Перейти к содержанию

Акомета

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Акомета 9P/Темпель; «Дип Импакт» азонд ала иҭыхыз 67 секундқәак рышьҭахь абри аппарат иҭнажьыз аимпактори иареи реиҿасра ашьҭахь Акомета 67P/Чуриумов — Герасименко; «Розетта» азонд ала иҭыхуп
Акомета 17P/Холмси уи аионтә ҵыхәа иаҵәеи; азҿлымҳаратә фотосахьа, ателескоп ала аҭеиҭыԥш Акомета 81P/Вильда; «Стардаст» азонд ала иҭыхуп
Акомета C/1995 O1 (Хеил — Бопп ркомета); азҿлымҳаратә фотосахьа Акомета C/2011 W3 (Лавџьои икомета); Жәларбжьаратәи акосмостә станциа аҟынтәи иҭыхуп
Армарахьтә арӷьарахь, хыхьынтә ҵаҟа:

Акомета (ажәытә бырзен бызшәа аҟынтәи κομήτης) — ажәҩантә цәеижь хәыҷы ауп, Амра иакәшо даараӡа еиҵыху аорбитала, аконустә ҟәша ацәаҳәа асахьа змоу. Акомета Амра иазааигәахацыԥхьаӡа акома шьақәнаргылоит, зны-зынлагьы арчыи асабеи рыла иҭәу аҵыхәа ҟанаҵоит.

2021 шықәса нанҳәамзазынӡа Амратә система аҩныҵҟатәи арегион, мамзаргьы апланетақәа ррегион иҭаҳауа 6996 комета аарԥшын[1].

Азеиԥш дыррақәа

Иҟалап, апериод ду змоу акометақәа Амратә система аҩныҵҟатәи Оорт иԥсҭҳәа аҟынтәи иаауазар, хыԥхьаӡара рацәала акометатә гәыцәқәа змоу. Амратә система акәша-мыкәша иҟоу ацәеижьқәа, еиҳарак, Амра ианазааигәахо иҭабо амаҭәашьарқәа (аӡы, аметан, егьырҭ арчқәа) рыла ишьақәгылоуп.

Иахьа уажәраанӡа 400 инареиҳаны апериод кьаҿ змоу акометақәа аарԥшуп[2]. Урҭ рҟынтәи 200 раҟара аперигели знык еиҳаны ианахысуаз рбахьеит. Урҭ рахьтә жәпакы аҭаацәарақәа ҳәа изышьҭоу ирыҵанакуеит. Иаҳҳәап, зегь раасҭа апериод кьаҿ змоу акометақәа реиҳарак (урҭ Амра инагӡоу ракәшара 3—10 шықәса ицоит) Иупитер аҭаацәара шьақәдыргылоит. Хыԥхьаӡарала маҷк еиҵоуп Сатурн, Уран, Нептун рҭаацәарақәа (аҵыхәтәантәиахь, ҷыдала, еицырдыруа Галлеи икометагьы аҵанакуеит).

Акометақәа еиҵыху аеллипстә орбитақәа рыла еиҭаҵуеит. Иазгәашәҭ еиуеиԥшым ҩ-ҵыхәак.

Акосмос аҵауларантәи иаауа акометақәа анаҟәратә обиектқәа реиԥш иубоит; рышьҭахь аҵыхәа еиҵыхуп, зны-зынла миллионқәак километра раҟара ауранӡа инаӡо. Акомета агәыцә — акома захьӡу аԥсҭҳәатә хҩала ихҟьоу ахәҭаҷ ӷәӷәақәа рыла ишьақәгылоуп. Километрақәак адиаметр змоу агәыцә иаакәыршаны 80 нызқь км аҭбаара змоу акома амазар алшоит. Амра ашәахәа ацәқәырԥақәа акома аҟынтәи арчы ахәҭақәа ҭыганы, шьҭахьҟа идыршәуеит, насгьы ашьҭахьҟа акосмос аҿы иныҟәо алҩа зҵоу аҵыхәа ду шьақәгылоит.

Акометақәа рылашара Амреи дареи ирыбжьоу абжьаӡара ӷәӷәала иадҳәалоуп. Акометақәа зегьы рҟынтәи, блала иубартә еиԥш Амреи Адгьыли ирзааигәахо маҷуп. Урҭ рахьтә еиҳа иналукааша зны-зынла «акомета дуқәа (акомета дуӡӡақәа)» ҳәа ирышьҭоуп.

Ҳара иаҳбо аметеорқәа («икаҳауа аеҵәақәа») жәпакы акометақәа ирхылҵыз роуп. Урҭ акомета иацәыӡыз ахәҭаҷқәа роуп, апланетақәа рыатмосфера ианалало ибылуа.

Аеҵәабжьаратәи 2I/Борисов икомета аспектр аҭҵаара алҵшәақәа иаадырԥшуеит егьырҭ апланетатә системақәа рҿы акометақәа ырҿиара Амратә системаҿы Оорт иԥсҭҳәаҿы акометақәа рышьақәгылара иахылҿиааз апроцессқәа иреиԥшу апроцессқәа ирылҵшәаны ишышьақәгылаз[3].

Аноменклатура

Иҳаҩсыз ашәышықәсақәа рзы акометақәа ахьӡқәа рыҭара аԥҟарақәа изныкымкәа ирыԥсахит, еиҳа иҭырҵааит. XX-тәи ашәышықәса алагамҭанӡа акометақәа реиҳарак рыхьӡқәа ианыԥшааз ашықәс ала ирырҭон, зны-зынла уи ашықәс азы акометақәа рацәаны иҟазҭгьы, ашәахәа ма ашықәс аамҭа иазкны иҵегьы аилыркаа ҟарҵон. Иаҳҳәап, «Акомета ду 1680», «Цәыббрамзатәи акомета ду 1882», «Ҽынлатәи акомета 1910» («Ажьырныҳәамзатәи акомета ду 1910»).

Галлеи акометақәа 1531, 1607, 1682 кометак шакәу анышьақәирӷәӷәа, насгьы 1759 шықәсазы ихынҳәуеит ҳәа аниҳәа ашьҭахь, акомета Галлеи ҳәа ахьӡ аҭахеит. Аҩбатәии ахԥатәии апериодтә кометақәа рыхьӡқәа Енкеи Биелеи рыхьӡырҵеит, урҭ рорбитақәа зыԥхьаӡаз аҵарауаа раҳаҭыр азы, актәи акомета Мешен, аҩбатәи Мессие XVIII-тәи ашәышықәсазы ишҭырҵаауазгьы. Анаҩс, апериодтә кометақәа урҭ раԥхьаартҩцәа рыхьӡқәа рырҭон. Знызаҵәыктәи аперигели ахысраан игәаҭаз акометақәа рцәырҵра ашықәс ала ахьӡқәа рырҭон.

XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы акометақәа раартрақәа лассы-лассы иҟало ианалага, акометақәа рыхьӡҵаразы аиқәшаҳаҭра шьақәдыргылеит, уи иахьанӡагьы аус ауеит. Акомета ахатәы хьӡы анаиуа хҩык ихьыԥшым ахылаԥшыҩцәа ианырыԥшаалак ашьҭахь ауп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҵарауаа ргәыԥ дуқәа зымаҵ руа амыругақәа рыла акометақәа рацәаны иаартхеит; абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы акометақәа амыругақәа рыхьӡқшагьы рхырҵоит. Иаҳҳәап, акомета C/1983 H1 (IRAS — Араки — Алкок) IRAS амҩанызеи, астрономцәа-абзиабаҩцәеи Гэнъити Араки (荒貴源一) Џьорџь Алкоки (англ. George Alcock) еихьыԥшымкәа иаадыртит. Анкьа, астрономцәа ргәыԥк акометақәа рацәаны иаадыртуазҭгьы, ахьӡ аԥхьаӡац ацырҵон (аха апериодтә кометақәа рзы мацара), иаҳҳәап, акометақәа Шумеикер — Леви 1—9. Уажәы есышықәса еиуеиԥшым амыругақәа рыла акометақәа рацәаны иаадыртуеит, убри аҟнытә уи аҩыза асистема ахархәара маншәалаӡам. Уи аҭыԥан акометақәа рыхьӡқәа рыҭаразы иҷыдоу асистема рхы иадырхәоит.

1994 шықәсанӡа акометақәа раԥхьаӡа аамҭалатәи ахьӡқәа рырҭон, урҭ анаартыз ашықәси алаҭын нбан хәыҷи рыла ишьақәгылаз, уи иаанарԥшуеит иалкаау ашықәс азы урҭ раартра еишьҭагыланы ишыҟаз (иаҳҳәап, Беннет икомета ажәбатәи акомета акәын 1969 шықәсазы иаартыз, насгьы аартраан аамҭалатәи ахьӡ 1969i аиуит). Акомета аперигели ианахыслакь ашьҭахь, уи аорбита шьақәырӷәӷәахон, насгьы акомета еснагьтәи ахьӡ арҭон, уи аперигели ианхыҵыз ашықәси, уи ашықәс азы аперигели ианхыҵыз аишьҭагылашьа узырбо римтәи аԥхьаӡаци рыла ишьақәгылан. Убас, акомета 1969i еснагьтәи рбагас 1970 II арҭеит (1970 шықәсазы аперигели иахысыз аҩбатәи акомета).

Иаартыз акометақәа рхыԥхьаӡара еизҳацыԥхьаӡа, ари апроцедура даара иманшәаламхо иалагеит. 1994 шықәсазы Жәларбжьаратәи астрономиатә еидгыла акометақәа рыхьӡқәа рыҭаразы асистема ҿыц иақәшаҳаҭхеит. Иахьазы, акомета ахьӡ иаҵанакуеит ианаартыз ашықәс, аартра аныҟалаз амза абжа узырбо анбан, насгьы уи амза абжа аҩныҵҟа иаартыз аԥхьаӡац. Ари асистема астероидқәа рыхьӡҵаразы рхы иадырхәо асистема иеиԥшуп. Убасала, 2006 шықәса жәабранмза аҩбатәи азбжазы иаартыз аԥшьбатәи акомета 2006 D4 ҳәа ахьӡ аманы иҟоуп. Акомета ахьӡ аԥхьа иҟоуп акомета аԥсабара аазырԥшуа аԥынгыла. Абарҭ аԥынгылақәа рхы иадырхәоит:

  • P/ — апериод кьаҿ змоу акомета (даҽакала иуҳәозар, зпериод 200 шықәса раасҭа еиҵоу, мамзаргьы ҩба ма еиҳаны аперигели амҩақәа рҿы игәаҭаз акомета);
  • C/ — апериод ду змоу акомета;
  • I/ — аеҵәабжьаратә комета, даҽакала иуҳәозар, зорбитатә ексцентриситет 1 аасҭа еиҳау акомета;
  • X/ — ззын ииашоу аорбита аԥхьаӡара залмыршахаз акомета (абжьааԥны аҭоурыхтә кометақәа рзы);
  • D/ — еилабгаз, мамзаргьы ирӡыз акометақәа;
  • A/ — акомета ҳәа ирыԥхьаӡоз, аха ииашаҵәҟьаны астероидқәаны иҟаз аобиектқәа.

Иаҳҳәап, 1995 шықәса нанҳәамза актәи азбжазы иԥшааз раԥхьатәи акомета Хеил — Бопп, C/1995 O1 ҳәа ахьӡ аҭахеит.

Абжьааԥны аперигели аҩбатәи аиасра ашьҭахь, апериодтә кометақәа аишьҭагыларатә ԥхьаӡац роуеит. Убас, Галлеи икомета раԥхьаӡакәны иангәаҭаз 1682 шықәсазы ауп. Уи ацәырҵраан иахьатәи асистема ала ахьӡ 1P/1682 Q1 ауп.

Амратә системаҿы акометақәагьы астероидқәагьы рсиаҿы иарбоу быжь-цәеижьк ыҟоуп. Урҭ [[(2060) Хирон|(2060) Хирон]] (95P/Хирон), [[(4015) Вильсон — Харрингтон|(4015) Вилсон — Харрингтон]] (107P/Вилсон — Харрингтон), [[(7968) Эльст — Писарро|(7968) Елст — Писарро]] (133P/Елст — Писарро), [[(60558) Эхекл|(60558) Еҳекл]] (174P/Еҳекл), [[(118401) LINEAR|(118401) LINEAR]] (176P/LINEAR), (323137) 2003 BM80 (282P/2003 BM80), (300163) 2006 VW139 (288P/2006 VW139) уҳәа убас иҵегьы.

Акометақәа реиҿартәышьа

Акометақәа рырчытә компонент хадақәа[4][5]

Атомқәа Амолекулақәа Аионқәа
Н Н2О H2O+
О О2 H3O+
С С3 OH+
S CN CO+
Na СН CO2+
Fe CO CH+
Co HCN CN+
Ni СН3CN
H2CO

Агәыцә

Ихадароу астатиа: Акомета агәыцә
Акомета Темпель 1 агәыцә (аппарат «Дип Импакт» афотоҭыхымҭа)

Агәыцә — акомета акапан зегьы ахьеизгоу ахәҭа ӷәӷәа ауп. Акометақәа ргәыцәқәа иахьазы телескопла рыхәаԥшра залшом, избанзар урҭ еиԥмырҟьаӡакәа ишьақәгыло илашоу аматериала иҵәахуп.

Еиҳа еицырдыруа Уиппл имодель инақәыршәаны, агәыцә — аметеориттә материа ахәҭаҷқәа злаԥсоу аҵаақәа реилаҵа ауп («асырҳәы ҟьашь» атеориа). Абри аилазаашьала, иҵаау арчқәа рыхҩақәа асабатә хҩақәа рыла еиҭныԥсахлахоит. Арчқәа ԥхацыԥхьаӡа, урҭ ҭабоит, насгьы асаба аԥсҭҳәақәа рыцны ицоит. Уи ауп изыхҟьо акометақәа рҿы арчи асабеи рҵыхәақәа рышьақәгылара[6].

Аха 2005 шықәсазы идәықәҵаз Америкатәи Deep Impact автоматтә станциа ахархәарала имҩаԥгаз аҭҵаарақәа изларҳәо ала, агәыцә даараӡа иҭацәу аматериал ала ишьақәгылоуп, насгьы уи аҭаӡара 80% аанызкыло сабатә гәыԥуп.

Акома

Ихадароу астатиа: Акома (акомета)

Акома — аԥҳал еиԥшу, илашоу, инаҟәыроу, агәыцә иаакәыршоу арчқәеи асабеи рыла иҭәу ацәоуп. Абжьааԥны, 100 нызқь инаркны 1,4 миллион километра рҟынӡа агәыцә ахьтә еиҵыхуп. Алашара ақәыӷәӷәара акома аԥсахра алшоит, амра иаҿагыло аганахьала еиҵыхуа. Акома, агәыцә иацны, акомета ахы шьақәнаргылоит. Еиҳарак акома хы-хәҭак рыла ишьақәгылоуп:

  1. Аҩныҵҟатәи (амолекулатә, ахимиатә, афотохимиатә) акома. Абраҟа имҩаԥысуеит зегь реиҳа иӷәӷәоу афизикатәи ахимиатәи апроцессқәа.
  2. Иубарҭоу акома (радикалқәа ркома).
  3. Аультрафиолеттә (атомтә) кома.[6]

Аҵыхәа

Ихадароу астатиа: Акомета аҵыхәа

Акомета лашақәа Амра ианазааигәахалак «аҵыхәа» роууеит — амратә ԥша аусура иахҟьаны, еиҳарак Амра иаҿаԥшуа аганахь ирхоуп. Акомета аҵыхәеи акомеи рыкапан миллионтәи ахәҭа аҵкыс еиҵаны ишыҟоугьы, акомета ажәҩан ианалсуа иубаратәы иҟоу алашара 99,9% рҟынӡа абарҭ арчытә шьақәгыларақәа рҟынтәи ауп ишаауа. Иҟалаз уи ауп, агәыцә даараӡа иҭшәоуп, насгьы уи альбедо лаҟәуп (аныԥшратә коеффициент)[4].

Акометақәа рҵыхәақәа урылеи формалеи еиԥшым. Кометақәак рҿы урҭ ажәҩан зегьы иагәылсны иҟоуп. Иаҳҳәап, 1743—1744 шықәсқәа рзтәи акомета аҵыхәа 20 миллион км аура аман. 1680 шықәсазтәи Акомета ду (ҳаамҭазтәи асистема инақәыршәаны — C/1680 V1) аҵыхәа 240 миллион км инаӡон[7]. Иҟан иара убасгьы акомета (C/2007 N3 (Лулин)) аҵыхәа ацрыҵра аҿырԥштәқәагьы.

Акометақәа рҵыхәақәа иалкаау ацәаҳәақәа рымаӡам, насгьы иҵәцоуп — урҭ урылԥшны аеҵәақәа еилыкка иубарҭоуп — избан акәзар урҭ даараӡа иҵаӷоу аматериа иалхуп (уи аилаӷәӷәара акырӡа еиҵоуп, иаҳҳәап, азажигалка иахылҵуа арчы аилаӷәӷәара аасҭа). Уи аилазаара еиуеиԥшым: арчы ма асаба хәыҷқәа, ма урҭ рыҩбагьы еилаԥсоуп. Асаба рыцқәа реиҳарак рҟазшьа Амратә системаҿы иҟоу астероидтә материал еиԥшуп, уи аанарԥшит «Стардаст» ҳәа изышьҭоу акосмостә ӷба акомета 81P/Вильда имҩаԥнагаз аҭҵаара[8]. Иааизакны иуҳәозар, ари «иумбо акгьы» ауп: ауаҩы акометақәа рҵыхәақәа рыхәаԥшра илшоит, урҭ рҟны иҟоу арчи асабеи ахькаҷҷо азы мацара. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы, арчы алашара амра ахҟьа аҟынтәи иҭыҵуа аультрафиолеттә шәахәақәеи ахәҭаҷ цәқәырԥақәеи рыла аионизациа иадҳәалоуп, насгьы асаба амра ашәахәақәа рыла иԥсаҟьахоит.

Акомета аҵыхәақәеи аформақәеи ртеориа аурыс астроном Фиодор Бредихин XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы иаԥиҵеит. Иара иоуп иахьатәи астрономиаҿы ахархәара змоу акомета аҵыхәақәа реихшара зтәугьы. Бредихин акомета аҵыхәақәа хы-хкык рыла еихишеит: ииашоуи иҭшәоуи, ишиашоу Амра аҟынтәи ирхоу; иҭбаау, маҷк ирхәоу, Амра иацәхьаҵуа; икьаҿу, агәҭантәи алашарбага аҟынтәи ӷәӷәала ирнаау.

Астрономцәа акометақәа рҵыхәақәа рформақәа абри аҩыза реиԥшымзаарақәа абасала иҳаилдыркаауеит. Акомета шьақәзыргыло ахәҭаҷқәа еиуеиԥшым аилазаареи аҟазшьақәеи рымоуп, насгьы амра ашәахәаркрақәа рҭак еиԥшымкәа иҟарҵоит. Убасала, урҭ ахәҭаҷқәа рымҩақәа аҭыԥҭаӡараҿы «еиҟәыҭхахоит», насгьы акосмостә ныҟәаҩцәа рҵыхәақәа еиуеиԥшым аформақәа роуеит.

Акомета агәыцә аҟынтәи иҭыҵуа ахәҭаҷ аццакра Амра аусура иалҵшәаны иҟалаз аццакра аихшьаала ауп — уи Амра аҟынтәи ахәҭаҷахь ирхоуп, насгьы акомета аныҟәара аццакрахь, звектор зорбита иадҳәалоу, убри аҟнытә иҭыҵуа ахәҭаҷқәа зеиԥшла ииашоу ацәаҳәа аҿы акәымкәа, асиндинама ҳәа изышьҭоу архәа аҿы иҟалоит. Асиндинама уи аамҭазы акомета аҵыхәа ахьыҟоу аанарԥшуеит. Хаз-хазы иаразнактәи аҭыҵрақәа раан ахәҭаҷқәа асинхронқәа ҳәа изышьҭоу асиндинама аҿы асегментқәа ма ацәаҳәақәа шьақәдыргылоит. Акомета аҵыхәа Амра аҟынтәи акомета аҟынӡа ицо ахырхарҭа заҟа еиԥшымхо, ахәҭаҷқәа рыкапани Амра аусуреи ирхьыԥшуп[9].

Асиндинқәа рзы аҵакы акоуп, аха асинхрон азы даҽакуп. Абра

— агравитациатә мчреи Амра аҟынтәи иаауа ашәахәаркрақәа рықәыӷәӷәареи, урҭ ахәҭаҷ ианыруеит.

Зны-зынла акометақәа антиҵыхәа рымоуп — Амрахь ирхоу аҵыхәа кьаҿ. Антиҵыхәа — >10 мкм ахәҭаҷ дуқәа рыла ишьақәгылоу асинхронқәа рыпроекциа ауп; игәаҭоуп Адгьыл акомета аорбита аҟьаҟьараҿы ианыҟоу.

Акометақәа рыҭҵаара

Ауаа еснагь иҷыдоу аинтерес аадырԥшуан акометақәа рахь. Урҭ зеиԥшыҟам рҭеиҭыԥш, узқәымгәыӷуа рцәырҵра шәышықәсала еиуеиԥшым амцхаҵарақәа ирхыҵхырҭаны иҟан. Ажәытәуаа илашо аҵыхәа змоу абарҭ акосмостә цәеижьқәа ажәҩан аҿы рцәырҵра ааигәа иҟалараны иҟоу агәаҟрақәеи аамҭа хьанҭақәа ралагареи ирыдырҳәалон.

Галлеи икомета ацәырҵра 1066 шықәсазы. Баиио агобелен аԥыҵәҵәа, 1070 шықәсазшәа

Аиҭарҿиара аамҭазы, хәҭакахьала Тихо Браге ибзоурала, акометақәа ажәҩантә цәеижьқәа рыстатус роуит[10]. 1814 шықәсазы Лагранж агипотеза ҟаиҵеит[11], акометақәа ҟалеит апланетақәа рҿы иҟалаз аҭыҵрақәеи аԥжәарақәеи ирыхҟьаны ҳәа; XX-тәи ашәышықәсазы ари агипотеза ирҿион С. К. Всехсвиатски[12]. Лаплас агәраганы дыҟан акометақәа аеҵәабжьаратә ҭыԥҭаӡара ишахылҵыз[13].

Астрономцәа акометақәа рзы зегь рыла аилкаара роуит 1986 шықәсазы қәҿиарала Галлеи икометахь акосмостә ӷба «Вега-1» иара убас «Вега-2» ҳәа изышьҭоу, насгьы европатәи «Џьотто» ҳәа изышьҭоу акометахь қәҿиарала имҩаԥыргаз «аҭаарақәа» рыбзоурала. Урҭ аппаратқәа рҿы иқәыргылаз ирацәаны амыругақәа Адгьылахь ирышьҭуан акомета агәыцә асахьақәеи уи ахҩа иазку еиуеиԥшым адыррақәеи. Ишеилкаахаз ала, Галлеи икомета агәыцә еиҳарак иаабац аҵаа (арацәаҵәыҵәтәи аметантәи ҵаа рыла), иара убасгьы асаба ахәҭаҷқәа рыла ишьақәгылоуп. Урҭ акомета ахҩа шьақәдыргылоит, насгьы Амра иазааигәахацыԥхьаӡа, урҭ рыхәҭак— амра ашәахәақәеи амратә ԥшеи рықәыӷәӷәара аҵаҟа — аҵыхәахь рҽырыԥсахуеит.

Аҵарауаа ииашаны ишырыԥхьаӡаз ала, Галлеи икомета агәыцә ашәагаақәа километрақәак ыҟоуп: аура 14, аиҩшаратә ган ала — 7,5.

Галлеи икомета агәыцә ииашам аформа амоуп, насгьы аҵәҩан иакәшоит, уи, анемец астроном Фридрих Бессель (1784—1846) ишазгәеиҭахьаз ала, акомета аорбита аҟьаҟьара иаҿагылоуп. Аҵәира аамҭа 53 сааҭ ҟалеит — уи ҩаԥхьа астрономцәа рыԥхьаӡарақәа ибзианы ирықәшәон.

2005 шықәсазы, НАСА акосмостә ӷба «Дип Импакт» акомета Темпель 1 аҿы азонд канажьит, уи ахҟьа асахьақәа аанашьҭит.

Урыстәыла

Акометақәа ирызку адыррақәа ажәытәӡатәи аурыс хроникақәа рҿы иҟоуп Иҳаҩсыз ашықәсқәа рҭоурых аҿы. Ахроникцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон акометақәа рцәырҵра, избан акәзар урҭ анасыԥдарақәа ршәаџьҳәацәа ҳәа иԥхьаӡан — аибашьра, ачымазара, уҳәа убас иҵегьы. Аха ажәытәтәи Урыстәыла абызшәаҿы акометақәа рзы ҷыдала ахьӡ ыҟамызт, избанзар урҭ аҵыхәа змоу иныҟәо аеҵәақәа ҳәа ирыԥхьаӡон. 1066 шықәсазы, акомета ахҳәаа раԥхьаӡакәны ахроникақәа рдаҟьақәа рахь ианақәшәа, астрономтә обиект иахьӡын «звезда велика; звезда привелика, луце имуши акы кровавы, въсходящи с вечера по заходе солнецьном; звезда образ копииныи; звезда… испущающе луча, еюже прозываху блистаньницю».

Ажәа «акомета» аурыс бызшәа иаланагалоит акометақәа ирызку европатәи аусумҭақәа реиҭагақәа ирыцны. Раԥхьаӡа уи аӡбахә ҳԥылоит аизга «Бисер златыи» («Луцидариус», лат. Lucidarius) аҟны, уи адунеи аиҿкаара иазку аенциклопедиа еиԥшуп. «Луцидариус» анемец бызшәа аҟынтә XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы еиҭаган. Аурыс ԥхьаҩцәа рзы ари ажәа ҿыцын аҟынтә, аиҭагаҩ еиҳа иаабац ахьӡ «аеҵәа» ала еиҭеиҳәар акәхеит: «звезда комита даёт блистание от себе яко луч»[14]. Аха аурыс бызшәаҿы «акомета» аилкаара ӷәӷәала иаланагалеит 1660-тәи ашықәсқәа рызбжаразы, Европа ахыхь ажәҩан аҿы акометақәа анцәырҵыз. Ари ахҭыс ацәырҵра ашҟа азҿлымҳара ду цәырнагеит. Еиҭаргоз аусумҭақәа рыла аурыс ԥхьаҩцәа еилыркааит акометақәа аеҵәақәа зынӡа ишреиԥшым. Ажәҩантә цәеижьқәа дыргаҵас рцәырҵра аганахьала азнеишьа Урыстәылагьы, Европагьы иҟан XVIII-тәи ашәышықәса алагамҭанӡа, раԥхьатәи аусумҭақәа акометақәа «џьашьахәыла» ишыҟоу мап ацәызкуа анцәырҵыз.

Акомета иазку европатәи аҭҵаарадырратә дыррақәа рышьҭкаара аурыс ҵарауаа ирылнаршеит урҭ рыҭҵаараҿы рхатә лагала аҟаҵара. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы астроном Фиодор Бредихин (1831—1904) акометақәа рыԥсабара, акометақәа рҵыхәақәа рхылҵшьҭреи, урҭ рформақәа реиԥшымреи рзы атеориа еизак шьақәиргылеит[15].

Акометақәа рыҭҵааҩцәа

Акосмостә ӷбақәа рыла аҭҵаарақәа

Акомета Аҭаара Азгәаҭақәа
Ахьӡ Аартра ашықәс Акосмосныҟәгага Арыцхә Азааигәахара абжьаӡара (км)
21P/Џьакобини — Циннер 1900 «Жәларбжьаратәи акометақәа рыҭҵааҩы» 1985 7800 Аԥырра
Галлеи икомета Ацәырҵрақәа ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс еилкаан (ҳ.ҟ. 240 шықәса еиҳамкәа)[16]; ацәырҵра апериод аарԥшын 1705 шықәсазы. «Вега-1» 1986 8889 Азааигәахара
Галлеи икомета «Вега-2» 1986 8030 Азааигәахара
Галлеи икомета «Суисеи» 1986 151000 Азааигәахара
Галлеи икомета «Џьотто» 1986 596 Азааигәахара
26P/Григг — Скьеллеруп 1902 «Џьотто» 1992 200 Азааигәахара
19P/Борелли 1904 [[Deep Space 1]] 2001 ? Азааигәахара
81P/Вильда 1978 «Стардаст» 2004 240 Аизааигәахара; Аҿырԥштәқәа Адгьыл ахь рырхынҳәра
9P/Темпел 1867 «Дип Импакт» 2005 0 Аизааигәахара; иҷыдоу амодуль (аимпактор) агәыцәи реиҿасра
103P/Хартли 1986 «Дип Импакт» 2010 700 Азааигәахара
9P/Темпел 1867 «Стардаст» 2011 181 Азааигәахара
67P/Чуриумов — Герасименко 1969 «Розетта» 2014 0 Квазимҩанызас аорбита аҭалара; аҭоурыхаҿы раԥхьаӡакәны акомета аҿы итатоу атәара («Филы» амодуль)
311P/PANSTARRS 2013 «Тиануен-2» 2025  — Аорбита аҭалара 2035 шықәсазы иазыԥшуп

Иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарақәа

Comet Interceptor — (ҵакыла — «Акометақәа рырҭаслымга») — Европатәи акосмостә агентра (ЕКА) автоматтә планетабжьаратә станциа ауп, 2029 шықәсазы здәықәҵара азԥхьагәаҭоу[17]. Акосмостә ныҟәага Амра-Адгьыл аҭыԥ L2 аҿы иҟалоит, насгьы хышықәса рҟынӡа иазыԥшызаауеит, апериод ду змоу акомета иалшо атраекториеи аццакреи рыла иԥыраанӡа[18].

Аԥырразы ианаало акомета аԥшаара дгьыл аҿы иҟоу аобсерваториеқәа ирыдҳәалоуп, иаҳҳәап, Pan-STARRS, ATLAS, мамзаргьы ԥхьаҟатәи Legacy Survey of Space and Time (LSST) насгьы Вера Рубин лобсерваториа[17]. Апериод ду змоу акомета цәырымҵыр, мамзаргьы уи аиасра залымшозар, усҟан апериод кьаҿ змоу арезервтә комета 73P/Швассман — Вахман аҭҵаара алыршахоит[19].

Акометақәеи Адгьыли

Акосмостә шкалаҿы акометақәа рыкапан маҷуп — Адгьыл акапан аасҭа миллиардынтә раҟара еиҵоуп, насгьы урҭ рҵыхәақәа рҟынтәи аматериа аилаӷәӷәара ноль иаҟароуп ҳәа ҳҳәар ауеит. Убри аҟнытә «ажәҩантә сасцәа» Амратә системаҿы иҟоу апланетақәа зынӡа ирныруам. Иаҳҳәап, 1910 шықәса лаҵарамзазы Адгьыл Галлеи икомета аҵыхәа иаҩсит, аха ҳапланета аныҟәараҿы ԥсахрақәак ҟамлеит.

Даҽа ганкахьалагьы, акомета ду апланета ианаҿаслакь, апланета атмосфереи амҳалдызасфереи рҿы анырра дуқәа аанагар алшоит. Ас еиԥш иҟоу аиҿасра азы ибзиоу, ибзианы иҭҵаау ҿырԥштәыс иҟалеит акомета Шумеикер — Леви 9 аҟынтәи аԥҽыхақәеи Иупитери 1994 шықәса ԥхынгәымзазы реиҿасра.

Естониатәи астроном Ернст Епик иҟаиҵаз аҳасабрақәа рыла, Адгьыли акометақәа ргәыцәқәеи реиҿасра алыршара[4]:

Агәыцә адиаметр, км Аиҿасрақәа рыбжьара абжьаратәи абжьаӡара, млн шықәса
0,5—1 1,3
1—2 5,6
2—4 24
4—8 110
8—17 450
> 17 1500

Америкатәи астрофизик Лиза Рандалл лажәақәа рыла, Адгьыл абиосфераҿы периодла иҟалоз ақәӡаара ӷәӷәақәа Оорт иԥсҭҳәа аҟынтәи акометақәа реиҿасра иахҟьаны иҟалон[20].

Акомета адырга

Акомета адырга ☄ (браузерқәак рҿы имааԥшыр ҟалоит) иуԥылоит Юникод жәабатәи аԥхьаӡац 9732 мамзаргьы жәафтәи аԥхьаӡац 2604 аҵаҟа, насгьы HTML акод ахь иҭагалатәуп мамзаргьы.

Агалереиа

Шәахә. иара уб.

Азгәаҭақәа

Комментарии

  1. ↑ Афаил ахҳәааҿы НАСА аҟынтәи аилыркаара ыҟоуп, ари асахьа зныктәи аҭагалараан изалхымыз иазкны.

Источники

  1. ↑ Wm. Robert Johnston (1 цәыббрамза 2021). "Known populations of solar system objects". Johnston's Archive (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 4 ажьырныҳәамза 2022 ахь. Ириашоу 2 жәабранмза 2022 шықәсазы.
  2. ↑ "HORIZONS System". Иархивтәоу аоригиналзы 20 нанҳәамза 2011 ахь. Ириашоу 26 рашәарамза 2020 шықәсазы.
  3. ↑ The Gran Telescopio Canarias (GTC) obtains the visible spectrum of C/2019 Q4 (Borisov), the first confirmed interstellar comet Архив ҟаҵан 2019-09-16 азы Wayback Machine аҟны., Sep. 14, 2019
  4. ↑ 4,0 4,1 4,2 Комета Архив ҟаҵан 2017-09-10 азы Wayback Machine аҟны. | Энциклопедия «Кругосвет»
  5. ↑ Гнедин Ю. Н. "Астрономические наблюдения кометы века: новые, неожиданные результаты". Астронет. Иархивтәоу аоригиналзы 10 цәыббрамза 2017 ахь. Ириашоу 5 лаҵарамза 2017 шықәсазы.
  6. ↑ 6,0 6,1 "Малые тела Солнечной системы". Проект «Исследование Солнечной системы». Иархивтәоу аоригиналзы 15 лаҵарамза 2013 ахь. Ириашоу 19 мшаԥымза 2013 шықәсазы.
  7. ↑ Всехсвятский С. К. Кометы // Детская энциклопедия для среднего и старшего возраста. Том 2. Земная кора и недра Земли. Мир небесных тел. / ред. тома В. А. Касименко. — 1 изд. — М.: Издательство Академии педагогических наук СССР, 1959. — С. 399. — 544 с.
  8. ↑ Искатели звёздной пыли получили неожиданный материал Архив ҟаҵан 2008-01-28 азы Wayback Machine аҟны. // membrana.ru (со ссылкой на news.nationalgeographic.com — «Comet Built Like an Asteroid, Scientists Find» Архив ҟаҵан 2008-01-28 азы Wayback Machine аҟны.)
  9. ↑ Цесевич В. П. § 51. Кометы и их наблюдения // Что и как наблюдать на небе. — 6-е изд. — М.: Наука, 1984. — С. 168—173. — 304 с.
  10. ↑ G. Ranzini — Atlante dell' universo./ Пер. с итал. Г. Семёновой. — М.: Эксмо, 2009. — С. 88.
  11. ↑ Lagrange J. L. Sur l'origine des comètes // Additions à la Connaissance des Temps. — 1814. — С. 211—218.
  12. ↑ Силкин Б.И. В мире множества лун. — М.: Наука, 1982. — С. 108—109. — 208 с. — 150 000 экз.
  13. ↑ Kazimirchak-Polonskaya E. I. The Major Planets as Powerful Transformers of Cometary Orbits // The Motion, Evolution of Orbits, and Origin of Comets / edited by G.A. Chebotarev, E.I. Kazimirchak-Polonskaya, B.G. Marsden. — Springer Science & Business Media, 2012. — С. 392.
  14. ↑ Шамин С. М. История появления слова «комета» в русском языке // И. И. Срезневский и русское историческое языкознание: К 200-летию со дня рождения И. И. Срезневского: сборник статей Международной научной конференции, 26-28 сентября 2012 г. / отв. ред. И. М. Шеина, О. В. Никитин; Рязанский гос университет им. С. А. Есенина. Рязань, 2012. С. 366—372.
  15. ↑ Детская энциклопедия «Мир небесных тел. Числа и фигуры.» — Глав. ред. А. И. Маркушевич — М.: Педагогика, Москва, 1972. — С. 187.
  16. ↑ Stephenson F. R., Yau K. K. C. Far eastern observations of Halley’s comet: 240 BC to AD 1368 (англ.) // Journal of the British Interplanetary Society. — 1985. — May (vol. 38). — P. 195—216. — ISSN 0007-084X.
  17. ↑ 17,0 17,1 "Comet Interceptor construction moves forward". www.esa.int (англыз бызшәала). Ириашоу 5 мшаԥымза 2025 шықәсазы.
  18. ↑ "Wayback Machine" (PDF). www.lpi.usra.edu. Иархивтәоу (PDF) аоригиналзы 21 жәабранмза 2024 ахь. Ириашоу 5 мшаԥымза 2025 шықәсазы.
  19. ↑ Jones, Geraint (2 рашәарамза 2019). ""Comet Interceptor - Executive Summary"" (PDF) (англыз бызшәала).
  20. ↑ Лиза Рэндалл. Тёмная материя и динозавры: Удивительная взаимосвязь событий во Вселенной. — М.: Альпина Нон-фикшн, 2016. — 506 с. — ISBN 978-5-91671-646-7. — С. 314.

Алитература

  • Лиза Рэндалл. Тёмная материя и динозавры: Удивительная взаимосвязь событий во Вселенной = Lisa Randall: "Dark Matter and the Dinosaurs: The Astounding Interconnectedness of the Universe". — М.: Альпина Нон-фикшн, 2016. — 506 p. — ISBN 978-5-91671-646-7.
  • Левин Б. Ю., Симоненко А. Н. Комета Галлея. — М.: Знание, 1984. — 64 с., ил. — (Новое в жизни, науке, технике. Сер. Космонавтика, астрономия; № 1).

Азхьарԥшқәа