Нобель, Альфред

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Альфред Нобель» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Нобель, Альфред
Alfred Nobel
Ахатәы хьӡы Alfred Bernhard Nobel
Аира жьҭаарамза 21, 1833 ш.
приход Святых Якова и Иоанна
Аԥсра ԥхынҷкәынмза 10, 1896 ш.
Сан-Ремо
Аԥсра зыхҟьаз внутримозговое кровоизлияние
Аԥсыжра аҭыԥ Северное кладбище
Анхарҭа XVI округ Парижа
Атәылауаҩра Швециа
Аусура химик,
Аагалыхҩы,
филантроп,
фотограф,
weapons manufacturer,
инженер
Анашьамҭақәа Национальный зал славы изобретателей США
офицер ордена Святых Маврикия и Лазаря
медаль Джона Фрица
кавалер ордена Почётного легиона
офицер Императорского ордена Розы
… подробнее на Викиданных
Адин атеизм
Абызшәақәа Афранцыз бызшәа,
Аурыс бызшәа,
Англыз бызшәа,
анемец бызшәа,
Аиталиан бызшәа,
Ашвед бызшәа
Анаԥынҵамҭа
Альфред Нобель

Альфред Бернард Нобель (ашвед. Alfred Bernhard Nobel; жьҭаарамза 211833 ш., Стокгольм, Швециаԥхынҷкәынмза 101896 ш., Сан-Ремо, Италиа) — Ашвед аԥҵаҩын, филантропын, даара зҟазшьа уадаҩыз уаҩын. Иара абанкрот диԥан, аха дмиллионерхеит; Иара – алитература бзиа избоз ҵарауаҩын. Уи аԥара рацәаны ирҳаит, аха зегь реиԥш дынхон. Иара даара дуаҩылахҿыхын ауаа рҿы, аха ихи иареи анеизынхоз илахь еиқәын. Ауаа бзиа ибон, аха ахаан иара бзиа дызбоз ԥҳәысгьы димамызт, ҭаацәарагь имамызт; дпатриотын, аха атәым дгьылаҿ.

Уи иааиртит артҟәацга хкы ҿыц, адинамит, ашьха ҭыԥқәа рҿы арацәа-ыҵыхра ааглыхра аиӷьтәразы, аха иара иаԥиҵаз аибашьыга бџьар аҟаҵаразы рхы ишадырхәоз ибеит. Иусумҭақәа ирыбзоураны адунеи зегь дшеицырдыруазгьы, иара дыздыруаз маҷын, избанзар иԥсы ҭанаҵы ихьӡ-иԥша иҽацәиҵәахуан. “Хьӡы – ԥшак сырҳазшәа сгәы иаанагоит, аха уи ахьӡ- аԥша бзиарак адызбалом», – иҳәеит уи зны ихазы. Аха, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ихьӡ даҽа џьоукы ахьӡ -аԥша рзаанаго иалагеит. Иара Стокгольм диит октиабр 21, 1883 шықәсазы. Ашколгьы дҭамызт, ауниверситетгьы, аха ихала аҵара иҵон азы 20 шықәса анихыҵуаз профессионалтә химикын, лигвист дуун – ашвед бызшәа, аурыс, анемец, афранцыз, англыз бызшәақәа рыла дцәажәон.

Иара инаукатә ԥҵамҭақәа ахархәара шроуз ибар иҭахын, 80 компаниа инареиҳаны иргылеит 20 тәыла рыҟны. Аха аихьӡарақәа изҭоз аҵарауаҩ иҟазшьа аҷыдарақәеи хара ихәыцуаз анаплакҩи иҟазшьаҷыдарақәа реилагӡара ахьилшаз ауп. Аха, Нобель зегь раасҭа аԥареи иҭҵаарадырратә аартрақәеи ракәӡамызт игәы иҵхоз. Иара есымша аԥсҭазаара аҵакы дашьҭан, данқәыԥшыз аахыс али - тературеи, афилософиеи дрызҿлымҳан. Иара есқьынгьы аӷарцәа рыцҳаишьон. Аха зегь раасҭа ииҭахыз адунеиаҿ аибашьрақәа рҵыхәа аԥҵәаракәын. Абри аус адиулон аамҭагьы аԥарагьы мшаҭо 1896 шықәсазы Италиа иԥсҭазаара далҵаанӡа.

Зегь еицырдыруа иуасиаҭ аҿы иара иҭынхаз аԥара аанижьит афизика, ахимиа, аԥсихологиа, амедицина, алитература, аҭынчра азықәԥараҿ аихьӡарақәа аазырԥшыз ауаа премианы ирыҭазарц. Уи иаргьы иара иидеиақәагьы рзы баҟаҵас инхеит. Абас дыргәалашәоит адунеи иқәлара гханы изыԥхьаӡоз ауаҩы иԥсҭазаара даналҵ кыршықәсақәа рышьҭахьгьы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]