Перейти к содержанию

Алитература аҭоурых

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Алитература аҭоурых
Ажәытәтәи адунеи алитература
Ажәытәтәи Азиа аклассикатә литература
Антикатә литература
Абжьарашәышықәсатәи алитература
Аамҭа ҿыци иахьатәии алитература

Алитература аҭоурыхапрозаҿы, ма апоезиаҿы алитературатә усумҭақәа рҭоурыхтә ҿиароуп, урҭ аԥхьаҩ/азыӡырҩҩы/анаԥшҩы ргәы арлахҿыхразы, адырра рыҭаразы, мамзаргьы амҩақәҵаразы ахархәара аман, иара убасгьы арҭ аусумҭақәа рҿы ахархәара зауз алитературатә техникақәа рыҿиара ауп.

Алитература аҭоурых алагеит аџьаз ашәышықәсазы аҩыра анаԥҵаха инаркны Месопотамиеи Ажәытәтәи Мысреи, (аԥшьбатәии ахԥатәии азқьышықәсақәа рыбжьара, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа). Аха иаҳдыруа раԥхьаӡатәи алитературатә ҩымҭақәа XXVII—XXVI ашәышықәсақәа, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ахь иаҵанакуеит.

Ажәытәтәи адунеи алитература

Ажәытә Мысратәи алитература, Месопотамиатәи алитература (шумертәи, ассиро-вавилонтәи), хетттәи, хурриттәи, угарит-финикиатәи рлитературақәа. Азиа аклассикатә литературақәа: ажәытәтәи Китаитәи, ажәытәтәи Индиатәи, ажәытәтәи Ирантәи, ажәытә ауриатә.[1]

Антикатә литература

Ихадароу астатиа: Антикатә литература

Ажәытә бырзенцәеи аурымцәеи рлитература, Адгьылбжьаратәи амшын (Средиземное море) аӡҭарчы аҿы иҿион (Балкантәии Апеннинтәии адгьылбжьаха бжақәеи, насгьы урҭ рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылбжьахақәеи аԥшаҳәақәеи рҿы). Абырзен бызшәеи алаҭын бызшәеи рдиалектқәа рыла иаԥҵоу аҩыратә баҟақәа, актәи азқьышықәса ҳера ҟалаанӡеи актәи азқьышықәса ҳера алагамҭеи рахь иаҵанакуеит. Антикатә литература ҩ-милаҭтә литературак рыла ишьақәгылоуп: ажәытә бырзентәи аурымтәи. Ҭоурыхла абырзен литература аурымтә литература аԥхьа иҟан.

Антикатә литератураҿы архаикатә формақәа рыла ишьақәгылеит Европатәи алитература ажанр, насгьы алитературадырра ашьаҭақәа. Антикатә аамҭа аестетикатә ҭҵаарадырра х-литература жәла хадак алнакаауан: аепос, алирика, адрама (Аристотель), ари аклассификациа иахьа уажәраанӡагьы ихадоу аҵакы ааннакылоит.

Абжьарашәышықәсатәи алитература

Ихадароу астатиа: Абжьарашәышықәсатәи алитература

Ихьшәоу антикатә аамҭазы иалаго (IVV ашәышықәсақәа), XV ашәышықәсазы инҵәо аамҭа иаҵанакуа алитература. Абжьарашәышықәсатәи алитератураҿы еиҳа анырра ду ҟазҵаз раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит ақьырсиантә Евангелиеқәа (I ашәышықәса), Амвросиа Медиолански идинтә гимнқәа (340397), Жәҩангәашәԥхьара збаз Августин (Блаженныи) иусумҭақәа («Агәрахаҵара», 400 шықәса; «Анцәа иқалақь азы», 410428 шықәсқәа), Абиблиа алаҭын бызшәахь Иероним аиҭаига (410 шықәсанӡа), насгьы Алаҭынтәи уахәама Абацәа раԥхьатәи русумҭақәеи афилософцәеи асхоластцәеи русумҭақәеи. Абжьарашәышықәсатәи алитература аҿиареи х-факторк рыла ишьақәдыргылоит: ажәлар рҟазара атрадициақәа, антикатә дунеи акультуратә нырра, ақьырсианра.

Аиҭаиара аамҭа алитература

Ихадароу астатиа: Аиҭаиара аамҭа алитература

Алитератураҿы ихадоу хырхарҭоуп, Аиҭиара акультура зегьы иахәҭакуп. Иаҵанакуеит XIV ашәышықәса инаркны XVI ашәышықәсанӡа. Уи абжьаратәи ашәышықәсазтәи алитература иреиԥшым агуманизм ҿыци, апрогрессивтә идеиақәа рышьаҭа ахьамоу азы. Аиҭиара иасинонимуп афранцыз хылҵшьҭра змоу атермин «Ренессанс». Агуманизм аидеиақәа раԥхьаӡа Италиа ицәырҵит, анаҩс Европа зегьы иалаҵәеит. Аиҭаиара аамҭазы иҟаз алитература Европа зегьы иалаҵәеит, аха тәылацыԥхьаӡа иара амилаҭтә ҟазшьа аиуит. Атермин «Аиҭаиара» иаанагоит аҿыцра, асахьаҭыхыҩцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, ахәыцҩцәеи антикатә культуреи аҟазареи рахь рхьаԥшра, уи аидеал ҳаракқәа рҿыԥшра.

Амодернизмтә литература

Ихадароу астатиа: Алитератураҿы амодернизм

Апостмодернизмтә литература

Ихадароу астатиа: Апостмодернизмтә литература

XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазтәи алитература аҷыдарақәа аанарԥшуеит (ихыҵәҵәа-хыҵәҵәаны, аирониа, алаф еиқәаҵәа, уҳәа убас иҵегьы), иара убасгьы амодернисттә литература иазҷыдаҟазшьоуп Аҵаралашара аидеиақәа рҭак ахьаанарԥшуа. Алитератураҿы апостмодернизм, иааидкыланы апостмодернизм зегьы, аилкаара уадаҩуп — афеномен аҷыдара иашақәеи, уи аҳәаақәеи, аҵаки рганахьала хьаҳәа-ԥаҳәада зегьы зыдгыло агәаанагара ыҟаӡам. Аха аҟазараҿы егьырҭ астильқәа реиԥш, апостмодернизм алитературагьы уахцәажәар ҟалоит иаԥхьанеиуа астиль иаҿырԥшуа. Иаҳҳәап, хыла-гәыла еилоу адунеи аҿы амодернисттә ҵакы аԥшаара мап ацәкны, лассы-лассы ахәмарратә формала апостмодернисттә рҿиамҭа автор иҽацәихьчоит аҵакы аҟазаар, уи аԥшаара, ироман лассы-лассы ари аԥшаара апародиа ауп. Апостмодернисттә шәҟәыҩҩцәа амашәыр абаҩхатәра аасҭа иҳараркуеит, ахатәпародиеи аметапрози рыцхыраарала автор иаҳаҭыри имчреи гәрамгарҭас иҟарҵоит. Аҟазара ҳараки амассатә ҟазареи рҳәаа аҟазааразы азҵаара ықәдыргылоит, уи азы апостмодернисттә автор апастиш ихы иаирхәоит, уаанӡа алитература ианаалом ҳәа иԥхьаӡаз атемақәеи ажанрқәеи еилаиҵоит.

Азгәаҭақәа

  1. "ФЭБ: Оглавление: История всемирной литературы. Т. 1. — 1983 (текст)". feb-web.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 18 нанҳәамза 2016 ахь. Ириашоу 29 ԥхынгәымза 2016 шықәсазы.

Алитература

  • Гаспаров М. Л. Литература европейской античности: Введение / / История мировой литературы в 9 томах: Том 1. — М.: Наука, 1983. — 584 с. — С. 303—311.
  • Шалагинов Б. Б. Зарубежная литература от античности до начала XIX века. — М.: Академия, 2004. — 360 с. — С. 12-16.
    • Шалагінов Б. Б. Зарубіжна література від античності до початку XIX століття. — К.: Академія, 2004. — 360 с. — С. 120—149.
  • Античная литература / Под редакцией А. А. Тахо-Годи; перевод с русского. — М., 1976.
  • Античная литература: Справочник / Под редакцией С. В. Семчинский. — М., 1993.
  • История зарубежной литературы: Раннее Средневековье и Возрождение / Под редакцией В. М. Жирмунского. — М., 1987. — 462 с. — С. 10-19.
  • История зарубежной литературы. Средние века и Возрождение. — М.: «Высшая школа», 1987.
  • Краткий словарь литературоведческих терминов. Редакторы-составители Л. И. Тимофеев, С. В. Тураев. — М., 1978.
  • Брагина Л. М. Итальянский гуманизм. — М., 1977.
  • Зарубежная литература. Эпоха Возрождения (хрестоматия), составитель Б. И. Пуришев. — М., 1976.
  • Ильин И. П. Постструктурализм. Деконструктивизм. Постмодернизм. — М.: Интрада, 1996.
  • Ильин И. П. Постмодернизм от истоков до конца столетия. Эволюция научного мифа. — М.: Интрада, 1998.