Археологиа

Археологиа (ажә. бырз. ἀρχαῖος "ажәытә" + λόγος "ажәа, аҵара") — амаҭәартә хыҵхырҭақәа рхархәарала ауаҩытәыҩса рҭоурыхтә ԥсҭазаара ҭызҵаауа аҭоурыхтә дисциплина ауп[1][2]. Археологиа асоциалтә наука еиԥш, агуманитартә наука аҟәша ҳәангьы иуԥхьаӡар алшоит[3][4]. Европаҿы уи лассы-лассы ахатә зин змоу дисциплинак, мамзаргьы егьырҭ адисциплинақәа ирыхәҭакны иԥхьаӡоуп ҳәа иахәаԥшуеит, аха Аҩадатәи Америкаҿы археологиа антропологиа иахәҭакуп[5]. Аҭҵааҩцәа џьоукы ирыԥхьаӡоит археологиа аметодологиатә ҟазшьала акриминалистика еиԥшу ахыҵхырҭадырратә дисциплина ауп ҳәа[6].
Ахҳәаа
Археологцәа ауаҩытәыҩса иҭоурых аҭҵаара иалагоит 3,3 миллион шықәса раԥхьа Мрагыларатәи Африка Ломекви иҟаз раԥхьаӡатәи ахаҳәтә мыругақәа рус адулара инаркны аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рҟынӡа[7]. Аха археологиеи ажәытә ԥсыбаҩқәа ҭызҵаауа апалеонтологиеи аиԥшымзаара рымоуп. Уи еиҳараӡа ихадоуп атҵааразы аҩыратә қьаадқәа ахьыҟам ажәытәӡатәи ауаажәларрақәа рыҭҵааразы. Аԥхьабзазаратә ауаажәларра аҭоурых апалеолит инаркны адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ауаажәларрақәа рҿы апхьара-аҩра ацәырҵраанӡа иаднакылоит 99% инареиҳаны ауаҩытәыҩса иҭоурых[3]. Археологиа еиуеиԥшым ахықәкқәа амоуп, урҭ рҽеиҭанаркуеит акультура аҭоурых аилкаара инаркны, қьаадла ашьақәырӷәӷәара, насгьы аамҭа аҩныҵҟа ауаҩытәыҩсатә уаажәларра аԥсахра аилыркаара ажәытә амҩа ашьақәыргыларанӡа[8].
Археологиа ихадоу апринцип — иарбанзаалак ауаҩы иусура ашьҭра ааннажьуеит[9].
Адисциплина иаднакылоит аҭыхрақәа, ажрақәа, иара убас аҵыхәтәантәи алҵшәа, иҳаҩсыз аамҭа иадҳәалоу еиҳаны адыррақәа аиуразы еидкылоу адыррақәа анализ рзоура. Инарҭбааны иуҳәозар, археологиа адисциплинабжьаратә ҭҵаарақәа ирықәныҟәоит. Уи шьаҭас иамоуп антропологиа, аҭоурых, аетнологиа, агеографиа, агеологиа, абызшәадырра, асемиотика, асоциологиа, атекстҭҵаара, афизика, аинформатика, ахимиа, астатистика, апалеоекологиа, апалеографиа, апалеонтологиа, апалеозоологиеи апалеоботаникеи уҳәа убас иҵегьы.
Археологиа XIX ашәышықәсазы Европаҿы антикварианизм аҟынтәи аҿиара аиуит, уи нахысгьы адунеи зегьы аҿы ахархәара змоу дисциплинаны иҟалеит. Археологиа амилаҭтә ҳәынҭқаррақәа рҿы рхы иадырхәон ииасыз аамҭа иазку иҷыдоу аилкаарақәа раԥҵаразы[10]. Иара раԥхьатәи аҿиара инаркны, еиуеиԥшым археологиа адисциплинақәа аԥҵан, урҭ рахь иаҵанакуан амшынтә археологиа, афеминисттә археологиа, археоастрономиа, иара убасгьы археологиатә ҭҵаарақәа ацхырааразы иаԥҵан хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым аҵаратә методқәа. Ус акәзаргьы, иахьа археологцәа ирԥылоит ауадаҩрақәа рацәаны, уи амцархеологиа, артефактқәа рӷьычра[11], ауаажәларратә зәлымҳара маҷреи, насгьы ауаҩы иԥсыбаҩ ажра аҿагылареи.
Аҵакы

Амаҭәартә хыҵхырҭақәа — ааглыхратә мыругақәеи урҭ рыцхыраарала иаԥҵоу аматериалтә амаҭәахәқәеи роуп: аҩнқәа, абџьарқәа, аԥшӡагақәа, асаанқәа, аҟазаратә усумҭақәа — ауаҩы иџьабаа иалҵшәоу зегьы. Амаҭәартә хыҵхырҭақәа аҩыратә хыҵхырҭақәа иреиԥшӡам, урҭ аҭоурыхтә хҭысқәа иазку ажәабжьқәа рҿы ишиашоу аҵакы арбаӡам, насгьы уи шьаҭас иҟоу аҭоурыхтә лкаақәа анаукатә реконструкциа лҵшәаны иҟалоит. Археологиатә баҟақәа ажрақәа мҩаԥызго, иҭызҵаауа, ажрақәа аԥшаахқәеи, алҵшәақәеи зкьыԥхьуа, нас уи адыррақәа рыла ауаҩытәыҩса иҭоурых еиҭашьақәзыргыло археологцәа-аспециалистцәа ирызцәырҵит крызҵазкуа зхатәҷыдара змоу амаҭәартә хыҵхырҭақәа ихымԥадатәины рыҭҵаара. Археологиа ихадоу аҷыдара ииуит аҩыра макьана зынӡа иахьыҟамызи, мамзаргьы ажәларқәа аҭоурыхашьҭахьтәи аамҭаангьы аҩыра змамызи аепохақәа рыҭҵаара аан.
Археологиа зеиԥшыҟам ала аҭоурых аҭыԥантәи аамҭатәи агоризонт арҭбааит. Аҩыра ыҟоуижьҭеи 5000 шықәса раҟара ҵуеит, насгьы ауаҩытәыҩса иҭоурых иаԥхьанеиуаз аамҭа зегьы (иаҟароуп, иҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 2 миллион шықәса раҟара) археологиа арҿиара иабзоураны мацара ауп еицырдыруаны ианыҟала. Насгьы аҩыратә хыҵхырҭақәа раԥхьатәи 2 зқьышықәсақәа рыҩныҵҟа рыҟазаарала (Мысратәи аиероглифқәа, ацәаҳәатә бырзен ҩыра, Вавилонтәи асалҩыра) анаука азы археологцәа рыла иаартын. Археологиа акырӡа аҵакы амоуп аҩыра аныҟаз аамҭақәа рзы, ажәытәтәии абжьаратәи аамҭақәа рҭоурых аҭҵааразы, избанзар амаҭәартә хыҵхырҭақәа рыҭҵаара аҟынтәи иаагоу адыррақәа аҩыратә хыҵхырҭақәа рдыррақәа акырӡа иханарҭәаауеит[2].
Археологиа аҭоурых
Археологиа аӡбахә Ажәытәтәи Абырзенцәа рыбжьара еицердыруан. Платон «археологиа» аилкаара ажәытәра зегьы иадикылон.
Аиҭарҿиара аепоха аамҭазы, ари атермин лассы-лассы еилкахон Ажәытәтәи Аурымтәи Ажәытәтәи Абырзенцәеи рҭоурых ҳәа. Лассы-лассы Урыстәыланҭыҵ атермин “археологиа” ауаҩы изку аҭҵаарадырра — антропологиа ҳәа ахархәара аиуеит[12]. XV ашәышықәсазы раԥхьатәи археологиатә коллекциақәа рахь иаҵанакуан Капитолтәи Амузеии Римтәи Академиеи реизара. Анконатәи Кириак (1391 — 1449 ашьҭахь) археологиа ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа иԥхьаӡоуп («археологиа аб»), избан акәзар иара мрагыларатәи Адгьылбжьарамшын атәылақәа зегьы рҿы ажәытә ҭыԥқәа еизигон, рсахьақәа ҟаиҵон. Иара убас, еиқәырханы иҟоуп уи иҟаиҵаз абаҟақәа рсахьақәа, уахь иаҵанакуеит Иустиниан иколонна, Мысратәи апирамидақәа, насгьы Парфенон.

XVIII ашәышықәсазы Геркулануми Помпеии рҿы имҩаԥгаз ажрақәа иаадырԥшит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаз ажәытә ҭынхақәа рахь иҟаз азҿлымҳара. XIX ашәышықәсеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы акыр зҵазкуа археологиатә аартрақәа мҩаԥган Абжьаратәи амшыни Мрагылара Ааигәеи рҿы: Трои Микен Г. Шлиман 1870-тәи шықәса инаркны рыжрақәа, XX ашәышықәса алагамҭазы А. Еванс Кносс Крит имҩаԥигоз ажрақәа, насгьы Г. Винклер хеттцәа раҳҭнықалақь Ҳаттуса аҟны имҩаԥигоз ажрақәа, иара убас егьырҭ аӡәырҩы.
XIX ашәышықәса аҵыхәтәаны, археологиатә наука апрактика аҿиара аиуит, уи еиҳарак артефактқәа реизгареи урҭ ибзианы рыхәҭақәа реихшареи рыла ишьақәгылан. Уи адагьы, адәахьтәи аҷыдарақәа рыла еиԥшу артефактқәа еидҳәалан, уи реиҿырԥшрала иалкаахеит археологиатә культура, уи аларҵәара аӡбара атәы уҳәар алшон артефактқәа атәтәра аларҵәара атәы ала. Аха 1960-тәи ашықәсқәа рзы, аҵарауаа рыбжьара аилкаара цәырҵит, артефактқәа реизгареи урҭ рыхәҭаатәра адагьы, археологиа акультурақәа рныҟәарақәеи урҭ реиҭакрақәеи ззыҟалаз ҳәа азҵаара аҭак ҟанаҵалароуп. Археологиахь абри аҩыза азнеишьа «археологиа ҿыц» ҳәа иашьҭан (ԥыҭрак ашьҭахь «апроцессуалтә археологиа»), уаанӡатәи зегьы «ажәытә» археологиа акультуратә, мамзаргьы акультуратә-ҭоурыхтә ҳәа рышьҭаҵара иалагеит.
Аха, акритикцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, апроцессуалтә археологиа мыцхәы аԥсабаратә ҭҵаарақәа ирыдҳәалоуп, убри аҟнытә ауаҩытәыҩсатә культурақәа рҟны акыр зҵазкуа аспектқәа, иаҳҳәап, асимвол, адин, уҳәа ԥсыхәазмам азхьамԥшра аанарԥшуеит[13]. Аха, 1980-тәи ашықәсқәа рзы ицәырҵыз апост-процессуалтә археологиа, апроцессуалтә археологиа апроблемақәа рыӡбаразы ирхаз, ихарҭәаам атеоретикатә ус адуларазы акритика азун[14].
Урыстәыла археологиа аҿиара аетапқәа
Урыстәыла, XIX ашәышықәса инаркны, иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп агәаанагара, археологиа — аҭоурыхтә наука иахәҭакуп, инарҵауланы ажәыттәи абжьарашәышықәсатәи ирыҵаркуа ауаҩы иусура иадҳәалоу еиҳараӡа иҵырхуа аматериалқәа ҭнаҵаауеит. жәабранмза 13, 1718 ш. инаркны аусԥҟа ишаҳәо ала, Пиотр Ду Кунсткамера рықәыргыларазы Урыстәыла ажәытә артефактқәа реизгара далагеит:
...иара убас, аӡәы адгьыл аҿы ма аӡаҿы ажәытә маҭәахәқәак иԥшаазар, урҭ рахь иаҵанакуеит: иаабац еиԥшым ахаҳәқәа, ауаҩы ма аԥстәы абаҩқәа, аԥсыӡ ма аҵыс абаҩқәа, уажәы иҳамоу еиԥшымкәа, ма убас еиԥш иҟоу акы, аха иаабац абаҩқәа ирыҿырԥшны даара идуу ма ихәыҷу; Иара убас, иарбан жәытә ҩырақәоу ахаҳәқәа рҿы, аиха, мамзаргьы аџьаз, мамзаргьы иарбан жәытәу, иаабац еиԥшым ашәақь, асаанқәа, егьырҭ ажәытәӡатәи, иаабац еиԥшым амаҭәахәқәа — урҭ ирзааргоз, урҭ рзы ихаҭәаау ахәшәара ҟалоит, уи ахәҭа иабзоураны, уи умбакәа ахә ақәҵара залшом...[15]
- XVIII ашәышықәса — XIX ашәышықәса алагамҭа. Ацәырҵра, раԥхьатәи аетап; Абаҟақәа жәпакы рыжрақәа ирылагоит.
- XIX ашәышықәса абжьара — 1930-қәа рыбжьара. Археологиа наукацыԥхьаӡа ҳәа аҿиара иалагоит, еиҿкаахоит археологиатә уаажәларра, амузеиқәа. Ишьақәгылоит аурыс археологиа, уи ихадоу ахырхарҭақәа еиҿкаахоит[16].
- 1930-тәиқәа рыбжьара — 1960-тәиқәа рынҵәамҭа. Аҭҵаарадырраҿы “Лисенкоизм” аамҭа, Асовет напхгара археологиаҿы акоммунисттә хәаԥшышьақәа рышьақәыргыларазы аҽазышәара. Уи адагьы, абри аамҭазы ауп археологиатә ҭҵаарақәа рзы арегионалтә центрқәа рышьақәгылара ианалагаз, насгьы СССР адгьылҵакыраҿы имҩаԥгахоит зымҽхак ҭбаау амассатә усурақәа. Амонографиатә усурақәа 1950—1960-шш. рзы иҩыз, иарбоу апериод азы рхатәлкаа ҟанаҵеит, иагьыҟалеит археологиа иреиҳау ахырхарҭақәа рҿы аклассикатә ҭҵаарақәаны, иагьазгәаҭатәуп зегь раԥхьаӡа акәны арегионқәеи, акультуратә акзаареи, еиуеиԥшым апериодқәеи рҿы атеоретикатә лкаа аманы идуу азеиԥштәра аԥышәақәаны ишыҟалаз.
- 1960-тәиқәа рынҵәамҭа — иахьатәи аамҭа. Уи аҭҵаарадырра адецентрализациа ала иалкаауп (археологиа аҵара арегионқәа рахь аларҵәара; уаанӡа уи ҭҵаахон Академиатә центрқәа рҿы, Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет, Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә Университет, КГУ уҳәа убас егьырҭгьы). Волгатәи атәылаҿацә, Урал, Сибра, Мрагылара харатәи ауниверситетқәа рҿы аҟәшақәа аԥҵахоит[17][18].
Археологиа аҭоурых аҿы ихадоу ахҭысқәа
- 1722 — Аԥҵара иаҿыз Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиахь дааԥхьан анемец ҵарауаҩ Даниил Готлиб Мессершмидт, уи имҩаԥигеит раԥхьаӡатәи археологиатә наукатә жрақәа Минусинсктәи акотловина (Красноиартәи атәылаҽацә) Тагартәи адгьылбжьахалаҿы.
- 1748 — Ажәытәтәи ақалақь Помпеи ажрақәа
- 1799 — Наполеон Мысраҟа иныҟәара аан афранцыз еибашьцәа Розеттәи ахаҳә рыԥшаара
- 1802 — Ажәытәӡатәи аџьамцәа рсалҩыра аҵакы аилкаара
- 1820 — Абырзен нхаҩы амхурсҭаҿы Венера Милосстәи диԥшаауеит
- 1824 — Мысратәи аиероглифқәа рҵакы аилыркаара
- 1830 — Керч азааигәара Кул-Оба ахәҳәыгәра ажрақәа: скифтәи археологиа алагамҭа
- 1836 — Копенгагентәи Амилаҭтә Музеи акуратор К. Томсен “х-шәышықәсатәи асистема” (ахаҳә, аџьаз, аиха) ҳәа аконцепциала дықәгылеит, аҵыхәтәаны апопулиаризациа азиуит уи иҵаҩы И. Я. Ворсо, уи аамҭан ирҿиаз, уажәраанӡагьы иадкыло[19]
- 1849 — Ашурбанипалтәи абиблиотека аартра
- 1856 — Диссельдорф азааигәара анеандерталец ихыбаҩ аԥшаара
- 1861 — Франциатәи аныҟәаҩ Анри Муо Камбоџьатәи аџьунгли аҿы Ангкор-Ват ҳәа изышьҭоу аныҳәарҭа ду ааиртит.
- 1871 — Генрих Шлиман Трои ажрақәа мҩаԥигоит
- 1876 — Генрих Шлиман Микена ҭиҵаауеит
- 1879 — Альтамира аҳаԥы аҿы аҳаԥытә сахьақәа раартра
- 1900 — Сер Артур Еванс Крит миноитәи ацивилизациа ааиртит.
- 1906 — Богазгеитәи архив аартра
- 1911 — Мачу-Пикчу аԥшаара, ажәытәтәи Инкацәа рықалақь
- 1922 — Хоуард Картер Тутанхамон иԥсыжырҭа иԥшааит
- 1947 — Кумрантәи ақьаадрҳәы аартра
- 1951 — Еиқәырхаз аҵааҵлацәатә дырԥса аартра
- 1991 — Австриа аҵааршәыраҿы еиқәырхаз ажәытә уаҩы иԥсыбаҩ аԥшаамҭа
- 1993 — Урыстәыла, хьӡык змоу ашьхаҟьаҟьара Алтаи аҿы аҳкәажә Укок лмумиа аԥшаамҭа
Археологцәа русура

Археологцәа рхатә методқәа рыла археологиатә хыҵхырҭақәа ҭырҵаауеит, урҭ анализ рзуны, зеиԥш ҭоурыхтә ҭҵаарадырратә багаж афактқәеи агәаанагарақәеи рыла еиздырҳауеит. Археологиатә ҭҵаара иаднакылоит акабинеттә, мамзаргьы атеориатә хәҭа (адокументқәеи артефактқәеи аус рыдулара), насгьы адәахьтәи археологиа, даҽакала иуҳәозар, апрактикатә ҭҵаара, уахь иаҵанакуеит иара убас аӡаҵатәи археологиа.
Ажрақәа рыхкқәа иреиуоуп “ашәарҭадаратә жрақәа”, урҭ азакәантә ҭахрақәа инарықәыршәаны, ахыбрақәа рыргылара аламҭалазы имҩаԥысуеит, избанакәзар, ус анакәымха, аргыларақәа рҭыԥаҿ иҟоу археологиатә баҟақәа наӡаӡа иӡырц алшоит[20].
Иҟоуп иара убас аексперименталтә археологиа, уи ажәытәтәи атехникатә ҟаҵашьақәа, амыругақәа, аҩнтәи маҭәахәқәа, абџьарқәа реиҭашьақәыргылара, урҭ рлыҵшәара аҭцаара уҳә.уб.егь. Зны-зынла ажәытәтәи ауаажәларра рыԥсҭазаашьа зегьы асахьа аиҭарҿиара мҩаԥысуеит.
Иарбанзаалак иԥшаау аобиект аконтекст анҭыҵ, аҭыԥ, аҭагылазаашьа, ацәырҵра аҵаулара, ааигәара иԥшаау аобиект уҳәа убас иҵегьы рҟынтәи еиҟәыҭханы иԥхьаӡатәӡам.
Аобиект аԥҵара ма ахархәара аамҭа ашьақәыргыларазы еиуеиԥшым аметодқәа рхы иадырхәоит: астратиграфиатә метод (иазгәаҭатәуп иарбан ҿыгхароу иахьышьҭаз, иарбанзаалак адгьыл аҿыгхара иалкаау аамҭатә период иашьашҿалазароуп), аиҿырԥшратә типологиатә, радиорацәатә, дендрохронологиатә уҳәа убас иҵегьы аметодқәа.
Археологцәа лассы-лассы рхы здыркуа арегионқәеи аҭоурыхтә аамҭақәеи роуп.
Атермин «археологиа» аҭоурых
Ацәҳәыраҿы, абнатә хықәқәа рыбжьара, иарбанзаалак ацивилизациа иацәыхараны, ауаҩы игәымшәара зцәыӡыр зылшо аҳауатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа рҿы аус зуа археолог иаҵкыс еиҳа илахьеиқәҵагоу занааҭк узыԥшаауам... Урҭ ари зегьы сенсацианы иҟарҵом — урҭ археологцәа. Урҭ русуратә ҭагылазаашьақәа зегьы еиԥшны ирыдыркыло акы акәызшәа аусура иаҿуп. Избанакәзар, урҭ рзы адунеи зегь аҿы иалырхыз занааҭ еиҳа аинтерес зҵоу занааҭ ыҟаӡам. Урҭ блала иаартым амаӡа ашәарҭарақәа рыҩныҵҟа инхоит. Иахьа акәым, уаҵәы акәым уи ааԥшыр алшоит, нас адунеитә пресса урҭ рыхьӡқәа рҳәоит.
— Е. Церен анемец ҭоурыхҭҵааҩ ицитата
Ажәа «археологиа» (абырз. ἀρχαιολογία) раԥхьаӡа акәны Платон ихы иаирхәеит «иҳаҩсыз аамҭақәа рҭоурых» ааҵакы аҿы. Платон инаҩс, ажәа «археологиа» еицырдыруа ажәытәтәи аҭоурыхҭҵааҩ Дионисиус Галикарнастәи иусумҭақәа руак (Ῥωμαϊκὴ Ἀρχαιολογία) ахьӡ аҿы ихы иаирхәеит. Уи аԥхьажәаҿы Дионисиус Археологиа аусқәеи атемақәеи абас еиԥш еиҭеиҳәоит: «Сара сҭоурых салагоит саԥхьагылаҩцәа ибжьарыжьыз ажәыттәи аҳәамҭақәа рыла, ибжьарыжьуан избанзар урҭ аԥшаара рзыуадаҩын. Сара сҳәамҭа мҩаԥысуеит раԥхьаӡатәи Пунитәи аибашьра алагамҭазнӡа, уи ҟалеит 128 аолимпиада ахԥатәи ашықәс аан. Сара еиԥшны еиҭасҳәоит аурымтәи ажәлар имҩаԥыргоз аибашьрақәеи аиҿагыларақәеи зегьы ирызкны. Иара убас сара иаасыцҳауеит аҳәынҭқарра аҳцәа раани амонархиа ақәхра аани иамаз аҳәынҭқарратә аиҿкаареи анапхгареи аформақәа зегьы. Сара иаазгоит иҭбаау аҵасқәеи ақьабзқәеи, еицырдыруа азакәанқәеи реизга, насгьы иажәу аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара зегьы иааркьаҿу алаԥшхгара ҟаҵаны иадызгылоит»[15].
Дионисиус иусумҭа Иосиф Флавии изы ҿырԥшыгас иҟалеит, уи аиудеиаа рҭоурых Ἰουδαϊκὴ Ἀρχαιολογία ҳәа ахьӡ аманы иҩит. Арҿиамҭақәа рыҩбагьы усҟантәи аҭоурыхтә ҳәамҭақәа иреиԥшым, археологиатә материалқәагьы рылаӡам.
Ҳаамҭазтәи археологцәа ажәытәӡатәи археологцәа рҟынтәи ирымԥсахуеит ахы мацара. Аурымцәа ажәытәтәи аҭоурых азгәаҭаразы ажәа ҿыцк рыԥшааит: «Antiquitates» (Cic. Acad. I, 2: Plin. H. N. I, 19; Gell. V, 13; XI, 1). Теренс Варро иусумҭа “De rebus humanis et divinis” ҳәа ари ажәа ҿыц ала ахьӡ аиҭеит.
Ақьырсиантә авторцәа рҟынтә «Antiquitates» еиԥшу аҵакы ала рхы иадырхәоит Аԥшьаҩы Августин (De Civit. Dei. VI. 3), иара убас Аԥшьаҩы Иероним (adv. Iovin. II. 13). XVI ашәышықәса инаркны, аҩ-ажәақәакгьы еиҳа иҷыдоу ҵакык роуеит, насгьы усҟантәи аамҭа аусқәа ҭызҵаауа аҭоурых еиԥшымкәа, иҳаҩсыз аамҭа аԥсҭазаареи аҭагылазаашьеи раарԥшразы рхы иадырхәоит.
Аларҵәара
Урыстәыла апорталқәа АРХЭ, Антропогенез.ру, иара убас археологцәа Иван Семиан, Васили Новиков уҳәа убас егьырҭгьы археологиа аларҵәара иаҿуп.
Ауааԥсыра рыхдырраҿы
Иахьатәи апостмодернтә уаажәларраҿы археологиатә ҭҵаарадырра лассы-лассы «асенсациақәа аагаҩ» ароль нанагӡоит, урҭ рҭҵаарадырратә хырхарҭа иамыхәаԥшӡакәа. Археологцәа рылҵшәақәа раарԥшраан ари амедиа-центртә хырхарҭа иқәныҟәозар, зегь реиҳа ихадоу рзанааҭтә уалԥшьа дырбгоит. Ари атема аганахьала иҷыдоу адырра/компетенциа змам ауаҩы, еиҳарак, абас еиԥш иҟоу аинтерпретациақәа аҭҵаарадыррақәа рыла изеҩдырааӡом, еиҳаракгьы аҭҵааҩы аинтерпретациақәа анаукатә аппарати академтә регалиақәа рыла ианзакәаныртәу[21].
Шәахә. иара убас
- Археологиатә терминологиа
- Археологиатә культура
- Археологиатә баҟа
- Балтикатәи археологиатә експедициа
- Адендрохронологиа
- Аӡаҵатәи археологиа
- Аиҿагыларатә археологиа
- Арадиоарацәаҭә анализ
- Ажҩы еиқәаҵәақәа
- Адыррақәа рархеологиа
- Амедиа археологиа
Азгәаҭақәа
- ↑ Археология / Л. И. Авилова, И. О. Гавритухин, А. Р. Канторович, С. В. Кузьминых // Анкилоз — Банка [Электронный ресурс]. — 2005. — С. 315. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 2). — ISBN 5-85270-330-3.
- ↑ 2,0 2,1 Археология / Арциховский А. В. // Ангола — Барзас. — М. : Советская энциклопедия, 1970. — С. 286 — 289. — (Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров ; 1969—1978, т. 2).
- ↑ 3,0 3,1 Renfrew C., Bahn P. G. Archaeology: Theories, Methods, and Practice. — London: Thames and Hudson Ltd., 1991. — ISBN 978-0-500-27867-3.
- ↑ Sinclair A. The Intellectual Base of Archaeological Research 2004–2013: a visualisation and analysis of its disciplinary links, networks of authors and conceptual language // Internet Archaeology. — 2016. — № 42. — doi:10.11141/ia.42.8.
- ↑ Haviland W. A., Prins H. E. L., McBride B., Walrath D. Cultural Anthropology: The Human Challenge. — 13th ed. — Cengage Learning, 2010. — ISBN 978-0-495-81082-7.
- ↑ Клейн Л. С. Предмет археологии // Археология Южной Сибири : сборник научных трудов. Вып. 9.. — Кемерово: Издательство Кемеровского университета, 1977. — С. 3—14.
- ↑ Roche, Hélène; Kent, Dennis V.; Kirwa, Christopher; Lokorodi, Sammy; Wright, James D.; Mortlock, Richard A.; Leakey, Louise; Brugal, Jean-Philip; Daver, Guillaume. 3.3-million-year-old stone tools from Lomekwi 3, West Turkana, Kenya (англ.) // Nature : journal. — 2015. — May (vol. 521, no. 7552). — P. 310—315. — ISSN 1476-4687. — doi:10.1038/nature14464.
- ↑ "What Is Archaeology? Archaeology Definition". Live Science. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-12-21 ахь. Ириашоу 2017-08-25 шықәсазы.
- ↑ Василий Новиков. Древних цивилизаций не было? : лекция — Научно-просветительский Форум «Ученые против мифов-11» — Москва: 2019. — 19 октября
- ↑ Christina Bueno, The Pursuit of Ruins: Archeology, History, and the Making of Modern Mexico. Albuquerque: University of New Mexico Press 2016.
- ↑ Markin P. (2017-04-10). "A Special Issue of Open Archaeology on Non-Professional Metal-Detecting". OpenScience. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-10-28 ахь. Ириашоу 2017-04-11 шықәсазы.
- ↑ Мартынов А. И. Археология. — М.: Высшая школа, 2002. — С. 8
- ↑ Bentley R.A., Lipo C., Maschner H.D.G., Marler B. Darwinian Archaeologies // Bently R.A., Maschner H.D.G., Chippindale C. Handbook of Archaeological Theories. — New York: Rowman & Littlefield Publishers, 2008. — С. 109—132. — ISBN 0-7591-0032-2.
- ↑ Michael Shanks. Post-processual Archaeology and After // Bently R.A., Maschner H.D.G., Chippindale C. Handbook of Archaeological Theories. — New York: Rowman & Littlefield Publishers, 2008. — С. 133—146. — ISBN 0-7591-0032-2.
- ↑ 15,0 15,1 Археология // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
- ↑ Мартынов А. И. Археология. — М.: Высшая школа, 2002. — С. 9
- ↑ Мартынов А. И. Археология. — М.: Высшая школа, 2002. — С. 7—10.
- ↑ Аскаров А. А., Буряков Ю. Ф., Квиркелия О. Р., Радилиловский В. В. Теоретические и методологические проблемы исследования в археологии. — Ташкент: Фан, 1988.
- ↑ "В. С. Бочкарёв, 2009". Иархивтәоу аоригиналзы 2013-10-15 ахь. Ириашоу 2015-01-11 шықәсазы.
- ↑ "Отдел охранных раскопок". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-06-10 ахь. Ириашоу 2013-03-02 шықәсазы.
- ↑ Селин А. А. Образ Рюрика в современном пространстве Северо-Запада России // Историческая экспертиза. — 2016. — № 4. — С. 90. Архивировано 18 хәажәкырамза 2022 года.
Алитература
- Археология / Л. И. Авилова, И. О. Гавритухин, А. Р. Канторович, С. В. Кузьминых // Анкилоз — Банка [Электронный ресурс]. — 2005. — С. 315—322. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 2). — ISBN 5-85270-330-3.
- Археология / А. В. Арциховский // Ангола — Барзас. — М. : Советская энциклопедия, 1970. — С. 286—289. — (Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров ; 1969—1978, т. 2).
- А. Л. Монгайт. Археология // Советская историческая энциклопедия. — М.: Советская энциклопедия, 1961. — Т. 1. — Стб. 824—835.
- Археология / под ред. В. Л. Янина. — М.: Изд-во МГУ, 2006. — 608 с.
- Авдусин Д. А. Археология СССР. — 2-е изд., перераб. и доп. — М.: Высшая школа, 1977. — 272 с.
- Авдусин Д. А. Археологические разведки и раскопки. — М.: Изд-во МГУ, 1959. — 314 с.
- Авдусин Д. А. Полевая археология СССР. — 2-е изд., перераб. и доп. — М.: Высшая школа, 1980. — 335 с.
- Авдусин Д. А. Основы археологии. — М.: Высшая школа, 1989. — 335 с. — [Архивировано из оригинала 29 абҵарамза 2023 года.]
- Амальрик А. С., Монгайт А. Л. В поисках исчезнувших цивилизаций. — 2-е изд., доп. — М.: Наука, 1966. — 280 с.
- Амальрик А. С., Монгайт А. Л. Что такое археология. — 3-е изд., испр. и доп. — М.: Просвещение, 1966. — 250 с.
- Блаватский В. Д. Античная полевая археология. — М.: Наука, 1967. — 208 с. — (Материалы и исследования по археологии СССР. — № 146).
- Блаватский В. Д. Античная археология и история. — М.: Наука, 1985. — 279 с.
- Брей У., Трамп Д. Археологический словарь. — М.: Прогресс, 1990. — 368 с.
- Гарден Ж.-К. Теоретическая археология. — М.: Прогресс, 1983. — 295 с. — (Общественные науки за рубежом: история).
- Добровольская М. В., Можайский А. Ю. Археология. — М.: МПГУ, 2012. — 116 с.
- Дойель Л. Полет в прошлое. — М.: Наука : ГРВЛ, 1979. — 296 с. — (По следам исчезнувших культур Востока).
- Жебелёв С. А. История археологического знания. — Пг.: Наука и школа, 1923. — 199 с. — (Введение в археологию. — Ч. I).
- Жебелёв С. А. Теория и практика археологического знания. — Пг.: Наука и школа, 1923. — 172 с. — (Введение в археологию. — Ч. II).
- Каменецкий И. С., Маршак Б. И., Шер Я. А. Анализ археологических источников: возможности формализованного подхода. — 2-е изд. — М.: ИА РАН, 2013. — 182 с.
- Клейн Л. С. Археологические источники. — Л.: Изд-во ЛГУ, 1978. — 120 с. — [Архивировано из оригинала 20 цәыббрамза 2024 года.]
- Клейн Л. С. Принципы археологии. — СПб.: Бельведер, 2001. — 151 с.
- Клейн Л. С. История археологической мысли: в 2 т. — СПб.: Изд-во СПбГУ, 2011. — ISBN 978-5-288-05165-4; ISBN 978-5-288-05166-1 (Т. 1); ISBN 978-5-288-05167-8 (Т. 2).
- Кругликова И. Т. Античная археология. — М.: Высшая школа, 1984. — 216 с.
- Лебедев Г. С. История отечественной археологии: 1700—1917 гг.. — СПб.: Изд-во СПбГУ, 1992. — 464 с.
- Мартынов А. И. Археология. — 5-е изд., перераб. — М.: Высшая школа, 2005. — 448 с. — ISBN 5-06-005131-5.
- Мартынов А. И., Шер Я. А. Методы археологического исследования. — М.: Высшая школа, 1989. — 223 с.
- Миллер М. А. Археология в СССР. — Мюнхен, 1954. — 159 с. — (Институт по изучению истории и культуры СССР. Исследования и материалы. — Серия 1-я, № 12). — [Архивировано 28 абҵарамза 2022 года.]
- Монгайт А. Л. Археология Западной Европы: каменный век. — М.: Наука, 1973. — 355 с.
- Монгайт А. Л. Археология Западной Европы: бронзовый и железный века. — М.: Наука, 1973. — 408 с.
- Фаган Б., ДеКорс К. Археология: в начале. — М.: Техносфера, 2007. — 592 с. — ISBN 978-5-94836-119-2.
- Формозов А. А. Страницы истории русской археологии. — М.: Наука, 1986. — 240 с.
- Формозов А. А. Человек и наука: из записей археолога. — М.: Знак, 2005. — 224 с.
- Формозов А. А. Русские археологи в период тоталитаризма: историографические очерки. — 2-е изд., доп. — М.: Знак, 2006. — 344 с.
- Щукин М. Б. Машина времени и лопата. — Кишинёв: Штиинца, 1991. — 247 с.
- Bradford J. Ancient landscapes: Studies in Field Archaeology (англ.). — London: G. Bell and Sons, 1957. — 297 p.
- Clarke D. L. Analytical Archaeology (англ.). — London: Methuen, 1968. — 526 p.
- Drewett P. L. Field Archaeology: An Introduction (англ.). — London: UCL Press, 1999. — 196 p.
- Renfrew C., Bahn P. Archaeology: Theories, Methods and Practice (англ.). — 6th ed. — London: Thames and Hudson, 2012. — 656 p.
- Riley D. N. Air Photography and Archaeology (англ.). — London: Duckworth, 1987. — 151 p.
- Williams B. Breakthrough: Women In Archaeology (англ.). — New York: Walker and Company, 1981. — 174 p.
- Wilson D. R. Air Photo Interpretation for Archaeologists (англ.). — New York: St. Martin's Press, 1982. — 212 p.
Азхьарԥшқәа
- Археологиа в каталоге ссылок Curlie (dmoz)