Перейти к содержанию

Гогәуа, Алықьса Ноча-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Алықьса Гогәуа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа
Алексей Ночевич Гогуа

Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа
Аира хәажәкырамза 151932 ш.
Аԥсны, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа (Аџьамԥазра аҳабла)
Аԥсра лаҵарамза 72025 ш.
Аусура ашәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы

Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа (аур. Алексей Ночевич Гогуа; хәажәкырамза 151932 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа (Аџьамԥазра аҳабла) – лаҵарамза 72025 ш. ) – ашәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1959), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Адыгатәи (Ачерқьестәи) Жәларбжьаратәи Академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор. Ианашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала, лассы-лассы аурысшәала икьыԥхьуан астатиақәеи аессеқәеи.

Абжьаратәи ашкол даналга аус иуан Тҟәарчалтәи ашахтаусбарҭақәа руак аҟны, ашьҭахь – Тҟәарчалтәи ацентртә рбеиагатә фабрика атехникатә хлаԥшра аҟәшаҿы. 1951 ш. дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. 1955-1960шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Аус иуан ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1962 ш. инаркны), Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас (1975-1989), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс (1989-1997). Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан (1988-1989). Уи акырӡа алнаршеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы. 1988-1991 шш. раан СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩуп. Аԥсуа литература цҳаражәҳәаҩра азиуан Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟны: Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны дыҟан Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа рделегациа даланы (1992): ПЕН-клуб аганахьала ашәҟәыҩҩцәа жәларбжьаратәи рконгрессқәа делегатк иаҳасабала дрылахәын Минск (1986), Хельсенки (1988), Москва (2002).

А. Гогәуа даныхәыҷыз инаркны изҳауан жәлар рҳәамҭақәа ахьеиҭарҳәоз аҭаацәараҿы, иаб ажәабжьҳәаҩын, алакәтәи, аепикатәи, абзазаратәи, алирикатәи ҵакы змаз жәлар рҳәамҭақәа бзианы идыруан. Ари аҭагылазаашьа шьахәла ицхрааит ашәҟәыҩҩы ишьақәгылараан, заа ажәа абзиабара иланааӡеит.

Убарҭ ашықәсқәа раан ауп аҩра агәаҳәара аниоуз, асахьаркыратә литература даназҿлымҳахаз. 11 шықәса анихыҵуаз Л. Н. Толстои иҩымҭа «Ҳаџьы-Мураҭ» аԥсышәала аиҭага даԥхьеит. Ари арҿиамҭа ду иаҵоу асахьаркыратә мчхара еиҳагьы ишьақәнарӷәӷәеит ажәа азҟазареи алитературеи рахь иоухьаз абзиабара. Убасҟан ауп раԥхьатәи иажәеинраалақәеи раԥхьатәи иажәабжьқәеи аниҩыз.

Раԥхьаӡа иикьыԥхьыз иажәеинраала «Агеолог» («Аԥсны ҟаԥшь», 1949) ауп. Раԥхьатәи иажәабжьқәа руак кьыԥхьын 1955 ш. ажурнал «Алашара» №2 аҟны, №4 аҟны акәзар – ианылеит иажәеинраала.

А. Гогәуа авторс дрымоуп хыԥхьаӡарарацәала ажәабжьқәа: «Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу», «Асыс-мҟаа», «Быжь-хаҳәк ианырхыс», «Елана», «Олимпиада», «Анана-Гәында лашҭа», «Ашәаџьҳәаҩ», «Абжынҵ-ҵла», «Ашьа цәгьа», «Быӷькаԥсан», «Амра амшын ианӡаало», «Амацәыс агьама», «Анаҟә», «Кодор - Коракс» уҳәа; ароманқәа: «Аӡиас ццакуеит амшын ахь», «Аси амацәыси», «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Уаԥхьа игылоу деилургартә иҟалахьан», «Асҟак дааигәан, аха дузгәамҭеит», «Ашыцра», аповестқәа: «Ашәуа иеҵәа», «Шьха-ԥшӡа», «Мшәагә Дуи Мшәагә Хәыҷи» «Аӡы агьама», адрамақәа: «Амш-уаара», «Аҿықәан».

А. Гогәуа ирҿиараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит апублицистика. Иочеркқәа, истатиақәа, иессеқәа рызкуп аԥсуа жәлар рхатәы бызшәеи, рҭоурыхи, ркультуреи, еиҳаракгьы – аполитикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи рызҵаарақәа, амилаҭтә литература еиуеиԥшым апроблемақәа. Урҭ апериодикатә кьыԥхьын ианылеит аԥсышәалеи урысшәалеи хазы иҭыҵыз ашәҟәқәа рҟны («Аҟәа- Сухум, Сухум – Аҟәа», «Глагол», «Постскриптум»).

Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Дружба народов», «Студенческий меридиан», «Сельская молодежь», «Советская женщина», Урыстәыла иҭыҵуа егьырҭ аҭыжьымҭақәа маҷымкәа; агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), «Еҵәаџьаа», «Республика Абхазия»; алитературатә еизгақәа «Ерцахә», «Кавкасиони», «Южный Кавказ» уҳәа егьырҭгьы.

А. Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.

А. Гогәуа аԥсшәахь еиҭеигеит Ф. М. Достоевски, А. П. Платонов, К. А. Федин, Карло Коллоди, Ернест Хемингуеи уҳәа рырҿиамҭақәа.

Иҭыҵхьеит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк (2006-2007).

  • аԥсышәала: Аӡиас ццакуеит амшын ахь. Аповестқәа. Аҟәа, 1958.
  • Ашьацаагага. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1960.
  • Аси амацәыси. Ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1963.
  • Аҽыкәаҳа. Ароман. Аҟәа, 1966.
  • Хаха-­хымш ныҟәа ахьыбжьоу. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1968.
  • Шьха-­ԥшӡа. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1971.
  • Мшәагә Хәыҷи Мшәагә Дуи. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1976.
  • Ажәабжьқәа. Аповест. Апиеса. Аҟәа, 1977.
  • Олимпиада. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1979.
  • Аҽыхәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1979.
  • Асҟак дузааигәан, аха дузгәамҭеит. Аповест, ажәабжьқәа, апиеса. Аҟәа,1980.
  • Иалкаау. Ҩ­-шәҟәыкны.Аҟәа, 1982–1983.
  • Асду. Ароман­-рапсодиа. Аҟәа, 1985.
  • Уаԥхьа игылоу деилургартә иҟалахьан. Ажәабжьқәеи аиҭаҳәеи. Аҟәа, 1988.
  • Напбзиа шьапбзиа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989.
  • Напбзиа шьапбзиа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 2005.
  • Амра аԥсы шҭаз. Ажәабжьқәеи апублицистикеи. Аҟәа, 2006.
  • Иҩымҭақәа реизга. Хә-­томкны. 2006-2007.
  • Аамҭа ашьҭақәа. Актәи ашәҟәы. Амшынҵақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2009.
  • Ашыцра. Ароман. Ажәабжьқәа. Ақәгылара. Астатиа. Аҿцәажәара. Аҟәа, 2012.
  • Аҽыкәаҳа. Ароман. Аҟәа, 2013.
  • Аӡиас ццакуеит амшын ахь. Аповест. Аҟәа, 2014.
  • Аӡыжь. Ажәабжьқәа. Апублицистика. Аҟәа, 2015.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Река спешит к морю. Повести и рассказы. М., 1960.
  • Вкус воды. Повести и рассказы. М., 1974.
  • Время оленьего зова. Повести и рассказы. М., 1981.
  • За семью камнями. Повести и рассказы. М., 1984.
  • Дикая азалия. Повести и рассказы. М., 1989.
  • Асду [Большой снег]. Роман-рапсодия. Сухум, 2002.
  • Постскриптум. Статьи. Интервью. Заметки. Сухум, 2008.
  • Произведения. Роман, повести и рассказы: В 2-х томах. Сухум, 2009–2010.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 922-923