Актәи адунеизегьтәи аибашьра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш. – ҩ-коалициак рҳәынҭқаррақәа рыбжьара аибашьра (Антантеи Агәҭантәи аҳәынҭқаррақәа рблоки рганқәа), адунеии аколониақәеи реиҟәшаразы, уа анырра ӷәӷәа аиуразы. Ари раԥхьатәи арратә конфликтуп, ас еиԥш адунеитә мҽхакы змаз иаланагалеит усҟантәи аамҭазы ихьыԥшымыз 59 ҳәынҭқарра рҟынтәи 38 тәыла (ари ишьақәнаргылон 2/3 ахәҭа адунеи ауааԥсыра зегьы аҟынтә).[1]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра: изыхҟьаз[аредакциазура | акод аредакциазура]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеит ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы, иагьхыркәшан абҵарамза 11, 1918 шықәсазы. Ари зегь реиҳа амҽхак змаз актәи арратә конфликтуп, иара Антанта аҳәынҭқаррақәеи (Урыстәыла, Британиа Ду, Франциа) насгьы, Агәҭатәи аҳәынҭқаррақәа рблок (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа) рыбжьара аҭыԥ аман.[2]

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алахәцәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәын агәҭантәи аҳәынҭқарра дуқәа: Германиа, Австро-Венгриа, Османтәи аимпериа, Болгариа.

Аидгылаҩцәа (Антанта): Франциа, Британиа Ду, Урыстәыла, Иапониа, Сербиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Италиа (аҵыхәтәантәи аибашьра иалахәын Антанта аганахь ала 1915 шықәса инаркны).

Антанта аҩызцәа (Антанта ацхыраара арҭеит аибашьра аан): Черногорие, Бельгиа, Бырзентәыла (Грециа), Бразилиа, Китаи, Афганистан, Куба, Никарагуа, Сиам, Гаити, Либериа, Панама, Гондурас, Коста-Рика.[3]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра зыхҟьаз иалацәажәоит уи анналага, нанҳәамза 1914 шықәса раахыс, адунеитә ҭоурыхҭҵааҩцәа зегьы.

Аибашьра алагара зыхҟьаз зехьынџьара амилаҭтә гәалаҟазаарақәа рцәырҵра ауп. Аха аибашьра алагара мзызс иаиуит Сараеватәи аибашьра, уи аҭыԥ аман рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, усҟан дшьын австриатәи агерцог Франц Фердинанд, уи дишьит сербиатәи астудент Гаврил Принцип, иара маӡалатәи аиҿкаара «Иқәыԥшу Босниа» далахәылан, ари аҿкаара ладатәи аславиантә жәларқәа ҳәынҭқарракны реизакра иазықәԥон.[4]

Ԥхынгәымза 23, 1914 шықәсазы Австро-Венгриа Германиа адгылара ала, Сербиа аультиматум азықәнаргылеит, уа дҵаны иқәгылан Сербиа аҵакырадгьыл ашҟа арратә еиҿкаарақәа рынамышьҭра, насгьы сербиатәи амчрақәеи дареи рымчала аҿагыларатә акциақәа раанкылара. Сербиа ари аультиматум аҭак иҟанаҵаз Австро-Венгриа иагәамԥхеит, убри аҟынтә ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы Сербиа ишабашьуа рыланаҳәеит.[5]

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алагара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, зеижә шықәса зхыҵуаз астудент, босниатәи асерб Гаврило Принцип, ааигәа аннексиа зызуз Босниеи Герцеговинеи рҵакырадгьылқәа збарц иааз австро-венгриатәи аҳ ишьҭрамдаҩы Франц Ферденанд дишьуеит.

Ԥхынгәымза 23 рзы, Австро-Венгриа Сербиа аультиматум азықәнаргылоит, уи аерцгерцог ишьра харас иадҵо. Аультиматум ахәаԥшразы Сербиаа ирыҭан 48 сааҭ.

Ишьақәгылан аультиматум 10 пунктк рыла, урҭ даара асуверентә ҳәынҭқарра аҳаҭыр ладырҟәуан. Аха, ус шакәызгьы, Сербиа арҭ апунктқәа 10 рахьтә 9 рынагӡара иақәшаҳаҭхеит, аха акы мап ацәыркит, уи иаҳәон: «Сараевотәи ауаҩшьра иалахәыз ирзырхаз аусҭҵаара амҩаԥгара австриатәи аиҳабыра ралахәхара».

Антанта атәылақәа, иара убасгьы Урыстәыла аконфликт ҭынч мҩала аиқәыртәара иашьҭан, уи азын иӡбан ари аҭыӡшәа Гаагатәи аконференциа ашҟа алацәажәаразы инашьҭызарц.

Ԥхынгәымза 26 азы Австро-Венгриа аҳәамҭа ҟанаҵеит аультиматум адҵақәа шынагӡам, насгьы, архәҭақәа сербиатәи аҳәаахь аизгара иалагеит ҳәа ԥхынгәымза 28 рзы, Белград алахысра ала Сербиа абашьра ргәы ишҭоу азы аҳәамҭа ҟаҵан.[6]

Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит, Сербиа аоккупациа шалдмыршо азы, уи инақәыршәаны, ԥхынгәымза 31 азы Урыстәылатәи аимпериа аррахь амобилизациа рыланаҳәеит.

Германиа акәзар, аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла амобилизациа ианаҟәымҵ аамҭазы аибашьра шрылаҳәахо ала.

Нанҳәамза 1, 1914 шықәсазы Германиа Урыстәыла аибашьра аланаҳәеит, август 3 азы Франциеи Бельгиеи мап ацәыркит германиатәи архәҭақәа дара рҵакырадгьылқәа рҟынтәи ирылсны ацаразы иқәыргылаз аультиматум. Британиа Ду дҵаны иқәнаргылеит Германиа Бельгиа анеитралитет иаламкьысырц, аха мап ахьырцәыркыз август 4 азы рдоминионцәеи дареи Германиа ишабашьуа рыларҳәеит.

Нанҳәамза 6 рзы, Австро-Венгриа Урыстәыла ишабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Германиеи Австро-Венгриеи рыдгылаҩ Италиа акәзар, анеитралитет рыланаҳәеит. Убриакәхеит, Актәи Адунеизегьтәи аибашьрагьы иалагеит.[7]

Аганқәа рпланқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Атәылақәа зегьы еилых ҟамҵакәан ари аибашьра акраамҭа ицалап ҳәа агәаанагара рымамызт, дара зегьы гәыӷуан аӡын 1914 шықәсазы еилгап ҳәа.

Германиа акәзар, «Шлиффен иплан» ҳәа изышьҭаз иқәныҟәон, уи аплан инақәыршәаны, анемец архәҭақәа ааба рахьтә быжьба мраҭашәаратәи афронт аҟны иқәгылон. Дара инеитралтәыз аҵакырадгьылқәа Лиуксембурги Бельгиеи ирылсны франциаа рырхәҭақәа рахь ицәырҵны иԥыххаа иргар акәын, Париж рнапахьы иааганы Франциа аибашьра иалганы, анаҩс рымчқәа зегьы Урыстәыла аҿагыларазы идырхон.

Еицырдыруа иҟалеит Вильгельм аҩбатәи иҳәамҭа: «Шьыбжьхьа ҟалоит Париж, ахәылбыҽха акәзар, ҳакрыфара – Санкт Петербург». Мрагыларатәи аҳәаақәа Мрагыларатәи Пруссиа ахьчаразы иқәыргылан адәныҟатәи архәҭақәа.[8]

Австро- Венгриагьы ҩ-фронткны аибашьра ақәшәеит: 1/3 архәҭақәа Сербиатәи афронт ахь инашьҭын, 2/3 ахәҭа акәзар, урыстәылатәи Алада-Мраҭашәаратәи афронт иаҿагылан. Урҭ рхықәкы аурыс архәҭақәа аҳәаа раҟәыгара акәын, анаҩс, Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә инеиуаз анемец архәҭақәеи дареи еицхырааны Урыстәыла ақәлара ргәы иҭан.[9]

Франциа апланқәа рахь иаҵанакуан Ельзаси Лотарингиеи рҵакырадгьылқәа рықәлара, аха рыстратегиа еиҭахәаԥшыр акәхеит, избанзар анемеццәа Бельгиа ала рхырхарҭа рыԥсахыр акәхеит.

Британиа Ду акәзар, Германиа афлот ақәгаразы еибашьуан, аха адгылаҩцәа рықәымчра иабзоураны аибашьра аламҭалазы афранцызцәа аекспедициатә корпус 7,5 адивизиа аҟынтә ацхыраара рзынашьҭын.

Урыстәыла архәҭақәа ҩ-фронткны иашар акәхеит: Аҩада-мраҭашәаратәи – уи ҩ-архәҭак рыла ишьақәгылан, арҭ архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа иҟаз анемеццәа ирҿагылан; Алада-Мраҭашәаратәи шьақәгылан архәҭақәа ԥшьба рыла – урҭ австриаа ирабашьлар акәын. Планс иҟаз – иаарласны Австро-Венгриа аибашьра алгара акәын, анаҩс амчрақәа зегьы Германиа аҿагылара иазырхахон.[10]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра: ахҭысқәа рыҿиашьа[аредакциазура | акод аредакциазура]

1914 шықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра иалагеит нанҳәамза 2 рзы, усҟан анемец архәҭақәа Лиуксембург иалалеит, уаантәи Бельгиа аҵакырадгьыл иахысны Франциа аҳәаахь инеит. Ари аиҿагылара аҟны анемеццәа аидгылаҩцәа рырхәҭақәа ԥыхха иганы Парижынтә маҷк мрагылараҟа аӡиас Марна ашҟа ицәырҵит.

Афранцызцәа иаарласны даҽа ҩ-архәҭак аиҿкаара рылшоит. Цәыббрамза 5 инаркны жәаҩанӡа Марна аҩхықәк рҟны инарҭбааз аибашьрақәа цон, урҭ аҩганк реибашьрақәа ирылахәын 2 миллионҩык ауаа.

Анемеццәа Париж иалцан. Анаҩс, еиҿагылоз архәҭақәа ҩадаҟа инаскьон еибашьрыла, амшын аԥшаҳәа аҟынӡа инеиаанӡа – «амшын ахь аҩра» ҳәа ззырҳәоз ахҭыс ауп ари. Абри алагьы афронт ҭышәынтәалахеит, аҭабиатә еибашьрагьы иалагеит. Германиа аныҟәаракьаҿ акагьы злымҵыз усхеит.[11]

Мрагыларатәи афронт аҟны Франциа иҟанаҵаз аҳәара ала, Урыстәыла ақәылара иалагеит, усҟан анемеццәа ржәыларақәа ирыхҟьаны, афранцызцәа шьҭахьҟа ахьаҵра иаҿын. Мрагыларатәи Пруссиа аҵакырадгьыл иақәлаз, аинрал Ренненкампф актәи ирхәҭа Губиннен-Гольдаптәи аибашьра аан, аабатәи анемец архәҭа ԥыхха иагеит. Ара аиааира аанкылара рылымшеит: анемец архәҭақәа рҽеизганы аҩбатәи аурыс архәҭа, аинрал Самсонов напхгара зиҭоз, Мазуртәи аӡиасқәа рааигәа ирыжәлоит. Архәҭа иакәшаны иԥыхха иган. Самсонов иакәзар, иҽишьуеит. Актәи архәҭа анкьатәи аҭыԥ ахь, ашьҭахьҟа игьежьуеит.

Арҭ ахҭысқәа арыцҳаратә лҵшәақәа шрыцызгьы, аурыс архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа ала ржәылара анемеццәа рпланқәа хнарбгалеит: дара Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә рырхәҭақәа рыхәҭак, аабатәи архәҭақәа рыцхыраара азы иианагар акәхеит, уи алагьы Марна аибашьра аан рымчқәа ԥсыҽхеит.

Галициатәи аоперациа аан Лада-Мраҭашәаратәи афронт аҟны еибашьуаз австриаа ԥыхха иган. Иган – Львов, Галич уҳәа акыр ақалақьқәа. Варшаватәи акәацәра аҿы аибашьра аан хыԥхьаӡара рацәалатәи ажәыларақәа афронт даара иаԥсахит.

Нанҳәамза 23 рзы Германиа аибашьра аланаҳәеит Иапониа.[12]

Абҵарамза 1 азы х-ганктәи ахеилак иадгыланы аибашьраз иқәгылеит Османтәи аимпериа.

1915 шықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

1915 шықәсазтәи акомпаниа аан анемец командаҟаҵара иаӡбоит аплан аиҭакра: уи инақәыршәаны, анемец мчрақәа реиҳарак Мрагыларатәи афронт ахь идәықәҵан, Урыстәылатәи архәҭақәа ԥыхха иганы аибашьра алгара хықәкыс иҟаҵаны. Иара убри аамҭазы, аурыс архәҭақәа абџьари аџьаԥҳани рзымхара рныԥшуа иалагеит. Абри иахҟьаны анемец архәҭақәа ржәылара аан, аурысқәа ахьаҵра иалагеит – иааныжьын Польша, Галициа, Литва, Беларуссиеи Латвиеи рыхәҭақәак. Афронт шьақәгылеит Рига-Двинск-Барановичи-Пинск-Дубно-Тарнополь ацәаҳәаҟны. Аха, Урыстәылатәи архәҭақәа рыцҟьара азы ишьақәыргылаз анемеццәа рстратегиатә план хыбгалеит.

Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра апозициатә ҟазшьа аанахәеит, ара ахархәара аҭан абџьархк ҿыц. Ипр азааигәара анемец арбџьармчқәа ржәылараан раԥхьаӡа акәны ахархәара аҭан ахимиатә бџьар – ахлор.

Уинстон Черчилль иабжьгара ала еиҿкаан лҵшәа аазмышьҭыз Дарданеллтәи аоперациа, уи мҩаԥысуан жәабранмза 19, 1915 шықәса инаркны, ажьырныҳәамза 9, 1916 шықәсанӡа. Хықәкыс иамаз Константинополь анапахьы аагара, Ҭырқәтәыла аибашьра алҵра, насгьы Урыстәылаҟа амшынтә мҩа аартра акәын.

Лаҵарамза 23 рзы Антанта аганахь ала аибашьра ахы аланагалоит Италиа.

Жьҭаарамза 14 рзы Германиа иадгыланы аибашьра иалагоит Болгариа. Ицәырҵит Иԥшьбахаз ахеилак (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа, Османтәи аимпериа).[13]

1916 шықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

1916 шықәсазтәи акомпаниа аан Германиа архәҭа хадақәа Мраҭашәаратәи афронт аҟны еизнагоит, уи хықәкыс иамаз аибашьра Франциа алгара акәын. Ақалақь Верден азааигәара еизган хыԥхьаӡара рацәала аруааи артиллериеи.

Германиатәи архәҭақәа Вердентәи аоперациа иалагеит жәабранмза 21 рзы, амчқәа даара ишыӷәӷәазгьы, анемеццәа ара аԥыжәара рзымгеит. Аибашьра даара ишьаарҵәырахеит, краамҭагьы ицон. Аҩганкгьы ацәыӡ дуқәа роуит (миллионҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит). Жәамз ицоз ари аоперациа лҵшәадахеит. Аҭоурых аҟны ари ажәылара «Верденская мясорубка» ҳәа ахьӡ аманы иаанхеит.[14]

Илҵшәадахеит аидгылаҩцәа ржәылара аӡиас Сомма аҟынгьы, абџьархк ҿыц, атанккәа, ахархәара шрырҭазгьы. Мрагыларатәи афронт аҟны акәзар, ароль ду нанагӡеит «Брусиловский прорыв» ҳәа ззырҳәо, уи аан аурыс архәҭақәа австриатәи анемец архәҭақәа ашәарҭара рзаԥырҵеит Австро-Венгриа аибашьра алҵразы. Германиеи Австро-Венгриеи рырхәҭақәа егьырҭ афронтқәа рҟынтә иианагар акәхеит, убри алагьы, афранцызцәа Верден аҵаҟеи, аиталианеццәа Триента аҵаҟеи рҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхеит.

Антанта аганахьала, нанҳәамза 27 рзы, аибашьра зхы алазгалаз Румыниа акыр аҵахарақәа аман, уи иахҟьаны Урыстәыла егьырҭ афронтқәа рҟынтәи архәҭақәа ықәганы ацхыраара аҟаҵара иалагар акәхеит. Мрагыларатәи афронт даҽа 500 километра аура аиуит.

Кавказтәи афронт аҟны акәзар, аурыс архәҭақәа 250 километра Османтәи аимпериа аҵакырадгьыл ахь анаскьара рылшеит, дара рнапахьы иааргеит ақалақьқәа Ерзурум, Трапезунд, Ерзинџьан.

Амшын аҟны лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1-нӡа аҭыԥ аман зегьы реиҳа амҽхак змаз Адунеизегьтәи актәи аибашьра аҟны, амшынтә еибашьра – Иутландтәи. Британиатәи афлот ари аибашьра аҟны иацәыӡит 14 ӷба, быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа; германиатәи афлот акәзар – жәеиза ӷба, х-нызықьҩык рҟынӡа ауаа. Аха Британиа Ду амшын аҟны аҳра шамаз иаанхеит.[15]

1917 шықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

1917 шықәсазы Антанта атәылақәа рекономикатә ԥыжәара даара ианыԥшуа иалагеит, Агәҭатәи атәыла дуқәа ажәыларақәа ирылагеит. Иара убасгьы, мшаԥымза 6 азы Еиду Америкатәи Аштатқәа Антанта аганахь ала аибашьра иалагеит. Аидгылаҩцәа ржәыларақәа лҵшәадахеит.

Урыстәыла акәзар, Жәабранмзатәи ареволиуциа ашьҭахь амонархиа хыбгалеит. Илҵшәадахаз аԥхынтәи ажәылара ашьҭахь аурыс архәҭақәа Рига аанрыжьыр акәхеит. Амчратә хҳәара ашьҭахь амчрахь инеиз абольшевикцәа аҭынчразы асепараттә еиҿцәажәарақәа ирылагеит. Формалла Урыстәыла аибашьра иалҵит.

1918 шықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

Урыстәылатәи ареволиуциа егьырҭ атәылақәа ргәалаҟазаара даара ианыԥшит. Аидгылаҩцәа инарҭбааз ажәыларатә операциақәа рымҩаԥгара рпланқәа рҟны иарбамызт, иахәҭаз америкатәи аконтингент аанӡа. Германиа акәзар, аҵыхәтәантәи ажәылара аҽазнакит, избанзар аекономикатә ресурсқәеи ауаа рзымхареи даара иӷәӷәан. Убри аан 60 немец дивизиа рҟынӡа Урыстәылаҟа аинтервенциа азы инашьҭын. Мраҭашәаратәи афронт аҟны анемеццәа ржәылара лҵшәа аанамышьҭит, аидгылаҩцәа ракәзар, аԥхынразы аконтржәыларахь ииасит.

Германиа ҭагалан арра-економикатә мчкаԥсара иазнеит аҟнытә, жьҭаарамза 5 рзы, Германиа Вудро Вильсон иахь ааԥхьара ҟанаҵеит аинышәаразы.

Цәыббрамза 29 рзы – Болгариа акапитулиациа ҟанаҵеит.

Жьҭаарамза 30 рзы – Османтәи аимпериа.

Абҵарамза 3 рзы – Австро-Венгриа.

Абҵарамза 11 рзы – Компиентәи абнаҟны Германиеи аидгылаҩцәеи рыбжьара аинышәаразы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын.[16]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа рыла ԥшь-империак рыҟазаара аанкылан – Урыстәылатәи, Германиатәи, Османтәи, Австро-Венгриатәи. Европа ахсаалаҿы ицәырҵит аҳәынҭқарра ҿыцқәа.

Еибашьуаз аганқәа рахьтә арра инаԥхьаз 70 миллионҩык ауаа рахьтә жәа-миллионҩык рҟынӡа ҭахеит. Аҭынчуааԥсыра рыбжьара иҭахаз рхыԥхьаӡара 12 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Амлакреи аепидемиеи 20 миллионҩык рҟынӡа ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит.[17]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-05-06 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://istoriarusi.ru/imper/pervaja-mirovaja-vojna-1914-1918.html
  3. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-05-29 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  4. https://www.pravmir.ru/pervaja-mirovaja-vojna/
  5. https://obrazovaka.ru/istoriya/uchastniki-pervoy-mirovoy-voyny-1914-1918.html
  6. https://historykratko.com/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg
  7. https://historyrussia.org/sobytiya/1-avgusta-1914-goda-nachalas-pervaya-mirovaya-vojna.html
  8. https://www.kommersant.ru/doc/2535133
  9. https://www.gazeta.ru/science/2014/08/06_a_6162825.shtml
  10. https://www.prlib.ru/history/619424
  11. https://histerl.ru/otechestvennaia_istoria/pervaya-mirovaya-vojna/periodizaciya-osnovnyx-sobytij.htm
  12. http://pervaya-mirovaya.ru/etapy-pervoy-mirovoy-voyny-kratko/
  13. https://nashahistory.ru/materials/pervaya-mirovaya-voyna-1915
  14. http://www.historicalreporter.ru/archive/the-first-world-war-1916/
  15. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-06-01 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  16. https://www.prlib.ru/collections/467020
  17. https://www.rubaltic.ru/article/kultura-i-istoriya/20191110-pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg-prichiny-sut-konflikta-khronologiya-itogi/