Перейти к содержанию

Акьыԥхьра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Акьыԥхьра — ари акьыԥхьгатә форма аҟынтәи ақьаад ахь мамзаргьы даҽа ҭыԥк ахь аиагарала еиԥшу ахырҟьацаақәа раиура апроцесс ауп[1][2]. Акьыԥхьра иадҳәалоу зааӡатәи иқьаадтәым амаҭәарқәа рахь иаҵанакуеит ацилиндртә мҳәырқәа, насгьы Кир ицилиндр, Набонид ицилиндр реиԥш иҟоу амаҭәарқәа. Раԥхьаӡатәи идыру ақьаадтә кьыԥхьра аксилографиа акәын, уи Китаи 220 шықәсанӡа ашәҵатәы аҿы акьыԥхьразы ицәырҵит. Аха уи абыжьбатәи ашәышықәсанӡа ақьаад аҿы ахархәара амамызт[3]. Анаҩс акьыԥхьратә технологиаҿы иҟалаз аҿиарақәа рахь иаҵанакуеит Би Шен 1040 шықәсазшәа иаԥиҵаз еиҭаҵуа ашрифт[4], насгьы XV-тәи ашәышықәсазы Иоганн Гутенберг иаԥиҵаз акьыԥхьга машьына. Акьыԥхьратә технологиа Аиҭаиреи аҭҵаарадырратә револиуциеи рыҿиараҿы ихадоу ароль нанагӡеит, насгьы адыррақәеи, адыррақәа ауаа рацәа рыларҵәареи шьаҭас измоу ҳаамҭазтәи економика шьаҭас иазыҟалеит[5].

Ихадароу астатиа: Акьыԥхьра аҭоурых
Ихадароу астатиа: Абаҿы акьыԥхьра

Атекст, адизаинқәа, асахьақәа рҭыжьразы цыралатәи акьыԥхьратә техника Мрагыларатәи Азиа зегьы аҿы инарҭбааны ахархәара аиуит. Уи ажәытәтәи Китаи атекстильқәа рҿы, анаҩс ақьаад аҿы акьыԥхьразы аметод аҳасабала ицәырҵит. Аба ианырҵаз раԥхьаӡатәи аҿырԥштәқәа Китаитәиуп, урҭ 220 шықәсанӡа ицәырҵит. Аамҭала еиҳа иаҳзааигәоу мраҭашәаратәи аҿырԥштәқәа IV-тәи ашәышықәсахь иаҵанакуеит, урҭ Римтәи анапхгара аҵаҟа иҟаз Ажәытәтәи Мысра иатәуп.

Еиқәхаз зааӡатәи акьыԥхьрақәа Хан адинастиа ахаантәи Китаи иаҵанакуеит (220 шықәсанӡа), хы-ԥштәык змоу ашәҭқәа рсахьа аба анҵаразы рхы иадырхәон, раԥхьаӡатәи ақьаад аҿы акьыԥхьрақәа рҿырԥштәгьы иара убас Китаитәуп, VII-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭа иаҵанакуеит.

IX-тәи ашәышықәсазы ақьаад аҿы акьыԥхьра профессионалтә ҟазшьала рхы иадырхәон, абри аамҭа ацыԥҵәахазы ауп ианҭыжьыз иахьанӡа еиқәхаз икьыԥхьу ашәҟәы наӡа — Алмастә сутра (уажәы Британиатәи ашәҟәыҵәахырҭаҿы иҟоу)[6]. X-тәи ашәышықәсазы асутрақәеи асахьақәеи рыхҩылаақәа 400 нызқь цыра кьыԥхьын, иҭыҵуан аконфуцианратә классика. Аԥышәа змоу акьыԥхьҩы есыҽны ҩбаны иҟаз адаҟьақәа рыла 2 000 бӷьыц акьыԥхьра илшон[7].

Китаинтәи ашәҟәкьыԥхьра Кореиеи Иапониеи ирылаҵәеит, Китаитәи алогограммақәа зхы иазырхәоз; Китаитәи акьыԥхьратә техника аус аларуан Турфани Виетнами, егьырҭ ашрифтқәа рхы иархәаны. Аха даҽа ҿыцԥҵарак — ақьаад еиԥшымкәа, ашәҟәкьыԥхьратә техника аԥсылмантә дунеи ахаангьы иаднамкылеит[8].

Раԥхьатәи кореиатәи акьыԥхьратә шәҟәы ҳәа иԥхьаӡоуп абуддисттә қьаадырша-амулет «Ишәытам ицқьоу алашара аныҳәара ду асутра» (ko-hhrm. 무구정광대다라니경), уи амҿтәы кьыԥхьра ахархәарала Кореиа 704—751 шықәсқәа рыбжьара иаԥҵан, 1966 шықәсазы Кионџьу иҟоу Булгукса аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылараан егьырҭ ареликвиақәа ирыцны ирыԥшааз[9].

IV-тәи ашәышықәсазы римтәи Мысра абаҿы цыралатәи акьыԥхьра цәырҵит. Араб бызшәала «тарш» ҳәа изышьҭоу амҿтәы кьыԥхьра IX—X-тәи ашәышықәсақәа рзы арабтә Мысра аҿиара аман, еиҳарак аныҳәарақәеи иҩу амулетқәеи рзы ахархәара аҭо. Иҟоуп амзызқәа, урҭ акьыԥхьрақәа (агравиурақәа) имҿтәым амаҭәахәқәа рыла иҟаҵан ҳәа агәаанагара ашьақәгыларазы, иҟалап аолово, атса, мамзаргьы анышәаԥшь ирылхызҭгьы. Ахархәара зҭаз аметодқәа аԥсылман дунеи анҭыҵ анырра маҷны ирымазшәа ауп ишыҟоу. Европа аханатә абаҿы акьыԥхьразы аԥсылман дунеи аҟынтәи амҿтәы кьыԥхьра шаднакылазгьы, аихатә ксилографиа атехника Европа еилкаамкәа иаанхеит. Анаҩс аксилографиа аисламтә Абжьаратәи Азиа ахархәара иаҟәыҵит, Китаи аиҭаҵратә кьыԥхь анаҿырҵаа ашьҭахь.[10]

Абаҿы акьыԥхьра атехника раԥхьаӡакәны ақьырсиантә Европа 1300 шықәсазшәа ицәырҵит. Адинтә хықәкқәа рзы амаҭәаҿы иркьыԥхьуаз асахьақәа даара идузар, иуадаҩзар рылшон, насгьы 1400 шықәсазшәа ақьаад аиуреи ахархәареи еиҳа ианымариаха, иаразнакала адинхаҵаратә темақәа ирызкыз агравиура хәыҷқәеи ақьаад аҟны икьыԥхьыз ахәмарратә мацақәеи аларҵәара роуит. Икьыԥхьу ақьаадтә аалыҵқәа мҽхакы рацәала рҭыжьра иалагеит 1425 шықәса инаркншәа.[11]

Ихадароу астатиа: Ашәҟәкьыԥхьра

Ашәҟәкьыԥхьра аԥҵара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ашәҟәкьыԥхьра ҩынтә иаԥҵан: Китаии абжьарашәышықәсатәи Европеи. Китаи ашәҟәкьыԥхьра аԥҵан, хыҵхырҭак (Жулиен, «Documents sur l’art d’imprimerie») ала 581 шықәсазы, Китаитәи ахыҵхырҭақәа рыла — 936-993 шықәсқәа рыбжьара (инҭырҳәцааны шәахә. аԥҵамҭа дуӡӡақәа ԥшьба). Раԥхьатәи ииашаны арыцхә змоу икьыԥхьу атекст 868 шықәсазы икьыԥхьыз абуддисттә Алмастә сутра аксилографиатә хҩылаа ауп. Иара убас иҟоуп адыррақәа абуддисттә мантрақәа акьыԥхьтә хҩылаа иазкны, Иапониа 764-770 шықәсқәа рыбжьара апринц Сиотоку иԥшәмаԥҳәыс лҭахрала иҟаҵаз[12].

Анаҩс амҿтәы ӷәқәа рҿы ҳәызбала атекст аҭаԥҟара иалагеит; ари аксилографиа ҳәа изышьҭоу ауп. Ҳа ҳҟынӡа иааз, арыцхә змоу, зегь раасҭа ижәытәӡоу ари аҟазаратә усумҭа, 1423 шықәсазы икьыԥхьуп (шәахә. «Аӷарцәа Рыԥшьаҩыра»). Акьыԥхьра шымҩаԥысуаз апресс ала акәзу, мамзаргьы напыла акәзу — еилкааӡам; ишыҟазаалакгьы, иаанхаз ашәҟәқәа анопистографиала икьыԥхьын (даҽакала иуҳәозар, абӷьыц азганкахьала мацара). Абас ала икьыԥхьу ашәҟәқәа рҟынтә еиҳа еицырдыруа «Донатқәа» ҳәа изышьҭоу ашәҟәқәа роуп (римтәи аграмматик Елиа Донат иусумҭа). Ишьақәырӷәӷәам «Донатқәа» Гутенберг иаԥҵамҭа аасҭа акырӡа заа ишкьыԥхьыз; даҽа ганкахьалагьы, идыруп акьыԥхьратә ӷәқәа Гутенберг ишьҭахьгьы акыраамҭа рхы ишадырхәоз; аксилографиа ыҟан 1475, 1482, уимоу 1504 шықәсазы.

Аксилографиа атехнологиа аҿиара иалҵшәахеит аметаллографиа, уи акьыԥхь аҟны ахархәара аиоуит зынбанқәа алԥшуаз атсатә бӷьыцқәа. Ари апроцесс еиҭаҵуа алитерақәа рхархәарала акьыԥхьрахь аиасра акәын: акьыԥхьратә матрицақәа ҟаҵан хаз-хазы анбанқәа анышәаԥшь иақәыӷәӷәаны, нас уахь акьыԥхьратә бӷьыц ҭарҭәон. Аха ари апроцесс инаӡамкәа иаанхеит, акьыԥхьратә ҭыԥ зегьы аҿы еиҟароу ақәыӷәӷәара аиура ахьуадаҩыз иахҟьаны, насгьы ақәыӷәӷәара иахҟьаны амҳәырқәа ирласны иахьыԥхасҭахоз азы[12].

Еиҭаҵуа алитерақәа (анбанқәа)

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Алитерақәа змоу анбанҟәшәаратә касса

Ашәҟәқәа ркьыԥхьра аҭоурых ҳаамҭазтәи аҵакы ала иалагоит аихатәы, еиҭаҵуа, иалҳәҳәоу анбанқәа рҭыжьра ианалага инаркны. Урҭ рҟынтәи ацәаҳәақәа еизыргон, насгьы аилацалара рхы иархәаны ақьаад аҿы ианырҵон.

1041-1049 шықәсқәа рыбжьара, акитаиуаҩ Би Шен иӡыз анышәаԥшь ала анбанҟәшәаратә шрифт аҟаҵара игәы иҭеикит, аха уи аметод аксилографиа аасҭа еиҳа имаҷны ирылаҵәеит, избан акәзар китаитәи аҩыраҿы зқьыла аиероглифқәа ыҟоуп, убри аҟнытә анбанҟәшәаратә шрифт аҟаҵара даара аџьабаа рацәаны иаҭахын. Би Шен иаԥҵамҭагьы, раԥхьаӡа амҿтәы ҩыра ҟазҵаз, насгьы уи аусура арманшәаларазы акьыԥхьратә столқәа рыпрототип зыӡбаз Ван Чжен итехнологиагьы Китаи изымӷьацеит. XV-тәи ашәышықәса алагамҭазы, аван Тхеџон ихаан, Чосон (Кореа) аҿы аџьаз нбанқәа рхархәарала анбанҟәшәаратә кьыԥхьра аҳәынҭқарра адгылара анаҭон. Китаиаа амҿтәы нбанҟәшәара ахархәара атехнологиа ауигурцәагьы ирҿырҵааит, уи абзоурала Китаитәи аԥҵамҭақәеи аҿыцаԥшьгарақәеи мраҭашәараҟа ирылаҵәон: ауигуртә мҿтәы нбанҟәшәара XIV-тәи ашәышықәса алагамҭала ирыцхәыркуп[12].

Европаҿы анбанҟәшәаратә шрифт цәырҵит XV-тәи ашәышықәса аҩбатәи ахԥахәҭаҿы, насгьы аҭҵааҩцәа шамахамзар зегьы уи анемец Иоганн Гутенберг итәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Страсбургтәи Иоханн Ментелини, 1458 шықәсазы акьыԥхьырҭа змаз, Бамберг инхоз Пфистери, уаанӡа раԥхьаӡатәи акьыԥхьҩцәа ҳәа иԥхьаӡаз, Гутенберг иҵаҩцәа шракәыз азхаҵатәуп. Мраҭашәаратәи Европа жәларқәа зегьы шамахамзар акьыԥхьра аԥҵаратә хьӡы алемсаа ирымаркуан. Аголландцәа зегь раасҭа уи иаҿаапкуан, Лоренс Иансзон Костер ашәҟәҭыжьра аԥиҵеит ҳәа агәраганы иҟан. Италиаа ракәзар, Фельтр инхоз Памфилио Кастальди еиҭаҵуа анбанқәа раԥҵаҩыс дрыԥхьаӡон: ишеиҭарҳәо ала, иара иаԥҵамҭа ҵакы аманы иԥхьаӡомызт, Иоганн Фуст ииҭеит, уи иҩызцәеи иареи уи рхы иархәаны Маинц ақалақь аҿы акьыԥхьырҭа аадыртит. Аха ари ажәабжь аиашара шьақәзырӷәӷәо цәаҳәакгьы Кастальди икьыԥхьны ҳара ҳҟынӡа изымааӡеит. Гутенберг идгыло ҳаамҭазтәи ашьақәырӷәӷәарақәа рҟны иҟоуп Фуст имаҳә, иус анагӡаҩ Петер Шеффер иажәақәа: 1468 шықәсазы «Иустиниан иинституциақәа» рҭыжьымҭаҿы, иара Гутенберги Фусти раԥхьатәи акьыԥхьҩцәа шракәыз ааирԥшуеит. Иҟалап иара Гуттенберг ихала иитәыз аԥҵамҭа ҿыц Фустгьы даирбазар, иахьеиуацәаз аҟнытә. 1472 шықәсазы Парижтәи ауниверситет аректор Вильгельм Фише Роберт Гаген иахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы иҳәоит: «Иҟоуп адыррақәа Маинц ақалақь азааигәара раԥхьаӡа ашәҟәкьыԥхьратә ҟазара аԥызҵаз Иоанн Бонемонтан (Гутенберг) дыҟан ҳәа». 1483 шықәсазы Венециа икьыԥхьыз Евсеви «ихроника» иацҵаны Матвеи Пальмери иҳәоит «ашәҟәқәа ркьыԥхьра аҟазара 1440 шықәсазы Маинц ақалақь аҿы Гутенберг ишаԥиҵаз» атәы. Аҵыхәтәаны, Петер Шеффер иԥа Иоанн Шеффер, 1505 шықәсазы Тит Ливи иеиҭагара иазку иазгәаҭаҿы, Гутенберг раԥхьаӡатәи акьыԥхьҩы ҳәа диԥхьаӡоит, аха егьырҭ аҭыԥқәа рҿы уи аԥҵара Фуст идиҩылоит.

Аԥҵамҭа ахылҟьа-ҿылҟьа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Европа ашәҟәқәа рҭыжьра еиҭаҵуа шрифтла акьыԥхьра аныҟала ашьҭахь, 1450 инаркны 1800-нӡа[13]

Ирыԥхьаӡахьеит, Гутенберг акьыԥхьга машьына анаԥиҵа ашьҭахь ԥшьышә шықәса еиҵаны рыла Европа ашәҟәқәа рҭыжьра миллионқәак рҟынтәи миллиардк аҟынӡа ишеизҳаз.[13]

Британиаҟа дахганы даныҟаз асоциалтәи акультуратәи реформақәа ирызҿлымҳаз пруссиатәи аҵарауаҩ Самиуел Хартлиб 1641 шықәсазы иҩуан: «Ашәҟәкьыԥхьратә ҟазара убриаҟара адыррақәа рыланарҵәоит, ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еилкааны, рганахьала ақәыӷәӷәара рхы иадырхәар рымуа аҟынӡа».[14]

Акьыԥхьратә технологиақәа анаҩстәи рыҿиара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гутенберг ихаан аахыс XIX-тәи ашәышықәсанӡа Европа акьыԥхьратә технологиаҿы аԥсахрақәа маҷын, ԥсахрас иҟаӡаз еиҳарак амашьына амҿтәы хәҭақәа хәыҷы-хәыҷла аихатә хәҭақәа рыла рыԥсахра акәын. Аха XVIII-тәи ашәышықәса актәи азбжазы афранцыз типограф Пьер Симон Фурние атипометриа — ашрифтқәа рсистематизациа амҩа — анаԥиҵа, акьыԥхьра астандартизациа ашҟа хадара злоу ашьаҿа ҟаҵан, анаҩс уи Франсуа Дидо еиӷьитәит. Анаҩс, уи астереотиптә кьыԥхьратә процесс арҿиаразы шьаҭас иазыҟалеит, уи аҟны формак аҟынтәи еиԥшу ашәагаа змоу абӷьыцқәа иалкаау рхыԥхьаӡара роуеит[15].

XIX-тәи ашәышықәса алагамҭазы анемец кьыԥхьҩы Фридрих Киониг атипографиатә процесс еиӷьитәит, ақьаад акьыԥхьратә форма иақәзырӷәӷәоз аихатә цилиндр ихы иархәаны. Агазеҭ «Times» раԥхьаӡакәны абри аметод ахархәарала икьыԥхьын 1814 шықәса, абҵарамза 29 рзы. Урыстәылатәи ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, раԥхьаӡатәи автоматикатә нбанҟәшәаратә машьына 1867 шықәсазы аурыс ԥҵаҩы Пиотр Книагинински иҟеиҵеит. Анаҩс, 1880-тәи ашықәсқәа рзы, иаԥҵан ацәаҳәаҭырҭәааратә нбанҟәшәаратә машьына (алинотип), 1890-тәи ашықәсқәа рзы — анбанҭырҭәааратә (амонотип). XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы акьыԥхьратә процесс аҿы аротациатә принципи аофсеттә кьыԥхьреи алагалахеит; 1894 шықәсазы авенгер нџьныр Ено Порцельт афотонбанҟәшәара аконцепциа иӡбеит, XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы аҭыжьра аус иалагалахаз[15].

Ҳаамҭазтәи акьыԥхьратә технологиақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аполиграфиа

Иахьатәи акьыԥхьратә технологиақәа ашәҟәы-журналтә, аусуратә, агазеҭтә, ақәырҷабтә, аилаҳәаратә аалыҵқәа ртираж дуқәа мҽхакы ҭбаала рҭыжьра ирзырхоуп. Атексти асахьақәеи рҭыжьразы хы-мҩак ыҟоуп: иҳараку, иҵаулоу, иҟьаҟьоу.

Иҳараку акьыԥхьра (иара убасгьы атипографиатә кьыԥхьра) — иҟьаҟьоу, иҵаулоу акьыԥхьра еиԥшым, избан акәзар аформаҿы иҟоу акьыԥхьратә элементқәа абжьажьратә елементқәа рхыхь иҟоуп, акьыԥхьраан абжьажьратә елементқәа ақьаад иахьымкьысырц азы. Иҳараку акьыԥхь акьыԥхьратә формаҿы акьыԥхьратә аелементқәа абжьажьратә елементқәа раасҭа иҳаракуп. Ашәыга иалыҳәҳәо акьыԥхьтә аелементқәа рыхҟьа иахьнашьуеит. Ақьаад ианақәшәо, ашәыга зегьы ииасырц азы ақәыӷәӷәара аҭахуп. Акьыԥхьга машьынақәа рыӡбаанӡа уи азы рхы иадырхәон апресс. Хаз-хазы аштрихқәеи ацәаҳәақәеи рыла ишьақәгылоу атексти аштрихтә сахьақәеи рҭыжьразы, акьыԥхьратә форма аӷәы аҿгьы аҟаҵара уадаҩӡам, избанзар акьыԥхьратә елементқәа зегьы ҩаӡарак аҟны иҟоуп. Имариоуп урҭ ашәыга рыхьшьра атампон мамзаргьы агәаргәалеи ала, ақьаад ақәҵаны ашәыга аиагара азы ақәыӷәӷәара[16][17].

Иҵаулоу акьыԥхьра, (аинтальо) — акьыԥхьратә форма ахархәарала акьыԥхьратә методуп, уаҟа акьыԥхьратә элементқәа абжьажьратә елементқәа ирҿырԥшны иҵаарҟәрылоуп. Иҵаулоу акьыԥхьра аелементқәа XV-тәи ашәышықәса инаркны рхы иадырхәон, англыз раԥхьакьыԥхьҩы Уилиам Кекстон ишәҟәы «Троиа аҭоурых» ацәаҿы иҵаулоу агравиура ихы ианаирхәаз[15]. Ҳаамҭазтәи иҵаулоу акьыԥхьратә технологиа XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Карел Клич ила иалагеит[18]. Иҵаулоу акьыԥхьра иҟьаҟьоу, иҳараку акьыԥхьра излеиԥшымгьы уи ауп, избан акәзар кьыԥхьрак аҿы ашәыга ажәпара жәабала инаркны шәкыла амикрометрқәа рҟынӡа аҽаԥсахлар алшоит, егьырҭ акьыԥхьратә технологиақәа рзы уи арбага ҭышәынтәалоуп, 1 микрометр раҟара инеиуеит. Иҵаулоу акьыԥхьра ари аҟазшьа ақьаад аҿықәан иҭыҵуа асахьатә элементқәа арелиеф рынаҭоит; аалыҵқәа рылакьысраан арелиеф уныруеит[19].

Асахьа арелиеф аиқәыршәара алшара абзоурала, ари атехнологиа инарҭбааны ахархәара аиуеит ахаҭарашәҟәқәеи, абанкнотақәеи, егьырҭ хәызмоу ақьаадқәеи рҭыжьразы[20][21]. Акьыԥхьра аԥхьатәи аҽазыҟаҵареи аформақәа рҭыжьреи ахарџь ду ахьацу инамаданы, иҵаулоу акьыԥхьра феида алоуп атираж рацәа змоу, атиражрацәа зхызгар зылшо аалыҵқәа рзы. Уи аганахьала, ари атехнологиа аилаҳәарақәа раарыхратә џьармыкьаҿы аԥхьагылара ааннакылоит.

Иҟьаҟьоу акьыԥхьра — акьыԥхьратә элементқәеи абжьажьратә елементқәеи џьарак иахьыҟоу, урҭ физика-химиатә ҟазшьала мацара аиԥшымзаара ахьрымоу кьыԥхьратә методуп[22]. Иҟьаҟьоу акьыԥхьра аформақәа шьаҭас ирымоуп еиҳарак аихатә бӷьыцқәа (апластинақәа) — амонометаллтә формақәа рҿы хҟьак змоу, абиметаллтә формақәа рҿы ахҟьарацәа змоу. Аформа аҟаҵаразы, апластина алашара зныруа хҟьала ихырҩоит, анаҩс ашаблон еиԥш рхы иадырхәо афотоформа ала идырлашоит. Акьыԥхьратә усхк аҿы аофсеттә кьыԥхьгатә машьынақәа реиҳарак ари апринцип шьаҭас иҟаҵаны аус руеит; ди-лито аметод (абжьаратәи аиԥшьга ада еиҟараны акьыԥхьра) лассы-лассы ахархәара амаӡам. Асахьаркыратә ҟазараҿы ари ахшыҩҵак алитографиаҿы инагӡоуп.

2005 шықәсазы есышықәса адунеи зегь аҿы иркьыԥхьуаз 45 триллион даҟьа рҟынтәи ацифратә кьыԥхь ахәҭаа 9% раҟара ыҟан[23].

Аҩны, аусураҭаҿы, мамзаргьы анџьныртә ҭагылазаашьаҿы акьыԥхь еиҟәшоуп:

  • Идуум аформат (аҳасабырбатә шәҟәы еиҳам ақьаад бӷьыцқәа), аофисқәеи ашәҟәыҵәахырҭақәеи рҟны рхы иадырхәо.
  • Иҭбаау аформат (914 мм рҟынӡа аҭбаара змоу ақьаад ыршарақәа), асахьаҭыхреи адизаини русбарҭақәа рҿы ахархәара змоу.

Еиҳа ирылаҵәоу акьыԥхьратә технологиақәа иреиуоуп:

  • ахҩылааи уи иадҳәалоу ахимиатә технологиақәеи;
  • ашәҭыцтә кьыԥхьгатә мыруга — заа ишьақәыргылоу асимволқәа хаз-хазы ахархәара ахьроуа;
  • акәаԥтә матрица — акьыԥхьратә гәырԥынҵақәа рыҟәшәара абзоурала акәаԥқәа рсахьеизгақәа аԥызҵо;
  • цәаҳәа-цәаҳәалатәи акьыԥхьра — ишьақәгылоу асимволқәа цәаҳәа-цәаҳәала ақьаад аҿы иркьыԥхьуеит;
  • Аԥхарратә кьыԥхьра — раԥхьатәи афакстә машьынақәа мамзаргьы иахьатәи аквитанциатә принтерқәа, урҭ иҷыдоу ақьаад дырԥхоит, уи еиқәаҵәахоит, акьыԥхьтә сахьа аҟаҵаразы;
  • Ацәқәырԥатә кьыԥхьра — аԥышҭарчтә кьыԥхьрагьы уахь иналаҵаны, иаҭаху асахьа аԥҵаразы аҷышәга ақьаад ианақәрыԥсаҟьо;
  • аелектрофотографиа — афымцеи алашареи рыбзоурала асахьа аиура апроцесс;
  • Алазертә кьыԥхьра — ксерографиа хкыуп, лазерла еиқәыршәоу асахьа пиксель-пиксельла иҭарыҩуеит;
  • аҷышәгакьакьатә принтер — аҷышәга алабыҵә кьакьақәа ахьдырҭәо, аҷышәга ҵаӷа мамзаргьы атонер аиуразы.

Апрофессионалтә цифратә кьыԥхьра (атонер ахархәарала) еиҳарак афымцамч еиҵаҵа рхы иадырхәоит атонер ма аҷышәга ҵаӷа ақьыԥхьра ахьымҩаԥысуа аҵаҵахьы аиагаразы. Ацифратә кьыԥхьра ахаҭабзиара еиҳа-еиҳа еиӷьхоит, зааӡатәи ԥштәызмоу, аиқәаҵәа-шкәакәатә хҩылаагатә аппаратқәа рҟынтәи иҿыцу иҩадаҩу аԥштәы змоу ацифратә кьыԥхьгатә машьынақәа рҟынӡа. Ацифратә офсеттә кьыԥхьратә машьынақәа ишиашоу асахьақәа ркьыԥхьратә машьынақәа ҳәагьы ирышьҭоуп, урҭ акьыԥхьратә машьынақәа акомпиутертә фаилқәа рыдыркылоит, насгьы автоматла акьыԥхьразы ихиоу апластинақәа рылырхуеит, аха урҭ еиҭасуа адыррақәа ралагалара рылшом. Зыхә мариаз афотокопиаҟаҵара ҟалаанӡа, еиҳарак рхы иадырхәон акопиаҟаҵагақәа, агектографқәа, амимеографқәа реиԥш иҟоу амашьынақәа.

Ацифратә кьыԥхьра атехнологиақәа рыҿиарала атипографиатә усура аконцепциа ахаҭагьы рыԥсахит: еиԥшу акопиақәа ртираж аҭыжьра аҭыԥан, тиражк аҳәаақәа ирҭагӡаны аалыҵ ахкқәа рацәаны рҭыжьразы алшара ҵәырҵит, иара убас аҭахра инақәыршәаны атираж маҷ змоу аалыҵ аҭыжьра[15].

  1. Печатание // Издательский словарь-справочник / А. Э. Мильчин. — 3-е изд., испр. и доп. — М.: Олма-пресс, 2006.
  2. Печатание // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978.
  3. Shelagh Vainker in Anne Farrer (ed), «Caves of the Thousand Buddhas», 1990, British Museum publications, ISBN 0-7141-1447-2
  4. "Great Chinese Inventions". Minnesota-china.com. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2010-12-03 ахь. Ириашоу 2010-07-29 шықәсазы.
  5. Rees, Fran. Johannes Gutenberg: Inventor of the Printing Press Архив ҟаҵан 2023-02-09 азы Wayback Machine аҟны.
  6. "Oneline Gallery: Sacred Texts". British Library. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2012-06-25 ахь.
  7. Tsien Tsuen-Hsuin; Joseph Needham. Paper and Printing. — Cambridge University Press, 1985. — Т. 5 part 1. — С. 158,201. — (Science and Civilisation in China).
  8. Carter, Thomas. The Invention of Printing in China. — 1925. — С. 102—111.
  9. "무구정광대다라니경 [Сутра великого заклинания незапятнанного чистого света]". Энциклопедия корейской культуры (акореи бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2024-07-08 ахь. Ириашоу 2024-07-09 шықәсазы.
  10. Richard W. Bulliet (1987), «Medieval Arabic Tarsh: A Forgotten Chapter in the History of Printing Архив ҟаҵан 2017-09-21 азы Wayback Machine аҟны.». Journal of the American Oriental Society 107 (3), p. 427—438.
  11. History of Woodcut, Arthur M. Hind, p , Houghton Mifflin Co. 1935 (in USA), reprinted Dover Publications, 1963 ISBN 0-486-20952-0
  12. 12,0 12,1 12,2 "Printing" (англыз бызшәала). Encyclopædia Britannica. Ириашоу 2023-08-19 шықәсазы.
  13. 13,0 13,1 Buringh, Eltjo; van Zanden, Jan Luiten: «Charting the 'Rise of the West': Manuscripts and Printed Books in Europe, A Long-Term Perspective from the Sixth through Eighteenth Centuries», The Journal of Economic History, Vol. 69, No. 2 (2009), pp. 409-45 (417, table 2)
  14. Ref: Briggs, Asa and Burke, Peter (2002) A Social History of the Media: from Gutenberg to the Internet, Polity, Cambridge, pp. 15-23, 61-73.
  15. 15,0 15,1 15,2 15,3 Книгопечатание : [арх. 6 жьҭаарамза 2022] / Стефанов С. И. // Киреев — Конго. — М. : Большая российская энциклопедия, 2009. — С. 336. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 14). — ISBN 978-5-85270-345-3.
  16. Высокая печать / Л. А. Козаровицкий // Вешин — Газли. — М. : Советская энциклопедия, 1971. — (Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров ; 1969—1978, т. 5).
  17. Печать высокая Архив ҟаҵан 2015-10-02 азы Wayback Machine аҟны. // Большой филателистический словарь / Н. И. Владинец, Л. И. Ильичёв и др.; под общ. ред. Н. И. Владинца и В. А. Якобса. — М.: Радио и связь, 1988. — С. 224. — 320 с. — 40 000 экз. — ISBN 5-256-00175-2.
  18. Глубокая печать // Краткий справочник книголюба. — М.: Книга, 1970. — С. 275—276. — 352 с. — 50 000 экз.
  19. Ирина Светикова. Печатать ценные бумаги сможет не только Банкнотно-монетный двор Архив ҟаҵан 2015-09-24 азы Wayback Machine аҟны. // Киевский ТелеграфЪ 21—27 октября 2005 № 42[анеишьа амам азхьарԥш]
  20. История пермской фабрики Гознак Архив ҟаҵан 2013-10-31 азы Wayback Machine аҟны.
  21. "Сергей Романов. Фальшивомонетчики. КОНТРОЛЬ И ЗАЩИТА". Иархивтәоу аоригиналзы 2017-10-10 ахь. Ириашоу 2016-12-26 шықәсазы.
  22. Плоская печать // Издательский словарь-справочник / А. Э. Мильчин. — 3-е изд., испр. и доп. — М.: Олма-пресс, 2006.
  23. «When 2 % Leads to a Major Industry Shift Архив ҟаҵан 2008-02-16 азы Wayback Machine аҟны.» Patrick Scaglia, August 30, 2007.