Аргәын, Алықьса Хәыта-иԥа
| Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын | |
|---|---|
| Алексей Хутович Аргун | |
|
Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын | |
| Аира |
мшаԥымза 10, 1937 ш. Тҟәарчал ақалақь, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра |
рашәарамза 29, 2008 ш. Аҟәа ақалақь, Аԥсны |
| Аусура | аԥсуа ҟазараҭҵааҩы, атеатрҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы |
| Атәылауаҩра | Асовет Еидгыла |
| Алма-матер | Российский институт театрального искусства — ГИТИС |
| Анашьамҭақәа | орден «Честь и слава» |
Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын (аур. Алексей Хутович Аргун; мшаԥымза 10, 1937 ш., Аԥсны, Тҟәарчал ақалақь – рашәарамза 29, 2008 ш., Аԥсны, Аҟәа ақалақь) – аԥсуа ҟазараҭҵааҩы, атеатрҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы. Аҟазараҭҵаара адоктор, апрофессор (1991). Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (1982). СССР-и (1982) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999), Аԥсны акомпозиторцәа Реидгыла алахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2007; арҵага шәҟәы «Художественная культура абхазов» азы). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара (2007). Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Тҟәарчалтәи актәи абжьаратәи ашкол даналга дҭалоит А. В. Луначарски ихьӡ зху атеатртә ҟазара аҳәынҭқарратә институт (иахьа - Урыстәылатәи атеатртә академиа) (1965), абри аинститут аҟны ауп акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа ахьихьчазгьы.
Аус иуан ақыҭа рҵаҩыс, Очамчыратәи акультура араионтә ҩны асахьаркыратә напхгаҩыс (1958) диаргоит. 1970 ш. инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор ихаҭыҩуаҩыс дыҟан, аамҭакала алекциақәа дрыԥхьон А.М. Горки ихьӡ зхыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны. 1972 ш. ианвар 7 нахыс Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректорс дҟалоит. 1973 ш. ииуль 15 рзы С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректорс днаргоит. 1973 анҵәамҭа инаркны 1986 ш. азынӡа Аԥсны акультура аминистр имаҵура дахагылан. Уи нахыс Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҟазара аҟәша деиҳабын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиеи акультурологиеи ркафедра аҟны профессорын.
Заа дазҿлымҳахеит алитература. 1965 ш. инаркны 2007 ш. азынӡа А. Аргәын ажурнал «Алашара» аҟны икьыԥхьит ановеллақәа быжьқәа, еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵанакуа адраматә ҩымҭақәа жәиԥшь. С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылон ипиесақәа, иара убас ԥыхьатәи СССР ареспубликақәа жәпакы ртеатрқәа рсценақәа рҿы.
А. Аргәын жәаба инареиҳаны асахьаркыратә ҩымҭақәа реизгақәа дравторуп, иара убас алитература-критикатә уҳәа астатиақәа. Урҭ ркьыԥхьуан аԥсышәалеи, урысшәалеи, қырҭшәалеи абарҭ аҭыжьымҭақәа: «Алашара», «Аԥсны аҟазара», «Собчаҭа Хеловнеба», «Театралури моамбе», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны» уҳәа рҟны. Ҩажәа инареиҳаны аҭҵаарадырратәи аҭҵаарадырратә-популиартәи усумҭақәа ҭижьит аԥсуа театри, атеатри акинои рактиорцәеи, арежиссиорцәеи, амилаҭтә культура егьырҭ аусзуҩцәеи, арҿиаратә коллективқәеи аҟазареи ртеоретикатә проблемақәа ирызкны.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- асахьаркыратә ҩымҭақәа: аԥсышәала: Апиесақәа реизга. Аҟәа. 1975.
- Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа. Аҟәа, 1980.
- Ҿамҩак аӡы. Апиесақәа. Аҟәа, 1984.
- Атама гәаӷь. Ановеллақәа. Аҟәа, 1987.
- Редед. Ановеллақәеи апиесақәеи. Аҟәа, 1991.
- аурысшәахь аиҭагақәа: Песнь о сердце: Драма в 2-х частях, 6-ти картинах. М.: ВААП, 1977.
- Песнь о сердце: Драма в 2-х частях, 6-ти картинах. М., 1979.
- Горы смотрятся в море: Драма в 2-х частях. М.: ВААП–Информ, 1982.
- Глоток воды. Пьеса-сказка: В 2-х действиях. М.: ВААП–Информ, 1983.
- Да не угаснет мой очаг (Лирические и грустные сцены из жизни абхазского села): В 2-х действиях. М.: ВААП–Информ, 1983.
- Горы смотрятся в море. Пьесы. М., 1986.
- Дом горел, и песню пели... Новеллы. М., 1990.
- Абхазия: ад в раю... (Беседы с погибшим сыном Баталом). Сухум, 1994.
- Редед — князь адыгов. (Историческая новелла). Сухум, 1994.
- аҟазараҭҵааратә усумҭақәа, аԥсышәала.
- Имааԥсаӡо агәы. Аҟәа, 1968.
- Ицәажәо аблақәа. Аҟәа, 1970.
- Аестетика адунеи. Аҟәа, 1995.
- урысшәала: Абхазский театр. Сухуми, 1976.
- История абхазского театра. Сухуми, 1978.
- Абхазский государственный ордена «Знак Почета» драматический театр им. С. Я. Чанба. Сухуми, 1981.
- Абхазский театр и фольклор. Тбилиси, 1986.
- Шарах Пачалиа — народный артист СССР. Сухуми, 1989.
- Шарах Пачалиа в роли короля Лира. Сухум, 1995.
- Константин Ковач и абхазская песня. Сухум, 1995.
- Софа Агумаа (Рассказ о творческом пути актрисы). Сухум, 1995.
- Эдуард Бебиа и ансамбль «Шаратын». Сухум, 1996.
- Василий Царгуш и Госансамбль песни и танца Абхазии. М., 1997.
- Шалва Гицба. О творческом пути актера. Сухум, 1997.
- Поет ансамбль абхазских долгожителей «Нартаа». Сухум, 1999.
- Народные танцы абхазов. М., 1999.
- Дирижирует Вадим Судаков. М., 2000.
- Поэтесса абхазской сцены. О творчестве народной артистки Абхазии и Грузии Анны Аргун-Коношок. Сухум, 2005.
- Ткуарчальский Абхазский государственный театр комедии им. Ш. Пачалиа. Сухум, 2005.
- Художественная культура абхазов. Сухум, 2006.
- Многоликий Джарнас. Сухум, 2007.
- қырҭшәала: Азиз Агрба. Қарҭ, 1970.
- Михаил Кове. Қарҭ, 1970.
- Шәарах Ԥачалиа. Қарҭ,1970.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аргун Алексей Хутович (1937—2008) на сайте Министерства культуры Республики Абхазия.
- Аргун Алексей Хутович.