Анатуризм



Анатуризм (иара убас нудизм, аԥсабаратәра) — аԥсабара иақәшәо аԥсҭазаашьоуп, ахалагьы, егьырҭгьы рыцны аҟьантазра аарԥшра зҵазкуа. Хықәкы хадас иҟоу ауаҩы ихы, егьырҭ ауаа, иааикәыршаны иҟоу зегьы рахь аҳаҭырқәҵара аизырҳара ауп. Уи аԥҟара Испаниеи, Германиеи, Франциеи инарҭбааны ирылаҵәоуп.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Агерманиаҿы
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анатуризм Германиа иҟалеит 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы "хақәиҭу ацәеижьтә культура" (Freikörperkultur) ҳәа ахьӡ аманы. Франциатәи агеограф, анархист Елизе Реклус (1830–1905) ҳаамҭазтәи анатуризм ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡатәуп; уи ашьапымаҭәа асоциалтә хықәкқәа рзы ахархәара дадгылан, ажәытә германцәа уи ҟарҵаанӡагьы. Уи аморалтәи афизиологиатәи аперспективақәа рыла ашьапымаҭәа ацқьаразы иамоу ахәарҭа азгәеиҭеит, насгьы акультурақәа рҭоурыхи агеографиеи рҿы иааннакыло аҭыԥ далацәажәеит.
Асовет Еидгылаҿы
[аредакциазура | акод аредакциазура]Асовет напхгара раԥхьатәи ашықәсқәа рзы — 1930-тәи ашықәсқәа ралагамҭанӡа — анатуризмгьы даараӡа инарҭбааны иҟан; Москвагьы уахь иналаҵаны, ақалақь амҩадуқәа рҿы ашәҵатәы шьҭаҵаны аныҟәарақәа мҩаԥысуан. Ленин игәра ганы дыҟан анатуристтә еиҿкаара "ибзиоу апролетартә элемент" аҵоуп ҳәа.
Асвободникцәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Канада аҿы ауаа «Свободники» еицырдыруа иҟалеит еиуеиԥшым ауаажәларратә протестқәа рыла — зны-зынла рхатә ԥарақәеи рмали зегьы рҿаԥхьа ирбылуан, насгьы рымаҭәа шьҭаҵаны ауаа рҿаԥхьа ицәырҵуан. Иҟан ашьапымаҭәа адоктриналтә ҵаҵӷәы: ауаҩы ицәа, Анцәа ишамҭа аҳасабала, амаҭәа аасҭа еиҳа инаӡан, ауаҩы инапала иҟаҵоу инаӡам аус. Ажәлар рҿаԥхьа ашьапымаҭәа аарԥшра ауаажәларра аматериалисттә тенденциақәа рҿагылара ҳәа аилкаара аиуит.
Ажәытәӡатәи ҟьантазра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ажәытәан Океаниеи (таитицәа, самоацәа, гаваицәа, маркизцәа, чаморроцәа, вануатуцәа), Африкеи (самбуру, турканацәа, нубацәа, карамоџьоцәа, зулусцәа), Америкеи (амазонкацәа, гуанаҳанцәа, маиацәа, мешикцәа) иашьагәыҭу ажәларқәа рацәаҩны европауаа ааиаанӡа маҭәада инхон. Аха ари анатуризм ҳәа иашьҭамызт; мраҭашәаратәи атәылақәас аимериализм ирыхҟьаны, иаабац аҟьантазра уажәы лассы-лассы иалкаау акурортқәеи аҳаҭырҭақәеи рҿы ахә ушәар акәхоит.
Ажәларбжьаратәи организациақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]1953 шықәсазы Франциа (CHM Montalivet) рҿы иаԥҵан Анатуризм жәларбжьаратәи афедерациа (аур. Международная федерация натуризма; аҭыр. Uluslararası Naturist Federasyonu; афр. Fédération naturiste internationale; агер. Internationale Naturisten Föderation). Уи 40 ҳәынҭқарра алахәылацәа амоуп. Аԥсны уи алахәӡам.