Перейти к содержанию

Антропологиа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Антропологиа» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Антропологиа (аҵакы).
Аҭҵаарадырра
Антропологиа
ажә. бырз. ἄνθρωπος — ауаҩы,
λόγος — аҭҵаарадырра
Аҭҵаара амаҭәар Ауаҩы
Ахыҵхырҭа аамҭа 19-тәи ашәышықәса
Ацхыраагӡатә дисциплинақәа Археологиа, абызшәадырра, аҭоурых, агенетика, апалеоантропологиа, аиҿырԥшратә анатомиа
Аҭҵааратә центрқәа Москватәи аҳәынҭқарратә университет Антропологиа аҭҵаарадырратә институт
Аҵак ду змоу аҵарауаа Д. Н. Анучин
Anthropology

Антропологиа ажә. бырз. ἄνθρωπος — ауаҩи λόγος — аҭҵаарадырреи) — ауаҩы ихылҵшьҭра, иҿиара, аԥсабаратәи (иԥсабаратәу) акультуратәи (иԥсабаратәым) ҭгылазаашьақәа рҿы иҟазаара ҭызҵаауа аҭҵаарадырратә маҭәарқәа реизак[1][2].

Аҭоурых

Атермин «антропологиа» хыҵхырҭас иамоуп ажәытәтәи афилософиа. Ажәытә бырзен философ Аристотель (Ҳ. ҟ. 384—322 шш.) раԥхьа ихы иаирхәеит еиҳарак ауаҩытәыҩсатә ԥсабара адоуҳатә ган ҭызҵаауа адырра иаҟәшаны. Атермин ари аҵакы аҭаны аклассикатә, иклассикатәым ахәыцыҩцәа аӡәырҩы (Кант, Феиербах уб.иҵ.) рхы ишадырхәозгьы, «афилософиатә антропологиа» захьӡу иҷыдоу афилософиатә маҭәари ашколи 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы ауп ианышьақәгыла.

Аоригиналтә ҵакы аҭаны атермин «антропологиа» иара убас агуманитартә ҭҵаарадыррақәа жәпакы рҿы (аҟазараҭҵаара, аԥсихологиа уб.иҵ.), адинҭҵаараҿы (адинҵараҿы), адинхаҵаратә философиаҿы иахьа уажәраанӡагьы ахархәара амоуп. Убас, апедагогикаҿы ааӡара антропологиатә знеишьа ыҟоуп[3]. Анаҩс антропологиатә дырра еихшахеит, иуадаҩхеит.

16-тәи ашәышықәсазы аконтинентбжьаратә ныҟәарақәа рыҿиарала ицәырҵуа иалагеит аетникатә культурақәа реиуеиԥшымра аилкааразы ашьаҭақәа аԥызҵоз «Еиуеиԥшым ажәларқәа реиҿырԥшратә ҭҵаара» (Jean Bodin, 1566) еиԥш иҟаз аусумҭақәа.

Карл Линнеи 1758 шықәсазы иусумҭа «Аԥсабара асистема» аҟны зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа зегьы, ауаҩгьы дналаҵаны реихшаразы ажәалагала ҟаиҵеит, уи абиологиеи антропологиеи ирызку анаҩстәи аҭҵаарақәа шьаҭас ироуит. 19-тәи ашәышықәсазы антропологиа ауаҩы икультуратә, ибиологиатә, иархеологиатә аспектқәа зымҽхазкуа хазы ҭҵаарадырратә маҭәарны аҽеибаркра иалагеит.

Антропологиа ҭҵаарадырраны ашьақәгылара заатәи аамҭақәа раан (18-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭа — 19-тәи ашәышықәса актәи азбжа) аԥыжәара аман ауаҩы изку иуниверсалтәу ҭҵаарадыррак аҳасабала инарҭбааны аилкаара, иԥсабаратәу иҭоурых, имахашьахатә еиҿкаара, иԥсихологиа, икультура, ибызшәа налаҵаны. Ауаҩи ауаҩытәыҩсатә еилазаареи рыԥсабара раԥхьатәи азеиԥш концепциақәа агеографиатә детерминизми аеволиуционизми ртеориа иаԥхьагылеит.

Ауаҩытәыҩсатә уаажәларра аҿиара ашәарыцаратә, арахәааӡаратә, адгьылқәаарыхратә стадиақәа еишьҭаргыланы рыԥсахра аидеиа шьақәиргылеит Робер Тиурго; абиологиатә классификациаҿы ауаҩы иҭыԥ аликааит Карл Линнеи. Ауаҩы изку адыррақәа рсистемаркра иацхраауан 19-тәи ашәышықәса актәи азбжазы агуманитартә хырхарҭаҿы аҭҵаарадырратә аартрақәа: иаагозар, аиҿырԥшра-ҭоурыхтә бызшәадырра, аԥхьаӡатәи археологиатә аартрақәа.

19-тәи ашәышықәса азбжазы, Ч. Дарвин ишьҭанеицәа рҟынтә иаауа, ауаҩы еволиуциала ихәаԥшра, хәҭакахьала, ауаҩы ибиологиа аҭҵаара аҿиареи ихылҵшьҭра асимиалтә теориа аԥҵареи (амаамын аҟынтәи) хадаратәхеит[4].

19-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭа инаркны иаԥҵахоит антропологиатә ҭҵаарадырратә еилазаарақәа. 1855 шықәсазы Париж, Аԥсабаратә ҭоурых амузеи аҟны, антропологиатә ҟәша аартын. Франциа раԥхьатәи Антропологиатә еилазаара аԥҵан уанӡа 1859 шықәсазы Брока Поль еиҿикааз Аетнологиатә еилазаара ашьаҭала. Убри аҩыза аилазаарақәа цәырҵит егьырҭ атәылақәа рҿы: 1863 шықәсазы Британиаду (1871 шықәсазы уанӡа иҟаз Аетнологиатә еилазаареи иареи Акралтә антропологиатә институт ахь рҽеидыркылеит), иара убри ашықәс азы Урыстәыла (Аԥсабарадырреи, антропологиеи, аетнографиеи бзиа избо реилазаара), 1869 шықәсазы — Германиа (Антропологиеи аетнологиеи аҭоурых ҟалаанӡатәи руаажәларра); Италиа раԥхьа, 1868 шықәсазы Флоренциа Антропологиеи аетнологиеи реилазаара аԥҵан, Римгьы 1871 шықәсазы.

1856 шықәсазы неандерталтәи акаршәраҿы (Германиа) иԥшаан аԥсыбаҩқәа, урҭ анаҩс анеандерталцәа ҳәа еилкаахеит. Ари аартра ахшыҩзышьҭра ду аҭахеит, избанзар адгьыл иҵоу ауаҩы раԥхьатәи иԥшра ахкы аднагалон. Апалеоантропологиа аҿиараҿы анырра ду ҟарҵеит Кениа 20-тәи ашәышықәсазы Луии Мери Ликии русумҭақәа, уаҟа ирԥшааит homo habilis, Homo erectus адгьыл иҵоу рыԥсыбаҩ дуқәа. 1974 шықәсазы, «Лиусиа» (Australopithecus afarensis) аԥшаах иабзоураны, апалеоантропологиа ауаҩы ишьҭра аҭҵаараҿы ашьаҿа ҿыц еихнагеит, ҩ-шьапык зҵоу аныҟәашьахь аиасра шьақәнарӷәӷәоит.

Уинахыс Франциеи Урыстәылеи антропологиа ҳәа ирԥхьаӡо иалагеит хыла абиологиа аҭҵаара (афизикатә, ма абиологиатә антропологиа), англыз бызшәала ицәажәо атәылақәа рҿы иара убас ауаҩы исоциалтәи икультуратәи усура аҭҵаара адыркылон (асоциалтә, ма акультуратә антропологиа), Аҩадатәи Америка — археологиеи аҭоурыхтә бызшәадырраи.

Асовет Еидгылаҿы антропологиа еиҳарак ауаҩи уи арасақәеи рхылҵшьҭреи рыҿиареи ирызку ҭҵаарадыррак аҳасабала иахәаԥшуан, мамзаргьы афизикатә антропологиа акәны[5].

Урыстәыла ааигәанӡа антропологиа ҳәа аиҳарак ирԥхьаӡоз афизикатә антропологиа акәын, аха 1990-тәи ашықәсқәа инадыркны Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы ицәырҵуа иалагеит асоциалтә, акультуратә, аполитикатә, афилософиатә антропологиа акафедрақәа. 2008 шықәса рзы Урыстәыла аҳәынҭқарратә номенклатуратә еиқәыԥхьаӡарақәа рҿы ицәырҵит азанааҭ «Антропологиеи аетнологиеи». Уи аԥхьа аетнологиа (аетнографиа) «ацхыраагӡатә ҭоурыхтә маҭәарқәа» рсиақәа ирхыԥхьаӡалан, афизикатә антропологиа ауаҩы иҿиара асоциалтә контекст иаҟәыган. Ауаҩы ибиологиатә ԥсабареи исоциалтә ԥсҭазаареи еидызҳәало аетологиа акәзар, аҳәынҭқарратә номенклатуратә шәҟәқәа рҿы зынӡа зхала иҟоу акы акәны иԥхьаӡамызт[6].

Homo naledi (2015), Homo floresiensis реиԥш иҟоу ахкы ҿыцқәа рыԥшаарақәа апалеоантропологиа алаԥшҳәаақәа дырҭбааит, ауаҩытәыҩсатә еволиуциа ауадаҩра ду аадырԥшит.

Апроф. Кристиан Џьордано иазгәеиҭон: «1980-тәи ашықәсқәа инадыркны антропологиа, апостмодернисттә „арефлексивтә ааҳәра“ ҳәа еицырдыруа, иҵаулоу, ихәарҭоу ахалакритика апроцесс иахысит, усҟан аҳра зуаз ахшыҩҵак антропологиатә хырхарҭақәа рганахьала адеконструктивтә позициа шьаҭас измаз. Амала, иҵоуроу аспектқәа шырацәоугьы, «арефлексивтә ааҳәра» иҵоурам алҵшәақәагьы цәырнагеит, урҭ иаҳагьы нкылашьа змам «антропологиатә иашарахь» агәацԥыҳәара рхылҿиааит[7]. Ари «арефлексивтә ааҳәра» ихадоу усумҭаны Џьордано иаирбоит ашәҟәы «Аҩра акультура» (Џьеимс Клиффорди Џьорџь Маркуси, 1986).

Ахырхарҭақәа

Традициала иалыркаауеит еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла хазы-хазы иҟоу, еидҳәалоу маҭәарқәак.

Шәахә. иара уб.

Азгәаҭақәа

  1. ↑ Якимов В. Антропология // Философский энциклопедический словарь. — 2010. // Философская энциклопедия. В 5-х т. — М.: Советская энциклопедия. Под редакцией Ф. В. Константинова. 1960—1970.
  2. ↑ Воронцова Л. П., Белик А. А. Антропология // Культурология. XX век. Энциклопедия. — 1998. //«Культурология. XX век. Энциклопедия», Университетская книга, Санкт-Петербург, 1998.
  3. ↑ "Антропологический подход к воспитанию". Иархивтәоу аоригиналзы 18 рашәарамза 2021 ахь. Ириашоу 10 абҵарамза 2020 шықәсазы.
  4. ↑ "Дарвин о происхождении человека". Иархивтәоу аоригиналзы 29 жьҭаарамза 2020 ахь. Ириашоу 26 жьҭаарамза 2020 шықәсазы.
  5. ↑ Антропология — статья из Большой советской энциклопедии. Рогинский Я. Я.. 
  6. ↑ Артёмова О. И. Преподаватель-антрополог в современном российском ВУЗе. В стиле профессиональной рефлексии Архив ҟаҵан 2020-02-20 азы Wayback Machine аҟны. // Сибирские исторические исследования. 2018, № 1.
  7. ↑ "Источник". Иархивтәоу аоригиналзы 28 хәажәкырамза 2025 ахь. Ириашоу 9 жьҭаарамза 2025 шықәсазы.
  8. ↑ Гавров С. Н., Микляева Н. В., Лопатина О. Г. Воспитание как антропологический феномен. — М.: Форум, 2011. — 240 с. ISBN 978-5-91134-545-7
  9. ↑ Brodkin, Karen; Morgen, Sandra; Hutchinson, Janis (2011). "Anthropology as White Public Space?". American Anthropologist (англыз бызшәала). 113 (4): 545–556. doi:10.1111/j.1548-1433.2011.01368.x. ISSN 0002-7294.

Алитература

Афилософиатә антропологиа

Афизикатә антропологиа

  • Харитонов В. М., Ожигова А. П., Година Е. З. Антропология. М.: Владос, 2004. 272 c. ISBN 5-691-01068-9
  • Петри Э. Ю. Антропология. Основы антропологии. Тт. 1,2 — СПб.: Картогр. заведение А. Ильина, 1890, 1895.
  • Рогинский Я. Я., Левин М. Г. Основы антропологии. М.: Изд-во Московского университета, 1955. 502 с.
  • Дерягина М. А. Эволюционная антропология: Биологические и культурные аспекты. Учебное пособие. 2-е издание, исправленное. М.: Изд-во УРАО, 2003. 208 с.
  • Ископаемые гоминиды и происхождение человека. Труды ин-та Этнографии им. Н. И. Миклухо-Маклая. Нов. сер. Т. 82. М.: «Наука». 1966. 555 с.
  • Джохансон Д., Иди М. Люси: Истоки рода человеческого. М., 1984.

Акибернетикатә антропологиа

  • Исаев А. А. Программы человека. М.: Директ-Медиа, 2022. — 47 с.

Асоциалтәи акультуратәи антропологиа (арҵага шәҟәқәа)

  • Токарев С. А. История зарубежной этнографии: Учеб. пособие. М.: Высш. школа, 1978. 352 с.
  • Итс Р. Ф. Введение в этнографию: Учебное пособие. Л.: Издательство Ленинградского университета, 1991.
  • Клейн Л. С. История антропологических учений. — СПб: СПбГУ, 2014. — 744 с. — ISBN 978-5-288-05509-6.

Антропологиа аклассикцәа

  • Клакхон К. Зеркало для человека. Введение в антропологию. СПб., 1998.
  • Леви-Стросс К. [yanko.lib.ru/books/cultur/stross_struktur_antrop.htm Структурная антропология] // Пер. с фр. Вяч. Вс. Иванова. — М., 2001. — 512 с.
  • Лич Э. Культура и Коммуникация: Логика взаимосвязи символов.
  • Максимов А. Н. Теория родового быта // Максимов А. Н. Избранные труды. М., 1997.
  • Малиновский Б. К. Научная теория культуры. М., 1999.
  • Мёрдок Дж. П. Социальная структура. М.: О. Г. И., 2003. 606 с.
  • Мосс М. Общество. Обмен. Личность. М., 1994.
  • Ольдерогге Д. А. Малайская система родства, 1951
  • Плосс Г. Женщина в естествоведении и народоведении. Антропологические исследования. Сыктывкар-Киров, «Вятка». 1995.
  • Рэдклифф-Браун А. Р. Структура и функция в примитивном обществе. М., 2001.
  • Тэйлор Э. Б. Антропология: Введение к изучению человека и цивилизации.
  • Ли, Ричард Боршей

Акритикатәи ахҳәаатә усумҭақәа

Арҵаҩратә антропологиа

Ақьырсиантә антропологиа

Азхьарԥшқәа