Аргәын, Константин Шьаҳан-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Константин Шьаҳан-иԥа Аргәын (1924 ш., Анхәа ақыҭа, Гәдоуҭа араион1977 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Диит 1924 шықәсазы Анхәа ақыҭа Гәдоуҭа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1977 шықәсазы. Джуп Анхәа. Ԥсырӡхатәи абжьаратәи ашкол даналга, аҵара иҵон Тимириазев ихьӡ зху Московатәи ақыҭанхамҩатә академиаҿ (дҭалт 1948 шықәсазы). Акьыԥхь аӡы дцәырҵит 1946 шықәсазы.

Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аеҵә рыгәҭаны. Аҟәа, 1958 шықәса.
  • Ԥсырӡхазы ашәа. Аҟәа, 1960 шықәса.
  • Амшқәа. Аҟәа, 1976 шықәса.
  • «Иалкаау аԥсуа лирика» асериаҿ։ Аҟәа, 1986 шықәса.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 917-918