Анагӡаратә ҟазарақәа

Анагӡаратә ҟазарақәа - асахьаркыратә-арҿиаратә усура хкқәа иреиуоуп. Уаҟа “раԥхьатәи” аҟазара ҳәа изышьҭоу аусумҭақәа, адыргақәа рсистема аҳасабала иаарԥшхоит, насгьы лассы-лассы иалкаау материалк ахь ииагахоит. Анагӡаратә ҟазара иаҵанакуеит абарҭ арҿиаратә усхкқәа: ашәҟәыҩҩцәеи адраматургцәеи рҩымҭақәа асценаҿы, аестрадаҿы, ацирк аҿы иқәзыргыло, арадио, акино, ателехәаԥшра уҳәа рҿы иаазырԥшуа арежиссиорцәеи актиорцәеи; алитературатә рҿиамҭақәа исахьаркны иаԥхьо аԥхьаҩцәа; акомпозиторцәа раԥҵамҭақәа назыгӡо амузыкантцәа, ашәаҳәаҩцәа, аинструменталистцәа, адирижиорцәа; ахореографцәа, акомпозиторцәа, алибреттистцәа рыгәҭакқәа назыгӡо акәашаҩцәа.
Абарҭ аусхкқәа рҟны иҟаӡам анагӡаратә ҟазара: аҿыханҵатә ҟазара, архитектура, ахархәаратә ҟазарақәа (иҷыдоу асахьаҭыхыҩцәа алахәымзар, насгьы агәҭакы анагӡаразы аусуҩцәа ма амашьынақәа рхы иадырхәозар), иара убас алитературатә ԥҵамҭақәа (ихыркәшоу аҩымҭақәа ҿырҳәала рынагӡара алшозаргьы, раԥхьа иргыланы, урҭ зызхоу азыӡырыҩцәа ракәымкәа, аԥхьаҩцәа роуп).
Анагӡаратә ҟазарақәа – асахьаркыратә-арҿиаратә усура хкқәа иреиуоуп, избан акәзар урҭ шьаҭас ирымоу инагӡахо арҿиамҭа даҽа формак ахь аиагара акәымкәа, аҩымҭа адоуҳатә ҵакы анырра, анагӡаҩ идунеихәаԥшышьеи иестетикатә позициеи ирықәшәо аилкаара уҳәа реиԥш иҟоу арҿиаратә елементқәа злоу аиҭакрақәа роуп.
Убри иахҟьаны лассы-лассы апоетцәеи, адраматургцәеи, асценаристцәеи, акомпозиторцәеи, ахореографцәеи русумҭақәа, автори анагӡаҩи рхаарԥшрақәа еидыркылоит. Зны-зынла рольк актиор дыхәмарцыԥхьаӡа, мамзаргьы етиудк апианинорҳәаҩы инаигӡацыԥхьаӡа еиуеиԥшымкәа иҟалоит, избанзар аҽазыҟаҵарақәа раан ишыхәмарҵәҟьаз акәымкәа, анагӡараан аимпровизациа ахҭысуеит[1][2].
Ахкқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анагӡаратә ҟазара иаҵанакуеит акәашара, амузыка, аопера, атеатр, амузыкатә театр, аиллиузионизм, апантомима, асахьаркыратә ҿырҳәалаԥхьара, акьанџьақәа ртеатр, ацирктә ҟазара, иара убас аперформанс.
Иара убасгьы аҿыханҵатә ҟазараҟны иҟоуп иҷыдоу аформа: уаҟа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәдыргылоит. Уигьы анагӡаратә ҟазара ҳәа иашьҭоуп. Анагӡаратә ҟазараҟны еиҳарак апластикатә ҟазара аформақәа ахархәара рыҭахоит, иаҳҳәап, ареквизит аԥҵараҿы. Акәашарагьы апластикатә ҟазара иаҵанакуеит[3].
Амузыка
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Амузыка
Акомпозитор А. Серов амузыка дахцәажәоит "ауаҩы ибжьы ала, мамзаргьы иҷыдоу иԥсабаратәым амыругақәа рыла иаарԥшу, ауаҩы ибжьы иаҳа иазааигәоу, иалкаау ашьҭыбжьқәа змоу иҷыдоу апоетикатә бызшәа" аҳасабала[4]. Даҽакала иуҳәозар, амузыка - ари ауаҩы игәҭыхақәа икәша-мыкәша иҟоу ауаа излареилиркаауа "абызшәоуп"[5].
Атеатр
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Атеатр
Атеатр – ацәажәара, ажестқәа, амузыка, акәашара, ашьҭыбжьқәа, аланарԥшыра рхархәарала ахәаԥшцәа рҿаԥхьа аспектакльқәа ықәзыргыло анагӡаратә ҟазара аҟәшоуп. Акы ма еиҳаны абарҭ аелементқәа анагӡаратә ҟазара ҳәа иԥхьаӡоуп. Истандарту ажәабжьтә-диалогтә стиль адагьы, атеатр аформақәа рахь иаҵанакуеит апиесақәа, амиузикл, аопера, абалет, аиллиузиа, амимқәа, индиатәи аклассикатә кәашара, кабуки, аимпровизациатә театр, акомедиа, апантомима, иара убас итрадициатәым, мамзаргьы ҳаамҭазтәи аформақәа, иаҳҳәап, апостмодернтә театр, апостдраматә театр, мамзаргьы аперформанс.
Акәашара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Акәашара
Акәашара – ари ауаа рыгәҭыхақәа аазырԥшуа анапырхахарақәеи аҵысрақәеи рҟазара ауп[6]. Амелодиатәи аритмикатәи шьҭыбжьқәа ауаа рцәеижь ала рҟазшьақәа, рцәаныррақәа, рхәыцрақәа аазырԥшуа амелодиатәи аритмикатәи ҵысраны иҟалоит[7].
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анагӡаратә ҟазарақәа ацәырҵра иалагеит асахьаркыратә культура аҿиараан, афольклортә рҿиара ахыбгалара иалҵшәаны, уи азы иҟазшьарбагоуп аҩымҭа аԥҵареи уи анагӡареи иузеиҟәымҭхо рыҟазаара. Урҭ рышьақәгылара иацхрааит ҿырҳәалатәи амузыкатәи рҿиамҭақәа ҩырала арбаразы аметодқәа рцәырҵрагьы. Иҿиоу акультураҿы иҟоуп изҩызи анагӡаҩи аӡәы иакәны дахьаарԥшу аҟазара аформақәагьы (иаҳҳәап, К. Чаплин, И. Андроников, Б. Окуџьава, В. Высоцки уҳәа убас егьырҭгьы).
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ "ИСПОЛНИТЕЛЬСКИЕ ИСКУССТВА это что такое ИСПОЛНИТЕЛЬСКИЕ ИСКУССТВА: определение — Философия.НЭС" (аурыс бызшәала). terme.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 2017-07-17 ахь. Ириашоу 2017-07-12 шықәсазы.
- ↑ Мортимер Адлер. Искусство говорить и слушать. — Litres, 2017-01-12. — 314 с. — ISBN 9785457240452. — [Архивировано 4 ажьырныҳәамза 2018 года.]
- ↑ "dance - Types of dance | Britannica". www.britannica.com (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2019-10-07 ахь. Ириашоу 2022-01-27 шықәсазы.
- ↑ Серов А. Н. Критические статьи. — СПб., 1895. — Т. IV. — С. 1585.
- ↑ Кожинов В. Виды искусства. — Москва: Искусство, 1960. — С. 51.
- ↑ Кожинов В. Виды искусства. — Москва: Искусство, 1960. — С. 44.
- ↑ Бореев Ю. Эстетика. — Москва: Издательство политической литературы, 1975. — С. 347.