәгьы иргылоуп, иаҳҳәап, LIGO агравитациатә обсерваториа алазертә интерферометр. Агравитациатә цәқәырԥақәа раԥхьаӡа акәны 2015 шықәсазы игәаҭан.[17]

Апланетартә астрономиа адгьыл аҟынтәи ажәҩантә цәеижьқәа рхылаԥшра мацара акәӡам изызку, аха урҭ ишиашоу рыҭҵаарагьы акосмостә ӷбақәа рыла, Адгьыл ахь аматериа агәаҭақәа аазгазгьы уахь иналаҵаны. Уи инаваргыланы, амыругақәа рацәаны еиуеиԥшым ажәабжь еизыргоит аорбитаҿы ма ажәҩантә ԥсыбаҩқәа рыхҟбаҿы, насгьы џьоукы уа еиуеиԥшым аԥышәарақәа мҩаԥыргоит.

Астрометриеи ажәҩантә механикеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Астрометриа

Астрометриа зегь реиҳа ижәытәӡоу астрономиа аҟәша хәыҷқәа иреиуоуп. Иара ажәҩантә обиектқәа рҭыԥқәа ашәоит. Амра, Амза, апланетақәа, аеҵәақәа ахьыҟоу азы икылкаау адыррақәа зны анавигациаҿы даараӡа аҵак ду рыман. Апланетақәа рҭыԥқәа гәцаракрала ршәара агравитациатә еилахәарақәа иҵауланы реилкаара иазнанагеит, уи абзоурала урҭ ԥасатәи рҭыԥқәа рыԥхьаӡара, насгьы ԥхьаҟа иныркылараны иҟоу аҭыԥқәагьы ииашаны разԥхьагәаҭара алнаршеит. Ари аҟәша ажәҩантә механика ҳәа иашьҭоуп. Уажәы Адгьыл азааигәара иҟоу аобъектқәа рышьклаԥшра урҭ рзааигәахара азԥхьагәаҭара алнаршоит, иара убасгьы еиуеиԥшым аобъектқәа Адгьыл иагәыдлар шалшо аилкаарагьы.[18]

Иааигәоу аеҵәақәа рпараллаксқәа ршәара — шьаҭоуп акосмос ҵаулаҿы абжьаӡара аилкаареи Адунеи амасштаб ашәареи рзы. Урҭ ашәарақәа ирхароу аеҵәақәа рҟазшьақәа рдырразы ашьаҭа рзаԥырҵеит; рҟазшьақәа ааигәа иҟоу аеҵәақәа ирыҿурԥшыр ауеит. Ажәҩантә цәеижьқәа ршәахәатә ццакырақәеи рхатә ныҟәарақәеи ршәара ҳгалактикаҿы иҟоу арҭ асистемақәа ркинематика аҭҵаара алнаршоит. Астрометриатә ҭҵаарақәа рхы иадырхәар рылшоит агалактикаҿы аматериа лашьца аларҵәара ашәаразы.[19]

1990-тәи ашықәсқәа рзы, аеҵәақәа реиҭаԥарақәа ршәара иазку астрометриатә методқәа рхы иадырхәеит амра анҭыҵтәи апланета дуқәа рыԥшааразы (агәыларатәи аеҵәақәа рорбитаҿы иҟоу апланетақәа).[20]

Атмосфера анҭыҵтәи астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Астрономиатә обсерваториа

Акосмостә техника ахархәарала аҭҵаарақәа ажәҩантә цәеижьқәеи акосмостә еилазаареи рыҭҵааратә методқәа рхыԥхьаӡараҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит. Уи ашьаҭа кын 1957 шықәсазы, СССР, раԥхьаӡатәи иԥсабаратәым Адгьыл амҩаныза адәықәҵарала. Акосмостә ӷбақәа ирыбзоураны афымцамҳалдызтә шәахәахылҵра ацәқәырԥақәа роурақәа рдиапозонқәа зегьы рҿы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара алыршахеит. Убри аҟнытә, ҳаамҭазтәи астрономиа лассы-лассы ацәқәырԥақәа зегьы рыла иҟоу астрономиа ҳәа иашьҭоуп. Атмосфера анҭыҵтәи ахылаԥшрақәа ирыбзоураны адгьыл атмосфера илбаанадо ма акырӡа иаԥсахуа ашәахәахылҵрақәа акосмос аҿы рыдкылара алыршахоит: ацәқәырԥақәа роурақәак ррадиошәахәахылҵрақәа Адгьыл аҟынӡа изынаӡаӡом, иара убас Амреи егьырҭ ацәеижьқәеи ркорпускулиартә хәахәахылҵрақәагьы. Уаанӡа иузыҟамҵоз аеҵәақәеи анаҟәрақәеи, апланетабжьаратәи, аеҵәабжьаратәи аҵакыреи рҟынтәи иаауа ашәахәахылҵрақәа рыхкқәа рыҭҵаара Адунеи афизикатә процессқәа рзы иҳамоу адыррақәа акырӡа иарбеиеит. Убас, уаанӡа иаҳзымдыруаз арентгентә шәахәахылҵрақәа рхыҵхырҭақәа — арентгентә апульсарқәа аартын. Ҳара иаҳцәыхароу ацәеижьқәеи урҭ рсистемақәеи рҟазшьа иазку адыррақәа рацәаны иҳауит еиуеиԥшым акосмостә ӷбақәа рҿы иқәыргылоу аспектрографқәа рыла имҩаԥгаз аҭҵаарақәа рыла.

Аканалрацәатә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аканалрацәатә астрономиа

Аканалрацәатәи астрономиа ахархәара анаҭоит афымцамҳалдызтә шәахәахылҵрақәеи, агравитациатә цәқәырԥақәеи, имариаӡоу хәҭаҷқәеи еицырзеиԥшу космостә обиектк ма цәырҵрак аамҭакала иаднакылоит, уи аҭҵааразы.

Атеориатә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Атеориатә астрономцәа хкы рацәала рхы иадырхәоит амыругақәа, аналитикатә модельқәа зҵазкуа (аеҵәақәа рҟазшьа азааигәатәразы аполитропқәа реиԥш) насгьы ахыԥхьаӡаратә модельҟаҵара. Арҭ аметодқәа рыцыԥхьаӡа рхатә ԥыжәарақәа рымоуп. Апроцесс аналитикатә амодель акы(изакәызаалак) зыҟало аҵакы еиҳа еиӷьны аилкаара алнаршоит, избан уи зыҟало. Ахыԥхьаӡаратә модельқәа иаадырԥшуеит даҽакала иубарҭамхар алшоз ацәырҵрақәеи аеффектқәеи рыҟазаара.[21][22]

Астрономиа атеоретикцәа рҽазыршәоит атеориатә модельқәа раԥҵара, насгьы урҭ рыҭҵаарақәа рҟны амодельҟаҵарақәа рылҵшәақәа реилкаара. Уи ахәаԥшҩцәа ирылнаршоит амодель шьақәзыргыло адыррақәа рыԥшаара, еиуеиԥшым ихеибарҭәаауа ма еиҿагыло амоделқәа рыбжьара алхраҿы ирыцхраауа. Атеоретикцәа иара убасгьы аекспериментқәа мҩаԥыргоит амодель аԥҵара ма ахаҿраԥсахраҿы, арбага ҿыцқәа ҳасаб рзуны. Аиқәымшәара аныҟоу, зеиԥш ӡбашьас иҟоуп амодель аҿы аиҭакрақәа маҷӡаны аҟаҵарала алҵшәа арҽеира аҽазышәара. Зны-зынла, аамҭа цацыԥхьаӡа, еиқәымшәо, еиҿагыло адыррақәа рацәаны иҟазар, уи амодель зынӡагьы мап ацәкызар алшоит.

Атеориатә астрономцәа изҭырҵаауа атемақәа иреиуоуп: аеҵәақәа рдинамикеи агалактикақәа револиуциеи, Адунеи амасштаб ду аилазаашьа, акосмостә шәахәақәа рхылҵшьҭра, агравитациеи афизикатә космологиеи, ҷыдала арахәыцқәа ркосмологиеи имариаӡоу ахәҭаҷқәа растрофизикеи. Азыҟазаара атеориа акырӡа аҵанакуеит афизикатә цәырҵрақәа рҿы ззын агравитациа акыр зҵазкуа аус нанагӡо амасштаб дуқәа змоу аилазаашьақәа рыҭҵааразы. Уи акылҳара еиқәеи агравитациатә цәқәырԥақәеи рыҭҵаара шьаҭас иамоуп. Астрономиаҿы инарҭбааны ирыдыркылаз, иҭҵаау атеориақәеи амодельқәеи уажәы Лиамбда-СДМ амодель иаҵанакуа — Атҟәацра Ду, акосмос аиҵыҵра, аматериа лашьца, иара убас ишьаҭаркыгоу физикатә теориақәа.

Азҿлымҳаратә астрономиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Азҿлымҳаратә астрономиа

Астрономиа — азҿлымҳаҩцәа рлагала акапан ахьамоу аҭҵаарадыррақәа иреиуоуп.[23] Азҿлымҳаратә хылаԥшрақәа зегьы рхыԥхьаӡара еиҳауп апрофессионалтә хылаԥшрақәа раасҭа, аха азҿлымҳараҩцәа ртехникатә лшарақәа акырӡа еиҵоуп. Зны-зынла дара рхала рхазы амыругаеизга дыргылоит. Насгьы, аҵарауаа реиҳараҩык абри аилазаара ауп изылҵыз. Астрономцәа-азҿлымҳаҩцәа рзы ихадароу ахылаԥшратә обиектқәа рахь иаҵанакуеит Амза, апланетақәа, аеҵәақәа, акометақәа, аметеортә қәаршҩы, еиуеиԥшым иҵаулоу акосмостә обиектқәа, урҭ рахь иаҵанакуеит аеҵәақәа реизгара, агалактикақәа, анаҟәрақәа.[24] Азҿлымҳаратә астрономиа аҟәшақәа иреиуоу азҿлымҳаратә астрофотоҟаҵара, уахынлатәи ажәҩан аҭыԥқәа рҭыхра ауп.[25] Аӡәырҩы азҿлымҳаҩцәа рхы рзыркуеит хазы игоу аобиектқәа, аобиектқәа рыхкқәа, ма ахҭысқәа рыхкқәа.

Азҿлымҳаҩцәа реиҳараҩык иубаратәы иҟоу аспектр аҿы аус руеит, аха ирацәам урҭ рыхәҭак даҽа цәқәырԥақәак рҿы аԥышәарақәа мҩаԥыргоит. Уахь иаҵанакуеит иаабац ателескопқәа рҿы аинфраҟаԥшьтә рыцқьагақәа рхархәара, иара убасгьы арадиотелескопқәа рхархәара. Азҿлымҳаратә радиоастрономиа ашьаҭаркҩы Карл Иански 1930-тәи ашықәсқәа рзы арадио ацәқәырԥақәа рыла ажәҩан ацклаԥшра далагеит.[26] Астрономцәа-азҿлымҳаҩцәа шьоукы рхы иадырхәоит аҩнтәи телескопқәа реиԥш, аханатә астрономтә еиҿкаарақәа рзы идыргылаз, аха уажәы азҿлымҳаҩцәа рхархәаразы иаарту арадиотелескопқәагьы (аҵарадырратә институт дуқәа рзы еиԥш).[27]

Астрономцәа-азҿлымҳаҩцәа уажәраанӡагьы ари аҭҵаарадырраҿы рлагала аҟаҵара иаҿуп. Ари зхыԥхьаӡара рацәам адисциплинақәа иреиуоуп, урҭ рлагала рацәазар ахьауа. Лассы-лассы урҭ астероидқәа рыла аеҵәақәа рыҵәахра рбоит, насгьы арҭ адыррақәа рхы иадырхәоит астероидқәа рорбитақәа рышьақәырӷәӷәаразы.[28] Азҿлымҳаҩцәа зны-зынла акометақәа рыԥшаауеит, насгьы аӡәырҩы урҭ рахьтә иааиԥмырҟьаӡакәа зҽызыԥсахуа аеҵәақәа ирыхәаԥшуеит.[29][30] Ацифратә технологиақәа рхырхарҭаҿы иҟоу аихьӡарақәа азҿлымҳаҩцәа алшара рнаҭеит астрофотоҭыхраҿы аԥхьацара ду аиуразы.

2009-тәи ашықәс ООН Жәларбжьаратәи астрономиа ашықәс ҳәа ирыланаҳәеит. Ихадоу ахшыҩзышьҭра аҭоуп ауаажәларра рганахьала астрономиахь азҿлымҳареи аилкаареи рырӷәӷәара. Убри ахықәкы аманы есышықәса астрономиа амшгьы мҩаԥыргоит. 2020 шықәса цәыббрамза 24 рзы 15-тәи аилатәараҿы, насгьы 2021 шықәса хәажәкырамза 24-25 рзы Акосмостә миссиа азԥхьагәаҭаразы абжьгаратә гәыԥ (КГПКМ) 16-тәи аилатәараҿы, иара убас 2021 шықәса амшаԥымза 30 рзы, 7-тәи Апланетатә хьчаратә Конференциаҿы, ООН Амаӡаныҟәгаратә хеилакахь 2029-тәи ашықәс Жәларбжьаратәи апланетатә хьчара ашықәс акәны рылаҳәаразы азыҳәара алагалара иалацәажәеит.[31][32][33]

Астрономиа СССР ашколқәа рҿы хаз маҭәарк аҳасабала иаларгалеит 1932 шықәсазы (абыжьбатәии ажәабатәии аклассқәа рҿы), 1935 шықәсазы уи ажәабатәи аклассахь ииаргеит. 1993 шықәса инаркны астрономиа ахарҭәааратә ҵарақәа рахь ииагахеит, насгьы аҵаратә программа аҟынтәи иӡит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит.[34][35] ВЦИОМ аҭҵаарақәа рыла, 2007 шықәсазы Урыстәыла ауааԥсыра рҟынтәи 29% Адгьыл Амра иакәшом, аха Амра Адгьыл иакәшоит ҳәа ргәы иаанагон, 2011 шықәсазы Урыстәыла ауааԥсыра рҟынтә уажәшьҭа 33% абри агәаанагара иақәшаҳаҭын. 2017 шықәса цәыббрамза 1 инаркны Урыстәылатәи ашколқәа рҿы астрономиа арҵара ҩаԥхьа ихымԥадатәны иҟалеит (ажәабатәи, мамзаргьы жәеизатәи аклассқәа рҿы).[36]

Адыррақәа реихшара асистемақәа рҿы ахыԥхьаӡарамаӡақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  1. Кононович, Мороз, 2004, ад. 5.
  2. Кононович, Мороз, 2004, ад. 5.
  3. Кононович, Мороз, 2004, ад. 5.
  4. Lynn White. Eilmer of Malmesbury, an Eleventh Century Aviator: A Case Study of Technological Innovation, Its Context and Tradition // Technology and Culture. — 1961. — Т. 2, вып. 2. — С. 97. — ISSN 0040-165X. — doi:10.2307/3101411.
  5. "Celestial Delights Online | Star light, star brightest". web.archive.org. 2007-03-11. Архивтәра аоригиналзы 2007-03-11. Ириашоу 2024-06-08 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: bot: original URL status unknown (link)
  6. Encyclopaedia of the history of science, technology, and medicine in non-western cultures / Helaine Selin. — Dordrecht; Boston: Kluwer Academic, 1997. — 1117 с. — ISBN 978-0-7923-4066-9.
  7. Брокгаузи Ефрони рэнциклопедиатә жәар, «Индекс».
  8. Звездообразование / Марочник Л. С. // Физика космоса: Маленькая энциклопедия : [арх. 1 мшаԥымза 2022] / Редкол.: Р. А. Сюняев (Гл. ред.) и др. — 2-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1986. — С. 262—267. — 783 с. — 70 000 экз.
  9. Кононович, Мороз, 2004, ад. 5.
  10. "Electromagnetic Spectrum" (англыз бызшәала). NASA. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-09-05 ахь. Ириашоу 2006-09-08 шықәсазы.
  11. 11,0 11,1 Moore, P. Philip's Atlas of the Universe (англ.). — Great Britain: George Philis Limited, 1997. — ISBN 0-540-07465-9.
  12. Staff (2003-09-11). "Why infrared astronomy is a hot topic" (англыз бызшәала). ESA. Ириашоу 2008-08-11 шықәсазы.
  13. "Infrared Spectroscopy – An Overview" (англыз бызшәала). NASA/IPAC. Ириашоу 2008-08-11 шықәсазы.
  14. 14,00 14,01 14,02 14,03 14,04 14,05 14,06 14,07 14,08 14,09 14,10 Allen's Astrophysical Quantities (англ.) / Cox, A. N.. — New York: Springer-Verlag, 2000. — P. 124. — ISBN 0-387-98746-0.
  15. Penston, Margaret J. (2002-08-14). "The electromagnetic spectrum" (англыз бызшәала). Particle Physics and Astronomy Research Council. Ириашоу 2006-08-17 шықәсазы.
  16. Gaisser, Thomas K. Cosmic Rays and Particle Physics (англ.). — Cambridge University Press, 1990. — P. 1—2. — ISBN 0-521-33931-6.
  17. Tammann, G. A.; Thielemann, F. K.; Trautmann, D. (2008-10-01). "Opening new windows in observing the Universe". EDP Sciences (англыз бызшәала). Europhysics News. Иархивтәоу аоригиналзы 2018-03-06 ахь. Ириашоу 2010-02-03 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: multiple names: authors list (link)
  18. Calvert, James B. (2003-03-28). "Celestial Mechanics" (англыз бызшәала). University of Denver. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-09-07 ахь. Ириашоу 2006-08-21 шықәсазы.
  19. "Hall of Precision Astrometry" (англыз бызшәала). University of Virginia Department of Astronomy. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-08-26 ахь. Ириашоу 2006-08-10 шықәсазы.
  20. Wolszczan, A.; Frail, D. A. A planetary system around the millisecond pulsar PSR1257+12 (англ.) // Nature : journal. — 1992. — Vol. 355, no. 6356. — P. 145—147. — ISSN 0028-0836. — doi:10.1038/355145a0. — Bibcode: 1992Natur.355..145W.
  21. Roth H. A Slowly Contracting or Expanding Fluid Sphere and its Stability // Physical Review. — 1932. — Vol. 39, Is. 3. — P. 525–529. — doi:10.1103/PhysRev.39.525. — Bibcode: 1932PhRv...39..525R.
  22. Eddington A.S. Internal Constitution of the Stars. — Cambridge University Press, 1988. — 407 p. — (Cambridge Science Classics). — ISBN 978-0-521-33708-3. — [Архивировано 17 жәабранмза 2015 года.]
  23. Mims III, Forrest M. Amateur Science—Strong Tradition, Bright Future (англ.) // Science. — 1999. — Vol. 284, no. 5411. — P. 55—56. — doi:10.1126/science.284.5411.55. — Bibcode: 1999Sci...284...55M.
  24. "The Americal Meteor Society" (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-08-22 ахь. Ириашоу 2006-08-24 шықәсазы.
  25. Lodriguss, Jerry. "Catching the Light: Astrophotography" (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-09-01 ахь. Ириашоу 2006-08-24 шықәсазы.
  26. Ghigo, F. (2006-02-07). "Karl Jansky and the Discovery of Cosmic Radio Waves" (англыз бызшәала). National Radio Astronomy Observatory. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-08-31 ахь. Ириашоу 2006-08-24 шықәсазы.
  27. "Cambridge Amateur Radio Astronomers" (англыз бызшәала). Ириашоу 2006-08-24 шықәсазы.
  28. "The International Occultation Timing Association" (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2006-08-21 ахь. Ириашоу 2006-08-24 шықәсазы.
  29. "Edgar Wilson Award" (англыз бызшәала). IAU Central Bureau for Astronomical Telegrams. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2010-10-24 ахь. Ириашоу 2010-10-24 шықәсазы.
  30. "American Association of Variable Star Observers" (англыз бызшәала). AAVSO. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2010-02-02 ахь. Ириашоу 2010-02-03 шықәсазы.
  31. "Summary of the 15th meeting of the Space Mission Planning Advisory Group (SMPAG)" (англыз бызшәала). ESA. Иархивтәоу аоригиналзы 2021-05-05 ахь. Ириашоу 2021-05-02 шықәсазы.
  32. "SUMMARY OF THE 16th MEETING OF THE SPACE MISSION PLANNING ADVISORY GROUP (SMPAG)" (англыз бызшәала). ESA. Иархивтәоу аоригиналзы 2021-05-02 ахь. Ириашоу 2021-05-02 шықәсазы.
  33. "PANEL: PROPOSAL FOR AN INTERNATIONAL YEAR OF PLANETARY DEFENSE" (англыз бызшәала). IAA. Иархивтәоу аоригиналзы 2021-05-02 ахь. Ириашоу 2021-05-02 шықәсазы.
  34. Черепащук А. М. Пришли к торжеству Средневековья: что дальше? // Комиссия РАН по борьбе с лженаукой и фальсификацией научных исследований В защиту науки. — 2015. — № 16. Архивировано 13 абҵарамза 2019 года.
  35. Сурдин В. Г. Астрономия. Популярные лекции. — Изд. 2-е, расширенное. — М.: МЦНМО, 2019. — С. 3. — 352 с. — ISBN 978-5-4439-2823-4.
  36. "Уроки астрономии введут в российских школах с нового учебного года" (аурыс бызшәала). Meduza. 2017-04-03. Иархивтәоу аоригиналзы 2018-10-06 ахь. Ириашоу 2018-10-06 шықәсазы.