Аладатәи Америка аҭоурых
Аладатәи Америка аҭоурых еихьыԥшны иҩшар алшоит х-етапкны. Актәи — автохтонтә цивилизациақәа (инкаа уҳәа убас иҵегьы) рышьақәгылара, рырҿиара, реилаҳареи аамҭоуп. Аҩбатәи — ари европатәи ампыҵахалареи (Конкиста) аколониализми 1500—1800 шш. Рзы ауп, усҟан аконтинент еиҳаӡоу ахәҭа европатәи атәылақәа (Испаниеи Португалиеи) анапаҵаҟа иҟан. Ахԥатәи — ахьыԥшымра анаиузтәи апериод ауп.
Колумб иаԥхьатәи ацивилизациақәа
- Ихадароу астатиа: Колумб иаԥхьатәи ацивилизациақәа
Иҟоуп агәаанагара, аиндеицәеи аескимосцәеи рхылҵышьҭрақәа Америка нхара ииасит 15 нызқь ш. раԥхьа аҟара Аҩада-Мрагыларатәи Азиантәи, Берингатә амшыни Берингатә аӡыбжьахалеи (Берингиа)[1] атәылаҿацә аҟынтәи. Раԥхьатәи аҿыцнхаҩцәа ркультура аҩаӡара Ажәытә Адунеи ихьшәоу палеолиттәи амезолиттәи акультурақәа ирышьашәалон. Аҩ-континентк рҿы аиндеицәа рынхара, насгьы адгьыл ҿыцқәа рышьҭкаара зқьышықәсала ицон. Y-хромосомтә гарлогруппа Q аҭҵаара агәаанагара амоуп, Аладатәи Америка анырхара 18 нызқь.ш. раԥхьа ишалагаз[2].
Европатәи аколонизациа аламҭалазы (XVI ашәышықәсазы иалагаз), Аладатәи Аҩадатәи Америка хыԥхьаӡара рацәала ахылҵышьҭрақәа ауаажәларратә шьақәгылашьаҿы еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы иҟан: шьоукы рҿы аҳра ауан анратә ашьҭра (ирокезцәа, мускогцәа, хопи, иара убас аӡиас Амазонка аҵакыраҿы инхо ахылҵышьҭрақәа жәпакы уҳә.), егьырҭ рҿы ишьақәгылон абратә ашьҭра (Аҩадатәи Америка алада-мраҭашәаратәи, аҩада-мраҭашәаратәи ахылҵышьҭрақәа, иара убас Аладатәи Америка ахылҵышьҭрақәа жәпакы). Ажәлар рыхәҭак ашьҭратә аҟынтәи аклассратә уаажәларрахь аиасра еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы игылан. Аиндеицәа агәҭантәи Аладатәи Америка (ацтекаа, маиаа, инкаа) нхон аклассратә уажәларрақәаны.
Аладатәи Америка аевропеиццәа рыла аколонизациа
1498 шықәсазы, Колумб иекспедициа, уаанӡа уи ала иааиртыз Вест-Индиа адгьылбжьахалақәа наӡеит Ориноко аӡиас (иахь. Венесуела) аӡхыршшанӡа. 1499 шықәсазы егьи аныҟәаҩ Алонсо де Охеда Америго Веспуччи иареи Суринам инаӡаны, анаҩс америкатәи аԥшаҳәа иаваланы Венесуелаҟа ииасит. 1500 шықәсазы португалтәи амшынланыҟәаҩ Кабрал Бразилиа (Terra da vera Cruz) аӡхықәнӡа днаӡеит. 1509 шықәсазы Алонсо де Охеда иахьатәи Колумбиа акарибтәи агаҿа ҭиҵааит. Убри аамҭазгьы Аладатәи Америкаҿы еиҿкаан раԥхьаӡатәи аиспан нырхара Сан-Себастиан. 1513 шықәсазы Охеда ицнагаҩ Нуниес де Бальбоа Панамтәи адгьылбжьында дахысны Аокеан Ҭынч днаӡеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтәи еилыикааит алада атәыла беиа шыҟоу, уи ала иҽазыишәоит анаҩстәи аартрақәа рыҟаҵара. 1516 шықәсазы аныҟәаҩ Хуан Диас де Солис иахьатәи Аргентина агаҿанӡа днаӡоит.
1529 шықәсазы Испаниатәи акрал алада-америкатәи адгьыл аҿы иаԥиҵоит агубернаторра Кастилиа Ҿыц. Аколонистцәа еиҿыркаауеит асиендқәа, уахь аиндеиццәа ахәураҩцәа (Енкомиенда) ҳәа рыҽдыркуеит. 1532 шықәсазы Франциско Писарро иахьатәи Перу адгьылҵакыраҽы иҟаз Инкаа рҳәынҭқарра мпыҵаихалеит. Уи ашықәс азы апортугалцәа еиҿыркаауеит раԥхьатәи рынхарҭа Сан-Винсенти, португалтәи Бразилиаҟны адгьылҵакыра еихшоуп афеодалтә капитанрақәа рыбжьара. Ицәырҵуеит абандеирантцәа, урҭ Бразилиа апортугалтә мазарақәа амҽхак дырҭбаауеит, насгьы аиндеиццәа афазендақәа рҿы аус руларц азы тәцәас иҟарҵоит. 1535 шықәсазы Писсаро ақалақь Лима шьапаиркуеит, уи Аладатәи Америка испаниатәи амазарақәа иаҳҭнықалақьуп. 1536 шықәсазы Педро де Мендоса Андалусиа Ҿыц губернаторс дҟалаанӡа ԥыҭрак шагыз, еиҿикаауеит ақалақь Буенос-Аирес. Аладатәи Америка иаԥҵахоит акатоликатә Архиепархиа Куско. 1542 шықәсазы Аладатәи Америка испаниатәи агубернаторрақәа еиҭашьақәыргылахоит вице-ҳратәра Перу ҳәа. Аӡбаратә усқәа рыӡбаразы иаԥҵахоит аудиенциақәа. Раԥхьаӡатәи испантәи вице-кралс дҟалоит Бласко Нуниес Вела. 1551 шықәсазы Лима доминиканцәа руахәаматә школ ашьаҭала еиҿкаахоит ауниверситет Сан-Маркос.
1555 ашықәсазы афранцызтә гугенотқәа рҽазыршәеит иқәҿиарамыз аҽазышәара Рио-де-Жанеиро аколониа аиҿкаара. 1587 шықәсазы аиндеиццәа чикитосаа (Боливиа) рыдгьыл аҿы ицәырҵуеит Иезуиттәи амиссиақәа. XVIII ашәышықәса абжьаразы ицәырҵуеит гуарани Аибашьра, уи иезуитцәа рорден азин амамзаарахь ицәырнагоит.
Ахьыԥшымразы аибашьра
- Ихадароу астатиа: Америка иҟаз Испаниатәи аколониақәа рхьыԥшымразы ақәԥара
Азԥхьаҭагылазаашьа
Аибашьра зыхьҟаз аметрополиа имҩаԥнагоз аполитика ауааԥсыра рыбжьара агҿынамӡара акәын: иҭбааз ақәиҭымтәра, азинеиҟарамра, ашәахтә ҳаракқәа, уи зегьы аколоника аекономикатә ҿиара арԥсыҽуан. Аибашьра алагара иара убас иацхрааит амилаҭтә хдырра аарԥшра, ЕАА ахьыԥшымразы аибашьра анырра, афранцызтә револиуциа Ду, Сан-Доминго атәцәа рықәгылара (1791—1803).
Аколониа лыԥшаахны иҟан ачынуаа, Испаниантәи иааԥхьаз аинралцәеи аофицерцәеи, урҭ Испаниантәи еиҳараӡак заа ихҵәаны иааз ахылҵышьҭрақәа — акреолцәа тәарымбон. Урҭ иреиҳаӡоу административтә маҵурахьы инарышьҭӡомызт.
Акреолцәа иргәаԥхомызт аиспантә мчра азин ахьрырымҭоз аколониақәа егьырҭ атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра, уи аиспантә хәаахәҭыҩцәа ирынаҭон ртауарқәа ахә ашьҭыхра. Великобританиа Испаниантәи иаиурц аҭахын уи аколониақәа рҿы ахәаахәҭразы ахьыԥшымра. Убри азы акреолцәа испантәи амчра рҿагылараҿы урҭ рыцхыраара иақәгәыӷуан.
Ахақәиҭратә ҵысра алахәылацәа рыбжьара иҟан еиуеиԥшым агәаанагарақәеи ахырхарҭақәеи. Ахақәиҭратә ҵысра ахаҟны игылеит акреолцәа-аамсҭацәа рҟынтәи аофицерцәа. Аха, ахақәиҭратә ҵысра еиҳау арадикалтә мчны иҟалеит аиндеиццәеи аметисқәеи ирхылҵыз анхаҩцәеи анаптәыҩцәеи, урҭ ирҭахын наӡынла аԥара зҭиуеи аамсҭацәеи рықәыӷәӷәара аҟынтәи ахьыԥшымра роурц, рыдгьыл мпыҵакыҩцәаны иҟаларц, иара убас араԥцәа-атәцәа иақәгәыӷуан ахьыԥшымра роурц[3].
Аибашьра алагалара иацхрааит Испаниа 1808 ш. азы иҟалаз ахҭысқәа, уи иалҵшәахаз Наполеон ир ажәылара, анаҩс уи Франциантәи атәыла ахьыԥшымра аиурахь иаазгаз.
1809 ашықәсазы Чукисака (уажәы Сукре), Ла-Пас, насгьы Ихыхьтәи Перу (уажәы Боливиа) егьырҭ аҭыԥқәа рҿы, Кито, Валиадолид (уажәы Морелиа, Мексика) ицәырҵит антииспантәи ачарҳәара. Аха, ақәгылаҩцәа ақәҿиарақәа џьаргьы изымнаӡеит, аколониақәа рҿы аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩхеит. Испантәи ар метрополиа раҵахара (1810 ш. алагамҭа), насгьы афранцызцәа рыла атәыла еиҳау ахәҭа ампыҵахалара иаанагеит испантәи Америкаҿы бџьаршьҭыхлатәи ақәгыларақәа рахь.
Венесуелтәи Ареспублика

Боливар активла далахәын Венесуела Испаниа анапхгара ақәгараҿы (1810 шықәса мшаԥымза 19 рзы) ихьыԥшым республиканы алаҳәара (1811 шықәса ԥхынгәымза 5 рзы). Уи ашықәс азы, Боливар ареволиуциатә хунта ала (ажәлар реизара) Лондонҟа дрышьҭит Британиа аҳәынҭқарра ацхыраара даҳәарц. Аха, аҵыхәтәантәи, анеитралитет ааныркыларц рыӡбеит. Боливар иагент Луис Лопес Мендес Лондон даанижьит, Венесуела ахьӡала аԥсахтәи аибашьцәа рхыхреи иазку аиқәшаҳаҭра бжьарҵарц, нас абџьар азна иманы дгьежьны дхынҳәырц.
Иаарласны, Испантәи аинрал Монтеверде ацхыраара даҳәеит Венесуелатәи акаршәрақәа рҿы инхоз цқьа ибжьам анхацәа - “ллаnos” - агәымшәақәа “llaneros”рахь. Астуриатәи Хосе Томас Бовес, ахьӡҵас «Бовес Крикун» ҳәа изышьҭаз, еиԥҟьаны еиҿкааз лианерос ахаҟны дгылан... Аибашьра даараӡа игәымбылџьбаратәу аҟазшьа аанахәеит. Боливар иӡбеит убас еиԥш атҟәацәа зегьы рықәхразы адҵа ҟаиҵарц. Боливар ир испантәи аруаа ианрыҵаха ашьҭахь, иара 1812 шықәсазы Гранада Ҿыц (уажәы Колумбиа) дтәеит, уаҟа иҩит «Картахенатәи аманифест», насгьы 1813 шықәса алагамҭазы иԥсадгьыл ахь дхынҳәит. 1813 шықәса нанҳәамзазы иар Каракас ааныркылеит. Каракас ақалақь ахадара Боливар «Венесуела ахақәиҭтәҩы» (Ель Либертадор) ҳәа гәырӷьарала алаҳәара ҟаиҵеит. Аҩбатәи Венесуелтәи Ареспублика аԥҵан, уи напхгара азиуан Боливар. Венесуела Амилаҭтә Конгресс ишьақәнарӷәӷәеит иара иоуз Ахақәиҭҩы ҳәа атитул. Аха ҵаҟа иҟоу аклассқәа ринтересқәа рзы аиҭакрақәа ахьыҟаимҵаз азы, урҭ рыцхыраара анимоу 1814 шықәсазы даҵахоит. Пхынгәы 6, 1814 шықәсазы, испантәи ар ала иадыӷәӷәалаз Симон Боливар ир аҳҭнықалақь аанрыжьыр акәхеит… Боливар Иамаика мчыла аҽыҵәахырҭа иԥшаар акәхеит, цәыббрамзазы 1815 шықәсазы уаҟа иаарту ашәҟәы икьыԥхьит, уаҟа иаирбеит дшақәгәыӷуа иаарласны Испантәи Америка ахы ишақәиҭхо.
Колумбиа аиҿкаара
Аҵыхәтәаны амаҵуҩцәа рхы иақәиҭтәреи егьырҭ асоциалтә проблемақәа рыӡбареи шхымԥадатәиу еилкааны, Боливар Гаити Апрезидент А.Петион агәра ииргеит ақәгылаҩцәа арратә цхыраара риҭарц, насгьы 1816 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Венесуела аԥшаҳәаҿы дтәеит. Атәцәа рықәгара (1816), насгьы 1817 шықәсазы ахақәиҭратә арра аибашьцәаа адгьыл рыҭара азы иҭыҵыз аусԥҟа илнаршеит исоциалтә шьаҭа арҭбаара. «Лианерос» рыхәҭақәа Симон Боливар идгылеит, урҭ Бовес данԥсы ашьҭахь (1814), напхгаҩы ҿыцк дроуит- Хосе Антонио Паес, иара ихаҭа лианеро иакәын…
Боливар иаку аплан ала аныҟәара азыҳәаны икәша-мыкәша ареволиуциа аԥхьагылаҩцәа аизгара иқәҿиарамхаз иҽазышәара ашьҭахь, голландтәи негоциант Брион ицхыраарала лаҵарамза 1817 шықәсазы Ангостура инапахьы иааигоит, анаҩс Испаниа даҿагыланы Гвиана зегьы шьҭыихуеит. Анаҩс, Боливар иҭиуеит адҵа ԥыхьатәи идгылаҩцәа Пиареи Маринои рҭакра (аԥхьатәи абҵара 16, 1817 шыкәсазы дыкнаҳан). Жәабранмза 1818 шықәсазы, Лондонтәи иаашьҭыз аибашьцәа-ақьырауаҩцәа рыбзоурала, уи илшеит аҿыц арра ашьақәырӷәӷәара. Венесуела иқәҿиараз ахҭысқәа рнаҩс, уи ир 1819 ш. Гранада Ҿыц ахы иақәидыртәит. Ԥхынҷкәын 1819 ш. Ангосутра (иахьатәи Сиудад-боливар) иҟаз Амилаҭтә конгресс ала иаларҳәаз Колумбиа Аҳәынҭқарра президентс далхын, уахь иалалеит Венесуелеи Гранада Ҿыци. 1822 шықәсазы колумбаа Колумбиа иалалаз Кито (иахьатәи Еквадор) апровинциа аҟынтәи иқәырцеит аиспантә мчқәа.
Колумбиатәи Афедерациа аилаҳара
Боливар игәҭакы ала, Аладатәи Еиду Аштатқәа (Sur de Estados Unidos) шьақәгылон, уахь иалалар акәын Колумбиа, Перу, Боливиа, Ла-Плата, Чили. 1826 шықәса рашәарамза 22 рзы Боливар Панама ақалақь аҿы абарҭ аҳәынҭқаррақәа зегьы рхаҭарнакцәа рыла Аконгресс еизигеит, аха хара имгакәа уи еилаҳаит. Панаматәи Аконгресс аиларбгара ашьҭахь, Боливар игәаҿы иҭыиҳәааит: "Сара абри аҟәараҿы дитәоу, ииасуаз аӷбақәа ркоманда ҟаҵара зҽазызшәоз абырзен еилаԥса сиеиԥшуп!.."
Иаарласны, Боливар ипроект еицырдыруаны ианыҟала, уи инапаҵаҟа Наполеон ироль ахьынаигӡо аимпериа шьақәирӷәӷәарц агәаҳәара шимоу ҳәа ахара идҵара иалагеит. Колумбиаҿы иалагеит апартиатә ҭыӡшәақәа. Адепутатцәа рыхәҭа, аинрал Паес аԥхьа днаргыланы автономиа аларҳәон, егьырҭ Боливтәи аконгрес рыдыркыларц рҭахын. Боливар иаарласны Колумбиа дааит, насгьы адиктатортә мчрақәа ихы иархәаны, Оканиа ақалақь аҿы 1828 шықәса хәажәкырамза 2 рзы ажәлар реизара еизигеит, анаҩстәи азҵаара: «Аҳәынҭқарра аконституциа аиҭакра ахәҭоума?» аӡбаразы. Аконгресс аҵыхәтәантәи аиқәшаҳаҭра абжьаҵарахьы изымнеит, убри аҟнытә еиуеиԥшым аилатәарақәа рышьҭахь иаанкылан.
Убри аамҭазы, Перууаа Боливиатәи Акодекс мап ацәыркит, насгьы Боливар дыҟанаҵтәи Аҳәынҭқарра Ахада ҳәа атитул имхит. Перуи Боливиеи рҿы амчра аныицәыӡ, Боливар, 1828 шықәса рашәарамза 20 рзы Богота далалеит, уаҟа Колумбиа анапхгаҩы ҳәа арезиденциа еиҿикааит. Аха 1828 шықәса цәыббрамза 25 рзы афедералистцәа иҳаҭгәын иҩналаны, ахьчаҩцәа ршьит, Боливар ихаҭа џьашьахәыла мацара ихы еиқәирхеит. Аха, ауааԥсыра реиҳараҩык иара иган ааныркылеит, уи ала Боливар илшеит авице-президент Сантандер напхгара ззиуаз ақәгылара аанкылара. Ачарҳәаҩцәа рхада раԥхьа ашьра иқәҵан, анаҩс 70 идгылаҩцәа ицҵаны атәыла далцан.
Анаҩстәи ашықәс азы анархиа еиҳа иӷәӷәахеит. 1829 шықәса абҵарамза 25 рзы Каракас ахаҭаҿы 486 ҭауади-аамсҭеи иреиуоу атәылауаа алаҳәара ҟарҵеит Колумбиа Венесуела шадҵыз.
Бразилиа ахьыԥшымра алаҳәара

Аладатәи Америка иҟаз апортугалцәа рмазарақәа рхьыԥшымра Испаниа аколониақәа раасҭа еиҳа шьакамҭәакәа ироуит.
1808 шықәсазы Наполеон иар Португалиа иаҿагыланы аибашьра аналага, аҳи иаҳҭынреи Рио-де-Жанеироҟа ииагатәуп ҳәа иӡбан, уаҟа 1821 шықәса рҟынӡа иаанхеит. Британиатәи аҳәынҭқарра уи аиасра аус ишиашоу аҽаланархәит. Дара Португалиа иҟаз иуадаҩыз аҭагылазаашьа рхы иархәаны, ахәаахәҭраҿы еиҳаны азинқәа роурц азы, аҳҭынратә ҭаацәара ииасырц азы иаҭахыз аӷбақәа зегьы рырҭеит.
Дон Жуан VI Португалиатәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа Рио-де-Жанеироҟа ииаигеит, иара убас аҳратә библиотека, арратә академиа, амедицинатәи азакәантәи ашколқәа аԥиҵеит. 1815 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 рзтәи иусԥҟала иара апортугалтә мазарақәа ирыиҭеит Португалиа, Бразилиа, Альгарва Еиду аҳратәрақәа ҳәа астатус, абасала Бразилиа Португалиа иҟараны иҟаиҵоит.
1811 шықәсазы, Испаниатәи Америка амилаҭтә хақәиҭратә ҵысра аамҭаан Ла-Плата араион аҟны аҭышҿынтәаламзаара ихы иархәаны, Жуан ир Мрагыларахьтәи ацәаҳәахьы иишьҭит (уажәтәи Уругваи), аха британтәи абжьаҟазара иабзоураны Лаҵарамза 26, 1812 шықәсазы иаҵаҩҩын Еррера-Реидмеикертәи атрактат. Атрактат ахԥатәи ахәҭаҷ ишаҳәо ала, апортугалтә ар «испантәи адгьылҵакыра» аанрыжьыр акәын.
Аха 1816 ашықәсазы Жуан ҿыц Мрагыларатәи ацәаҳәахьы ар ишьҭит, иагьымпыҵаихалеит 1817 ашықәсазы.
1821 азы, аҳ Жуан VI Португалиа аполитикатә қәыӷәӷәара дақәшаҳаҭхны, Рио иҭынха Педро дааныжьны, уи арегент авице-крал ҳәа атитул ианашьаны Лиссабонҟа дхынҳәырц акәхеит.
Цәыббрамза 1821 шықәсазы Португалиатәи апарламент Бразилиа аҳреи Рио-де-Жанеиро иҟоу аҳратә еиҿкаарақәеи рыԥыхразы абжьыҭира мҩаԥнагеит, убас ала Бразилиа апровинциақәа зегьы хаҭала Лиссабон анапаҵаҟа иҟарцеит. Уи аамҭазы Бразилиаҟа арратә ҟәшақәа шьҭын, Бразилиатәи арратә ҟәшақәа зегьы Португалиа анапхгара аҵаҟа ииаган. Адҵа анагӡара мап ацәкны, 1822 шықәса цәыббрамза 7 рзы Дон Педро Бразилиа ахьыԥшымра алаиҳәеит, насгьы 1822 шықәса жьҭаарамза 12 рзы уи раԥхьаӡатәи аҳ Педро I ҳәа агҿыргьын ихарҵеит.
XX ашәышықәса


XX ашәышықәса алагамҭа Аладатәи Америка аҿы иазгәаҭоуп Аргентинеи, Бразилиеи, Чилии рыбжьара амшынтә бџьаршьҭыхратә еицлабра амҩаԥгара, уи 1907 шықәсазы иалагеит. Арра-мшынтә еиндаҭлара реиӷыӷкра мзызс иҟалеит Бразилиа Великобританиантәи иҟанаҵаз х-дредноутқәа рҿаҵа, урҭ уи аамҭазы иаадырԥшуан аӡхыхьтәи аӷбақәа ирыҵанакуа иҿыцӡоу аклаас, насгьы иреи әаӡоу амцатә мчы аман. Аргентинатәи-чилитәи бџьареибыҭарала (1887—1902), бразилиатәи амонархиа ахыбгалареи атәыла азеиԥш ҭышәынтәамлареи иақәшәаз, бразилиатәи афлот реиндаҭлаҩцәа хаҭабзиаралеи атоннажлеи ирзаҵахон. 1904 шықәсазы бразилиатәи аполитикцәа раԥхьаӡакәны ишьҭырхит амилаҭтә флот арӷәӷәара азҵаара ықәдыргылеит, урҭ Бразилиа адунеитә ҳәынҭқаррақәа руакахь ацәыргара азеиԥш хықәкы иашьҭан. 1905 шықәса анҵәамҭазы, акәылӡыӷбақәа хԥа рҿаҵа ҟаҵан, аха уи аҿаҵа иаарласны мап ацәкын 1906 шықәсазы, избанзар Великобританиа ареволиуцианны иҟалаз «Дредноут» дыргылеит. Акәылӡыӷбақәа рцынхәрас англызтәи аӷбаргыларҭақәа рҿы ашьаҭа аркын «Минас Жераис» ахкеиԥш бразилиатәи адредноутқәа акорпусқәа ҩба, ҽааны даҽакы аргылара ҳәа аҽазышәара ҟаҵаны.
Аргентинеи Чилии 1902 шықәсазы ирыбжьарҵаз амшынтә бџьарқәа рыԥкразы аиқәшаҳаҭра заа иаанкыланы, ҩ-ӷбак аҿаҵа ҟарҵеит: Аргентиназы «Ривадавиа» ҳәа изышьҭоу ЕАА еизыргеит, Чилитәи «Альмиранте Латорре» ҳәа изышьҭоу - Британиа еизыргеит. Убри аамҭазы Бразилиа ахԥатәи адредноут «Рио-де-Жанеиро» аргылара аанкылан, еиҳа иӷәӷәаз аӷба аргылара ахьфеидо азы. Аҵыхәтәантәи апроект аргылараан акырынтә еиҭахәаԥшуан, аха апроект аҵыхәтәантәи ашьақәырӷәӷәара ашьҭахь, Бразилиа аҳәынҭқарраҿы еилыркааит аӷба ҿыц акырӡа иаҵахалоит уи аамҭазы ицәырҵхьаз супердредноутқәа. Ихыркәшамыз «Рио-де-Жанеиро» аукцион ахь иқәыргылан, хара имгакәа Османтәи Аимпериа иаанахәеит. Уи аҭыԥан, урҭ ргәы иҭан Армстронгтәи аӷбаҟаҵарҭаҿы супер-дредноут «Риачуело» аргылара, аха хара имгакәа иалагаз Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ари аплан анагӡара иаԥырхагахеит: Британиатәи аӷбаҟаҵаҩцәа аҳәаанырцәтәи адҵақәа рыла аусура иаҟәыҵит, рымчқәа зегьы Аҳратә мшынтә флот аҭахрақәа ирзыркит. Чилитәи адредноутқәа рыҩбагьы Великобританиа иаанахәеит, насгьы уи амшынтә флот иахәҭакхеит. Анеитралтә Америкатәи Аидгылаҿы идыргылаз Аргентинатәи аӷбақәа ҩба 1915 азы аахәаҩ инапы ианырҵеит.
Актәи Адунеизегьтәи еибашьра Алада-Америкатәи адредноуттә еицлабрақәа аҵыхәтәа ԥнаҵәеит.
Аладатәи Америка адиктатурақәа
1912 ашықәсазы Аргентина маӡала абжьыҭирала зегьы рзы алхратә зин азы азакәан рыдыркылеит; уи атәылаҿы уаанӡа имҩаԥгақәаз рҟынтәи, ари зегь реиҳа ихадаз аполитикатә реформақәа акәын. Азакәан ҿыц иалнаршеит, еиҳарактәи апартиа, арадикалцәа, рԥыза Иполито Иригоиен аҳәынҭқарра ахадас иалхра. Иара анапхгара анимаз аамҭазы (1916—1922), аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи аҵареи рызҵаарақәа ахшыҩзышьҭра ду анаҭон. Иригоиен Актәи Адунеизегьтәи аибашьраан Аргентина анеитралитет ахьчара илшеит. 6 шықәса (1922—1928) даҽа радикал, адоктор Марсело Торкуато де Альвеар ипрезидентә напхгара ашьҭахь, Иригоиен 1928 шықәсазы ҿыц далхын.
Иригоиен акризис аҭагылазаашьа ахьыҟаз атәыла анапхгара ахьилымшоз азы аҳәынҭкааратә ԥсахра аԥынгыланы иҟалеит; цәыббрамәа 1930 шықәсазы апрезидент дамхын. Ари аарҳәра мҩаԥган Аконсервативтә Партиа (зыхьӡ ԥсахыз Амилаҭтә Демократиатә Партиа ҳәа) иреиәазоу аофицерцәеи атәылауаҩратә ԥхьагылаҩцәеи, иара убас Арадикалтә партиа иалҵыз арадикалцәа роппазициатә ган рыла. Аҳәынҭқарра напхгара азиуан аинрал Хосе Феликс Урибуру, авторитартә мчра адгылаҩ, уи акорпорациа дуқәа рзы афашисттә диктатура ашьақәыргылара иҽазишәеит, аха имч ақәымхеит.
1931 шықәсазы Урибару аҿагылаҩцәа аибашьцәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи аинрал мчыла идырҟаҵеит алхрақәа мҩаԥигарц. Аха Арадикалтә партиа урҭ рылахәхара азин рымамызт, насгьы анапхгаратә коалициа иаҿагылаҩцәа хаданы иҟалеит еицықәгылоз асоциалистцәеи апрогрессивтә демократцәеи. 1932 шықәсазы аиааира игеит арадикал, аконсерваторцәа рыдгылара змаз аинрал Агустин Педро Хусто. Иара иҿҳәара анҵәамҭазы, акоалициа апрезидент иҭыԥ ахь днаскьаргеит акандидат — Роберто Марселино Ортис, авице-президент ипостахь — аконсерватор Рамон Кастилио. 1938 азы алхрақәа рҿы, алҵшәақәа реилахәара атәы зҳәоз хыԥхьаӡара рацәала адыррақәа шнеиуазгьы, урҭ аиааира ргеит ҳәа алаҳәара ҟаҵан.
Аладатәи Америка Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьраан

Европа аибашьрақәа анрылага ашьҭахь, цәыббрамза 4 рзы, Аргентина анеитралитет аланарҵәеит[4]. Аҳәынҭқарра ахада Роберто Мария Ортис, алхрақәа раан абжьыҭира мцыла амчрахь иааз, Гитлер иҿагылаз акоалициа дадгылан, аха арраҿы аоппазициа ахьыҟаз азы, Агәҵәы атәылақәа реимадара аҟҿыихӡомызт. Аха, Агәҵәы атәылақәа рбаӷәазақәа аанкыланы иҟаз Англо-Америкатәи афлот Аргентинеи Европеи ирыбжьаз аҳәаа ԥхасҭанатәит. Ашьҭаҵарҭақәа рҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵ дуқәа реизгара иалагеит. Атәылаҿы ахәаахәҭра-економикатә ԥсҭазаара бжьысит. Аибашьра ҟалаанӡа аҳҭнықалақь абаӷәазахь есымыш 150 ахәаахәҭратә ӷбақәа неиуазгьы, аибашьратә хҭысқәа раԥхьатәи амзқәа рзы уи аԥхьаӡац лаҟәит мчыбжьык ахь 26 рҟынӡа[5]. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы Буенос-Аирес Вашингтони Лондони рахь ахшыҩзышьҭра аҭара иалагеит[6]. Уи адагьы, 1939—1940 ашықәсқәа рыҩныҵҟа аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит Латинтәи Америка арегион атәылақәа, иара убас Даниеи Иапониеи. Ус анакәха, 1939 Латинтәи Америка атәылақәа рҟны 21% аҳәааҭыгара, 32% аҳәаанырцәынтәи аагара ыҟазгьи, 1945 шықәсазы, ари арбага иаҵанакуеит 49%, 61% иашьашәаланы[7].

Анеитралтә (1940 рҟынӡа) Италиеи Франкоисттәи Испаниеи, иара убас Португалиеи, Аргентинеи Германиеи рхәаахәҭратә еиҭасраҿы ареекспортны иҟалаз, ԥыҭрактәи аекономика аиӷьтәра рылнаршеит. Перл-Харбор ашьҭахь, Иапониеи дареи иаарту рхәаахәҭра Гитлериҿагылаҩцәа ркоалициа атәылақәа рахьынтә аҽыԥныҳәарақәа роуа ианалага, аргентинатәи аалыҵқәа зҭаз аӷбақәа апортугалтәи аколониа Макао ахь аҿынанахеит.
1939 шықәса ԥхынҷкәынмза 13 рзы Ла-Плата аӡыбжьахалаҿы, Аргентина апшаҳәаҿы иҟалеит раԥхьаӡатәи Идуу Адунеизегьтәи аибашьраан еиҳау амшынтә еибашьра — ихьанҭоу анемец креисер «Адмирал граф Шпее» британиатәи аӷбақәеи дареи реибашьра. Абритантә ӷбақәа ааха ахьроуз, иуадаҩыз аибашьра ашьҭахь, аџьыбатә линкор Монтевидеоҟа ицеит, насгьы ԥхынҷкәынмза 17 азы аӷба, Гитлер ихатә дҵала, иԥжәаны иагьӡаақәрылан аҭыԥрбага змаз анеитралтә ӡқәа рҿы34° ҩ. ҭ., 58° мг. н.. Акомандаҟаҵаҩ Ханс Лангсдорф напхгара ззиуаз агәыԥ Буенос-Аирес иҭаркит, уаҟа 20 ԥхынҷкәынмза Лангсдорф ихы деихсит.
1940 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада Ортис ӷәӷәала дычмазаҩхеит, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩс авице-президент Рамон Кастилио де-факто дҟалоит. Перл-Харбор ашьҭахь, Кастилио атәыла амацәазҭакратә ҭагылазаашьа шьақәиргылеит, уи аибашьра нҵәаанӡа иҟан[8]. Британиатәи аԥшыхәратә ҭоурыхҭҵааҩы Е. Х. Кукриџь ишьақәирӷәӷәон, ЕАА Аҳәынҭқарратә департамент адокладқәа Кастилио Гитлер иахь ишьҭыз Аргентина ЕАА-еи Великобританиеи иаҿагыланы аибашьра иалаларц, абџьари аҳаирпланқәеи аарышьҭырц азы аарыцҳарақәа шааныикылаз атәы дышрыԥхьаз[9].
Убри аамҭазы, Франциатәи Гвиана аҭыԥантәи анаԥхгара, аҭыԥантәи ауааԥсыра Шарль де Голль дышрыдгылазгьы, аколлаборационистцәа ррежим иадгылеит. Аха, 1943 шықәса хәажәкырамзазы ари администрациа амхын. Франциатәи Гвиана Ихьыԥшыму Франциа ааҵысра иалалеит[10].
Ажьырныҳәамза 1942 шықәсазы Рио-де-Жанеиро ақалақь аҿы Америкатәи аҳәынҭқаррақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара мҩаԥысит. Уи анацисттә блок иаҵанакуа атәылақәеи дареи реизыҟазаашьақәа рыԥыхразы, насгьы урҭ рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа зегьы раанкыларазы абжьгара аҭан[11]. ЕАА ақәыӷәӷәара шыҟазгьы, Аргентина, Британиа адгылара шамаз, ари абжьгара анагӡара мап ацәнакит[12]. Рашәарамза 1942 азы Ортис ичымазаҩра иахҟьаны имаҵура аанижьуеит, мызкы ашьҭахьгьы иԥсҭазаара далҵуеит.

Аргентинатәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа афронт аҩганк рҟны аибашьра рхы аладырхәит. Гитлер иҿагылаз акоалициа иазықәԥоз рҟынтә зегь реиҳа еицырдыруа иреиуан Морин Данлопи (англ. Maureen Dunlop) Кеннет Чарнии (англ. Kenneth Charney). Морин Кильмес далҵит, аԥырратә-цхыраагӡатә хәҭақәа АТА (анг. Air Transport Auxiliary) рҿы амаҵлуан - аибашьратә ҭыԥқәа рахь аҳаирпланқәа ииалгон. Лара деицырдыруаны дҟалеит ажурнал Picture Post аҿы икьыԥхьыз Fairey Barracuda ҳәа изышьҭоу аҳаирплан аҿаԥхьа иҭыхыз лфотосахьа абзоурала. Аибашьра ашьҭахь Аргентинаҟа дхынҳәит[13][14][15]. Кеннет Чарни, уигьы Кильмес далҵит, Мальта ажәҩан аҿы дахьеибашьуаз азы ахьӡҵас "Мальтатәи Арыцар Еиқәа" иоуит. Иара имоуп 18 аиааира[16].
Аибашьра официалла иалалаанӡагьы, 600 Аргентинатәи ахатәгәаԥхарауаа, еиҳарак Англо-Аргентинатәи хылҵшьҭра змоу, Британиеи Канадеи рҳаиртә мчрақәа BBC ирылалеит[17]. Урҭ рхыԥхьаӡара аҟынтәи Аҳратә ҳауатә мчқәа шьақәдыргылеит 164-тәи аескадрилиа. 1944 шықәсазы ари аҟәша Нормандиа Аидгылаҩцәа ртәарақәа ирылахәын. Анаҩс, 21-тәи арратә гәыԥ Франциеи Бельгиеи рыҩадатәи ахәҭаҿы имҩаԥысуаз аибашьрақәа ирылахәын[18][19].
Бразилиа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәын Гитлер иҿагылаз Акоалициа иадгыланы 1942 шықәса нанҳәамза 22 инаркны аибашьра нҵәаанӡа. Бразилиа - аконтинент аҿы иҟоу атәылақәа зегьы зныкымзар зны аибашьра ишалахәхозгьы, аибашьратә хҭысқәа рҿы зҽалазырхәыз Аладатәи Америка изаҵәу атәыланы иҟалеит.
Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра 1939—1945 шш. Рзы ианалагаз, Бразилиа иҟаз Варгас аҳәынҭқарра иарымарыданы иаанхар залшомызт. Бразилиа аԥшаҳәа азааигәара иҟаз анемецтә ӷбақәа раӷатә маневрқәа рыла агәҭынчымра змаз ажәлар рмассақәа рықәыӷәӷәара ала, апрезидент анеитралитет аполитика нижьырц акәхеит. 1942 шықәса нанҳәамзазы Варгас Агәҵәы амчрақәа дырҿагылана аибашьра рылаиҳәеит. Бразилиа еиқәыршәан 25- зқьҩык рыла ишьақәгылоу аекспедициатә мчқәа рыла, урҭ 5-тәи Америкатәи ар иацны Италиа еибашьуан. Бразилиа заҵәык акәын Латинтәи Америкатәи атәыла Европаҟа аибашьразы аруаа зышьҭыз.
Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь
Вашингтонтәи аконсенсус еиқәиршәан англыз економист Џьон Уильямсон 1989 шықәсазы Латинтәи Америка атәылақәа рзы аекономикатә политика аԥҟарақәа реизга ҳәа. Адокумент хықәкыс иамаз атәылақәа 1960—1970-тәиқәа рыекономикатә ҿиара акомандатә модель аҟынтәи ахыҵреи, насгьы еиҳарак иҿиахьоу атәылақәа ирзеиԥшу аекономикатә политика апринципқәа рыдкылара аарԥшреи акәын иамаз. Зыӡбахә ҳәоу апринципқәа, Уильямсон излаиҳәо ала, ЕАА анаԥхгареи, ихадоу ажәларбжьаратә финанстә еиҿкаарақәеи — АМВФ, Адунеизегьтәи абанк, иара убасгьы Америкатәи ахшыҩзышьҭратә ҭыԥ хадақәа рзеиԥш позициа аанарԥшуан. Урҭ рҟәша хада Вашингтон иҟан, убри аҟынтәи ауп атермин «Вашингтонтәи аконсенсус» ахьынтәиаауа.
«Тетчеризми Реиганизми аамҭа ааит, аекономика аҳәынҭқарратә аҽалагалара анмаҷха, априватизациа аналага», — иҳәеит апрофессор Ху Анганг[20].
Ихадоу ароль уи алахьынҵаҿы инарыгӡеит Мрагыларатәи Европеи, Асовет Еидгыла ашьҭахьтәи аҭыԥи рҿы иҟалаз аилаҩынтратә хҭысқәа, урҭ Уильямсон иҟаиҵаз аҳасабырба акьыԥхьра аамҭа иақәшәеит. Аплантә економика аџьармыкьахьәи ахь аиасра апроцесс аан ицәырҵыз аҳасабтәқәа, ареформаторцәеи, урҭ вашингтонтәи рконсультантцәа рзы ирнарбеит Вашингтонтәи аконсенсус и барц иаҭахыз ишреиԥшыз.
2011 шықәса мшаԥымзазы МВФ анапхгаҩы Доминик Штраус-Кан арзаҳал ҟаҵаны дықәгылеит, “Вашингтонтәи аконсенсус” “ирмариоу аекономикатә хәаԥшышьақәеи аԥҟарақәеи рыла адунеизегьтәи аекономикатә кризис аан еилаҳаит, насгьы ашьҭахьҟа иаанхеит[21][22]” ҳәа.
Азгәаҭақәа
- ↑ "Ученым удалось восстановить ДНК древних индейцев". Иархивтәоу аоригиналзы 2 цәыббрамза 2017 ахь. Ириашоу 4 жьҭаарамза 2014 шықәсазы.
- ↑ Paula B. Paz Sepúlveda et al. Human Y chromosome sequences from Q Haplogroup reveal a South American settlement pre-18,000 years ago and a profound genomic impact during the Younger Dryas Архив ҟаҵан 2022-08-21 азы Wayback Machine аҟны., August 17, 2022
- ↑ Образование в Латинской Америке независимых государств (конец XVIII — первая половина XIX в.) // vsemirnaya-istoriya.ru
- ↑ Ольга Калинина (9 лаҵарамза 2005). "Все участники второй мировой" (аурыс бызшәала). Ъ-Власть. Иархивтәоу аоригиналзы 13 абҵарамза 2018 ахь. Ириашоу 26 цәыббрамза 2014 шықәсазы.
- ↑ Ермолаев В. И. Очерки истории Аргентины. — М.: Соцэкгиз, 1961. — С. 388.
- ↑ Ермолаев В. И. Очерки истории Аргентины. — М.: Соцэкгиз, 1961. — С. 384.
- ↑ Ермолаев В. И. Очерки истории Аргентины. — М.: Соцэкгиз, 1961. — С. 390.
- ↑ Ермолаев В. И. Очерки истории Аргентины. — М.: Соцэкгиз, 1961. — С. 398.
- ↑ Кукридж Е. Х. Тайны английской секретной службы. — М.: Воениздат, 1959. — С. 36.
- ↑ "French Guinea turns from Giraud to be Gaulle" (англыз бызшәала). The Canberra Times. 1943. Иархивтәоу аоригиналзы 26 абҵарамза 2015 ахь.
- ↑ Строганов А. И. Новейшая история стран Латинской Америки. — М.: Высшая школа, 1995. — С. 77.
- ↑ "La Semana Trágica — El Historiador, tomado de Los mitos de la historia argentina III, de Felipe Pigna," (аиспан бызшәала). Editorial Planeta, 2006. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 18 нанҳәамза 2012 ахь. Ириашоу 3 жәабранмза 2011 шықәсазы.
- ↑ "Maureen Dunlop de Popp". Daily Telegraph. 15 рашәарамза 2012. Иархивтәоу аоригиналзы 17 рашәарамза 2012 ахь. Ириашоу 18 рашәарамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Anne Keleny (11 рашәарамза 2012). "Maureen Dunlop: Pilot for the Air Transport Auxiliary who made the cover of Picture Post". The Independent. Иархивтәоу аоригиналзы 17 нанҳәамза 2018 ахь. Ириашоу 18 рашәарамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Lucy Waterlow (18 рашәарамза 2012). "Pioneering female pilot who flew Spitfires during Second World War and became magazine cover girl dies aged 91". Daily Mail. Иархивтәоу аоригиналзы 18 рашәарамза 2012 ахь. Ириашоу 18 рашәарамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Pablo Calcaterra (2010). "ICM 1/48 Spitfire IX" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 11 ԥхынҷкәынмза 2017 ахь. Ириашоу 24 жьҭаарамза 2013 шықәсазы.
- ↑ Александр Соловский (1 цәыббрамза 2009). "Вклад СССР в разгром фашизма был решающим - политолог Росендо Фрага". РИА Новости. Иархивтәоу аоригиналзы 23 жьҭаарамза 2013 ахь. Ириашоу 1 хәажәкырамза 2014 шықәсазы.
- ↑ Jan Josef Safarik. "Air Aces: List of Argentine Participants". Math.fce.vutbr.cz. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 13 цәыббрамза 2012 ахь.
- ↑ «Condecoran a aviadores argentinos que pelearon en la II Guerra para Gran Bretaña», Clarin, 08.04.2005 Архив ҟаҵан 2009-06-14 азы Wayback Machine аҟны. Report about the ceremony at St. Clement Danes church, remembering the Argentines (including approximately 600 pilots) that fought in World War II on the allied side
- ↑ "Встреча". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 23 жьҭаарамза 2013 ахь. Ириашоу 22 нанҳәамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "«Вашингтонский консенсус» не выдержал проверки экономическим кризисом". Иархивтәоу аоригиналзы 17 ԥхынгәымза 2014 ахь. Ириашоу 27 цәыббрамза 2014 шықәсазы.
- ↑ "Стросс-Кан признал деятельность МВФ ошибочной". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 21 мшаԥымза 2011 ахь. Ириашоу 27 цәыббрамза 2014 шықәсазы.
Алитература
- Ермолаев В. И. Очерки истории Аргентины. — М.: Соцэкгиз, 1961. — 588 с.
- Кукридж Е. Х. Тайны английской секретной службы. — М.: Воениздат, 1959. — 308 с.
- Строганов А. И. Новейшая история стран Латинской Америки. — М.: Высшая школа, 1995. — С. 415. — ISBN 5-06-002830-5.
- Felipe Pigna. Los Mitos de la Historia Argentina, 3. — Planeta, 2006. — ISBN 978-9504915447.