Перейти к содержанию

Асоветқәа рыҩны (Аҟәа)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
2014 ашықәс азы аргылара

Асоветқәа рыҩныАҟәа иҟоу хыбрауп.

Ҩ-ганктәи амаҵәқәа дыргылеит 1935-1936 рзы (архитекторцәа: В. Шчуко, В. Гельфреих). Агәҭантәи аҟәша хыркәшахеит 1985 азы (архитекторцәа: Л. Г. Голубовски, А. Р. Корабельников). 1992-1993 шықәсқәа рзы арратә усмҩаԥгатәқәа раан ахыбра ааха аиуит.

Иахьа иблыз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра амраҭашәаратәи аҟәша аус ауеит; Уаҟа иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, иара убас аҳәынҭқарратә наплакы "Абхазвторресурсы".