Аиндеицәа
Алагалажәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аиндеиццәа – ари Америка инхо ажәларқәа рзеиԥш хьӡоуп. Аескимосцәеи алеутцәеи алаҳамҵозар, Аиндеиццәа рыхьӡ Европантә ирылаҵәеит. XV ашәышықәса анҵәамҭазы Христофор Колумб Индиа дшашьҭаз Америка дыӡхаҵит. Убри инаркны, Америка инхоз аиндеиццәа ҳәа рыхьӡхеит. Иахьазы, адунеиаҿы ҩfжәижәаба миллион инареиҳаны индиатәи араса иаҵанакуа ауааԥсыра нхоит. XIX ашәышықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара ханҩажәа миллион иреиҳан. Индиатәи араса инықәырԥшны, шә-милаҭк рыла ишьақәгылоуп. XV ашәышықәсазы европаа Америка ианыӡхыҵыз, урҭ рхыԥхьаӡара ҩышә жәлары рҟынӡа инаӡон.
Аиндеицәа рҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵарауаа ргәаанагарала, индиатәи ажәларқәа Америкаҟа иааит Аҩада-Мрагылара Азиантәи. Урҭ Америкаҟа ииасит Беринг аӡыбжьахала ала. Миллион шықәса раԥхьа, Беринг иӡыбжьахала зынӡагьы иҟаӡамызт. Беринг иӡыбжьахала аҭыԥан, хбарсҭа дгьылын, ахбарсҭа мҩала, Азиантәи Америкаҟа иааит ауаа. Ари ҟалеижьҭеи акрааҵуеит. Америка аҵакырадгьылқәа зегьы аиндеиццәа раланархара шәышықәсақәа рыла ицон. Алтаитәи арегион Аиндеиццәа рыԥсадгьыл ауп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Аиндеицәа рбызшәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҩадатәи Америка инықәырԥшны, ԥшьышә инарзынаԥшуа еиуеиԥшым ахылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа нхоит. Урҭ еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәон.
Аиндеиццәа аҩыра рымаӡамызт. Азеижәтәи ашәышықәсазы, аиндеиццәа рхылҵышьҭрақәак иреиуаз аԥыза Секвоиа иаԥиҵеит аҩыра – чероки. Ҩышықәса рнаҩс, иара ибызшәала иҭижьуеит агазеҭ – Чероки Финикс. Хылҵышьҭрақәак еицәажәон адыргақәа рыла. Ихадаз адыргақәа аиндеиццәа шьапыла ианныҟәоз еимырдон, мамзаргьы еибадырны реиҭаҵраан дыргала еицәажәон. Лассы ласс аиндеиццәа реицәажәараан, еиуеиԥшымыз амаҭәарқәа рхы иадырхәон, иаҳҳәап асаркьа.
Аиндеицәа рынхарҭеи рынхамҩеи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аиндеиццәа рынхарҭа ҭыԥқәа ҷыдоуп. Урҭ ақьалақәеи, ақәацәқәеи, аҳаԥқәеи рҿы инхон. Хылҵшьҭрақәак азеиԥш ҩнқәа рҿы инхон. Ус еиԥш иҟаз аҩнқәа – ахаҳә, анышәаԥшь, амҿы махәқәа, абыӷьқәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа ирылырхуан, зны-зынла аӷәқәагьы рхы иадырхәон. Иара убас, аиндеиццәа рынхамҩаҿгьы аиԥшымзаарақәа рыман. Урҭ рынхамҩаҿы анырра дуӡӡа анаҭеит дара ахьынхоз рҭыԥ. Уи адагьы, урҭ рынхамҩа анырра дуӡӡа анаҭеит рытрадициақәа. Аиндеиццәа рзы зегь раасҭа ихадараз усын ашәарыцара. Иара убас, аиндеиццәа абна ирнаҭоз абеиара аизгара бзиа ирбон. Хылҵышьҭрақәак адгьыл иқәаарыхуан. Аиндеиццәа рыфатә хадақәа иреиуан аԥсыӡ. Аԥсыӡкра дара рзы ихадараз усын.
Европаа иреиуаз ауаа рааирала урҭ аҽқәа рхархәашьа рҵеит. Уи инаҷыдан, абџьар ахархәашьагьы рҵеит. Аиндеиццәа абизонқәеи, абнацәқәеи рышьҭашәарыцара еиҳа ирзымариахеит.
Аиндеиццәа рҿы ақыҭанхамҩа ибзианы аҿиара аман. Ақыҭанхамҩа еиҳа аҿиара аман Мексикеи Аладатәи Америкеи. Уаҟа аиндеиццәа еиуеиԥшым ақыҭанхамҩатә культурақәа аадрыхуан. Дара аҩнытә ԥсаатәқәеи аԥстәқәеи рацәаны ирыман.
Афатә аҳәса иҟарҵон. Еиҳа ахархәара змаз фатә хкын пемикан. Пемикан – ари афатә ихәыҷу, аха угәы зырҭәуа фатәхкуп. Уи абизон акәац рҩеи ауҭраҭых рҩеи ирылырхуеит.
Пемикан аныҟәаҩцәа лассы-ласс рхы иадырхәон. Аныҟәаҩцәа рзы уи аинтерес аҵан избанзар, рацәак аҭыԥ агаӡомызт, ихәыҷын насгьы, угәы арҭәуан, акыраамҭагьы иузхон.
Акерамика. (Анышәаԥшьӡы)
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аиндеицәа акерамика иалху амаҭәарқәа рыҟаҵара иалагеит европаа раԥхьагьы. Аҭыԥантәи акерамика еиуеиԥшымзаарала ирацәан. Еиуеиԥшымызт акерамика аҟаҵашьа аметодқәагьы. Аиндеицәа ирыздырӡомызт акыцлых аҟаҵаразы аусуга ахархәашьа. Убри аҟнытә акерамика напыла аус адырулон. Акерамика адагьы аиндеиццәа рхы иадырхәон анышәаԥшь. Аритуалқәа (ақьабзқәа) рымҩаԥгараан Анышәаԥшь иалхны асабрадақәеи рхы иадырхәоз еиуеиԥшым амаҭәарқәеи ҟарҵон.
Аҟазара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ацентртә Америка Анд аҵакырадгьыл аҿы европаа ықәнагалаанӡа, аҟазареи акультуреи даара ибзиан аҿиара рыман. Мексика, Гватемала, Гондурас, Панама, Колумбиа, Перу, Боливиа, иара убас, егьырҭ атәылақәа рҿы ирыԥшааит ирацәаны ижәытәӡатәиқәаз амаҭәарқәа. Аиндеицәа ркультура даараӡа интересуп, ирацәаҩуп иаднаԥхьалогьы. Урҭ ркультура ианыԥшит ашәарыцацәа, аԥсыӡкцәа, адгьылақәарыхыҩцәа адунеи ишазхәыцуаз, ишырбоз. Урҭ рнапкымҭақәа ԥшӡаны иҟаҵоуп, ркультура амифтә хаҿсахьақәа анырра дуӡӡа арҭеит. Даараӡа иԥшӡоуп аиндеиццәа амҿлых аус радулашьа. Амҿлых аус здырулоз рхы иадырхәон аритуалтә ҵасқәа рымҩаԥгараан. Аиндеицәа зегьы ирылукаауан рԥашьеи рықәҵашьеи рыла. Дара иреиӷьыз асҩцәа иреиуан. Рнапкымҭақәа дырԥшӡон аҵысхә, ахаҳә, акерамикеи рыла. Аиндеицәа рҩымҭақәа рҿы лассы-ласс иаадырԥшуеит аибашьцәеи ашәарыцацәеи ирызкыу асценақәа.
Аха, рыцҳарас иҟалаз ЕАА, Канада, Аргентина уҳәа атәылақәа рҿы, аиндеиццәа ркультура гәыгәҭарыжьуа иалагеит. Аха, даҽаганкахьала Мексика, Гватемала, Перу, Боливиа атәылақәа рҿы жәлар рҟазара аиндеиццәа ркультура шьаҭас иаиуит.
Амифологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аиндеи жәлар рзы анырра дуӡӡа ҟанаҵеит амифологиа. Амифологиа ианыԥшит амца аҟалашьеи, ауаҩи, аԥстәқәеи адунеи ишықәнагалаз. Ԥыҭк ихьшәаны ицәырҵит Каиман изкыз амиф. Каиман афатә данцәахәын, иара убас, аҵиаақәа дрыԥсыцқьан. Даара ибеиоуп аиндеиццәа рмифологиа адунеи шашьас иаиуз атәы зҳәо.
Аиндеиццәа дрыман даараӡа иԥшӡаз анцәахәы Маиса. Маис – аиндеиццәа рҿы даара ибзианы ирдыруа ҵиаауп. Амиф ишаҳәо ала, анцәахәы Маиса аҵиаақәа дырхылаԥшуеит. Лара даараӡа дыԥшӡан, лыхцәқәа дуун. Индиатәи ахылҵышьҭрақәа зегьы рзы, ари анцәахәы амч ду лыман. Ахцәду змаз анцәахәы адгьыли, ажәҩани, Аԥсҭазаареи аԥсреи дырсимволын. Ашаманцәа адырра дуқәа рыман. Аиндеиццәа ргәаанагарала, ачымазцәа рыхәшәтәреи, аԥсабара амчқәа рхархәареи, аԥстәқәеи аԥсымчқәеи рацәажәара урҭ рнапаҵаҟа иҟоуп ҳәа иршьон. Ашаманцәа ирыдҳәалоу алегьендақәа рацәоуп, иахьа урҭ даара ирылаҵәаны иҟоуп.
Аиндеицәеи ацивилизациақәа рыҿиареи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аиндеицәа иаадрыхуаз афатәқәа адунеизегь аҿы анырра дуӡӡа ҟарҵеит. Афатәқәа – аԥш, акартош апомидор, азараҟьа, аҭаҭын, акакао, апырпыл, аҟәыд, адгьылраса, уҳәа убас иҵегь, аиндеиццәа ирыдҳәалоуп. Европа акартош рыларҵәара амлакра армаҷит. Аԥш рхы иадырхәоит ауаа рыфатә еиԥш, арахә акрырҿаҵараҿгьы. Аиндеицәа рҟынтәи ирҵеит аҩнытә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхархәашьа. Ҿырԥшыс иаагозар, аиндеиццәа рыҟны ашәишәи даара ахархәара аман. Аиндеицәа ауаса хкқәак иҩнытәны иҟарҵеит. Урҭ ирықәырхуаз аласа ахархәара бзианы иаман. Ирацәоуп иахьа алақәа рыжәла, Индиатәи абналақәа иҩнытәхаз иреиуоу зышьҭамҭа Америка иҟоу.
Ашьҭахьажәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Иҟалап, шәара ижәбахьазар аиндеиццәа рфырхацәақәа ирызку акинофильмқәа. Иҟалап шәаԥхьахьазар Маин Риди, Џьеимс Фенимор Купери аиндеиццәа ирызкыу рроманқәа. Арҭ акинофильмқәеи, ашәҟәқәеи рыла аиндеиццәа рҭоурых рмифологиа, ркультура зегьы ирдыруа иҟалеит. Уи џьашьатәӡам. Избанзар, индиатәи ажәларқәа иҷыдоу жәларуп.