Перейти к содержанию

Акбар I Ду

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Акбар I Ду
араб. جلال الدين أبو الفتح محمد أكبر
ахинд. जलालुद्दीन मुहम्मद अकबर
Амогол дуқәа римпериа
ападишах
Амаҵураҭыԥ ахь:
Ажьырныҳәамза 27, 1556 – Жьҭаарамза 17, 1605
Аԥхьа иҟаз Хәмаиун
Аҭынха Џьаҳангир


Аира жьҭаарамза 14, 1542 ш.
Аԥсра жьҭаарамза 17, 1605 ш.
Аԥсра зыхҟьаз дизентерия
Аԥсыжра аҭыԥ Сикандра иҟоу Акбар имавзолеи
Абызшәақәа чагатайский язык,
Аџьам бызшәа,
хиндустани
Аԥҳәыс 36-ҩык аҳәса
Ани аби Хәмаиун
Ахәыҷқәа Џьаҳангир,
Асулҭан Мурад-мирза,
Асулҭан Даниал-мирза,
6-ҩык аԥҳацәа
Ауацәа Bakshi Banu Begum, Мухаммад Хаким-мирзаи Al-aman Mirza (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Шах-Джахан, Султан Хусрау-мирза, Султан Парвез-мирза, Султан Шахрияр-мирзаи Bahar Banu Begum (амаҭацәа)
Ажәла Абабуридцәа
Аусура аҳ
Адин Аԥсылманра (суннизм)
дин-и иллахи

Абуль-Фатх Џьалалуддин Мухаммад Акбар (аурд. جلال الدین اکبر, араб. جلال الدين أبو الفتح محمد أكبر, ахинд. जलालुद्दीन मुहम्मद अकबर), Акбар Ду ҳәа еицырдыруа (жьҭаарамза 14, 1542 ш., Умеркот — жьҭаарамза 17, 1605 ш., Фатехпур-Сикри)[1][2] — аҳәынҭқарратә усзуҩ, Амогол дуцәа римпериа ахԥатәи аимператор (ападишах), Амогол дуцәа рдинастиа Индиа ашьаҭа зкыз Бабур имоҭа. Акбар Моголтәи адинастиа ирӷәӷәеит, ампыҵахаларақәа ирыбзоураны аҳәынҭқарра аҳәаақәа акыр ирҭбааит. Иаҳра анҵәамҭазы, 1605 шықәсазы, Аҩадатәии Агәҭатәии Индиа ахәҭақәа рӷьырак Моголтәи аимпериа иаҵанакуан. Аҳәынҭқарратә, арратә, адинтә реформа дуқәа мҩаԥигеит. Акбар Ду ихаан Индиа акультуреи аҟазареи еизҳаит.

Заатәи ашықәсқәа

Акбар диит жьҭаарамза 14, 1542 шықәсазы (раџаб 4, 949 х. ш.) Раџьпуттәи абааш Умеркот ақ. Синд (уажәы Пакистан апровинциа). Иаб ападишах Хәмаиун иакәын, иан — аԥааимбар Мухаммад идгылаҩ араб хылҵшьҭра иатәыз, шииттәи ашеих Али Акбар Џьами иԥҳа Ҳамида Бану Бегум лакәын. Хәмаиун Кабул анига ашьҭахь, Акбар ахьӡ ҿыц ихҵан: Џьалалуддин Мухаммад Хәмаиун.

Шер-шах Чауси (1539) Канауджеи (1540) рзааигәара аиааира анига ашьҭахь, Хәмаиун Дели ааныжьны сефевидтәи ашах иаҳҭынрахьы дыбналеит. Абҵарамза 1551 шықәсазы Акбар Џьаландхар ақалақь аҟны иаб иашьа иԥҳа Рукиа Султан Бегум дигеит[3]. Апринцесса Рукиа иаб иашьа Мухаммад Хиндал-мирза иԥҳа заҵә лакәын, насгьы лара раԥхьатәи иԥҳәыс хадас дҟалеит[4].

Шер-шах иԥа Ислам-шах иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Хәмаиун џьамтәылатәи ашах ицхыраарала ар еизганы, 1555 шықәсазы Дели архынҳәра илшеит[5]. Мызқәак рышьҭахь, Хәмаиун иԥсҭазаара далҵит, Акбар ихылаԥшҩы Баирам-хан, Акбар аҳрахь инагара аҽазыҟаҵаразы, ападишах иԥсра иҵәахыр акәхеит. Жәабранмза 14, 1556 шықәсазы 13 шықәса зхыҵуаз Акбар шахиншах (аџьам бызшәала «Аҳцәа раҳ») ҳәа дшьақәырӷәӷәан[6][7]. Акбар иқәра наӡаанӡа, аҳра напхгара азиуан арегент Баирам-хан[8][9].

Анапхгара алагамҭа

Акбар I ихаан Моголтәи аимпериа

Акбар 1556 шықәсазы аҳра данахагыла, ԥшьышықәса рышьҭахь Баирам-хан дықәицеит, насгьы акымкәа ақәгыларақәа ихәаҽит (убас, Мальва иҟаз Баз Бахадур иқәгылара), 1579 шықәсазы иашьа Хаким дызлахәызгьы уахь иналаҵаны. Абҵарамза 1556 шықәсазы индуисттәи ападишах Хем аҩбатәи панипаттәи аидыслараҿы даҵаирхеит[10][11]. Акбар ҩажәа шықәса инарзынаԥшуа иҭаххеит имчра арӷәӷәареи, насгьы Аҩадатәии Агәҭатәии Индиа (Раџьпутана, Гуџарат, Бенгалиа, Кашмир) аҳцәа инапаҿы раагареи рзы. Акбар иҭыԥ ирӷәӷәарц азы раџьпутаа рпринцесса ԥҳәысс дигеит[10][12]. Раџьпутаа аҭыԥантәи автономиа аиҿкаара азин риҭеит, уи азы есышықәса ашәахтә ашәареи, насгьы арразы ауаа раашьҭреи аҭахын. Абасала, Акбар раџьпутаа рыгәрагара аиқәырхара илшеит, насгьы урҭ рыруаа ампыҵахаларақәа раан ихы иаирхәар ҟалон[5].

Акбар аҳазеи ашәахтәқәеи реизгара еиҿикааит, насгьы иабду Бабур иеиԥш, ахәаахәҭра аҿиара дацхраауан. 1574 шықәсазы, аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә еиҿкаара шьақәыргыланы, Акбар аҩныҵҟатәи ареформақәа рымҩаԥгара далагеит.

Ареформақәа

Ареформақәа хықәкы хадас ирыман уа иқәынхо ажәларқәа зегьы еиҟараны, ииашаны рызнеира шьаҭас измоу еизаку аҳәынҭқарра аԥҵара. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ачынқәа рсистема (мансабаа) алагаланы арра рхылаԥшра ирӷәӷәеит, аҳәынҭқарра административтә еихшара ҿыц имҩаԥигеит, иаку ашәахтәқәҵаратә система шьақәиргылеит (ԥарала, ашьаратә хашәалахә формала акәымкәа)[13]. Ашәахтә реформа шьаҭас иаман ӷәӷәалатәи аҳасаббара, уи ачынуаа ашәахтәқәа рыхәҭа рыҵәахреи рӷьычреи рзы алшара рнаҭомызт. Убри аангьы, аҽаҩра аныҟамлоз, амлакра аныҟаз, ашәахтәқәа еизыргомызт, ажәлар ԥарала, ма рыцла арԥсах рырҭон. Акбар иԥсылманамыз рзы ашәахтәқәа (џьизиу) аҟәихит, иара убас аиндусцәа лазырҟәуаз хыцыԥхьаӡатәи аҳаза. Аимпериа ахьынӡанаӡааӡоз иаку ашәагазагатә система алагалан, иара убас Улугбек иҭаӡҩыратә дыррақәа рыла ишьақәгылаз амратә мзар. Ападишах ахәаахәҭра аҿиара аҵак ду аиҭон, уи илшеит аеврпопауааи иареи акоммерциатә еимадарақәа рыбжьаҵара. Индиа Моголтәи аимпериа амчра ирҭбаарц, насгьы аиндуисттә уаажәларра иара ишҟа радыԥхьаларазы, Акбар активла аҳәынҭқарреи арреи рҿы акыр зҵазкуаз амаҵуратә ҭыԥқәа аиндуисттә раџьацәа ирыдигалон.

Акультуреи аҟазареи

Абу-л Фазл ападишах Акбар ашәҟәы «Акбарнаме» ҳамҭас ииҭоит. Аминиатиура. «Акбарнаме», 1596—1597 шш. Честер Битти ибиблиотека, Дублин

Акбар аҭҵаарадырреи, аҟазареи, архитектуреи рхылаԥшҩы иаҳасабала ихы ааирԥшит[14]. Адинеибачҳара апринцип дықәныҟәаны, иааигәа-сигәа еизигеит еиуеиԥшым адинқәа ныҟәызгоз иреиӷьыз аҵарауаа, апоетцәа, амузыкантцәа, асахьаҭыхыҩцәа. Акбар иаҳратәра аамҭазы еиҿкаан аҿыханҵатә школ, уи ахан аҩныҵҟатәи аҭӡамцқәа афрескақәа рыла ирԥшӡан. Иара ибзоурала еизган 24 нызқь том инареиҳаны изҵазкуаз абиблиотека беиа. 1569 шықәсазы Агра азааигәара аҳҭнықалақь ҿыц Фатехпур-Сикри, «Аиааира ақалақь» аргылара иалагеит.

Акбар иаҳа изааигәаз аҟыбаҩ бзиеи аҵареи змаз авизирцәа ракәын: еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз, насгьы ападишах иаҳратәра иазкыз аҭоурыхтә нҵамҭақәа «Акбарнаме» аанзыжьыз аԥсылман Абу-л Фазл (1551—1602), иара убасгьы индиатәи афольклор иахәҭаку, ажәлар рлафқәа реизгаҿы аамсҭашәалатәи зхымҩаԥгашьақәеи зафоризмқәеи арбоу аиндус-брахман Бирбал (1528—1586).

Акбар ихаҭа иакәзар, аџьам бызшәа аҟынтәи асанскрит бызшәахьы, насгьы асанскрит бызшәа аҟынтәи аџьам бызшәахьы усумҭақәак еиҭеигеит.

Адин

Акбар иаҳратәра раԥхьатәи ашықәсқәа раан аиндуизми егьырҭ адинқәеи рахь азымчҳара ааирԥшуан. Аха анаҩс иаҳа ачҳара ааирԥшуа далагеит, ашариаттә ԥҟарақәак аԥихит, насгьы адинқәа зегьы хақәиҭрала рықәныҟәара азин риҭеит[15][16][17]. Акбар адинқәа рахь азҿлымҳара ду ааирԥшуан, ақьырсианрагьы уахь иналаҵаны, уи атәы изеиҭарҳәон Родольфо Аквавива, Антони де Монсеррат, иара убас егьырҭ акатоликтә миссионерцәагьы. Акбар адгьылқәеи аԥаратә хархәагақәеи азоуижьуан аџьаамқәа рзы мацара акәымкәа, Аҩадатәии Агәҭатәии Индиа аиндуисттә ныхабаақәа, иара убас Гоа ақьырсианттә уахәамақәа рыргыларазгьы.

1582 шықәса инаркны, дин-и иллахи («анцәахаҵаратә дин») ҳәа ахьӡ зиҭаз, амистикатә дин ҿыц аԥҵара иҽазикит, уи еиҿкаан Абу-л Фазл ицхыраарала, иагьышьақәгылан аиндуизм, азороастризм, аԥсылманра, ақьырсианра рыхәҭақәа реилаҵарала. Акбар иҳәон: «Ахшыҩ иаднакыло ауп иҵабыргу адинхаҵара», насгьы «Атрадициа амҵахырхаҩцәа, абзамыҟәцәа аӡәырҩы рабацәа рҵас ахшыҩ аҭахрақәа ракәны иахәаԥшуеит, убри ала наӡаӡа рхы ахьымӡӷ адыргоит».

1580—1582 шықәсқәа рзы Акбар имҩаԥигоз адинтә реформақәа ирҿагыланы афеодалцәа дуқәа рықәгылара мҩаԥысит. Аиҿагылара аихшьала аҳасабала Акбар иажәақәа рыбжьы гоит: «Насыԥ сымоуп, избанзар иԥшьоу Аҵара аԥсҭазаара алагалара сылшон, ажәлар амшхәыбзазара рыҭара сылшон, насгьы аӷацәа дуқәа рыла сыхьӡ ҳаракхон». Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа аҳҭынратә ацәгьаршрақәеи иԥа Салим ичарҳәаратә усқәеи рыла иҭәын. Акбар иԥсҭазаара далҵит 1605 шықәсазы, иаҳра иҭынхеит Салим Џьаҳангир ҳәа ахьӡ шьҭыхны.

Амзар

Акбар Фазли ҳәа захьӡыз аера аԥиҵеит — Индиа аҵыхәтәантәи аерақәа иреиуоуп. Уи рхы иадырхәон аофициалтә документқәа рҿы мацара. Аера алагамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп цәыббрамза 10, 1550 шықәса[18].

Арратә реформақәа

Акбар аҟыбаҩ бзиа злоу ар рԥызаҩны дыҟан, уи азы Александр Македонски диҿдырԥшуан[19]. Аидысларақәа рҟны иахьизымаиааиуаз азы «Аду» ҳәа ахьӡ ихҵан[20]. Акбар иалеигалаз ачынқәа рсистема (мансабаа) арра ахылаԥшра арӷәӷәеит, насгьы ԥсахрақәак алагаланы аимпериа ахьынӡаҟаз еиқәырхан[21]. Моголтәи арраҿы рхы иадырхәо иалагеит абзарбзанқәа, ахырӷәӷәарҭатә ргыларақәа, насгьы аибашьыгатә асланқәа[20]. Акбар амушкетқәа дрызҿлымҳан, ахархәарагьы риҭон еиуеиԥшым аидысларақәа раан. Иҭҟьо абџьари артиллериеи раиуразы, Османтәи асулҭанцәеи аевропауааи, еиҳарак апортугалцәеи италиааи рахь ацхыраара даҳәон[22]. Акбар ир ирымаз абџьар хыԥхьаӡарала иааигәа иҟаз аҳәынҭқаррақәа рабџьар иреиҳан[23], убри аҟнытә атермин «Иҭҟьо абџьартә аимпериа» аҵарауааи аҭоурыхҭҵааҩцәеи рхы иадырхәоит Индиа иҟаз Амогол дуцәа римпериа азы[24].

Административтә реформақәа

Акбар Делитәи асултанат аан иҟаз анапхгара ахадаратә система ирҿыцит.

Афинанстә ҟәша напхгара азиуан авазир, уи адгьылқәа рнапхгарагьы инапы ианын.

Иреиҳаӡоу арратә напхгаҩы мир бахши ҳәа ишьҭан, уи изааигәаз аемирцәа рҟынтәи далихуан.

Мир саман ҳәа изышьҭаз аимператортә ҳҭынреи ауадалықьқәеи напхгара рзиуан, иара убас аҳҭынра аусуреи аҳратә хьчаҩцәеи дырхылаԥшуан.

Аӡбаратә мчра хазы иҟаз усбарҭан, еиҳабысгьы даман «кази», иара убас уи адинхаҵарақәеи аҵасқәеи дырхылаԥшуан.

Ашәахтәқәҵара ареформақәа

Акбар иаҳра раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ашәахтәқәҵара ареформа мҩаԥигеит, анхаҩцәа рзы аҽаҩра ахԥатәи ахәҭа иаҟараз ашәахтә ахышәара шьақәиргылеит, насгьы аҿыхҩцәа рмаҵурақәа аҟәихит. Уажәшьҭа анхаҩцәа ашәахтә ишиашоу аҳәынҭқарра иазыршәон. Убри аангьы, адгьылҭыԥ зегьы аҟынтәи акәымкәа, иахьықәаарыхуаз аҭыԥ мацара аҟынтәи ашәахтә ршәон. Аҳәынҭқарра агәҭатәи ахәҭаҟны Акбар анхаҩцәа ашьаратә шәахтә аҟынтәи аԥаратә ахь ииаигеит, аха уи иахҟьаны анхаҩцәа рҭагылазаашьа еиҳа еицәахеит, избанзар афатә ахә лаҟәын, убри азы анхаҩцәа наӡынла аԥара зҭиуа ирыҳәар акәхон.

1582 шықәсазы Тодар Мал имҩаԥигаз ашәахтә реформақәа рышьҭахь, Моголтәи аимпериаҿы иҟан ихадаз ашәахтә хкқәа хԥа: галлебахш, забти, насак.

Аԥаратә реформа

Акбар иараӡынтә ԥараҿырп ашахада ацны

Акбар аԥараҿырп аҭыжьратә традициа иԥсахит, уи ала Индиатәи анумизматикаҿы ахы ҿыц аатит. Акбар иԥараҿырпқәа ашәҭқәеи аԥшьбӷьыцқәеи рсахьақәа рыла иҩычаны, ихырҷаны иҟаҵан. Урҭ ирыман игьежьу, насгьы иҷыдоу аромб еиԥшыз аформақәа (мехраб). Апортрет еиԥшу Акбар ихьтәы ԥараҿырп (Мохур) еиҳарак ақәгылара еиҿызкааз иԥа, апринц Салим (анаҩс аимператор Џьаҳангир) итәыртәуан, анаҩс аинышәаразы Акбар исахьа зныз ахьтәы ԥараҿырп амохурқәа изаҷны ҳамҭас иаб ииҭеит.

Ампыҵахаларақәа

Акбар иаҳра алагамҭазы, Моголтәи аҳәынҭқарра Агреи Делии рыкәша-мыкәшеи, Пенџьаб мрагыларатәи ахәҭеи, Афганистан иҟоу Кабул аҳаблеи ракәын иаҵанакуаз. XVII-тәи ашәышықәса алагамҭазы урҭ ирыҵаркуан Индиа аҩадатәи ахәҭеи егьырҭ аобластқәаки. Амԥыҵахаларақәа реиҳарак Акбар иаҳратәра актәи азыбжазы ауп ианымҩаԥысуаз. Мальвеи Гуџьарати рсултанатқәеи, Бенгалиа, Синд, Кашмир иҟаз аԥсылмантә ҳәынҭқаррақәеи инапаҿы иааигеит. Раџьпуттәи аҳрақәагьы иимпериа иадҵахеит, иара убасгьы урҭ раҳцәеи ҭауади-аамсҭеи Акбар имаҵурахь ааԥхьара рыҭаны, рвассалтә хьаԥшра ирӷәӷәеит. Аџьамцәа ирабашьны Кандагар рымхын, убри аҟнытә Мрагыларатәи Афганистан зегьы амоголцәа рымчра аҵаҟа иҟалеит. Акбар декантәи асултанат Ахмаднагар адгьылқәа аҩадатәи рыхәҭа инапаҿы иааигеит, убри ала, агеографиатә еиҟәыҭхара иабзоураны, еиԥмырҟьаӡакәа 1500 шықәса Орисса иҟаз аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аҵыхәа ԥиҵәеит. Аҵак ду аман Бенгалиа иҟаз ибеиаз, иҿиоу анаплакыра змаз, амшынтә хәаахәҭра знапы алакыз Гуџьаратәи асултанат областқәа рымпыҵахалара[25].

Адәныҟатәи аполитика

Португалиа

Акбар иаҳратәра алагамҭазы, апортугалцәа Индиатәи асубконтинент мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҿы абаашқәеи азауадқәеи дыргылеит. Урҭ ари арегион аҿы амшынтә навигациеи ахәаахәҭреи ирхылаԥшуан. Убри аҟынтә ахәаахәҭра Португалиа иадҳәалахеит, уи аҳцәеи ахәаахәҭыҩцәеи агәынамӡара рызцәырнагон[26].

1572 шықәсазы Амогол дуцәа римпериа амшын ахь анеирҭа рыԥшааит. Акбар, апортугалцәа рҟынтәи ашәарҭара шыҟаз аниба, Џьамтәылатәи аӡыбжьаха ахызааразы акартаз (азин) аиура игәы иахәеит[27]. 1572 шықәсазы Сурат амацәаз ианҭакыз, апортугалцәа Амогол дуцәа рыр рымч анырба, адипломатиатә знеишьақәа рхы иадырхәарц рыӡбеит. Акбар иҟаиҵаз аҳәарала, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ицҳаражәҳәаҩ ддәықәҵан[28]. Акбар апортугалцәа рыртиллериатә бџьарқәа ахьизаамхәаз иахҟьаны, ифлот ишахәҭоу еиԥш бџьарла аиқәыршәара илымшеит[29].

Акбар Индиатәи Аокеан аҿы апортугалцәа рымч азхеиҵар акәхеит, убри аҟнытә абаӷәаза аҟынтәи аӷба адәықәларазы, насгьы Меккаҟа ҳаџьрацаразы урҭ рҟынтә азин даҳәар акәын[30].

Османтәи аимпериа

1555 шықәсазы, Акбар даныхәыҷыз, Османтәи адмирал Сейди Али-реис Амогол дуцәа римпериа даҭааит. Ԥыҭрак ашьҭахь 1569 шықәсазы егьи Османтәи адмирал Куртоглу Хизир-реис Амогол дуцәа римпериа аԥшаҳәақәа дырҭааит. Арҭ адмиралцәа Индиатәи аокеан аҿы Португалиатәи аимпериа аҳра аҵыхәаԥҵәара иашьҭан. Акбар иаҳратәраан, асулҭан Сулеиман Аблахкыга иахь ф-шәҟәык ишьҭит[31][32].

1576 шықәсазы Акбар Иахьиа Салех напхгара зиҭоз аҳаџьрацаҩцәа ргәыԥ ду 600 000 ахьтәи араӡынтәи аԥараҿырпқәа, 12 000 акафтанқәа, абрынџь ахәҭа ду рыҭаны идәықәиҵеит[33]. Жьҭаарамза 1576 шықәсазы Акбар иҭаацәара злаз Меккаҟа аделегациа дәықәиҵеит. Суратнтәи аҳаџьрацаҩцәа зҭаз ҩ-ӷбак 1577 шықәсазы Джиддатәи абаӷәазаҿы инеит[34]. 1577-тәи 1580-тәи ашықәсқәа ирҭагӡаны Меккеи Мединеи рнапхгаҩцәа рзы ԥшь-караванк аҳамҭа лыԥшаахқәа ацҵаны ишьҭын[35][36].

Амоголцәа ԥшьышықәса ирылагӡаны Хиџьаз иаанхахьан, насгьы ԥшьынтә аҳаџьра рхы аладырхәхьан. Уи адагьы, Акбар суфиттәи атарикат Кадыриа иаҵанакуаз иӷараз аԥсылманцәа-адервишцәа рҳаџьра амҩаԥгаразы аԥара азоуижьуан[37]. Джидда иҟаз Османтәи паша, амоголцәа Суратҟа рыхынҳәраҿы, ацхыраара риҭон[38]. Хиџьаз аҟны амоголцәа рыҟазаара ашьақәыргыларазы Акбар иҟаиҵаз аҽазышәарақәа ирыбзоураны, аҭыԥантәи ашерифцәа Амогол дуцәа римпериа аҟынтәи аԥаратә цхыраара шроуа агәра рго иалагеит, насгьы Османтәи Аимпериа аҟынтәи ахьыԥшра дырԥсыҽыр шрылшоз[37].

Сефевидаа рҳәынҭқарра
Аббас II Моголтәи аимпериа аҟынтәи ацҳаражәҳәаҩцәа дырԥылоит

Сефевидааи амоголцәеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа аҭоурых ду аман. Хәмаиун Шер-шах ижәылара иахҟьаны Индиа данықәҵа, Сефевидтәи аҳ Тахмасп I аҽыҵәахырҭа ииҭеит. XVI-тәии XVII-тәии ашәышықәсақәа рзы сефевидааи османааи Азиа амчразы еибашьуан. Сефевидаа ашииттә ԥсылманра адинхаҵара иқәныҟәон, амоголцәеи османааи — асунниттә[39]. Сефевидааи амоголцәеи Гиндукуш иҟоу Кандагар ақалақь анапхгаразы еибашьуан[40]. Гиндукуш ҩ-империак рҳәааҿы иҟан, насгьы ихадоу астратегиатә роль нанагӡон[41]. Акбар иаҳратәра раԥхьатәи ҩажәа шықәса ирылагӡаны, аҩ-империак реизыҟазаашьақәа бзиан, аха 1576 шықәсазы Тахмасп иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Сефевидаа римпериаҿы атәылауаҩратә еибашьра иалагеит, уи иахҟьаны аҩ-империак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылан. Жәашықәса рышьҭахь, Шах Аббас аҳра данахагыла, аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылан[42]. Уи ашьҭахь, Акбар Кабул игеит, насгьы аимпериа аҩада-мраҭашәаратәи аҳәаақәа рырӷәӷәаразы, Кандагарҟа ар дәықәиҵеит. Мшаԥымза 18, 1595 шықәсазы Кандагар еибашьрада аҽанаҭеит, уи аҳ Музаффар Хусеин Акбар иаҳҭынрахьы диасит[43]. 1646 шықәсазы Шах-Джахан Кандагар импыҵеихалаанӡа, ажәашықәсақәак ирылагӡаны Амогол дуцәа рҳәынҭқарра анапхгара аҵаҟа иҟан[44]. Сефевидааи амоголцәеи рыбжьара адипломаттә еизыҟазаашьақәа Акбар иаҳра анҵәамҭанӡа иҟан[45].

Мариам уз-Замани-бегум Сахиба — Акбар иҳәса руаӡәк, ападишах Џьаҳангир иан

Иҳәсеи ихәыҷқәеи

30-ҩык аҳәсеи ауадалықцәеи рҟынтә, ападишах Акбар фҩык аԥацәеи фҩык аԥҳацәеи иман, урҭ рыбжаҩык ишыԥшқаз, ма ишыхәыҷыз рыԥсҭазаара иалҵит[46]:

Ихаҭара

Акбар иаҳра атәы ашәҟәы «Акбар-наме» иануп, уи аҳҭынратә ҭоурыхҿиарадырҩы Абу-л Фазл иоуп изҩыз. Акбар ар рԥызаҩи аҳи раҳасабала дырдыруан, бзиа ибон иара ихала иибжьаз иаҳраҟны иҭакыз агепардқәа рыла ашәарыцара.

Акбар дкьаҿын, аха дыӷәӷәан, даара дласын. Иазгәаҭан аидысларақәа раан афырхаҵара шааирԥшуаз, аха агәымбылџьбара шааимырԥшуаз.

Иԥсра

Сикандра иҟоу Акбар имавзолеи (Агра)

Жьҭаарамза 3, 1605 шықәсазы Акбар ихьыз адизентериа ачымазара ахәшәтәра залымшакәа, иԥсҭазаара далҵит жьҭаарамза 26, 1605 шықәсазы. Иԥсыбаҩ Сикандра (ақалақь Агра) иҟоу амавзолеи ахь инаган.

Акбар Ду иԥсҭазаара даналҵ 70 шықәса рышьҭахь, 1691 шықәсазы, амогол дуцәа ирҿагылаз аџьатцәа амавзолеи рбганы, инышәынҭра дырҳәит. Иаанхаз Акбар иԥсыбаҩ блын[47][48].

Иҭынха

Акбар Амогол дуцәа римпериеи Индиатәи асубконтиненти рзы ибеиоу аҭынха аанижьит. Индиеи уи аҳәаанырцәи рҟны Амогол дуцәа римпериа аҳаҭыри арратәи адипломатиатәи ԥыжәареи ирӷәӷәеит. Иара иаҳраан аҳәынҭқарра акультуратә интеграциа шьаҭас иҟаҵаны, идинтәым алибералтә ҟазшьақәа аиуит. Иара убасгьы, асоциалтә реформақәакгьы мҩаԥигеит, иаҳҳәап, сати аҟәыхра, аҳәсеибақәа ҿыц аҭаацәара ралалара азакәантәра, аҭаацәара алаларазы ақәра ашьҭыхра.

Ажурнал «Time» иара ихьӡ «Иреиӷьу 25-ҩык адунеитә напхгаҩцәа» рсиа дахырԥхьаӡалеит[49].

Акбар акультураҿы

Алитератураҿы

Акино аҟны

Акомпиутертә хәмаррақәа рҿы

Азгәаҭақәа

  1. ↑ "Akbar". TENNYSON'S OWN NOTES TO AKBAR'S DREAM. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 10 лаҵарамза 2013 ахь. Ириашоу 18 лаҵарамза 2011 шықәсазы.
  2. ↑ Conversion of Islamic and Christian dates (Dual) Архив ҟаҵан 2009-08-01 азы Wayback Machine аҟны. As per the date converter Baadshah Akbar’s birth date, as per Humayun nama, of 04 Rajab, 949 AH, corresponds to 15 October 1542.
  3. ↑ Eraly, Abraham. Emperors of the Peacock Throne : the Saga of the Great Mughals (англ.). — Penguin books, 2000. — P. 123. — ISBN 9780141001432.
  4. ↑ Jahangir. The Tūzuk-i-Jahāngīrī: or, Memoirs of Jāhāngīr, Volumes 1-2 / Henry Beveridge. — Munshiram Manoharlal, 1968. — С. 48.
  5. ↑ 5,0 5,1 Аксельрод Алан. Филлипс Чарльз. Диктаторы и тираны. В 2-х тт.;т.1/Пер. с англ. — Смоленск: Русич.1998 — 480 с. ил. ISBN 5-88590-604-1
  6. ↑ "Gurdas". Government of Punjab. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 27 лаҵарамза 2008 ахь. Ириашоу 30 лаҵарамза 2008 шықәсазы.
  7. ↑ History Архив ҟаҵан 2018-07-22 азы Wayback Machine аҟны. Gurdaspur district website.
  8. ↑ Chandra, Satish. History of Medieval India: 800—1700. — New Delhi: Orient Longman, 2007. — P. 226.
  9. ↑ Smith, Vincent A. The Oxford History of India. — Oxford University Press, 2002. — P. 337.
  10. ↑ 10,0 10,1 Fazl, Abul. Akbarnama Volume II.
  11. ↑ Prasad, Ishwari. The life and times of Humayun. — 1970. — [Архивировано 14 лаҵарамза 2015 года.]
  12. ↑ "Akbar". Columbia Encyclopedia. 2008. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 12 лаҵарамза 2008 ахь. Ириашоу 30 лаҵарамза 2008 шықәсазы.
  13. ↑ Правление Акбара. Всемирная история: в 6 томах. Том 3: Мир в раннее Новое время.
  14. ↑ Maurice S. Dimand. Mughal Painting under Akbar the Great // The Metropolitan Museum of Art Bulletin. — 1953. — Т. 12, № 2. — С. 46—51. — JSTOR 3257529.
  15. ↑ Habib, Irfan. Akbar and His India. — Oxford University Press, 1997. — P. 84.
  16. ↑ Subrahmanyam, Sanjay. Mughals and Franks (англ.). — Oxford University Press, 2005. — P. 55. — ISBN 978-0-19-566866-7.
  17. ↑ Habib, Irfan. Akbar and His India. — Oxford University Press, 1997. — P. 85.
  18. ↑ "Календари Индии". Архивтәра аоригиналзы 20 мшаԥымза 2018. Ириашоу 19 нанҳәамза 2026 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: bot: original URL status unknown (link)
  19. ↑ Esposito, John L. The Oxford History of Islam (англ.). — Oxford University Press, 1999. — P. 809. — ISBN 978-0199880416.
  20. ↑ 20,0 20,1 Lal, Ruby. Domesticity and Power in the Early Mughal World (англ.). — Cambridge University Press, 2005. — P. 140. — ISBN 978-0521850223.
  21. ↑ Kulke, Hermann. A history of India. — Routledge, 2004. — С. 205. — ISBN 978-0415329200.
  22. ↑ Schimmel, Annemarie. The Empire of the Great Mughals: History, Art, and Culture (англ.). — Reaktion Books, 2004. — P. 88. — ISBN 978-1861891853.
  23. ↑ Richards, John F. The Mughal Empire. — Cambridge University Press, 1996. — С. 288. — ISBN 978-0521566032.
  24. ↑ Gommans, Jos. Mughal Warfare: Indian Frontiers and High Roads to Empire, 1500-1700 (англ.). — Routledge, 2002. — P. 134. — ISBN 978-0415239882.
  25. ↑ История стран Азии и Африки в средние века. Часть 2. М., 1987. С. 182—183
  26. ↑ Habib, Irfan. Akbar and His India. — Oxford University Press, 1997. — P. 256.
  27. ↑ Habib, Irfan. Akbar and His India. — Oxford University Press, 1997. — P. 256—257.
  28. ↑ Habib, Irfan. Akbar and His India. — Oxford University Press, 1997. — P. 259.
  29. ↑ part2/1 Архив ҟаҵан 2014-02-23 азы Wayback Machine аҟны. columbia.edu
  30. ↑ part2/19 Архив ҟаҵан 2012-03-06 азы Wayback Machine аҟны. columbia.edu
  31. ↑ Naimur Rahman Farooqi Six Ottoman Documents On Mughal-Ottoman Relations During The Reign Of Akba Архив ҟаҵан 2014-01-03 азы Wayback Machine аҟны. jis.oxfordjournals.org
  32. ↑ Mughal-Ottoman Relations Архив ҟаҵан 2022-11-29 азы Wayback Machine аҟны. ier.sagepub.com
  33. ↑ Naimur Rahman Farooqi Mughal-Ottoman relations Архив ҟаҵан 2016-05-03 азы Wayback Machine аҟны. books.google.com
  34. ↑ Moosvi, Shireen. People, Taxation and Trade in Mughal India. — Oxford University Press, 2008. — P. 246.
  35. ↑ Ottoman court chroniclers. Muhimme Defterleri, Vol. 32 f 292 firman 740, Shaban 986. — 1578.
  36. ↑ Khan, Iqtidar Alam. Akbar and his age. — Northern Book Centre, 1999. — С. 218. — ISBN 978-81-7211-108-3.
  37. ↑ 37,0 37,1 The Ottoman Empire And the World Around It - Suraiya Faroqhi (англ.). — Google Books.pk.
  38. ↑ Naimur Rahman Farooqi Mughal-Ottoman relations Архив ҟаҵан 2016-06-11 азы Wayback Machine аҟны.
  39. ↑ Athar Ali, M. Mughal India: Studies in Polity, Ideas, Society and Culture. — Oxford University Press, 2006. — P. 94.
  40. ↑ Majumdar, Ramesh Chandra. The History and Culture of the Indian People. Volume 7: The Mughal Empire. — Bharatiya Vidya Bhavan, 1984. — P. 153.
  41. ↑ Athar Ali, M. Mughal India: Studies in Polity, Ideas, Society and Culture. — Oxford University Press, 2006. — P. 327—328.
  42. ↑ Majumdar, Ramesh Chandra. The History and Culture of the Indian People. Volume 7: The Mughal Empire. — Bharatiya Vidya Bhavan, 1984. — P. 154—155.
  43. ↑ Majumdar, Ramesh Chandra. The History and Culture of the Indian People. Volume 7: The Mughal Empire. — Bharatiya Vidya Bhavan, 1984. — P. 153—154.
  44. ↑ Athar Ali, M. Mughal India: Studies in Polity, Ideas, Society and Culture. — Oxford University Press, 2006. — P. 327.
  45. ↑ Majumdar, Ramesh Chandra. The History and Culture of the Indian People. Volume 7: The Mughal Empire. — Bharatiya Vidya Bhavan, 1984. — P. 155.
  46. ↑ Раздел написан по материалам The Timurid Dynasty// www.royalark.net Архив ҟаҵан 2018-01-08 азы Wayback Machine аҟны.
  47. ↑ Aurangzeb Архив ҟаҵан 2013-05-09 азы Wayback Machine аҟны. newworldencyclopedia.org
  48. ↑ "books.google.com.pk". Иархивтәоу аоригиналзы 18 цәыббрамза 2016 ахь. Ириашоу 2 жьҭаарамза 2017 шықәсазы.
  49. ↑ Ishaan Tharoor (4 жәабранмза 2011). "Top 25 Political Icons. Akbar the Great" (англыз бызшәала). Time. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 30 лаҵарамза 2012 ахь. Ириашоу 8 хәажәкырамза 2012 шықәсазы.

Алитература

Азхьарԥшқәа