Перейти к содержанию

Аншба, Артур Артиом-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Артур Артиом-иԥа Аншба
Артур Артемович Аншба

Артур Артиом-иԥа Аншба
Аира ажьырныҳәамза 21936 ш.
Тҟәарчал ақалақь, Аԥснытәи АССР
Аԥсра ԥхынҷкәынмза 191985 ш.
Аҟәа ақалақь
Аусура аԥсуа фольклорист-кавказҭҵааҩ, аепосҭҵааҩ, алитературатә критик, Нарҭаа репоси аԥсуа сахьаркыратә литературеи рзы аспециалист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1966)
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла
Алма-матер Абхазский государственный университет,
Институт мировой литературы имени А. М. Горького РАН

Артур Артиом-иԥа Аншба (аур. Артур Артемович Аншба; ажьырныҳәамза 21936 ш., Аԥсны, Тҟәарчал ақалақь – ԥхынҷкәынмза 191985 ш., Аҟәа ақалақь) – аԥсуа фольклорист-кавказҭҵааҩ, аепосҭҵааҩ, алитературатә критик, Нарҭаа репоси аԥсуа сахьаркыратә литературеи рзы аспециалист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1966). СССР-и (1978) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи.

1955 ш. Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол даналга дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. 1962-1965 шш. раан СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантураҿы аҵара иҵон, иара абраҟа, 1966 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчеит. Уи азкын нарҭаа репос апоетика азҵаарақәа. 1967 ш. агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциа аҟәша деиҳабын, убри ашықәс инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩыс дрыдыркылеит, ашьҭахь – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс. Иҭҵаарадырратә усура хада акәны иҟан аԥсуа фольклори алитературеи рпоблемақәа, урҭ ирзикит 80 инареиҳаны аусумҭақәа (урҭ рхыԥхьаӡараҿы – амонографиатә ҭҵаамҭақәа, астатиақәеи, аочеркқәеи, аматериалқәеи реизгақәа). Аԥсуа профессионалтә фольклористцәа дызларуаӡәкыз ала, илагала шьардоуп афольклор иазку аҭҵаарадырраҿы. Ирҿиараҿы аҭыԥ ҷыдагьы ааннакылоит Кавказтәи Нарҭҵаара. Ишәҟәқәа хԥа рызкуп Нарҭаа репос аетикеи астили, афольклори аҵабырги реизыҟазаашьақәа.

А. Аншба акырӡа илагала ыҟоуп 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны 1980-тәи ашықәсқәа рзынӡа аԥсуа фольклор аматериалқәа реизгараҿы. 1000 инареиҳаны атекстқәа аниҵеит, урҭ реиҳараӡак анкьыԥхьха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ауп. Убри инаваргыланы А. Аншба иааиԥмырҟьаӡакәа илаԥш ахын аԥсуа литература аҿиашьа. Илитератураҭҵааратәи илитература-критикатә статиақәеи рзкуп Д. И. Гәлиа, С. И. Ҷанба, М. А. Лакрба, Ӡ. Хә. Дарсалиа, Б. У. Шьынқәба, И. К. Ҭарба, А. К. Џьениа, Т. Шь. Аџьба, С. Х. Ҭаркьыл, Н. Т. Кәыҵниа уҳәа рырҿиамҭақәа, иара убас алитература, алирика, ажәабжь, асахьаркыратә еиҭагара, аԥсуа литература аҭоурых. Уи аԥсуа литератураҭҵаараҿы раԥхьӡа акәны дазхьаԥшит амилаҭтә литература атекстологиа апроблема. «Аԥсуа литература аҭоурых аочеркқәа» (Аҟәа, 1974) авторцәа дыруаӡәкуп, насгьы - «Аԥсуа литература аҭоурых» (Аҟәа, 1986, аԥсышәала).

А. Аншба амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, 1977 ш. СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум  ассесиеи, КПСС Ацентр Комитет Аполитбиурои, КПСС Ацентр Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада Л. И. Брежневи рышҟа ишьҭыз «Аԥсуа шәҟәы» зыхьӡхаз авторцәа дыруаӡәкын.

  • Аԥсуа нарҭаа рҳәамҭақәа рсахьаркыратә ҷыдарақәак. Аҟәа, 1968, аԥсышәала.
  • Вопросы поэтики абхазского нартского эпоса. Тбилиси, 1970, урысшәала.
  • Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәеи рашәақәеи. Еиқәдыршәеит: А. А. Аншба, С. Л. Зыхәба, Ш. Хь. Салаҟаиа, Аҟәа, 1970, аԥсышәала.
  • Михаил Лакербаи. (Творческий портрет). Сухуми, 1979 (В. В. Дарсалиеи иара еилахәны).
  • Аамҭақәа реиқәҿыцра. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1980, аԥсышәала.
  • Абхазский фольклор и действительность. Тбилиси, 1982.
  • Абхазская народная поэзия (Пер. с абх. Н. Гребнева; сост. и коммент. А. А. Аншба и С. Л. Зухба; предисловие А. А. Аншба. Сухуми, 1983; Самсон Ҷанба. (Акритика-биографиатә очерк). Аҟәа, 1985 (В. В. Дарсалиеи иареи еилахәны), аԥсышәала.
  • Анашана мҳәыр: Аԥсуа лакәқәа (Аус адиулеит А. А. Аншба, Аҟәа, 1985, аԥсышәала; Аамҭақәа реиқәҿыҭра. Астатиақәа. Аҟәа, 1986; аԥсышәала; Аԥсуа фольклор: Артур Аншба ианҵамҭақәа. Еиқәиршәеит, анҵамҭақәа ртекстологиа ациҵеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи иҩит З. Џь. Џьапуа. Аҟәа, 1995, аԥсышәала.