Перейти к содержанию

Апсихологиа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Апсихологиа (ажәытә бырз. ψυχή «аԥсы»[1]; λόγος «аҵара») — ауаа ргәыԥқәеи ауаҩы иԥсихикатә усуреи, апсихика аҿиареи аусуреи рышьақәгылашьа азакәанеизшәарақәа ҭызҵаауа агуманитартә[2] ҭҵаарадырра[3]. Апсихологиа еиднакылоит агуманитартәи аԥсабара-ҭҵаарадырратәи знеишьақәа[4].

Иаҵанакуеит:

  • апсихикатә усура афактқәеи, амеханизмқәеи, азакәанқәеи аазырԥшуа афундаменталтә психологиа,
  • иԥсабаратәу аҭагылазаашьақәа раан апсихикатә цәырҵрақәа ҭызҵаауа ахархәаратә психологиа (афундаменталтә психологиа шьаҭас иҟаҵаны),
  • апрактикатә психологиа — апсихологиатә дыррақәа апрактикаҿы рхархәара[4].

Ахархәаратә психологиа ӷәӷәала иадҳәалоуп апсихиатриаапсихикатә еилашәарақәа реиҩдыраареи рыхәышәтәреи хықәкыс измоу амедицина аусхк, апсихотерапиа, апсихика хәшәтәырала анырра аҭашьа азҵаарақәа ирҿу, иара апсихикалагьы ацәеижь ианыруа, ауаҩы ацәанырратә, ахаҭаратә, асоциалтә ҟазшьа змоу апроблемақәа иацәыхьчара иазырхоу.

Апсихологиа амаҭәар

Апсихологиа амаҭәар еиԥшымкәа еилкаахоит аҭоурых аҿы, апсихологиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рпозициалагьы. Иахьатәи апсихологиазы, апсихологиа амаҭәар аԥшаара актуалра шамац иамоуп[5].

  • Аԥсы (XVIII ашәышықәса алагамҭанӡа

аҭҵааҩцәа зегьы).

аемпирикатә ассоцианисттә психологиа — Д.Гартли, Џьон Стиуарт Милль, Александр Бен, Герберт Спенсер).

Вильгельм Вундт).

(апсихофизиологиаИван Михаил-иԥа Сеченов).

апсихоанализЗигмунд Фреид, аиндивидуалтә психологиаАльфред Адлер, аналитикатә психологиаКарл Густав Иунг).

  • Ахаҿсахьақәа рыдкылара,

рышьақәыргылара, аус рыдулара апроцессқәеи урҭ апроцессқәа рылҵшәақәеи (агештальтпсихологиаМакс Вертгеимер).

  • Ауаҩы иҟазаара апроблемақәа

(агуманисттә психологиа, аекзистенциалтә психологиа налаҵаны — Абрахам Маслоу, Карл Роџьерс, Виктор Франкл, Ролло Меи, аонтопсихологиаАнтонио Менегетти, апозитивтә психологиаМартин Селигман).

  • Аинформациатә система «ахшыбаҩ»

аинформациа аус адулара апроцессқәа, ауаҩы идырратә лшарақәа (акогнитивтә психологиаЏьорџь Миллер, Герберт Саимон, Аллен Ниуел, Ноам Хомски, Девид Грин, Џьон Свитс уҳәа).

  • Мазилов В. А. игәаанагарала, аҭҵаарадырратә психологиа иамаҭәарны иԥхьаӡатәуп ауаҩы иҩнуҵҟатәи дунеи[5].

Апсихологиа аобиект

Апсихологиа аобиект — асоциалтә гәыԥ дуқәеи асоциалтә гәыԥ маҷқәеи рҿы ауаа рыԥсҭазаашьа, рыҿиара, рхымҩаԥгашьа, русура, реизыҟазаашьа алзыршо апсихикатә процессқәоеи апсихикатә цәырҵрақәеи.

Апсихологиа аҳасабтәқәа

  • Апсихикатә цәырҵрақәеи апроцессқәеи

рҵакы аилкаара.

  • Еиуеиԥшым аԥсҭазааратә

ҭагылазаашьақәа раан ахи аилазаарақәеи рнапхгара.

  • Еиуеиԥшым апрактика аусхкқәа рылҵшәа

аизырҳаразы иҳауз адыррақәа рхархәара

  • Апсихологиатә маҵзура атеориатә

шьаҭа адырра.

Апсихологиа аметодқәа

Ахыԥхьаӡаратә психологиатә ҭҵаарақәа аус рыдулара ауеит агипотезақәа статистикала ргәаҭарала. Ари аусхк аҟны, алабораториатә ҭагылазаашьаҿы арандомизациа зызуу, хылаԥшра зырҭо аԥышәарақәа инарҭбааны ахархәара шрымоугьы, ас еиԥш аҭҵаарақәа аамҭакьаҿлатәи ацәырҵрақәа рдиапазон маҷ ауп ахәшьара зырҭар рылшо. Абасала, апсихологцәа, иара убас аклиникатә ԥышәарақәеи ауааԥсыра ирызку адыррақәеи рҟынтәи мҩашьарада еилкааны адырразы, арҿиаратә статистикатә методқәа ирықәгәыӷуеит[6]:

  • аинформациа аизгара аметодқәа

(ахашьклаԥшра, ашьклаԥшра, аусура алҵшәақәа рыҭҵаара, ақьаадқәа рыҭҵаара, азҵаара аметод, атестқәа рметод, аԥышәара, абиографиатә метод) (шәахә. апсихометриа);

  • адыррақәа аус рыдулара аметодқәа

(астатистикатә анализ, егьырҭ аматематикатә методқәа)[7];

  • аинформациатә технологиақәа

(апсихологиатә дыррақәа реизгареи, рҭагалареи, аус рыдулареи рзы иҷыдоу аҳасабратә техникатә хархәагақәеи апрограмматә еиқәыршәареи; астатистикатә дыррақәа аус рыдулара апрограммақәа; адыррақәа дуқәа аус рыдулара аметодқәа);

  • апроцесси арҿиаратә усура аалыҵқәеи

рпсихологиатә анализ;

  • апсихологиатә нырра аметодқәа (аимак-

аиҿак, аԥышәара шьақәзыргыло атренинг, агәрагара, агәрархаҵара, арелаксациа уҳәа);

  • ахшыбаҩи хаз игоу анеиронқәеи

релектрофизиологиа аметодқәа, афымцаенцефалографиа, атомографиа, амагнитоенцефалографиа, ауаҩы ицәеижь иалсыр зылшо, 700—900 нанометр иану ацәқәырԥақәа роураҿы аинфраҟаԥшь спектроскопиа уҳәа рышьаҭала.

Хылаԥшра зырҭо аԥышәарақәа

Ихадароу астатиа: Апсихологиатә ԥышәара

Аобиектқәа машәырла реихшаразы аԥышәараҵәҟьа аҭҵааҩцәа амзыз-хылҿиаатәи еимадарақәа рзы зыгәра угартә иҟоу алкаақәа рыҟаҵара рылшаратәы иҟанаҵоит. Аԥышәараҿы аҭҵааҩы ихьыԥшым аҽеиҭакрақәа ҳәа изышьҭоу анырра апараметрқәа иԥсахуеит, ихьыԥшу аҽеиҭакрақәа ҳәа изышьҭоу алҵшәақәа ишәоит. Аԥышәа змоу аԥышәаратә ҭҵаарақәа мҩаԥысуеит хәыц-хәыц хылаԥшра зырҭо алабораториаҿы.

Аиҭашәагақәа рзы аԥышәарақәа — ари ҭагылазаашьақәак рҿы имҩаԥысуа ԥышәарақәоуп. Апсихотерапиа еффективла аҭҵаарақәа рҿы аԥышәарамҩаԥгаҩцәа лассы-лассы иарбоу ахәышәтәра, аплацебо ахәышәтәра иаҿдырԥшуеит, мамзаргьы еиуеиԥшым ахәышәтәра хкқәа еиҿдырԥшуеит. Ахәышәтәра ахкы ихьыԥшым ҽеиҭакроуп. Ихьыԥшу аҽеиҭакрақәа — ари еиуеиԥшым азанааҭуаа идеалла ахәшьара зырҭо алҵшәақәа роуп[8]. Еихдоу апроект рхы иархәаны, аҭҵааҩцәа рылҵшәақәа рымч еиҳагьы ишьҭырхыр рылшоит, асубиектқәа ргәыԥқәа ҩба рҿы, ахәышәтәра аметодқәа аҩба рҟынтәи рыҩбагьы гәаҭаны.

Аԥышәаратә ҭҵааҩцәа абжьааԥны рхы иадырхәоит агипотезақәа ргәаҭара астатистикатә модель, уи иаҵанакуеит аԥышәара мҩаԥыргаанӡа азԥхьагәаҭара, анаҩс адыррақәа азԥхьагәаҭарақәа шаҟа ишьақәдырӷәӷәо ахәшьара аҭара. (Арҭ иҟалаша зхылҿиаар алшо, иҭырҵаауа ацәырҵра аус шауҵәҟьо азы еиҳа иабстракттәу аҭҵаарадырратә гипотеза ауп.) Адисперсиа анализ азуразы, астатистикатә методқәа рхы иадырхәоит аԥышәара иуникалтәу алҵшәақәеи авариациақәа машәырла адыррақәа рҽыԥсахрақәа ирылҵшәоуп ҳәа анольтә гипотезеи реиҩдырааразы. Апсихологиаҿы инарҭбааны ахархәара змоу астандарт алҵшәақәа астатистикатә ҵакы рнаҭоит, урҭ рыҟалара 5 % иреиҵаны машәыруп изыхҟьо[9].

Астатистикатә анализ егьырҭ аформақәа

Астатистикатә гәаҭарақәа апсихологиаҿы рхы иадырхәоит аизыҟазаашьақәеи аҟазшьа аҷыдарақәеи ршәаразы, агәалаҟазаараҿы аиҭакрақәа рмониторинг азы, аԥышәаратә манипулиациақәа ахьынӡаиашоу агәаҭаразы уҳәа апсихологиатә темақәа рзы. Еиҳараӡак апсихологцәа рхы иадырхәоит ақьаад-карандашьтә зҵаарақәа. Ус шакәугьы, азҵаарақәагьы мҩаԥысуеит ҭелла ма аелектронтә ԥошьҭала. Авеб-зҵаарақәа еиҳа-еиҳа рхы иадырхәоит амаҭәарқәа жәпакы иманшәаланы рымҽхакразы.

Анеиропсихологиатә тестқәа, Векслер ишкалақәеи Висконсин ихсаалақәа реилыхра атести реиԥш иҟоу, аиҳарак зҵаатәқәоуп, мамзаргьы имариоу ҳасабтәтәқәоуп, ареспондент ипсихикатә функциа хкык ахәшьара азҭо. Урҭ ахархәара роур ҟалоит, илҵшәадоу аԥышәарақәа раан еиԥш, ааха зауз ахшыбаҩ ахәҭак алҵшәақәа ахәшьара рызҭо аԥышәарақәа рҿы[10].

Атехнологиатә анализқәа

АЕГ анҵамҭа архиара

Ахшыҩтәи анервтәи активра аиҿырԥшразы рхы иадырхәо еицырдыруа классикатәи мыругоуп афымцаенцефалограмма (АЕГ), ахшыбаҩ еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы ақәыӷәӷәара аиҭакрақәа ршәаразы, еиӷьыртәыз аелектродқәа ауаҩы ихы ацәаҿы зхы иазырхәо атехника, Иаартым ахыбаҩ аҿы АЕГ зхы иазырхәаз раԥхьатәи аҭҵааҩы Ханс Бергер игәеиҭеит, ахшыбаҩ «ахшыбаҩ ацәқәырԥақәа» шазҷыдароу: афымцатә ҵысрақәа, ахдырра еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирықәшәо. Ашьҭахь аҭҵааҩцәа аелектродтә дыррақәа рсинтез азы астатистикатә методқәа еиӷьыртәит, ашьшьыҳәа ацәара афазаҿы иубо адельта-цәқәырԥақәа реиԥш иҟоу, ахшыбаҩ ацәқәырԥақәа иуникалтәу рпаттернқәа шьақәдыргылеит[11].

Афункционалтә неировизуализациа аметод ҿыцқәа рахь иаҵанакуеит афункционалтә магнит-резонанстә томографиеи апозитрон-емиссиатә томографиеи, урҭ ахшыбаҩ ала ашьа иацклаԥшуеит. Арҭ атехнологиақәа ахшыбаҩ активра еиҳа ииашаны аҭыԥыркра алдыршоит, уи азы ганрацәалатәи агәаанагарақәа аԥырҵоит. Урҭ иара убасгьы, асубиективтә хамеигӡара аклассикатә проблемақәа рҽырцәыхьчаразы алшара ҟазҵо, аобиективтә дыррақәа шьаҭас измоу аилкаара алдыршоит. Аха уаанӡеиԥш иуадаҩуп ахшыбаҩаҿы иалкаау ахәыцрақәа рыҟалара аҭыԥыркразы, мамзаргьы ас еиԥш алокализациа аҵабыргхаҭа шаҟа ихәарҭоу азы алкаа ӷәӷәақәа рыҟаҵара. Ус шакәугьы, анеировизуализациа, ахшыҩи ахшыбаҩи ркоррелиациа шыҟоу зыршаҳаҭуа гха змам алҵшәақәа аанашьҭит. Урҭ рахьтә иҟоуп, алокалтә функциақәа рмодель акәымкәа, анеиронтә ҳақәа рсистема амодель шьаҭас измоу[12][13][14].

Апсихологиа аусхкқәа

Иахьатәи апсихологиа усхкырацәатә ҭҵаарадырроуп. Апсихологиа аусхкқәа акыр зхала иҿиауа хырхарҭақәоуп. Урҭ ҭагылазаашьала еиҩыршоит афундаменталтә (азеиԥш), ахархәаратә (иҷыдоу) ҳәа.

Апсихологиа афундаменталтә усхкқәа апсихикатә цәырҵрақәа рыҭҵаараҿы азеиԥш ҵакы рымоуп. Ари апсихологиа аусхкқәа зегьы еидызкыло, иара убас дара рыҿиара шьаҭас иамоу базисуп. Афундаменталтә усхкқәа, шамахамзар, атермин «азеиԥш психологиа» ҳәа иашьҭоуп. Азеиԥш психологиа зхәаԥшуа аилкаара хадақәа иреиуоуп: адырратә процессқәа (ацәаныррақәа, адкыларақәа, азҿлымҳара, агәаанагарақәа, агәынкылара, ахаҿаагара, ахәыцра, ажәаҳәа, ацәаныррақәа, агәаԥхара, арефлексиа), анагӡаратә функциақәа, апсихикатә ҟазшьақәа (алшарақәа, амотивациа, атемперамент, аҟазшьа), апсихикатә ҭагылазаашьақәа. Афундаменталтә усхк аҳасабала, азеиԥш психологиа ацәырҵра аԥызҵаз С. Л. Рубинштеин ихьӡ иадырҳәалоит, 1940 шықәсазы афундаменталтә усумҭа «Азеиԥш психологиа ашьаҭақәа» аԥҵара.

Ахархәаратә ҳәа ирышьҭоуп апрактикатә ҵакы змоу апсихологиа аусхкқәа. Ас еиԥш иҟоу аусхкқәа рахь иаҵанакуеит, иаагозар, арҵаҩратә психологиа, аҿиара апсихологиа, ахаҭара апсихологиа, аихшаратә психологиа, аиҿырԥшратә психологиа, асоциалтә психологиа (аџьар рпсихологиа, адунеи апсихологиа налаҵаны), аполитикатә психологиа, аклиникатә (амедицинатә) психологиа, азиндырратә психологиа, аекономикатә психологиа, арратә психологиа, аҟазара апсихологиа, арҿиара апсихологиа, аҭҵаарадырра апсихологиа, аспорт апсихологиа, адин апсихологиа уҳәа егьырҭгьы[15].

Апсихологиа аҭыԥ аҭҵаарадыррақәа рсистемаҿы

Апсихологиа аҭагылазаашьа еиуеиԥшым ҩ-традициак ирыдҳәалоуп. Актәи ԥсабараҭҵааратә маҭәарны аҟалара аҽазышәара ауп, аҩбатәи — аԥсҭазааратә психологиа аҭыԥ аанкылара аҽазышәара ауп. В. В. Петухови В. В. Столини ишадырбо ала, ахықәкқәа рыҩбагьы шьаҭанкыла нагӡашьа рымам. Аԥсҭазааратә психологиа иаҿырԥшны, аҭҵаарадырратә иҷыдоу маҭәаруп, апсихикатә ԥсҭазаара аҭҵааразы аилкааратәи аметодологиатәи аппарат аманы. Убри инаваргыланы, апсихологиа иамоуп аҷыдарақәа, иара аҭҵаара аобиект аҭагылазаашьа ҩныҵҟала аарԥшра ахьалшо иадҳәалоу. Аҭҵаарадырратәи аԥсҭазааратәи психологиа апринциптә еиԥшымзаарақәа еиқәнархоит, аха убри аан дара-дара еидҳәалоуп[16].

Апсихологиа иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа реиԥш агуманитартә ҭҵаарадыррақәагьы ирыдҳәалоуп. Апсихологиеи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәеи реимадара шьаҭас иамоуп ауаҩы ибиологиатә ԥсабара. Аха ауаҩы, ҷыдарас имоу, социалтә ҟалараны дахьыҟоу ауп, ипсихикатә цәырҵрақәа социалла акыр иахьыхьԥшу. Убри иахҟьаны, апсихологиа агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рахь иԥхьаӡоуп[2]. Апсихологиа аҷыдарақәа ируакуп аобиекти адырра асубиекти реиқәшәара, даҽакала иуҳәозар, арефлексиа аҭҵааразы мыругак аҳасабала ахархәара ахымԥадатәра.

Апсихологиеи иахьатәи аҭҵаарадыррақәеи реимадара

Афилософиа

Апсихологиа азҵаарақәа акраамҭа ирыхәаԥшуан афилософиа аҳәаақәа ирҭагӡаны. XIX ашәышықәса азбжазы ауп апсихологиа зхала иҟоу ҭҵаарадырраны ианыҟала. Аха афилософиа аҽанаҟәнашагьы, ирыбжьаз аимадара ааигәа еиқәнархоит. Иахьатәи аамҭазы иҟоуп апсихологиа еиԥш афилософиагьы иҭнаҵаауа аҭҵаарадырратә проблемақәа. Ас еиԥш иҟоу апроблемақәа рахь иаҵанакуеит ахаҭаратә ҵакы змоу аилкаарақәа, аԥсҭазаара ахықәкқәа, адунеихәаԥшышьа, аполитикатә дунеихәаԥшышьақәа, ацәаҩашәатә беиарақәа уҳәа егьырҭгьы. Апсихологиа аԥышәаратә методқәа ахы ианархәоит агипотезақәа ргәаҭаразы. Аха иҟоуп ԥышәарыла иузымыӡбо азҵаарақәа. Ус ианыҟоу апсихологцәа афилософиа иадҵаалар рылшоит. Афилософиа-психологиатә проблемақәа рахь иаҵанакуеит ауаҩытәыҩса ихдырра аҵаки ахылҵшьҭреи, ауаҩытәыҩса ихәыцшьа иреиҳаӡоу аформақәа рыԥсабара апроблемақәа, ауаажәларра ахаҭареи ахаҭара ауаажәларреи рнырра[17].

А.Г. Маклаков иаирбоит акраамҭа афилософиа аматериалисттәи аидеалисттәи ҳәа аҽшашозгьы, уажәы урҭ афилософиа ацашьақәа реизааигәахара шцәырҵыз, аҩ-хырхарҭак рпсихологиазы еиԥшу аҵакы алацәажәара шалшо. Аматериалисттә философиа хадоуп аусура апроблемақәеи иреиҳаӡоу апсихикатә функциақәа рхылҵшьҭреи рыхәаԥшраан. Аидеалисттә философиа, Маклаков игәаанагарала, иқәнаргылоит аҭакԥхықәра, аламыс, аԥсҭазаара аҵакы, адоуҳара реиԥш иҟоу апроблемақәа. Маклаков иазгәеиҭоит, апсихологиаҿы аҩхырхарҭак (аматериалисттәи аидеалисттәи) рхархәара «еиҳа ихарҭәааны ишаанарԥшуа ауаҩы иҩбоу ихаҭара, ибиосоциалтә ԥсабара»[17].

А.Г. Маклаков игәаанагарала, апсихологцәеи афилософцәеи русеицура мацарала иуӡбазар зылшо апроблемақәа рахь иаҵанакуеит аепистемологиа апроблемақәа[17]. Апсихологиа атеориақәак апсихологиа-философиатә ҟазшьа рымоуп, иаагозар, фреидҿыццәа ртеориатә усумҭақәа реиԥш иҟақәоу. Ҿырԥштәыс иаагозар, Ерих Фромм иусумҭақәа рхы иадырхәоит апсихологиеи, асоциологиеи, афилософиеи рҿы.

Асоциологиа

Апсихологиа ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа ӷәӷәала ирыдҳәалоуп. Асоциологиеи иареи злеиԥшу рацәоуп. Асоциологиа, асоциалтә психологиаҟынтәи, ахаҭареи ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәеи рыҭҵааразы аметодқәа амнаԥсахуеит. Апсихологиа инарҭбааны ахы ианархәоит традициала социологиатәуп ҳәа иԥхьаӡоу, азҵаареи анкетаҟаҵареи реиԥш иҟоу, аҭҵаарадырратә дырраҭара аизгаразы аметодқәа. Иҟоуп апсихологиеи асоциологиеи дара-дара еимырдо еиуеиԥшым аконцепциақәа. Апроблема рацәа, амилаҭтә психологиа, аполитика апсихологиа, асоциализациеи асоциалтә шьақәгылақәеи рпроблемақәа реиԥш иҟоу, апсихологцәеи асоциологцәеи еицырыӡбоит[18].

Аекономика

Аекономикатә психологиа — ауаҩы иекономикатә хымҩаԥгашьеи ипсихикатә процессқәеи ирызку апсихологиа аусхк ауп, иадҳәалоуп: атауарқәеи амаҵзурақәеи рҭыжьреи, реихшареи, реиҭныԥсахлареи, рхархәареи. Аекономикатә психологиа аҭҵаара амаҭәар — аекономикатә хымҩаԥгашьеи ауаа аекономикатә еизыҟазаашьақәа рсубиектқәа раҳасабала реинырра апсихологиатә закәанеизшәарақәеи роуп. Иеилкаахеит, ауаа рекономикатә хымҩаԥгашьа, уаанӡа аекономика аҭҵаараан ииашоу заҵәык ауп ҳәа изхәаԥшуаз арационалтә хымҩаԥгашьа ишацәыхароу, ари ахымҩаԥгашьа апсихикатә факторқәа акыр ишҳәаақәырҵо.

2002 шықәсазы, егьырҭ авторцәа Амос Тверски далархәны имҩаԥыргаз аҭҵаарақәа рзы, аевристикақәа рхархәараҿы азеиԥш уаҩытәыҩсатә мҩахҟьарақәа ирызку акогнитивтә шьаҭа ашьақәыргыларазы, иара убас аперспективақәа ртеориа аҿиаразы, «аекономикатә ҭҵаарадырраҿы апсихологиатә методика ахархәаразы, лымкаала — агәаанагарақәеи аӡбамҭақәа рыдкылара аилымкаара аамҭазы рыҭҵаараан» (В. Смити иареи) аекономиказы Нобель ипремиа далауреатхеит Даниел Канеман, аҭҵаарақәа економистк иаҳасабала акәымкәа, апсихолог иеиԥш ишымҩаԥигозгьы.

2017 ш. аекономиказы Нобель ипремиа далауреатхеит, ахымҩаԥгашьатә економика аусхк аҟны илагалазы, Ричард Талер.

Аҭоурых

Апсихологиазы акрарыҵаркуеит иара убас аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа. Аҭоурыхи апсихологиеи рсинтез ҿырԥштәыс иамоуп Л. С. Выготски иреиҳаӡоу ипсихикатә формақәа ркультура-ҭоурыхтә ҿиара атеориа. Апсихологиаҿы, аҭоурыхтә метод ахархәара апсихикатә цәырҵрақәа имариаоу инаркны иуадаҩу аформақәа рахь афило-онтогенетикатә ҿиара аҭҵаара ауп. Аҭоурыхи апсихологиеи реизааигәахара шьаҭас иамоуп, иахьатәи ауаҩы, ауаатәыҩса рыҿиара далҵшәоуп ҳәа аконцепциа[19]. Апсихологиатә цәырҵрақәа ҭоурыхла рыҿиара азҵаарақәагьы ҭнаҵаауеит аеволиуциатә психологиа.

Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа

Апсихологиа абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ӷәӷәала ирыдҳәалоуп, амедицинагьы налаҵаны. Арҭ аҭҵаарадыррақәа реихьӡарақәа апсихологиаҿы рхархәара шьаҭас иамоу, апсихикатә цәырҵрақәеи апсихикатә процессқәеи реиҳарак физиологиала реихьԥшызаароуп. Апсихикатәи асоматикатәи дара-дара реинырра афактқәа дыруп. Апсихикатә ҭагылазаашьа афизиологиатә ҭагылазаашьа анырра анаҭоит. Апсихика аҷыдарақәа иалкаау ачымазарақәа (иаагозар, апсихосоматиатә) рыҿиара иацхраар алшоит. Ихьарҳәу аимадара злаҟоу, ачымазарақәа жәпакы апсихикатә ҭагылазаашьа анырра иарҭо алоуп[20].

Еиҳарак апсихологиеи, аневрологиеи, апсихиатриеи аимадара бзиа рымоуп. Апсихологиаҿы ззанааҭ хадала злагала дуу аҵарауаа реиҳараҩык аневрологцәеи апсихиатрцәеи ракәын. Анервтә система ачымазарақәеи апсихика аилагарақәеи рыҭҵаара ауп, хра злоу апсихика аусуреи аилазаареи рҷыдарақәа, абжьааԥны иҵәаху мамзаргьы зыԥшаара уадаҩу насгьы анерв система аусуреи аилазаареи реимадарақәа рааԥшра алшара рызҭаз. Апсихиатриа иадҳәалоу еизырхоу азҵаарақәа рыҭҵааразы апсихологиаҿы иалкаауп апатопсихологиа, аклиникатә психологиа, апсихосоматика, аномалтә ҿиара апсихологиа реиԥш иҟоу аусхкқәа; анеиробиологиа, анатомиа, анервтә система хада афизиологиа, аусхкқәа — анеиропсихологиа, апсихофизиологиа. Агенетика аҿиараҿы апрогресс ду иалнаршеит апсихогенетика аԥҵара, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауаҩы игеном асеквенациа ашьаҭала, агенетикатә еффектқәа апсихика аусура аҷыдарақәа ишырныруа аарԥшра алзыршо аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.

Анеиропсихологиа

Апсихологиаҿы ареволиуциа хаҭа цәырнагеит аинвазиа злам (еилазымго) аҭҵаара аметодикақәа рцәырҵра, ипассиву (афункционалтә магнит-резонанстә томографиа, аМРТ) реиԥш иактивугьы (атранскраниалтә магниттә стимулиациа). Арҭ аметодикақәа рыцхыраарала, апсихологцәа раԥхьаӡа акәны алшара роуит, уаанӡа обиективла аҭҵаара зцәыуадаҩыз афеноменқәа, ахдырра, аԥхыӡқәа, агәаԥхара ахақәиҭра уҳәа еиҭарҿиахо аҭҵаарақәа рымҩаԥгара.

Егьырҭ аҭҵаарадыррақәа

Апсихологиа активла аус рыцнауеит егьырҭ аҭҵаарадыррақәеи аҭҵаарадырратә ҵара аусхкқәеи реиҳара. Ари аинырра ааԥшуеит, зегь раԥхьаӡагьы, апсихологиа аусхкқәа раԥҵараҿы, уи иадҳәалоу, аҭҵаарадырратә дырра хархәаратә усхкқәаны, апсихологиа амаҭәар апозициала аобиективтә ҵабырг азакәанқәа ҭызҵаауа рҟны. Иаагозар, апсихологиеи антропологиеи реимадара шьақәдыргылоит, ахаҭара апсихологиа еиԥш иҟоу, апсихологиа афундаменталтә усхк аҟазаара иабзоураны. Апедагогика аус ацурала ицәырҵуеит арҵаҩратә психологиа; адефектологиаапсихологиа ҷыда. Алингвистика апсихологиа аус ацуа апсихолингвистика ахылҵуеит; азиндырреи иареи реимадара еилыкка иааԥшуеит аӡбаратә психологиа, ааха аура апсихологиа, акриминалтә психологиа, апатопсихологиа, ацәгьоурақәа рыҭҵаара апсихологиа реиԥш иҟоу апсихологиа аусхкқәа рҿы.

Апсихологиа аҭҵаарадырратә статус иазку аимак-аиҿакқәа

Апсихологиа аҭҵаарадырратә статус акыр инарҭбаау аимак-аиҿакқәа ирмаҭәаруп. 2005 шықәсазы, УАР алахәыла-корреспондент, УАР Апсихологиа аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ А. В. Иуревич ишазгәеиҭаз ала, амаҭәар ауадаҩрақәеи иахьатәи апсихологиа ақәҿиарақәеи апаразитра рзуны, иахьатәи ахархьуаҩ «ара-уажәы-шьҭа-ипсихологиа» ақәыӷәӷәарала, зҽырҭбааны ирылаҵәаз амодернизмшьҭахьтәи аидеологиа, уи аҵакыра иааиԥмырҟьаӡакәа апараҭҵаарадырратә доктринақәа мчыла иалалоит[21].

Америкатәи апсихолог Б. Р. Хегенхан 2009 шықәсазы иазгәеиҭеит, апсихологиа ҭҵаарадырроума ҳәа азҵаара, аҵарауаа аҭакқәа жәпакы шарҭо, урҭ аҭакқәа рҵакы зхьыԥшу иазҭои, насгьы апсихологиа аспектс иаҵанаиркуеи шракәу:

  • мап, уи апарадигманӡатәи маҭәаруп;
  • мап, иара амаҭәар аҭҵаарадырратә ҭҵаара аҽаҭаразы исубиективцәоуп;
  • мап, аха уи ҭҵаарадырраны иҟалар алшоит, иагьахәҭоуп;
  • ааигьы, мапгьы: иара хәҭакахьала ҭҵаарадырроуп, хәҭакахьала — мап;
  • ааи, апсихологиа аҭҵаарадырратә методологиа зхы иазырхәо, ҭҵаарадырратә маҭәаруп.

Амодернизми амодернизмшьҭахьтәии рыбжьара иахьатәи аимак-аиҿак аҿы, апсихологиа аҭҵаарадырратә статус аимак-аиҿак иамаҭәарны иҟоуп[22].

Аҭҵаара амаҭәар ауадаҩра ахьыҳараку иахҟьаны, апсихологиатә теориақәа жәпакы рзы иуадаҩуп Поппер икритери ахархәара, избанзар дара рҿы, рхархәара зыруадаҩуа алкааҟаҵара еилаԥсеи еихысуа аилкаарақәеи ахархәаралшара рымоуп. Ас еиԥш иҟоу атеориақәа жәпакы рзы аҭҵаарадырратә џьбарара аилкаара адетерминисттә теориақәа рҿы ахархәара змоу ишақәымшәогьы, дара, иага ус акәзаргьы, ихәарҭахоит. Ҿырԥштәқәас иҟалар рылшоит Зигмунд Фреиди Альфред Адлери ртеориақәа. Поппер ихаҭа игәы иаанагон атеориа аҭҵаарадыррамреи, аметафизикатәреи рышьақәырӷәӷәа, ари аҩыза атеориа хәарҭара аламкәа, ҵакыданы хымԥада иҟанаҵом ҳәа[23].

Т. В. Корниловеи С. Д. Смирнови иазгәарҭеит, апсихологиаҿы апарадигмақәа рацәаны еицтәараны рыҟазаареи апарадигма маҷ ҿыцқәа иааиԥмырҟьаӡакәа рцәырҵреи ирыхҟьаны, иааиԥмырҟьаӡакәа иарбоу аҭҵаарадырраҿы акризиси ареволиуциеи еиԥҟьара змам аеффект шаԥырҵо, уи хыхь ишазгәаҭоу еиԥш, аҭҵаара амаҭәар ауадаҩра ишҳәаақәнаҵо. Ари афакт, аҭҵааҩцәа гәыԥҩык рхы иадырхәоит, апсихологиа иҿиоу ҭҵаарадыррам, мамзаргьы зынӡаскгьы иҭҵаарадыррам ҳәа аҳәамҭақәа ҵаҵӷәыс ирыҭаны. Апсихологиаҿы иахьа уажәраанӡа аҭҵаарадырратә, аҭҵаарадырра иазааигәоу, амцҭҵаарадырратә дырра инагӡаны, еилыкка реиҟәыҭхарак ҟамлеит. Астрологиеи алхимиеи зынӡа ирылҵыз астрономиеи ахимиеи реиԥш акәымкәа, апсихологиа акырӡа ачҳара аанарԥшуеит апарапсихологиахь, насгьы лассы-лассы аԥсҭазааратә психологиа аԥышәа ассимилиациа азнауеит[24].

Америкатәи апсихологиатә енциклопедиаҿы ишьақәыргылоуп аҭҵаарадырратә психологиа абарҭ апринципқәа: «Азанааҭтәи аҭҵаарадырратәи психологиа иаҭахуп еилыкка иарбоу, аиҭеиҭаҳәара алзыршо аҭагылазаашьақәа раан агәаҭарақәа ахылаԥшра ӷәӷәа рыҭара. Иара аусура машәырла ахылаԥшрақәеи, хаз игоу ахазхҭысқәеи, ашаҳаҭцәа рыхәшьарақәеи шьаҭас иахьрымоу азанааҭтә ма аҭҵаарадырратә ҩаӡараҟынӡа инаӡаӡом … Аҭҵаарадырратә психологиа иаҭахуп аемпирикатә гәаҭарақәеи аԥышәаратәреи, урҭ лассы-лассы аҭҵаарадырратә теориақәа рформа шьҭырхуеит, ус ирыдыркылоит»[25].

Арҭ апринципқәа инарықәыршәаны, апсихологиа аганахьала атеориатә шьақәгылашьақәа рацәаны, иаагозар, апсихика акванттә теориа, аторсионтә «дәқәа» ртеориа реиԥш иҟоу, ҭҵаарадырроуп ҳәа иузыԥхьаӡом, избанзар ԥышәарыла ишьақәырӷәӷәаӡам[26]. Иара убри аан, зны-зынла урҭ аҭҵаарадырратә психологиа аҭҵаара иаԥсоу обиектқәаны иҟалар алшоит, иаагозар, ахшыҩ ахәмарра аинтерес зҵоу афактқәа реиԥш, мамзаргьы ԥышәарыла ишьақәырӷәӷәоу атеориақәа рышьақәыргыларазы гәазыҳәарақәак ракәны иҟалар алшоит.

Аҭоурых

Ихадароу астатиа: Апсихологиа аҭоурых

Апсихолог С. Л. Рубинштеин, 1940 шықәсазы, апсихологиа ҭоурыхтә хәаԥшышьала абас дахцәажәеит[27]:

"Апсихологиагьы даара иагьжәытәӡатәиуп, зынӡа иагьқәыԥшу ҭҵаарадырроуп, уи иамоуп 1000 шықәса зхыҵуа ажәытәра, ус шакәугьы, иара зегьы иҵегь аԥхьаҟа ҟалараны иҟоу ауп. Зхала иҟоу ҭҵаарадырратә маҭәарк аҳасабала аҟазаара жәашықәсала ауп ишыԥхьаӡоу, аха афилософиа ыҟанаҵы, иара апроблематика хада афилософиатә хәыцра ааннакылоит. Аԥышәаратә ҭҵаара ашықәсқәа ираԥхьагылан афилософиатә хәыцрақәа шәышықәсала, ганкахьала, ауаа практикала рдырра, азқьышықәсақәа — даҽа ганкахьала».

Ажәытәӡара

Аристотель — ашәҟәы «Аԥсы иазкны» автор, апсихологиатә ҭҵаара амаҭәар инеиҵыху анализ ахьыҟаиҵо

Заатәи ажәытәӡатәи авторцәа рырҿиараҿы ауаҩы иԥсабареи, иԥси, ихшыҩи рпроблемақәа ахшыҩзышьҭра анрырҭоз маҷӡамызт. Иахьа уажәраанӡа, ажәытә авторцәа ргәаанагарақәа рспектр зегьы аҟынтәи, Гиппократ итемпераментқәа реихшара ауп иааз, Платон иидеиақәа жәпакы апсихика иазку агәаанагарақәа рфилософиатә шьаҭақәа рыҿиара анырра шарҭазгьы, хәҭакахьала, ауаҩы, амотивқәа рыҩныҵҟатәи реимак еимнарххо ҟаларак аҳасабала игәаанагара рныԥшит ахаҭара аструктура иазку апсихоаналитикатә дунеихәаԥшышьақәа рҿы. Егьырҭ аҭҵаарадыррақәа реиҳарак реиԥш, апсихологиа «даду» ҳәа ииашаны изуҳәар алшоит Аристотель, зытрактат «Аԥсы иазкны» аҟны апсихологиатә ҭҵаара амаҭәар инеиҵыху анализ азҭаз.

Абжьаратәи ашәышықәсақәа

Европа, апсихологиа иазку абжьарашәышықәсазтәи аусумҭақәа ааидкыланы, ахаҵареи ахшыҩи рызҵаарақәа ирызкын, Фома Аквински инаиркны ақьырсиантә философцәа иааубаратәы, Аристотель иидеиақәа имырԥсахит. Мрагыларатәи аҵарауаа рҟынтәи апсихологиатә зҵаарақәа хшыҩзышьҭра риҭон Ибн Сина (Авиценна).

Ажәытәтәи Урыстәыла иҩын апсихологиатә зҵаарақәа ахьықәдыргылоз, иахьырыӡбоз ҩымҭақәак: аԥсы ахылҵшьҭреи аҵаки, ахшыҩ аҟазшьақәа, ацәанырратә цәеижьхәҭақәа реиҿкаашьа, амотивқәа рықәԥара, ауаа рпсихикаҿы ақәратәи аиндивидуалтәи еиԥшымзаарақәа, аҟазшьа апроблема, аԥхыӡқәа рхылҵшьҭра уҳәа уб. иҵ. Уи рызкуп, иаагозар, арҿиамҭақәа «Агәырҩа-Цәгьа изку аповест», «Аҩныргылара», «Аҟәыӷара ҵаула ашәҟәы», хыԥхьаӡара рацәала еиҭагоу афилософиатәи амедицинатәи литература: «Галиново Ипократ иахь», «Ашьхыц», Филипп Асакаратә и-«Диоптра», «Аилыркааратә Палеиа», «Амаӡақәа рымаӡа»[28].

Аамҭа ҿыц

Рудольф Гоклениус

1590 шықәсазы Рудольф Гоклениус раԥхьаӡа акәны атермин «апсихологиа» ихы иаирхәоит аԥсы иазку аҭҵаарадырра аарԥшразы. Уи ихааныз Оттон Касман атермин «апсихологиа» иахьатәи аҭҵаарадырратә ҵакы аҭаны раԥхьа зхы иазырхәаз ҳәа дыԥхьаӡоуп.

Аамҭа ҿыц ахаҭарнакцәа (иаагозар, Рене Декарт) ацәеижьи аԥси еиуеиԥшым аԥсабара рымоуп ҳәа ирыԥхьаӡон — уи апсихологиа апроблема иҿыцу хәаԥшышьан. «Аԥси ацәеижьи еиуеиԥшым азакәанқәа рыла инхоит, аус руеит, еиуеиԥшым аԥсабара рымоуп», — иҩуан Декарт.

XVIII ашәышықәса

Нанҳәамза 3, 1795 шықәсазы британиатәи акралтә астроном Невил Маскелаин раԥхьаӡа акәны иԥшааит иассистент Девид Киннбрук аԥхьаӡарақәа рҿы иҟаиҵаз агхақәа. Киннбрук иусура дамхын, аха даҽа астрономк — Фридрих Бессель — имҩаԥигаз агхақәа ранализ ихацнаркит ареакциа аамҭеи, аиндивидуалтә еиԥшымзаарақәеи, «ахшыҩзцаратә хронометриеи» (mental chronometry) инеиԥынкыланы рыҭҵаара, акогнитивтә процессқәа ршәага-загақәа раҳасабала.

XIX ашәышықәса

Вильгельм Вундт

XIX ашәышықәса апсихологиазы, ҭҵаарадырратә маҭәарк аҳасабала маҷ-маҷ аира, афилософиа, амедицина, аҭҵаарадырра иашақәа изыхәҭоу ахырхарҭақәа ралкаара иашәышықәсаны иҟалеит.

Ернст Вебер, ацәаныррақәа ринтенсивра, дара цәырызго астимулқәа ринтенсивра ишахьыԥшу ҭиҵаауеит.

Герман Гельмгольц анервтә система апсихика шьаҭас иамоуп ҳәа иҭиҵаауеит, ақәыԥшылара адкылара шьаҭас иамоу «автоматикатә хшыҩзцарақәа» рзы агәаанагарақәа шьақәиргылоит.

Амала апсихологиа ҭҵаарадыррак аҳасабала аиқәыршәара аҭоурых аҿы ахьӡ хада — Вильгельм Вундт. Гельмгольц иҵаҩы, ицнагаҩ, Вундт 1879 шықәса рзы иааиртит адунеи аҿы раԥхьатәи апсихологиатә лабораториа, аинтроспекциа аметод ала ахдырра афеноменқәа рыҭҵаарақәа ахьымҩаԥысуаз. Ари ашықәс апсихологиа ҭҵаарадыррак аҳасабала аира иашықәсны иԥхьаӡоуп.

XX ашәышықәса

Раԥхьатәи ажәашықәсақәа

Франц Брентано иҵаҩы Едмунд Гуссерл, афеноменологиатә метод аидеиа ықәиргылеит хаҭала ахдырра аԥышәа ахцәажәареи анализ азуреи раҳасабала[29]. «Афеноменологиатә психологиа — аҭҵаарадырратә психологиа ашьақәыргыларазы ҳәарада ихымԥадатәиу уасхыруп», — ҳәа агәаанагара иман Гуссерль[30].

XX ашәышықәса алагамҭаҵәҟьа ахырхарҭақәа акымкәа ӷәӷәала реизҳара азгәаҭоуп. Ганкахьала, активла иҿиауеит апсихоанализ — апсихотерапиа ашкол, раԥхьа Зигмунд Фреид иусумҭақәа шьаҭас измоу, уаҟа ауаҩы ихцәажәон, дара-дара ирҿагыланы иқәԥо ихьыԥшым ахаҭара аструктурақәа акымкәа-ҩбамкәа рыла ишьақәгылоу системаны — Иара (Ид), Сара (Его), Инахыҳәҳәо-Сара (Суперего). Ари аимак аҿы Иара ауаҩы ибиологиатә ҭахрақәа роуп, урҭ рахьынтә апсихоаналитикцәа еиҳарак хшыҩзышьҭра зырҭоз асексуалтә ҭахра акәын, Инахыҳәҳәо-Сара асоциум, акультура рҭахрақәа роуп. Ари ашкол аҿиара апрактика адагьы аҭҵаарадыррагьы анырра ӷәӷәа анаҭеит, аҵарауаа азхьаԥшра арҭеит ахдырра анҭыҵ иҟоу афеноменқәа, иузымдыруа апсихикатә усура адетерминантқәа. Зигмунд Фреид ипсихоанализ аидеиақәа акритика рзыруит, аҿиара, арҭбаара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҵаулоу апсихологиа, еиҳарак Фреид уаанӡатәи иколлегацәа, Альфред Адлер (аиндивидуалтә психологиа), Карл Густав Иунг (аналитикатә психологиа) реиԥш иҟоу, ԥыҭрак ашьҭахь фреидҿыццәа Ерих Фромм, Карен Хорни, Гарри Стек Салливан, Жак Лакан уҳәа уб. иҵ.

ЕАА рҿы активла иҿиауеит абихевиоризмЏь. Уотсон иаԥиҵаз апсихологиа ашкол, И. П. Павлови Е. Торндаики русумҭақәа шьаҭас измоу. Абихевиористцәа, хаҭала иубо рыда, ацәырҵрақәа зегьы аҭҵаарадырраҿы ахәаԥшра ралгаразы, апозитивисттә дҵа иқәныҟәон. Ауаҩы, агәазҭаҵарақәа злоу «аидчаԥала еиқәаҵәа», аха излыҵуа — урҭ агәазҭаҵарақәа рҭак ҳәа ихәаԥшуан.

Германиа иҿиауеит агештальтпсихологиа (М. Вертгеимер, К. Коффка, В. Киолер), ахдырра афеноменқәа рыҭҵаара амҩаҿы ԥхьаҟатәи ҿиараны иҟоу. Уаанӡатәиқәа иреиԥшымкәа, агештальтистцәа ахдырра злеибарку «ақьырмытқәа» ралкаара рҽазыршәомызт, уимоу, ирзакәан хаданы ирыԥхьаӡон «еибгоу еснагь иара шьақәзыргыло ахәҭақәа реицҵалыҵ еиҳауп» ҳәа. Ари ашкол аҳәаақәа ирҭагӡаны адкылареи ахәыцреи рфеноменқәа рацәаны иаартын.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра апсихологиа ахархәаратә аспектқәа рыҿиара агәацԥыҳәара анаҭон, раԥхьа иргыланы — апсиходиагностика, избанзар ар асолдаҭцәа рылшарақәа рыхәшьаразы ахархәага рҭахын. Аинтеллект атестқәа аус рыдырулоит (А. Бине, Р. Иеркс).

1930—1940-тәи ашықәсқәа

Германиа анацистцәа амчрахь инеиуеит, уи иахҟьаны апсихологцәа аӡәырҩы (урҭ рыбжьара имаҷҩымызт ауриацәа) ЕАА рахь ихҵәар акәхоит. Агештальтпсихологиа шамахамзар аҟазаара иаҟәыҵуеит, аха К. Левини агештальтуаа рышьҭанеицәеи, америкатәи асоциалтә психологиа иахаҿсахьа хадақәаны иҟалоит. Ус шакәугьы, Карл Иунги Мартин Ҳаидегери реиԥш иҟоу ахәыцыҩцәа анацисттә Германиа аусура иаанхоит. Иунг аколлективтә хымдырра иазку иҵара арҿиара даҿуп, 1934 шықәса рзы иара иҭижьуеит ифундаменталтәу иусумҭақәа руак «Архетипқәеи аколлективтә хымдырреи».

Абихевиористцәа рыбжьара, ганкахьала, аԥсабара-ҭҵаарадырратә уасхыр еиқәырханы, ахымҩаԥгашьа аилыркаара апсихикаҩныҵҟатәи аҽеиҭакрақәа ралагалара аҽазышәарақәа ирылагоит (Е. Толмен, К. Халл), даҽа ганкахьала Б. Ф. Скиннер «арадикалтә бихевиоризм» еизирҳауеит, аоперанттә ҵара атеориа еизырҳауа.

Ж.Пиаже, қәрак еицҭагылоу ахәыҷқәа рҿы, еиԥшу агхақәа ахьааԥшыз ахәыцра аҭҵаарақәа рылҵшәақәа икьыԥхьуеит, иаҳа еиҳабу ахәыҷқәа рҿы шамахамзар иуԥымло.

Активла иҿиауеит апсихологиатәи апсихотерапиатәи практика. Иҵаулоу апсихологиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҿиара иацырҵеит, ишьақәгылоит апсихоанализ иальтернативтәу апсихотерапиа аформақәа (агештальттерапиа уҳәа уб. иҵ.).

Л. С. Выготски, амарксизм шьаҭас измоу, акультура-ҭоурыхтә психологиа апринцип хадақәа шьақәиргылоит. Ари ахырхарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахаҭара аҭҵаара хымԥада, аҭоурыхи акультуреи рныррала имҩаԥысуа аҿиара апроцесс аан шакәу, апостулациа азун. Ари ахырхарҭа ашьаҭала анаҩс ишьақәыргылан аусура атеориа.

Апедологиа аԥызхыз «Анаркомпросқәа рсистемаҿы апедологиатә маҳагьарақәа рзы» (1936) ақәҵара, СССР апсихологиатә ҭҵаарадырра аҿиара акыр жәашықәса еиҵанархоит.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ахархәаратә технологиақәа рганахьала апсихологцәа рактивра ҿыц шьҭнахуеит. Чыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп асоциалтә психологиеи аергономикеи.

1950—1960-тәи ашықәсқәа

Арҭ ажәашықәсақәа апсихологиатә ҭҵаарадырра аизҳазыӷьара, ахырхарҭақәа жәпакы рҿы активла аизҳара иаамҭоуп. Иахьатәи арҵага шәҟәқәа рҿы аматериал аиҳарак абри аамҭахҵәахазы имҩаԥгаз аԥышәарақәеи аҭҵаамҭақәеи ирызкуп.

Абихевиоризм атеориа иҿиауа ааглыхреи арратә технологиақәеи аҭҵаарадырра аҿаԥхьа иқәдыргылоз азҵаарақәа жәпакы рҭак азыҟаҵомызт. Иуадаҩу ахархәагақәа рнапхгараҭаратә пультқәа рҿы, аинформациа адгаларазы иахьынӡауа хра злоу аформақәа аус рыдулареи егьырҭ ауснагӡатәқәеи астимулқәа имариоу рҭак адагьы, адкылара шьаҭас иамоу амеханизм уадаҩқәа активла аҭҵаара рҭахын. Ари аҩыза азыҳәа иахҟьаны, аҿиара иалагоит, ԥыҭрак ашьҭахь «акогнитивтә психологиа» ҳәа хьӡыс изауа аҟәша — азҿлымҳара амеханизмқәа рыҭҵаарақәа мҩаԥигоит Д. Бродбент, Џь. Миллер икьыԥхьуеит «Амагиатә хыԥхьаӡара быжьба аҵа-агырха ҩба» иазку еицырдыруа астатиа.

Активла иҿиауеит абихевиоризм атеориа ашьаҭала ахымҩаԥгашьа амодификациа атехникақәа. Џь. Вольпе аус адиулоит инеиԥынкылоу адесенсибилизациа атехника, уи еиуеиԥшым афобиа хкқәа рыхәшәтәраҿы алҵшәа бзиа змоу акәны иҟалоит.

Уи иаҿырԥшны ицәырҵуеит агуманисттә психологиеи апсихотерапиеи ауаҩы автомат ма аԥстәы (абихевиоризми апсихоанализи ртеориа) рахь ииагара аиааира аҽазышәара аҳасабала. Агуманисттә психологцәа ажәалагала ҟарҵоит ауаҩы еиҳа зыҩаӡара ҳараку, агәаԥхара ахақәиҭреи ахатәактуализациа аҽазышәареи змоу ҟаларак аҳасабала ихәаԥшларц.

ЕАА рҿы асоциалтә психологиа ӷәӷәала аҿиара мҩаԥысуеит. Еицырдыруа рыҭҵаарақәа мҩаԥыргоит Соломон Аш, Музафер Шериф, Стенли Милгрем, Леон Фестингер уҳәа еицырдыруа апсихологцәа.

60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Ниу-Еиџь-культура алаҵәара аизҳара иацны, апсихологиа амистика аганахьала анырра ӷәӷәа амоуп; апсиходеликатә маҭәашьарқәеи ахдырра аусхк ҿыцқәеи рыҭҵаарақәа рықәҿиара ацәқәырԥаҿы ицәырҵуеит атрансхаҭалатәи апсихологиа, иара убас иҿиауеит ахаҭаратә еизҳара атренингқәа рышколқәа жәпакы, урҭ рахьынтә иҟоуп аамҭа цацыԥхьаӡа адинхаҵаратә культқәа рахь ииасуа: (асаентологиа, алаифспринг).

1966 шықәсазы иаԥҵахоит МАУЛАУ-и рҟны апсихологиа афакультетқәа, иара убас УАРА иҟоу апсихиатриеи амедицинатә психологиеи ркафедра, уи иаанарԥшуеит 30 шықәса ирылагӡаны имҩаԥысуаз апсихологцәа рышьҭашәарыцара аанкылара. Иааубартәы аҟынӡа уи зыдҳәалаз аарыхреи аруааи рҿы апсихологцәа рҭаххара ацәырҵра акәын. СССР активла иҿиауеит анџьныртә психологиа. Аха аџьынџьтәылатә психологиа, аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны амарксист-ленинтә шьақәгылашьақәа инарықәыршәаны, даара аидеологизациа азуны иаанхар акәхоит — иарбоу аҭагылазаашьа уи ԥхьаҟатәи аҿиара иалкаау аҟазшьаҷыда анаҭоит. Иахьагьы амарксист-ленинтә теориақәа (шәахә. аныԥшра атеориа) анс акә, арс акә Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәак азанааҭуаа-апсихологцәа разыҟаҵара апрограмма анырра еиқәдырхоит.

1970—1980-тәи ашықәсқәа

Акогнитивтә психологиа ӷәӷәала аизҳара мҩаԥысуеит, уи аушьҭратә лшара маҷны измоу адырраҭара аус адулара асистема аҳасабала, ауаҩытәыҩсатә психика аҵакы иазку ахалагаратә постулатқәа маҷ-маҷ рҿаԥҽра амҩа ианын. Ари аамҭахҵәахазы апсихологиа абызшәадырреи иареи активла аимадарақәа рыбжьанаҵоит, уи хырԥашьа амамкәа иҟалеит «хомскиантәи ареволиуциа» ашьҭахь; ицәырҵуеит апсихолингвистика.

Апсихологиа егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы иҭышәынтәалоу аизҳареи адыррақәа реизгареи мҩаԥысуеит, убри инаваргыланы ҩаԥхьа апсихологиатә хәыцра «наӡаӡатәи акризис» ацәанырра аҽарцәгьоит, избанзар аус зуа ахырхарҭақәа руак агәыӷра унаҭом ииашаҵәҟьаны ихарҭәаау, ауаҩы ихымҩаԥгашьа аилыркаара азҭо атеориа иаарласны ацәырҵразы.

Аҿатәра

Иахьатәи аамҭазы апсихика аҭҵаараҿы аҵак ду роуит еиуеиԥшым атомографиа хкқәа шьаҭас измоу аметодқәа. Атомографиа ахархәара иалнаршоит анеиронтә ҳақәа реилазаашьа аилкаареи русура аҭҵаареи. Апсихика аусура аимадарақәа рыҭҵааразы, еиуеиԥшым апсихикатә усура хкқәа рзы, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан, ахшыбаҩ аиҿартәареи аусуреи ахархәара рымоуп афункционалтә магнит-резонанстә томографиа, уи иалнаршоит ахшыбаҩ аҭыԥқәа ишахәҭоу русураан рактивациа аилкаара (шәахә., иаҳҳәап,[31]). Апсихикатә процессқәа амолекулиартә ҩаӡараҿы рыҭҵааразы, аиҭныԥсахлара, амаҭәашьарқәа рымҩангара, алиганд-рецептортә еинырра, агенқәа рекспрессиа уҳәа уахь иналаҵаны ахархәара амоуп апозитрон-емиссиатә томографиа (АЕТ) (шәахә., иаҳҳәап,[32]). Хәҭакахьала, АЕТ ахархәара амоуп еиуеиԥшым анеиромедиаторқәа анеирофизиологиатәи апсихикатәи процессқәа рылахәхара аҭҵаарақәа рзы.

Апсихологиа занааҭк аҳасабала

Ихадароу астатиа: Апсихолог

Апсихолог — апсихологиатә ҵара змоу, апсихологиа аганахьала ҭҵаарадыррак, психологиатә цхыраарак, мамзаргьы ахархәаратә ҭҵаарақәа раҳасабала азанааҭтә усура назыгӡо уаҩуп.

Хшыҩзышьҭра аҭатәуп, Урыстәылатәи Афедерациаҿы апсихологцәа русура алицензиа зырҭо акакәны ишыҟам, ахьӡ «апсихолог» акәзар — азакәанԥҵара иахьчо хьӡны ишыҟоу.

Анс акә, арс акә апсихологцәа ҳәа рхы азҳәара азин рымоуп, апрофильтә психологиатә ҵара анаҩстәи аформақәеи аҩаӡарақәеи змоу ауааԥсыра:

  • аспециалитет (5 шықәса ҽынлатәи аҟәшаҿы аҵара; 6 шықәса латәарадатәи ма хәылбыҽхатәи аҟәшаҿы; 3,5 шықәса аҵара, даҽа иреиҳау ҵарак ыҟазар, даҽакала иуҳәозар, аҩбатәи иреиҳау аҵара);
  • абакалавриат (4 шықәса ҽынлатәи аҟәшаҿы аҵара; 5 шықәса хәылбыҿхатәи ма латәарадатәи аҟәшаҿы);
  • амагистратура (2 шықәса иназыцҵоу аҽазыҟаҵара, аквалификациа абакалавр ма азанааҭуаҩ ыҟазар);
  • азанааҭтә еиҭаҽазыҟаҵара (жәымзтәи акурсқәа).

Акритика

Америкатәи апсихолог Стивен Пинкер иазгәеиҭоит, апсихологцәа лассы-лассы ацәаныррақәа рҵакы ишазхьамԥшуа, рхахьы иааргаӡом ахшыҩ иамоу алшара аҵыхәтәантәиқәа еиуеиԥшым ркатегориақәа еиԥшымкәа ирзныҟәар шалшо. Убас, Пинкер игәаанагарала, агәалашәареи ахәыцреи ртеориақәа, ауаа ирызку ахшыҩзышьҭрақәеи, ахаҳәқәеи ма ахыбрақәеи ирызку ахшыҩзышьҭрақәеи еиҩырдырааӡом; ацәаныррақәа ртеориақәа ашәареи агәыԥжәареи, ахыбаареи абзиабареи злеиԥшым рбаӡом; асоциалтә еизыҟазаашьақәа ртеориақәа аҭаацәеи, аҩызцәеи, аӷацәеи, изеибамдыруеи рыбжьара аиԥшымзаарақәа азгәарҭаӡом. Пинкер иазгәеиҭоит абзиабара, ацәымӷра, афатә, асекс, астатус, амчра, ашьыцра, аиҩызара, адин уҳәа уб. иҵ. реиԥш иҟоу атемақәа, апсихологиа арҵага шәҟәқәа рҿы шамахамзар ишрыламкьысуа[33].

Акодқәа адыррақәа рклассификациа асистемақәа рҿы

Шәахә. иара уб.

Азгәаҭақәа

  1. Ψυχή // Древнегреческо-русский словарь / Сост. Дворецкий И. Х., под ред. Соболевского С. И.. — М.: Государственное издательство иностранных и национальных словарей, 1958. — Т. II. — С. 1801. — 1904 с.
  2. 2,0 2,1 Маклаков, 2002, с. 22.
  3. "Psychology" (англыз бызшәала). Encyclopædia Britannica.
  4. 4,0 4,1 Психология. Учебник для гуманитарных вузов / Под общей редакцией В. Н. Дружинина. — СПб.: Питер, 2001. — С. 12. — 656 с. — (Серия «Учебник нового века»). — ISBN 5-272-00260-1.
  5. 5,0 5,1 Мазилов В. А. Предмет психологической науки и философия психологии /Фундаментальные и прикладные исследования современной психологии: результаты и перспективы развития / Отв. ред. А. Л. Журавлёв, В. А. Кольцова. — М.: Издательство «Институт психологии РАН», 2017. — 2714 с. — С. 108—115 Архив ҟаҵан 2018-05-20 азы Wayback Machine аҟны. ISBN 978-5-9270-0362-4
  6. John A. Schinka & Wayne F. Velicer, «Volume Preface» in Weiner (ed.), Handbook of Psychology (2003), Volume 2: Research Methods in Psychology.
  7. Сидоренко Е. В. Методы математической обработки в психологии. — СПб.: ООО «Речь», 2000. — 350 с, ил. ISBN 5-9268-0010-2
  8. Evelyn S. Behar & Thomas D. Borkovec, «Psychotherapy Outcome Research», in Weiner (ed.), Handbook of Psychology (2003), Volume 2: Research Methods in Psychology.
  9. Roger E. Kirk, «Experimental Design» in Weiner (ed.), Handbook of Psychology (2003), Volume 2: Research Methods in Psychology.
  10. Russell M. Bauer, Elizabeth C. Leritz, & Dawn Bowers, «Neuropsychology», in Weiner (ed.), Handbook of Psychology (2003), Volume 2: Research Methods in Psychology.
  11. Rösler, Frank. From Single-Channel Recordings to Brain-Mapping Devices: The Impact of Electroencephalography on Experimental Psychology (англ.) // History of Psychology : journal. — 2005. — Vol. 8, no. 1. — P. 95—117. — ISSN 1093-4510. — doi:10.1037/1093-4510.8.1.95. — PMID 16021767. Архивировано 7 цәыббрамза 2015 года.
  12. Moran, Joseph M.; Zaki, Jamil. Functional Neuroimaging and Psychology: What Have You Done for Me Lately? (англ.) // Journal of Cognitive Neuroscience : journal. — 2013. — Vol. 25, no. 6. — P. 834—842. — doi:10.1162/jocn_a_00380. — PMID 23469884. Архивировано 2 жәабранмза 2016 года.
  13. Cacioppo, John T.; Berntson, Gary G.; Nusbaum, Howard C. Neuroimaging as a New Tool in the Toolbox of Psychological Science (англ.) // Current Directions in Psychological Science : journal. — 2008. — Vol. 17, no. 2. — P. 62—67. — doi:10.1111/j.1467-8721.2008.00550.x. Архивировано 31 жьҭаарамза 2014 года.
  14. Aue, Tatjana; Lavelle, Leah A.; Cacioppo, John T. Great expectations: What can fMRI research tell us about psychological phenomena? (англ.) // International Journal of Psychophysiology : journal. — 2009. — Vol. 73, no. 1. — P. 10—16. — doi:10.1016/j.ijpsycho.2008.12.017. — PMID 19232374. Архивировано 9 ажьырныҳәамза 2016 года.
  15. Маклаков, 2002, с. 62—68.
  16. Петухов В. В., Столин В. В. Психология: Методические указания для студентов непсихологических факультетов государственных университетов. — М.: Издательство МГУ, 1989. — С. 21. — 66 с. — 3500 экз.
  17. 17,0 17,1 17,2 Маклаков, 2002, с. 57.
  18. Маклаков, 2002, с. 58.
  19. Маклаков, 2002, с. 60—61.
  20. Маклаков, 2002, с. 62.
  21. Юревич А. В. Наука и паранаука: столкновение на «территории» психологии : [арх. 21 жьҭаарамза 2012] // Психологический журнал / Институт психологии РАН, Российская академия наук (Москва). — 2005. — Т. 26, № 1. — С. 79—87. — ISSN 0205-9592.
  22. Hergenhahn, 2009, p. 655.
  23. Hergenhahn, 2009, p. 10.
  24. Корнилова Т. В., Смирнов С. Д. Методологические основы психологии. — СПб.: Питер, 2007. — С. 73. — 320 с. — («Учебное пособие»). — 3000 экз. — ISBN 978-5-94807-015-5.
  25. Психологическая энциклопедия / под ред. Р. Корзини и А. Ауэрбаха; пер. с англ. — СПб.: Питер, 2006. — 2-е изд. — 1876 с. С. 840
  26. "Гольдшмидт Е. С. Физические метафоры психологии / Общая психология и психология личности. — Сибирский психологический журнал. — Томский госуниверситет. № 25, 2007 г. — Томск. — С. 8—13" (PDF) (аурыс бызшәала). Иархивтәоу (PDF) аоригиналзы 2019-07-12 ахь. Ириашоу 2019-11-29 шықәсазы.
  27. Рубинштейн С. Л. Основы общей психологии. М., 1940. С. 37.
  28. Гуменская Ольга Михайловна. Древнерусская мудрость как источник отечественной психологической мысли // Известия Саратовского университета. Новая серия. Серия Философия. Психология. Педагогика. — 2007. Архивировано 22 цәыббрамза 2020 года.
  29. Ярошевский, 1974, с. 210.
  30. Гуссерль Э. Амстердамские доклады. Феноменологическая психология. 1928 // Избранные работы. — М., 2005. — С. 318. — 464 с. — ISBN 978-5-8291-1181-6.
  31. "Построена трёхмерная карта слов в мозге человека". Иархивтәоу аоригиналзы 2016-10-03 ахь. Ириашоу 2016-10-07 шықәсазы.
  32. "Раскрыт механизм человеческой памяти". Иархивтәоу аоригиналзы 2016-10-10 ахь. Ириашоу 2016-10-07 шықәсазы.
  33. Пинкер, 2018, с. 36.

Алитература

Азхьарԥшқәа

Арецензиа зырҭо аҭҵаарадырратә журналқәа:

Аилыркаагақәа:

Еиуеиԥшым: