Адунеи

Адунеи (ажәытә бырз. быз. ажәа οἰκουμένη “оикумена”, “ауаа зхылахьоу аҭыԥҭаӡара” ажәахырҿиааратә калька — Адгьыл адунеи агәҭак аҳасабала азхәыцра аамҭазы зегьызҵазкуа аилкаара[1]) — иҟоу амчхара, аматериа, аҭыԥҭаӡара-аамҭа зегьы реизга, асубатомтә хәҭаҷқәа инадыркны агалактикатә рахәыцқәа зегьи, аҭацәрақәеи еиҳа идуу аилазаашьақәеи рҟынӡа, иара убас имҩаԥысуа ацәырҵрақәа зегьы[lower-alpha 1]. 20-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны акосмологиа еиуеиԥшым аҭҵаарадыррақәа шьаҭас иҟаҵаны ишьақәнаргылеит аҭыԥҭаӡареи аамҭеи шеицыҟалаз Атҟәацра ду ҳәа хьӡыс измоу ахҭыс иалҵшәаны, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырратә еилкаарақәа рыла 13,787 ± 0,020 миллиард шықәса раԥхьа иҟалаз[3]. Агәаанагара ыҟоуп Атҟәацра ду акосмологиатә сингулиарра аԥхьанеиуан ҳәа, Адунеи аханатәтәи аҭагылазаашьа, аҭыԥҭаӡара-аамҭа анаареи аматериа амчхара аилаӷәӷәареи амҽхак дуӡӡақәа анрымаз[4]. Атҟәацра ду аныҟалаз инаркны Адунеи инеибеиԥшны аиҵыҵра иалагеит[5][6]. Адунеи ашәагаақәа еилкаам[7]. Еизаку цырак аҳасабала Адунеи ҭнаҵаауеит акосмологиа ҳәа хьӡыс измоу афизикеи астрономиеи рыҟәша[2].
Ахылаԥшразы иаарту Адунеи ахәҭа (астрономиатә мыругақәа рхархәарала) ауаҩы Адгьыл иара убас Амратә система аҟынтәи дызхәаԥшуа “иубарҭоу Адунеи”, мамзаргьы “Аметагалактика” ахьӡуп[2] (аҵыхәтәантәи аамҭазы аҩбатәи атермин шамахамзар ахархәара ацәыӡит). Иубарҭоу Адунеи адиаметр 93 миллиард лашара шықәса раҟара шьақәнаргылоит[7].
Еиуеиԥшым амифологиақәеи, адинтә, афилософиатә системақәеи рҿы Адунеи атәы зҳәо аидеиа аҭҵаарадырратә методқәа рыла еицырдыруа иахьатәи адунеи асахьа акырӡа еиԥшым. Амифологиеи амифологиахь ииагоу зааӡатәи афилософиатә ҵаси рҿы иҟан акосмос аконцепциа — зегьы зҵазкуа, еиҿартәоу, адунеи азакәан (апринцип) инақәыршәаны еиҿкаау[8]. Иааизакны амифологиа аҩныҵҟатәи ҵакы хадас иамоу, архаикатә космогониатә мифқәа рҿы уажәнатәгьы иҟоу, еиҿкаам ахаос аҟынтәи еиҿкаау акосмос ахь аиасра ауп[9]. Зааӡатәи Адунеи акосмологиатә модельқәак геоцентртәын: Адгьыл Адунеи агәҭаны идыргылон. Европатәи аҭҵаарадырратә револиуциа аан астрономиатә хылаԥшрақәа ирыбзоураны агелиоцентртә модель аԥҵахеит. Ахылаԥшрақәа реиӷьтәрақәа ирыбзоураны, Амра Асар Рымҩа захьӡу агалактикаҿы иҟоу шә-миллиард еҵәак ишреиуоу аилкаара ҟалеит, уи иара ахаҭагьы иаҳбо Адунеи аҿы иҟоу шә-миллиард галактикак ишреиуоугьы еилкаахеит[2].
Иреиҳау иубарҭоу амасштаб аҿы, агалактикақәа еиҟараны, ахырхарҭақәа зегьы рахь еиԥшны еихшоуп. Еиҵоу амасштабқәа рҿы агалактикақәа реилаҵәарақәеи реилаҵәара дуқәеи убарҭоуп, урҭ акосмос аҿы арахәыц дуқәеи аҭацәра дуқәеи шьақәдыргылоит, ашәахтә еиҿкаашьа ҭбаа аԥҵо[10]. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаҵаз аартрақәа, азеиԥш зыҟазаашьатә теориагьы уахь иналаҵаны, ирыбзоураны иҿиоит еиҵыҵуа, иизотроптәу, еизадоу Адунеи иазкны иахьатәи агәаанагарақәа. Атҟәацра ду атеориа ашьақәырӷәӷәарақәа еизеит: раԥхьатәи аматериа ца хьшәашәеит, насгьы Адунеи аҽеиҵыхра инақәыршәаны еиҳа аилаӷәӷәара маҷхеит, уи абзоурала раԥхьатәи асубатомтә хәҭаҷқәеи иаабац атомқәеи шьақәгылеит. Аӡреи агелии рыла ишьақәгылоу аԥсҭҳәақәа хәыҷы-хәыҷла аматериа еиҳа иахьыжәпоу аҭыԥқәа рахь рхы дырхеит, раԥхьатәи аеҵәақәеи агалактикақәеи аԥҵо[2]. Ахьанҭара амч аматериеи арадиациеи ирынаҭо анырра аҭҵаара иаанарԥшит Адунеи аҿы иаҳбо аобиектқәа рҿы иҟоу аматериа аасҭа еиҳаны ишыҟоу: аеҵәақәа, агалактикақәа, анаҟәрақәа, аеҵәабжьаратәи арчы. Иумбо ари аматериа, аматериа лашьца ҳәа иашьҭоуп[11]. Инарҭбааны ирыдыркыло акосмологиатә модель ΛCDM инақәыршәаны, аматериа лашьца 25,8% ± 1,1% рҟынӡа Адунеи аҿы иҟоу акапани амчхареи роуп, аха убри аамҭазы 69,2% ± 1,2% — амчхара лашьца ауп, еилкаам амчхара аформа, Адунеи аҽырҭбаара арццакра аҭакзыԥхықәу[12]. Абасала, иаабац (“абарионтә”) аматериа 4,84% ± 0,1% мацара акапан амоуп[12]. Аеҵәақәа, апланетақәа, иубаратәы иҟоу арчытә ԥсҭҳәақәа ари иаабац аматериа аҟынтәи 6% мацара роуп ирыхәҭаау[13]. Иҟоуп еиуеиԥшым еицлабуа агипотезақәа Адунеи аҵыхәтәа иазкны, иара убасгьы акосмологиатә модельқәа ԥыҭк, уи асингулиарԥхьатәи генезис аҟазаара алзыршо.
Ажәа "адунеи" ахархәара амазар алшоит иара убасгьы асахьаркыратә усумҭа ихыҭҳәаау адунеи аанарԥшырц азгьы.
Аилкаара аҭоурых
Аҭоурых аганахьала еиуеиԥшым ажәақәа рхы иадырхәон «аҭыԥҭаӡара (уахьзынаӡо) зегьы» аарԥшразы, еиуеиԥшым абызшәақәа рҟынтәи аеквивалентқәеи авариантқәеи уахь иналаҵаны, иаҳҳәап "акосмос", "адунеи"[14], "ажәҩантә сфера". Атермин "амакрокосмос"[15] иара убас ахархәара аиуит, аха уи зызку амҽхак ду змоу асистемақәа раарԥшра ауп, урҭ рсубсистемақәеи рыхәҭақәеи уахь иналаҵаны. Убасҵәҟьа, ажәа “микрокосмос” ахархәара амоуп зымҽхак маҷу асистемақәа рзы.
Иарбанзаалак аҭҵаара ма ахылаԥшра, афизик иакәзаргьы, атом агәыцә шеиҟәшо иахылаԥшуа, ахәыҷы ацгәы иацклаԥшуа, мамзаргьы астроном харатәи агалактика иахылаԥшуа — абарҭ зегьы Адунеи, мамзаргьы уи хазы игоу ахәҭақәа рхылаԥшра ауп иаанаго. Абарҭ ахәҭақәа хаҭалатәи аҭҵаарақәа аус здыруло субиектқәаны иҟоуп, насгьы Адунеи иреиҳау амҽхак ала, уимоу Адунеи зегьы еизакны аҭҵааара астрономиеи акосмологиеи рнапалакуп; абри аҭагылазаашьаҿы, Адунеи ҳәа еилкаауп еиҳарак ахылаԥшрақәеи акосмостә експериментқәеи рыла иҭәу адунеи ахәҭа, мамзаргьы акосмологиатә екстраполациақәа робиект — афизикатә Дунеи иааизакны[16].
Астатиа атема — иубарҭоу Адунеи иааизакны иазку адыррақәа роуп: ахылаԥшрақәа, урҭ ртеориатә еилыркаагақәа, рышьақәгылара аҭоурых.
Адунеи аҟазшьақәа ирызкны хьаҳәхьачарада зеилыркаа ҟаҵоу аҵабыргқәа рҟынтә абраҟа иаагап анаҩстәи:
| Еиҳа ирылаҵәоу аелемент аӡри ауп. | Адунеи аҽырҭбаара ибзиоу аҵабыргра z ~ 0,1 аҟынӡа инеиуеит. | Ацәынхатә фон аԥшьбатәи аҩаӡара амаҷра ашкалақәа рҿы афлуктуациа иахысуеит. |
| Ацәынхатә фон атемпература z иадҳәалоуп. | Lα-абна харатәи аобиектқәа (аквазарқәа) z > 6 рыспектрқәа рҿы аҟазаара. | Агалактикақәа рыларҵәараҿы иӷәӷәоу аизадамра аҟазаара < 100 Мпк. |
Абарҭ ацәырҵрақәа ртеориатә еилыркаарақәеи рыхҳәаақәеи шьаҭас ирымоуп акосмологиатә принцип, уи аҵакы ишаҳәо ала ахылаԥшыҩцәа, ахылаԥшра ахьыҟоуи ахырхарҭеи зеиԥшразаалак, бжьаратәла еиԥшу асахьа рбоит. Атеориақәа рхаҭақәа ахимиатә элементқәа рхылҵшьҭра, рыҿиара амҩеи рҽырҭбаара амзызқәеи, насгьы амҽхак ду змоу аилазаашьа ацәырҵреи реилыркаара рҽазыршәоит.
Адунеи иазку ҳаамҭазтәи агәаанагарақәа рганахь раԥхьаӡакәны ашьаҿа ду ҟазҵаз Коперник иоуп. Лагалала аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеоит Кеплери Ниутони. Аха Адунеи иазкны иҳамоу агәаанагарақәа рҿы ииашаҵәҟьаны ареволиуциатә ԥсахрақәа ҟалеит XX-тәи ашәышықәсазы.
Аетимологиа
Аурыс ажәа «Вселенная» ажәа cu. въсел҄енаꙗ аҟынтәи иаагоуп[17], ари ажәытә бырзен ажәа οἰκουμένη[18] аҟынтәи акалька ауп, аҟаҵарба οἰκέω «Сынхоит, сықәынхоит» аҟынтә, насгьы аханатәтәи аҵакаҿы уи ҵакыс иамаз ауаҩы дызқәынхо адунеи ахәҭа мацара акәын. Убри аҟнытә аурыс ажәа “Вселенная” ажәа “вселение” иадҳәалоуп, насгьы ахьыӡцынхәра “всё” ианыҩуеит мацара ауп. Пифагораа инадыркны ажәытә бырзен философцәа рыбжьара "Адунеи" еиҳа иеиҳаны еицырдыруаз еилкааран τὸ πᾶν (зегьы), уи иаҵанакуан аматериа зегьы (τὸ ὅλον) еиԥш, иара убас акосмос зегьы (τὸ κενόν)[19].
Адунеи ахаҿра
| Ахимиатә еилазаашьа[20] | Ацәынхатә шәахәаркра абжьаратәи аԥхарра | Адунеи аҿы аматериа аилаӷәӷәара[21][22] | Аҭагылазаашьа аиҟаратәра[21] |
| H — 75 % He — 23 % O — 1 % C — 0,5 % |
2,725 К | 10-29г/см3. Урҭ рҟынтәи: Амчхара лашьца — 68,3% Аматериа лашьца — 26,8% Абарионтә материа — 4,9% |
-1,1±0,4 |
Адунеи иааҳакәыршаны иҟоу адунеи зегьы еиԥш ҳхаҿы иааго, иаразнак уи акы еиԥшымкәа иҟаҳҵоит. Убри аамҭазы ҳара ҳхы иацәҳарӡуеит алшара аклассикатә механика атерминқәа рҟны уи аарԥшразы: иара аҷыдарақәа ирыхҟьаны, Адунеи акгьы иадҳәалаӡом, уи асистемақәа ирсистемоуп, убри аҟнытә уи аганахьала акапан, аформа, ашәагаа реиԥш иҟоу аилкаарақәа рҵакы рцәыӡуеит. Уи аҭыԥан ҳара атермодинамика абызшәа ҳхы иаҳархәароуп, аилаӷәӷәара, ақәыӷәӷәара, аԥхарра, ахимиатә еилазаашьа реиԥш иҟоу аилкаарақәа хархәара рыҭо.

Аха, Адунеи иаабац арчы уамак еиԥшӡам. Иреиҳау амасштабқәа рҿы ҳара ҳрықәшәоит Адунеи аҽарҭбаареи ацәынхатә фони. Актәи афеномен иаҟазшьоу — иҟоу аобиектқәа зегьы рыгравитациатә усеицура ауп. Уи аҿиара ауп Адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы зыӡбо. Аҩбатәи ацәырҵра зааӡатәи аамҭақәа ирҭынхоуп, ицоу Атҟәацра ду алашара аматериа аус ацура ианаҟәыҵыз, насгьы уи ианалҵыз. Уажәы, Адунеи аҽарҭбаара иахҟьаны, усҟан иҭыҵуаз афотонқәа реиҳарак иубаратәы иҟоу адиапазон аҟынтәи амикроцәқәырԥатә радиодиапазонахь ииасит.

Еиҵоу амҽхакқәа (100 Мпк) рахь ҳаниасуа еилыкка иҟоу аилазаашьа ааԥшуеит. Аиачеикақәа рыҩнуҵҟа аҭацәра — авоидқәа ыҟоуп. Аҭӡамцқәа шьақәгылоуп агалактикақәа рсуперкластерқәа рыла. Арҭ асуперкластерқәа аиерархиа зегьы иреиҳау аҩаӡара ауп, анаҩс ицоит агалактикақәа рыкластерқәа, анаҩс агалактикақәа рҭыԥантәи агәыԥқәа, еиҵаӡоу аҩаӡара (амҽхак 5—200 кпк) еиуеиԥшым аобиектқәа рыхкырацәаӡа ауп. Ҳәарада, урҭ зегьы галактикақәоуп, аха зегьы еиуеиԥшым: алинзаԥшра змоу, ииашам, аеллиптикатәқәа, аспиральтәқәа роуп, аполиартә мацәазқәеи зыԥсы ҭоу агәыцәқәеи змоу, уҳәа убас иҵегьы.
Урҭ рҟынтә хазы иазгәаҭатәуп аквазарқәа, урҭ рылашара дуӡӡеи ркәакьтә шәагаа маҷӡеи рыла убриаҟара иалкаауп, урҭ раартра ашьҭахь шықәсқәак рыҩныҵҟа «акәаԥтә хыҵхырҭақәа» — аеҵәақәа иузреҩмдыраауа. Аквазарқәа рболометриатә лашара 1046 — 1047 ерг/с инаӡар алшоит[23].
Агалактика аилазаашьахь ҳаиасуа, ҳара иаҳԥылоит: аматериа лашьца, акосмостә шәахәақәа, аеҵәабжьаратәи арчы, аԥышҭарчтә еизакқәа, иԥсаҟьоу аизакқәа, ҩбаны иҟоу аеҵәақәа, еиҳа идуу аеҵәатә системақәа, асупермассивтә кылаара еиқәаҵәақәеи аеҵәақәа рмассатә кылаара еиқәаҵәақәеи, аҵыхәтәан, еиуеиԥшым апопулиациақәа змоу еҵәа заҵәқәа.
Урҭ рхатә еволиуциеи русеицуреи ацәырҵрақәа рацәаны ирхылҿиаауеит. Убас, иҟоуп агәаанагара, хыхь зыӡбахә ҳәаз аквазарқәа рзы амчхара ахыҵхырҭа еҵәабжьаратәи арчы асупермассивтә гәҭантәи акылаара еиқәаҵәаҿы аизҳара ауп ҳәа.
Хазы рыӡбахә ҳәатәуп агамма-лашарақәа рыԥжәарақәа — урҭ иаалырҟьаны аамҭа кьаҿк иалагӡаны акосмостә гамма-радиациа аинтенсивра аизырҳарақәа роуп, жәаҩыла, шәкыла кеВ амхара змоу[24]. Агамма-цәывҵҷҷаарақәа рҟынӡа иҟоу абжьаӡарақәа рыхәшьарақәа рыла, ҳара иаҳҳәар ҳалшоит урҭ агамма-диапазон аҟны иҭрыжьуа амчхара 1050 ерг инаӡоит ҳәа. Аиҿырԥшразы, ари адиапазон аҟны иҟоу агалактика зегьы алашара 1038 ерг/c “мацара” шьақәнаргылоит. Ас еиԥш иҟоу арлашарақәа Адунеи зегь раасҭа ихараӡоу акәакьқәа рҟынтәи иубарҭоуп, убри аҟнытә GRB 090423 z = 8,2 аҟаԥшьтә еиҭасра амоуп.
Зегьы реиҳа иуадаҩу, апроцессқәа рацәаны изҵазкуа, агалактика аеволиуциа ауп[25]: Адиаграмма агәҭаны иаарԥшуп еҵәак аеволиуциаҿы ихадоу аамҭақәа, уи ашьақәгылара инаркны аԥсра аҟынӡа. Урҭ рыҿиара агалактика зегьы аҿы иҟоу уамак иахьыԥшӡам. Аха, ҿыц ишьақәгылаз аеҵәақәа зегьы рхыԥхьаӡареи урҭ рпараметрқәеи адәныҟантәи анырра ду рымоуп. Зымҽхакқәа агалактика ашәагаа иаҿырԥшу ма еиҳау апроцессқәа (адиаграммаҿы абарҭ зегьы агәҭантәи арегион иалам) аморфологиатә еиҿкаара, аеҵәақәа рышьақәгылара аццакра рыԥсахуеит, ус анакәха ахимиатә еволиуциа аццакра, агалактика аспектр, уҳәа иара убас ирыԥсахуеит
Ахылаԥшрақәа
- Ихадароу астатиа: Иубарҭоу Адунеи


Иубарҭоу Адунеи — Атҟәацра ду акосмологиаҿы формала исфератәу Адунеи ахәҭа ауп, аматериа зегьы зҵазкуа, Адгьыли Амратә системеи рҟынтәи ауаҩы ишиашоу (астрономиатә мыругақәа рхархәарала) иибарҭоу[2]. Аҭыԥтә хшыҩзышьҭрала, ари ахәҭа ауп иарбанзаалак иубаратәы иҟоу аматериа аҟынтәи ашәахәаркрақәа, Адунеи аҟазаараан (13,8 миллиард шықәса раҟара), Адгьыл уажәы иахьыҟоу аҭыԥ аҟынӡа анеира алзыршаз, насгьы уи ала иубартә еиԥш аҟаҵара ахьалшаз зыбзоуроу. Иаҳбо Адунеи адиаметр 93 миллиард лашара шықәса ыҟоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп[26]. Иубарҭоу Адунеи аҳәаа акосмологиатә лаԥшҳәаа ауп, уи иқәу аобиектқәа ҵыхәаԥҵәара змам аҟаԥшьра наскьагара рымоуп[27]. Иаҳбо Адунеи аҿы иҟоу агалактикақәа рхыԥхьаӡара 500 миллиард инареиҳаны иҟоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп[28]. Адунеи аҿы иарбанзаалак аҭыԥ ахатә зона амоуп иубарҭоу Адунеи аҿы; абри астатиаҿы ари ахшыҩҵак Адгьыл иазкны иаарԥшуп.
Иахьатәи астрономиатә методқәа рыла зыҭҵаара ауа[29] иубарҭоу Адунеи ахәҭа «Аметагалактика» ахьӡуп; амыругақәа еиӷьхацыԥхьаӡа уи аҽарҭбаауеит[30]. Аметагалактика анҭыҵ иҟоуп агипотетикатә аметагалактиканҭыҵтә обиектқәа. Аметагалактика Адунеи ахәҭа хәыҷы акәзар ауеит, мамзаргьы зегьы амҽханакуазаргьы[31].
Ацәырҵра ашьҭахьҵәҟьа Аметагалактика еизеиԥшны изотропла аҽырҭбаара иалагеит[32][33]. 1929 шықәсазы Едвин Хаббл[34] агалактикақәа рыҟаԥшьратә наскьагареи урҭ рҟынӡа абжьаӡареи рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьа ааирԥшит (Хаббл изакәан). Уажәтәи ахәыцрақәа рыҩаӡараҿы уи Адунеи аҽырҭбаара ҳәа еилкаауп.
Теориақәак (иаҳҳәап, аинфлациатә космологиатә модельқәа реиҳарак) иазԥхьагәарҭоит Адунеи зегьы иаҳбо аҵкыс акырӡа ашәагаа шдуу.
Теориала иубарҭоу Адунеи аҳәаа акосмологиатә сингулиарра ахаҭа аҟынӡа инаӡоит, аха апрактикаҿы ахылаԥшрақәа рҳәаа ацәынхатә шәахәаркра ауп. Абри ауп (еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҵыхәтәантәи аԥсаҟьара ахҟьа) ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра иабарҭоу Адунеи аҿы зегь реиҳа ихараны иҟоу. Уи аангьы, уажәтәи аамҭазы аамҭа цацыԥхьаӡа, аҵыхәтәантәи аиԥхьыттара иаҳбо ахҟьа ашәагаақәа еизҳауеит, убас ала Аметагалактика аҳәаақәа еизҳауеит[35], насгьы, иаҳҳәап, Адунеи аҿы иаҳбо аматериа акапан иацлоит.
Иубарҭоу Адунеи, иааизакны акәзаргьы, ампыл еиԥш ҳхаҿы иааҳгар ауеит, агәҭаны ахылаԥшҩы дыҟаны. Аметагалактика аҩнуҵҟа абжьаӡара ршәоит «аҟаԥшьтә еиҭасра» ала, z[36].
Иубарҭоу Адунеи аҽырҭбаара арццакра иаанагоит аԥсабараҿы ауниверсалтә гравитациа (агравитациа) мацара акәымкәа, ауниверсалтә антигравитациа (амчхара лашьца) шыҟоу, уи иубарҭоу Адунеи аҿы агравитациа аҵкыс еиҳауп[37].
Аметагалактика еизаданы мацара акәымкәа, иизотроптәуп[38].
«Иҭачуа Адунеи» ҳәа изышьҭоу агипотезаҿы, акы акәымкәа, ирацәаны аметагалактикақәа (ҳара ҳтәгьы уахь иналаҵаны) Адунеи аныҟала ашьҭахь дук хара имгакәа амцтә вакуум аҟынтәи ишьақәгылар рылшон[39].
Зны-зынла «Аметагалактика» аилкаареи «Адунеи» аилкаареи еиҟарартәуеит[40].
Атеориатә модельқәа
- Ихадароу астатиа: Акосмологиатә модельқәа
Атеориақәа рышьақәгылареи рышьақәырӷәӷәареи рзы иҟоу ахылаԥшратә дыррақәа зегьы рҟынтәи ихадоуп:
- Абжьаӡара ашкала иадҳәалоу ахылаԥшрақәа зегьы. Урҭ рылҵшәақәа роуп Хаббл иконстанта H аҵакқәа ҳазҭо, иара ихьӡ зху азакәан аҟны:
- ,
- z — агалактика аҟаԥшь наскьара ахьыҟоу, D — уи ахьынӡаҟоу, c —алашара аццакра.
- Аҽырҭбаара азакәан ала иҳауз Адунеи ақәра ӷәӷәала еиҳазароуп зегь реиҳа ижәытәӡоу аобиектқәа рықәра аасҭа. (Иаҳҳәап, аеҵәатә еизакқәа рхылаԥшрақәа рҟынтәи)
- Аханатәтәи ахәҭаҷқәа рырацәара ашәарақәа. (Иаҳҳәап, BCDG агалактикақәеи G-акарликқәеи рхылаԥшрақәа рҟынтә).
- Ацәынхатә фон адыррақәа.
- Амасштаб ду змоу аилазаашьақәа револиуциа иазку адыррақәа. (Аструктура ишиашоу ахылаԥшрақәа рыдагьы, адыррақәа рхыҵхырҭақәа даара еиуеиԥшымзар рылшоит, хазы игоу аобиектқәа рхылаԥшрақәа инадыркны ацәынхатә фон аҟынӡа).
Урҭ рыхҳәаа акосмостә принцип ала иалагоит, уи инақәыршәаны, хылаԥшҩыцыԥхьаӡа аамҭак азы, ахылаԥшра ахьыҟоу аҭыԥи ахырхарҭеи зеиԥшразаалакгьы, ибжьаратәны еиԥшу асахьа рзаатуеит. Даҽакала иуҳәозар, масштаб дула Адунеи ҭыԥҭаӡарала еизадоуп, иизотроптәуп. Иазгәаҳҭап, ари аҳәамҭа аамҭа аҿы аиԥшымра, даҽакала иуҳәозар, ахылаԥшыҩцәа зегьы рзы иалху ахҭысқәа реишьҭагыларақәа рыҟазаара ԥырхагас ишыҟанамҵо.
Имҵсуа Адунеи атеориақәа рыдгылаҩцәа зны-зынла «ихаҭәаау акосмологиатә принцип» шьақәдыргылоит, уи инақәыршәаны ԥшь-еизшәарактәи аҭыԥҭаӡара-аамҭа аиԥшзаареи аизотропиеи рҟазшьақәа амазар ауп. Аха Адунеи аҿы иаҳбо аеволиуциатә процессқәа, ишаабо ала, ари акосмологиатә принцип иашьашәалаӡом.
Азеиԥш ҳәаақәа ирҭагӡаны, анаҩстәи атеориақәеи афизика аҟәшақәеи амодельқәа рыргыларазы рхы иадырхәоит:
- Аиҟаратәратә статистикатә физика, уи ихадоу ахшыҩҵакқәеи апринципқәеи, иара убасгьы арелиативисттә рчы атеориа.
- Ахьанҭара амч атеориа, еиҳарак зеиԥш зыҟазааратә теориа. Уи аныррақәа Амратә система амҽхак аҟны мацара ишԥышәазгьы[41][lower-alpha 2], агалактикақәеи Адунеи иааизакны рымҽхак аҟны уи ахархәара ахьынӡауа еилкаам.
- Аелементартә хәҭаҷқәа рфизика аҟынтәи дыррақәак: ахәҭаҷ хадақәа рсиа, урҭ рҟазшьақәа, реидҳәалара ахкқәа, аиқәырхаратә закәанқәа. Акосмологиатә модельқәа еиҳа кыр имариахон, апротон иҭышәынтәалоу хәҭаҷмызҭгьы, насгьы еилабгозҭгьы[42], уи афизикатә лабораториақәа рҿы иахьатәи аԥышәарақәа ишьақәдырӷәӷәом.
Уажәазы, ахылаԥшратә дыррақәа еиҳа еиӷьны иҳаилзыркаауа модельқәоуп:
- Атҟәацра ду — Адунеи ахимиатә еилазаашьа атәы аҳәоит.
- Адунеи аинфлациатә модель — иҳаилнаркаауеит аҽырҭбаара аҿыҵга. Атеориа аӡәырҩы иазхарҵахьеит, аха уажәгьы инарҭбааны иалацәажәоит.
- Фридман Идунеи — аҽырҭбаара аанарԥшуеит.
- Аиерархиатә теориа — амҽхак ду змоу аилазаашьа атәы аҳәоит. Атеориа апроблема дуқәа амоуп, аха атеоретикцәа рацәаҩны иадгылоит.
Зыҽзырҭбаауа Адунеи амодель
- Ихадароу астатиа: Адунеи аҽырҭбаара
Зыҽзырҭбаауа Адунеи амодель аҽырҭбаара афакт ахаҭа аанарԥшуеит. Иааизакны иуҳәозар, Адунеи аҽарҭбаара ианалагаз, насгьы избан ҳәа иазхәыцӡом. Амоделқәа реиҳарак шьаҭас ирымоуп азеиԥш зыҟазааратә теориеи агравитациа аԥсабаразы уи агеометриатә хәаԥшышьеи.
Изотропла зыҽзырҭбаауа аизшәара акоординаттә системаҿы ӷәӷәала аматериа иадҳәалоу ҳәа иԥхьаӡазар, усҟан Адунеи аҽырҭбаара формалла акоординаттә еихац зегьы амасштабтә фактор аԥсахрахь ахы архоит, зеиқәҳәалақәа рҟны агалактикақәа “ҭартәоу”. Ас еиԥш иҟоу акоординаттә система ацныҟәара ҳәа иашьҭоуп. Азхьарԥш хыҵхырҭас иамоу еиҳарак ахылаԥшҩы идҳәалоуп.
Фридман имодель
- Ихадароу астатиа: Фридман Идунеи
| Аҩаӡара | Аеволиуциа | Хаббл ипараметр |
|---|---|---|
| Аинфлациатә | ||
| Ашәахәаркратә ԥыжәара p=ρ/3 |
||
| Асаба астадиа p=const |
||
| -аԥыжәара |
Азеиԥш зыҟазааратә теориа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Адунеи адинамика зегьы амасштабтә фактор азы адифференциалтә еиҟаратәрақәа рахь инагазар ауеит[43].
Еизеиԥшу, иизотроптәу ԥшь-еизшәарактәи аҭыԥҭаӡараҿы еснагьтәи анаара аманы, ҵыхәаԥҵәарада еизааигәатәу ҩ-кәаԥк рыбжьара абжьаӡара абасала ианҵазар ҟалоит:
- Фридман-Робетсон-Уолкер аметрика
Аметриказы аҵакы азеиԥш зыҟазааратә теориа аҳасабрақәа ирҭаҳаргылар, иҳауеит абри аҩыза аиҟаратәратә система:
- Амчхара аиҟаратәра
- Аныҟәара аиҟаратәра
- Аиԥымҟьара аиҟаратәра
Уаҟа — акосмологиатә константа, — Адунеи абжьаратәи аилаӷәӷәара, — ақәыӷәӷәара, — алашара аццакра.
Иаагоу аиҟаратәратә система иалху апараметрқәа инарықәыршәаны, еиуеиԥшым аӡбарақәа ирацәаны иалнаршоит. Аиашазы, апараметрқәа рҵакқәа уажәтәи аамҭазы мацара ауп иахьышьақәгылоу, насгьы аамҭа цацыԥхьаӡа аҽеиҭанакуеит, убри аҟнытә аҽырҭбаара аеволиуциа аӡбарақәа реизгала иаарԥшуп[43].
Хаббл изакәан аилыркаара
Иаҳҳәап, ахылаԥшҩы ицәыхараны r1 иҟоу ахыҵхырҭа ыҟоуп. Ахылаԥшҩы идкыларатә хархәага иаауа ацәқәырԥа афаза аҭаҩра мҩаԥнагоит. Еиԥшу афаза змоу акәаԥқәа рыбжьара ҩ-интервалк ҳрыхәаԥшып[43]:
Даҽа ганкахьалагьы, ирыдыркыло аметрикаҿы алашаратә цәқәырԥазы анаҩстәи аиҟарара ыҟоуп:
Ари аиҟаратәра еилаҳкаауазар, насгьы иаҳгәалаҳаршәар уи иацныҟәо акоординатқәа рҿы r уи аамҭа ишахьыԥшым, усҟан ацәқәырԥа аура Адунеи ахәара арадиус ахь еиҳа имаҷзар, иҳауеит аизыҟазаашьа:
Анаҩс уи раԥхьатәи аизыҟазаашьаҿы иҭаҳаргылар:
Арыӷьарахьтәи аган Теилор иеишьҭагылахь ианҳарҭбаалак ашьҭахь, ахәыҷра актәи аишьҭагыла атермин ҳасаб азуны, Хаббл изакәан иақәшәо аизыҟазаашьа ҳауеит. Аконстанта H аформа ахьаанахәо:
ΛCDM
- Ихадароу астатиа: Лиамбда-CDM амодель
| Акосмологиатә параметрқәа WMAP-и Планк-и рдыррақәа рыла | ||
|---|---|---|
| WMAP[21] | Planck[44] | |
| Адунеи ақәра t0, млрд шықәсала | 13,75 ± 0,13 | 13,81 ± 0,06 |
| H0 (км/с)/Мпк | 71,0 ± 2,5 | 67,4 ± 1,4 |
| Абарионтә материа аилаӷәӷәара Ωbh2 | 0,0226 ± 0,0006 | 0,0221 ± 0,0003 |
| Аматериа лашьца аилаӷәӷәара Ωсh2 | 0,111 ± 0,006 | 0,120 ± 0,003 |
| Азеиԥш еилаӷәӷәара Ωt | 1,08+0,09−0,07 | 1,0 ± 0,02 |
| Абарионтә материа аилаӷәӷәара Ωb | 0,045 ± 0,003 | |
| Амчхара лашьца аилаӷәӷәара ΩΛ | 0,73 ± 0,03 | 0,69 ± 0,02 |
| Аматериа лашьца аилаӷәӷәара Ωc | 0,22 ± 0,03 | |
Хыхь ишазгәаҭаз еиԥш, Фридман иеиҟаратәрақәа апараметрқәа инарықәыршәаны, аӡбашьақәа рацәаны иалдыршоит. Иахьатәи ΛCDM амодель зегьы еицырзеиԥшу апараметрқәа змоу Фридман имодель ауп. Абжьааԥны ахылаԥшыҩцәа русураҿы урҭ акритикатә еилаӷәӷәара иадҳәалоу атерминқәа рыла иаагоуп[43]:
Хаббл изакәан аҟынтәи арымарахьтәи аган ааҳарԥшуазар, усҟан армаҷра ашьҭахь абри аҩыза аформа ҳауеит:
абраҟа Ωm
= ρ/ρcr
, Ωk
= −kc2/(a2H2), ΩΛ
= Λc2/(8πGρcr
). Абри анҵамҭа аҟынтәи иаҳбарҭоуп Ωm
+ ΩΛ = 1, даҽакала иуҳәозар, аматериеи амчхара лашьцеи рзеиԥш еилаӷәӷәара критикатәны иҟаразар, усҟан k = 0, даҽакала иуҳәозар, аҭыԥҭаӡара ҟьаԥсуп; еиҳазар, усҟан k = +1, еиҵазар, усҟан k = −1.
Иахьатәи зегьы ирыдыркыло аҽырҭбааратә модель аҿы, акосмологиатә константа иацуп, насгьы ноль кырӡа еиԥшым, даҽакала иуҳәозар, антигравитациатә мчқәа амасштаб дуқәа рҿы ицәырҵуеит. Урҭ амчқәа рҟазшьа еилкааӡам, теориала абри аҩыза аеффект афизикатә вакуум аусурала еилаҳкаар ҳалшоит, аха ҳаззыԥшу амчхара аилаӷәӷәара акосмологиатә константа иаҳбо аҵакы иақәшәо амчхара аасҭа акырӡа еиҳауп — акосмологиатә константа апроблема[43].
Иаанхаз ахкқәа уажәазы атеориатә интерес мацара рымоуп, аха аексперименталтә дырра ҿыцқәа анцәырҵлак, уи аҽаԥсахыр алшоит аексперименттә дырра ҿыцқәа цәырҵыр. Акосмологиа ҳаамҭазтәи аҭоурых иадыруеит уи еиԥш аҿырԥштәқәа: акосмологиатә константа ноль змоу амодельқәа жәаҳәарада аҳра руан (1960-тәи ашықәсқәа рзы егьырҭ амоделқәа рахь аинтерес кьаҿ адагьы) Хаббл акосмологиатә еиҭаҵра ҟаԥшь анааиртыз аамҭа инаркны, 1998 ашықәсанӡа, Ia ахкы еиԥшу асуперҿыцқәа ирызку адыррақәа урҭ агәра угартә еиԥш ианыхдырбгалаз[lower-alpha 3].
Аҽырҭбаара анаҩстәи аеволиуциа
Азеиԥш ҭагылазаашьаҿы аҽырҭбаара анаҩстәи амҩа акосмологиатә константа Λ аҵакқәа, акосмос ахәара k, аҭагылазаашьа аиҟаратәра P(ρ) ирхьыԥшуп. Аха, аҽырҭбаара аеволиуциа хаҭабзиарала ахәшьара азузар ауеит азеиԥш гәаанагара шьаҭас иҟаҵаны[43].
- Λ < 0
Акосмологиатә константа аҵакы еиҵахаратәзар, усҟан адхаларатә мчқәа мацара роуп аус зуа, уаҳа акымзарак. Амчхаратә еиҟаратәра арыӷьарахьтәи аган еиҵахаратәхаӡом R аҵыхәтәантәи аҵакқәа раан мацара. Уи иаанагоит Rc аҵакқәа руак аҿы Адунеи аиҵалара иалагоит k иарбанзаалак аҵак азы, насгьы аҭагылазаашьа аиҟаратәра ахкы зеиԥшразаалакгьы[45].
- Λ = 0
Акосмологиатә константа ноль иаҟаразар, усҟан иалкаау Н0
аҵакы аеволиуциа зегь рыла аматериа аханатәтәи аилаӷәӷәара иахьыԥшуп[43]:
, усҟан аҽырҭбаара ҵыхәаԥҵәарада иацҵахоит, аҳәааҿы асимптотикалаи нольахь ихоу аццакра аманы. Аилаӷәӷәара икритикатәу аасҭа еиҳазар, усҟан Адунеи аҽырҭбаара аанкылахоит, насгьы аилацалара амҩа ылнахуеит. Еиҵазар, усҟан аҽырҭбаара ҵыхәаԥҵәарада кыраамҭа иацҵахоит ноль иаҟарам аҳәаа аманы: .
- Λ > 0
И акәзар, усҟан Адунеи еиԥшны аҽарҭбаауеит, аха Λ=0 еиԥшымкәа, R аҵак дуқәа рҿы аҽырҭбаара аццакра еизҳауеит[45]:
Иалкаау аҵакы аныҟоу. Убри аан, иҟоуп аҵакы , , даҽакала иуҳәозар, Адунеи еиҭаҵуам.
Аҽырҭбаара аццакра ҭыԥк аҟынӡа ианмаҷхо, насгьы ҳәаа амаӡамкәа аизҳара ианалаго. Маҷк иацҵазар , усҟан ԥыҭрак ашьҭахь аҽырҭбаара аццакра ԥсахрада иаанхоит.
Ари ҭагылазаашьаҿы , зегьы зхьыԥшу аҽырҭбаара ахьалагаз раԥхьатәи арбага ауп. Абри аҵакы инақәыршәаны, Адунеи шәагаак аҟынӡа аҽарҭбаауеит, нас еилацалахоит, мамзаргьы ҵыхәаԥҵәарада аҽарҭбаалоит.
Атҟәацра ду атеориа (Адунеи ца амодель)
- Ихадароу астатиа: Атҟәацра ду
Атҟәацра ду атеориа аԥхьатәи ануклеосинтез атеориа ауп. Уи азҵаара аҭак ҟанаҵоит — ахимиатә элементқәа шԥашьақәгылеи, насгьы урҭ ралаҵәара иахьа ишыҟоу еиԥш изыҟоуеи. Уи шьаҭас иамоуп агәыцәтәи акванттәи физика азакәанқәа разԥхьагәаҭара, ииасыз аамҭахь ацараан ахәҭаҷқәа абжьаратәи рымчхара (аԥхарра) еизҳауеит ҳәа агәаанагара шьаҭас иҟаҵаны[46].
Ахархәара аҳәаа ҳәа изышьҭоу амчхара ҳаракқәа рҳәаа ауп, урҭ рхыхь иҭҵаау азакәанқәа аусура иаҟәыҵуеит. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы амаҭәашьар захьӡу ҳәа уаҳа акгьы ыҟам, аха иҟоуп шамахамзар ицқьоу амчхара. Уи аамҭазы Хаббл изакәан аекстраполациа ҟаҳҵозар, иаҳбоит Адунеи аҿы иубаратәы иҟоу аҭыԥ аҭыԥҭаӡара маҷ аҟны ишҭаӡо. Атҟәацра ашьҭахь аматериа аҟазшьа ҷыдақәа иреиуоу аҭаӡара маҷи амчхара дуи роуп, убри аҟынтәи атеориа ахьӡгьы аауеит — Атҟәацра ду атеориа ҳәа. Убри аан, аҳәаақәа рынҭыҵ иаанхоит азҵаара аҭак: “Иарбан ари атҟәацра зыхҟьаз, насгьы иарбан ҟазшьоу уи иамоу?”
Атҟәацра ду атеориа иаара убас ацәынхатә шәахәаркра ахыҵхырҭа азԥхьагәаҭареи аилыркаареи ҟанаҵеит — ари амаҭәашьар макьана аионизациа анамаз, алашара ақәыӷәӷәара ианзаҿамгылоз аамҭа иацырҟьоуп. Даҽакала иуҳәозар, ацәынхатә фон «Адунеи афотосфера» иацәынхоуп.
Адунеи аентропиа
- Ихадароу астатиа: Адунеи аентропиа
Ицоу Адунеи атеориа шьақәзырӷәӷәо аргумент хадас иамоу уи иҷыдоу аентропиа аҵакы ауп. Уи кылкаарыла ахыԥхьаӡаратә коеффициент аҟынӡа иаҟароуп аеквиваленттә фотонқәа рконцентрациеи nγ абарионқәа рконцентрациеи nb реизыҟазаашьа.
Акритикатә еилаӷәӷәарала nb иааҳарԥшып абарионқәа рыхәҭаагьы[43]:
Араҟа h100 — ҳаамҭазтәи Хаббл аҵакы, 100 км/(с Мпк) еизакқәа рыла иаарԥшу, насгьы, ацәынхатә шәахәаркразы Т=2,73 К шакәу
- см-3,
иҳаууеит:
Аиҭныԥсахларатә ҵакы иҷыдоу аентропиа аҵакы ауп.
Раԥхьатәи х-минуҭк. Аханатәтәи ануклеосинтез

Агәаанагара шыҟоу ала аира инаркны (мамзаргьы аинфлиациатә стадиа ахыркәшара инаркны) насгьы аԥхарра 1016 ГеВ (10-10c) еиҵамкәа иҟанаҵы, еицырдыруа аелементартә хәҭаҷқәа зегьы ыҟоуп, урҭ зегьы акапан рымаӡам. Ари апериод Аилаҵара Ду аамҭа ҳәа иашьҭоуп, афымцаԥсыҽтәи иӷәӷәоуи аусеицурақәа анеизаку[47].
Уажәтәи аамҭазы уи аамҭазы ҷыдала иҟоу ахәҭаҷқәа ҵабыргны иаҳҳәар ҳалшом, аха еилкааугьы ыҟоуп. Ашәагаа η — ҷыдалатәи аентропиа арбага мацара акәӡам, уи адагьы ахәҭаҷҿагылақәа раасҭа ахәҭаҷқәа рырацәара аанарԥшуеит[48]:
Аԥхарра 1015 ГеВ аасҭа ианылаҟәуа аамҭазы, иашьашәало акапанқәа змоу X-, Y-бозонқәа рҭыҵра ҟалоит.
Аилаҵара Ду аамҭа афымцамҳалдызтәи аԥсыҽтәи аидҳәаларақәа акзаара анаадырԥшуа афымцасыҽтә еилаҵара аамҭа иаԥсахуеит. Ари апериод аҩнуҵҟа, Х-и У-бозонқәеи аннигилиациа рзухоит. Аԥхарра 100 ГеВ рҟынӡа ианылаҟәуа аамҭазы, афымцаԥсыҽратә еилаҵара аамҭа нҵәоит, насгьы акваркқәеи, алептонқәеи, абжьажьратә бозонқәеи шьақәгылоит.
Иааиуеит адронтә аамҭа, адронқәеи алептонқәеи активла раԥҵареи аннигилиациа рзуреи раамҭа. Ари апериод аҿы акварк-адронтә ыиасра аамҭа мамзаргьы акваркқәа рконфаимент аамҭа азгәаҭатәуп, акваркқәа адронқәа рахь реилаҵара аныҟала. Ари амҭазы аԥхарра 300−1000 МеВ ыҟоуп, Адунеи аниз инаркны аамҭа 10−6 с шьақәнаргылоит.
Адронтә епоха ашьҭахь алептонтә епоха ҟалоит — аԥхарра 100 МеВ рҟынӡа ианкаҳауа аамҭазы, насгьы асааҭ аҟны 10−4 с аныҟоу. Ари апериод аан, Адунеи аилазаашьа иахьатәи аилазаашьа еиԥшхо иалагеит; ахадаратә хәҭаҷқәа афотонқәа роуп, урҭ рыдагьы иҟоуп аелеқтронқәеи анеитриноқәеи, рантихәҭаҷқәа рыцны, иара убас апротонқәеи анеитронқәеи. Ари апериод аан акрызҵазкуа хҭыск ҟалоит: амаҭәашьар анеитриноқәа рзы иҵәцахоит. Ацәынхатә фон еиԥшу акы ҟалоит, аха анеитриноқәа рзы. Аха анеитриноқәа реиҟәыҭхара афотонқәа реиҟәыҭхара аԥхьа иҟалеит аҟнытә, хәҭаҷқәак рыхкқәа макьана аннигилиациа ианахымсыцыз, рымчхара егьырҭ ирыҭаны, урҭ еиҳа ихьшәашәеит. Уажәтәи аамҭазы анеитринотә рчы 1,9 K аҟынӡа ихьшәашәар акәын, анеитриноқәа акапан рымамзар (мамзаргьы рыкапан маҷзар).
Т≈0,7 МеВ аԥхарраҿы, уаанӡа иҟаз апротонқәеи анеитронқәеи рыбжьара атермодинамикатә еиҟарара ԥхасҭахоит, насгьы анеитронқәеи апротонқәеи рконцентрациа аизыҟазаашьа 0,19 аҵакы аҿы иҵаауеит. Адеитери, агели, алити ргәыцәқәа рсинтез алагоит. Адунеи аныҟала ашьҭахь ~200 секунд анҵы, аԥхарра ануклеосинтез ахьыҟамло аҩаӡара аҟынӡа илеиуеит, насгьы раԥхьатәи аеҵәақәа иаанӡа амаҭәашьар ахимиатә еилазаашьа ԥсахрада иаанхоит[47].
Атҟәацра ду атеориа ауадаҩрақәа
Ақәҿиара дуқәа шыҟоугьы, ицоу Адунеи атеориа ауадаҩрақәа рацәаны ирықәшәоит. Атҟәацра ду Адунеи аҽырҭбаара арҵысызар, усҟан зеиԥшла иуҳәозар, иӷәӷәоу еизадам амаҭәашьар аларҵәара ҟалар алшон, аха уи убаратәы иҟам. Атҟәацра ду атеориа иара убасгьы Адунеи аҽырҭбаара ҳаилнаркааӡом; уи фактны иаднакылоит[49].
Атеориа иара убасгьы иаанарԥшуеит, раԥхьатәи астадиаҿы ахәҭаҷқәеи антихәҭаҷқәеи реизыҟазаашьа убас ишыҟаз, уи иахҟьаны уажәы аматериа антиматериа аасҭа аҳра аиуртә иҟаларатәы. Иаҳҳәар ҳалшоит, аханатә Адунеи асимметриа аманы иҟан ҳәа — уаҟа иҟан аматериеи антиматериеи еиҟараны, аха усҟан, абарионтә асимметриа аилкааразы, абариогенез механизмк аҭахуп, уи апротонқәа рыԥхасҭахара алнаршоит, уигьы убаратәы иҟам[42].
Еиуеиԥшым Аидгылара Ду атеориақәа иаадырԥшуеит зааӡатәи Адунеи аҿы хыԥхьаӡара рацәала амҳалдызтә монополқәа рыира, уажәраанӡагьы иара убас игәаҭамхаз[50].
Аинфлациатә модель
- Ихадароу астатиа: Адунеи аинфлиациатә модель
Аинфлациа атеориа адҵа — аҽырҭбаара атеориеи Атҟәацра ду атеориеи рышьҭахь иаанрыжьыз азҵаарақәа рҭак аҟаҵара ауп: «Избан Адунеи аҽзарҭбаауа? Насгьы изакәузеи Атҟәацра ду?» Убри азы аҽырҭбаара аамҭа нольтәи амҭазы иԥсахуп, насгьы Адунеи акапан зегьы ҭыԥк аҿы иҟалоит, акосмологиатә сингулиарра шьақәыргыло, лассы-лассы уи ауп Атҟәацра ду ҳәагьы ззырҳәо. Аусқәа шыҟаз ала, азеиԥш зыҟазааратә теориа уи аамҭазы уаҳа хархәара амаӡам, убри аҟынтә ирацәаны, аха уажәраанӡа, ҳәарада, ари «акосмологиатә сингулиарра апроблема» зыӡбо еиҳа изеиԥшу атеориа (мамзаргьы «афизика ҿыц») аԥҵаразы аспекулиативтә ҽазышәарақәа рахь ҳнанагоит.
Аинфлациатә етап хшыҩҵак хадас иамоуп —инфлантон ҳәа изышьҭоу аскалиартә ҭыԥ ҭагалазар, знырра раԥхьатәи астадиақәа рҿы идуу (иаҳҳәап 10−42с инаркны), аха аамҭа цацыԥхьаӡа ирласны имаҷхо, усҟан акосмос агеометриа ҟьаҟьа еилкаахоит, Хаббл иҽырҭбаара аинфлациа аан еизо акинетикатә мчхара ду абзоурала инерциатә ныҟәараны иҟалоит, насгьы аханатә мзызла еидҳәалоу арегион хәыҷы аҟынтәи ахыҵхырҭа Адунеи аиԥшзаареи аизотропиеи ҳаилнаркаауеит[lower-alpha 4].
Аха, аинфлатон аилкааразы амҩақәа рацәоуп, уигьы еиуеиԥшым амодельқәа рацәаны иахылҿиаауеит. Аха урҭ реиҳарак шьаҭас ирымоуп хәыҷы-хәыҷла аиҵахаразы агәаанагара: аинфлантон апотенциал хәыҷы-хәыҷла ноль иаҟароу арбага аҟынӡа илаҟәуеит. Апотенциал иалкаау ахки насгьы аханатәтәи аҵакқәа ралкаара аметоди иалху атеориа иахьыԥшуп.
Аинфлиациа атеориақәагьы еиҟәшоуп аамҭала ҵыхәаԥҵәара змами измоуи ҳәа. Ҵыхәаԥҵәара змам аинфлиациа атеориаҿы аҭыԥҭаӡара ахәҭақәа — адоменқәа ыҟоуп — аҽырҭбаара иалагаз, аха акванттә флуктуациақәа ирыхҟьаны раԥхьатәи рҭагылазаашьахь ихынҳәыз, уаҟа дырҩеигь аинфлиациазы аҭагылазаашьақәа цәырҵуеит. Арҭ реиԥш иҟоу атеориақәа ирыҵанакуеит ҵыхәаԥҵәара змам апотенциал змоу иарбанызаалак атеориеи ихаостәу Линде иинфлациатә теориеи[lower-alpha 4].
Анҵәамҭатә аамҭа змоу аинфлиациа атеориақәа рахь агибридтә модель аҵанакуеит. Уи аҟны иҟоуп ҩ-кхык аҭыԥқәа: актәи амчхара ҳаракқәа рзы аҭакԥхықәра шьҭнахуеит (ус анакәха аҽырҭбаара аццакразы), аҩбатәи, аинфлациа ахыркәшара аамҭа зыӡбо, амчхара маҷқәа рзы. Убри аан, акванттә еиҭакрақәа актәи аҭыԥ мацара ауп изныруа, аҩбатәи акәымкәа, ус анакәха, аинфлациа апроцесс ахаҭагьы ҵыхәаԥҵәара амоуп.
Аинфлациа иӡбам апроблемақәа иреиуоуп аԥхарра аиҭаԥарақәа даара идуу адиапазон аҿы, зны-зынла уи зынӡакыс нль аҟынӡа илеиуеит. Аинфлациа аҵыхәтәаны аматериа еиҭашуеит аԥхарра ҳаракқәа рҟынӡа. Ас еиԥш иҟоу аҟазшьа џьашьахәы азы еилыркаагак аҳасабала “апараметртә резонанс” ҟаҵоуп[51].
Амультидунеи
- Ихадароу астатиа: Амультидунеи
“Амультидунеи”, “Адунеи Ду”, “Амультиверс”, “Агипердунеи”, “Асупердунеи”, “Амультиленна”, “Омниверс” — англыз бызшәала иҟоу атермин multiverse еиуеиԥшым аиҭагақәа роуп. Уи цәырҵит аинфлациа атеориа аҿиараан[52].
Адунеи арегионқәа, ахҭысқәа рлаԥшҳәаа аасҭа еиҳау абжьаӡарала еиҟәыҭхо, дара-дара еихьыԥшымкәа аеволиуциа иахысуеит. Дарбанзаалак ахылаԥшҩы иибо апроцессқәа ахәҭаҷқәа рлаԥшҳәаа аҟынӡа абжьаӡара иаҟароу арадиус змоу асфера аҭаӡара иаҟароу адомен аҿы имҩаԥысуа роуп. Аинфлиациа аамҭазы, агоризонт аҟара абжьаӡарала еиҟәыҭхо ҩ-ҽырҭбааратә ҭыԥк еиԥылаӡом.
Ас еиԥш иҟоу адоменқәа ҳара ҳтәы еиԥш хазы игоу дунеиқәаны иԥхьаӡатәуп: урҭгьы иара убасҵәҟьа амасштаб дуқәа рҟны еизадоуп иагьизотроптәуп. Абас еиԥш иҟоу ашьақәгыларақәа рконгломерат ауп Амультидунеи.
Аинфлациа ахаостә теориа ҵыхәаԥҵәара змам еиуеиԥшым Адунеиқәа ыҟоуп ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит, урҭ зегьы егьырҭ Адунеиқәа иреиԥшым афизикатә константақәа рымазар ауеит[53]. Даҽа теориак аҿы Адунеиқәа акванттә еизшәарала еиуеиԥшым[54]. Закәанла арҭ агәаанагарақәа експериментла рԥышәара ауам.
Аинфлиациа атеориа аԥсахгақәа
Акосмостә инфлациа амодель кырӡа иқәҿиаратәуп, аха акосмологиа ахәаԥшразы ихымԥадатәны иҟам. Уи иамоуп аҿагылаҩцәа, Роџьер Пенроузгьы уахь дналаҵаны. Урҭ ргәаанагарала, аинфлациатә модель иаанарԥшуа аӡбарақәа рылаԥш иҵшәаз ахәҭаҷқәа рышьҭахь иаанрыжьуеит. Иаҳҳәап, ари атеориа аинфлациа аԥхьатәи аамҭазы аилаӷәӷәара аҽеиҭакрақәа убриаҟара имаҷзароуп ҳәа шьаҭанкылатәи аҵаҵӷәы анаҭом, игәаҭоу аиԥшзаара аҩаӡара аинфлациа ашьҭахь иҟалартә еиԥш. Аҭыԥҭаӡаратә ыхәара аҭагылазаашьагьы уи иеиԥшуп: уи аинфлациа аан ӷәӷәала еиҵахоит, аха аинфлациа аԥхьа уиаҟара аҵак ду аманы аҟазааразы акгьы аԥырхагамызт, уажәгьы Адунеи аҿиара астадиаҿы аҽаанарԥшлартә еиԥш. Даҽакала иуҳәозар, раԥхьатәи аҵакқәа рызҵаара ӡбаӡам, аха ҟазарала еиқәыршәоуп.
Альтернатива аҳасабала, арахәыцқәа ртеориа, ахшыбаҩтә теориа, иара убас ациклтә теориа реиԥш иҟоу аекзотикатә теориақәа ҟаҵоуп. Абарҭ атеориақәа рҵакы хадас иҟоу, ихымԥадатәу аханатәтәи аҵакқәа зегьы Атҟәацра ду ҟалаанӡа ишышьақәгыло ауп.
- Арахәыцқәа ртеориа иаабац ԥшь-еизшәарактәи аҭыԥ-аамҭа даҽа дименсиақәак рыцҵара аҭахуп, урҭ Адунеи раԥхьатәи астадиақәа рҿы ароль нарыгӡалон, аха уажәы еилацалоу аҭагылазаашьаҿы иҟоуп. Абарҭ аизшәарақәа зеилацалоузеи ҳәа иҟоу ихымԥадатәиу азҵаара аҭак абри ауп: асуперрахәыцқәа Т-дуалра рымоуп, уи иахҟьаны арахәыц ахарҭәааратә еизшәарақәа ирыкәшоит, урҭ ршәагаа ԥкуа[55].
- Абранақәа ртеориаҿы (М-теориа), зегьы алагоит ихьҭоу, иҭышәынтәалам хә-еизшәарактәи ҭыԥ-аамҭала. Аҭыԥҭаӡаратә еизшәарақәа ԥшьба х-еизшәарактәи аҭӡамцқәа мамзаргьы «хԥа-бранақәа» рыла иԥкуп; урҭ аҭӡамцқәа руак ҳахьынхо аҭыԥҭаӡара ауп, убри аамҭазы аҩбатәи абрана убарҭаӡам. Иҟоуп даҽа хԥа-бранак, ԥшьеизшәарактәи аҭыԥҭаӡараҿы еиду ҩ-бранак рыбжьара «иӡыз». Атеориа инақәыршәаны, ари абрана ҳара ҳабрана ианаҿасуа, амчхара ду ҭыҵуеит, убри алагьы Атҟәацра ду ацәырҵразы аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит[56].
- Ациклтә теориақәа изларҳәо ала, Атҟәацра ду зеиԥшыҟам хҭысым, аха иаанарԥшуеит Адунеи ҭагылазаашьак аҟынтәи даҽа ҭагылазаашьак ахь аиасра. Ациклтә теориақәа раԥхьаӡакәны 1930-тәи ашықәсқәа рзы иҟалеит. Абас еиԥш иҟоу атеориақәа рзы ԥынгылас иҟаз атермодинамика аҩбатәи азакәан акәын, уи инақәыршәаны аентропиа аизҳара мацара ауп иалшо. Уи иаанагоит, иаԥхьанеиуаз ациклқәа еиҳа кырӡа икьаҿхон, насгьы урҭ рҿы иҟаз аматериа еиҳа кырӡа ицахон, аҵыхәтәантәи Атҟәацра ду аамҭазы аасҭа, уи рацәак ҟалашьа амам. Уажәазы иҟоуп ҩ-циклтә теориак, еиҳа-еиҳа изыцло аентропиа апроблема аӡбара зылшаз: Стеинхардт-Тиурок итеориеи Баум-Фремптон итеориеи[57][58].
Амасштаб ду змоу аилазаашьақәа револиуциа атеориа
- Ихадароу астатиа: Агалактикақәа рцәырҵреи револиуциеи

Ацәынхатә фон иазку адыррақәа ишаадырԥшуа ала, арадиациа аматериа ианаҟәыҭхаз аамҭазы Адунеи шамахамзар еизадан, аматериа аҽеиҭакрақәа даараӡа имаҷын, насгьы уи акыр зҵазкуа уадаҩраны иҟан. Аҩбатәи проблемас иҟоу агалактикақәа рсуперкластерқәа риачеикатә еиҿкаашьа, иара убас еиҵоу ашәагаа змоу акластерқәа рысфератә еиҿкаашьа ауп. Адунеи амасштаб ду змоу аилазаашьа ахылҵшьҭра аилкаара зҽазызшәо иарбанзаалак атеориа хымԥада абарҭ аҩ-проблемак аӡбар ахәҭоуп (насгьы агалактикақәа рморфологиа ииашаны амодель ҟанаҵароуп).
Амасштаб ду змоу аилазаашьа, иара убас хаҭалатәи агалактикақәагьы, рышьақәгылара иазку ҳаамҭазтәи атеориа «аиерархиатә теориа» ҳәа иашьҭоуп. Атеориа аҵакы абри ауп: раԥхьа агалактикақәа ршәагаа маҷын (иаҳҳәап Магеллантәи аԥсҭҳәақәа), аха аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ еилаҵәоит, еиҳа-еиҳа идуу агалактикақәа шьақәыргыло.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы атеориа аиашара гәҩарас иҟалеит, насгьы downsizing уи акырӡа иацхрааит. Аха атеориатә ҭҵаарақәа рҿы ари атеориа аԥыжәара амоуп. Ас еиԥш иҟоу аҭҵаара зегь реиҳа иналукааша рҿырԥштәыс иҟоуп Millennium simulation (Millennium run)[59].
Азеиԥш ԥҟарақәа
Зааӡатәи Адунеи аҿы аҽеиҭакрақәа рхылҵшьҭреи револиуциеи азы аклассикатә теориа Џьинс итеориа ауп, еизадоу, иизотроптәу Адунеи аҽырҭбаара афон аҿы[60]:
Уаҟа us — аҭагылазаараҿы абжьы аццакра, G — агравитациатә константа, а ρ — еиламго аҭагылазаара аилаӷәӷәара, — аизыҟазаашьатә флуктуациақәа ршәагаа, Φ — аҭагылазаара иаԥнаҵо агравитациатә потенциал, v — аҭагылазаара аццакра, p(x,t) — аҭагылазаара аҭыԥантәи аилаӷәӷәара, насгьы уи иацныҟәо асистема ахәаԥшра мҩаԥысуеит.
Хыхь иаагоу аиҟаратәқәа рсистема акахьы еизгазар ауеит, аиԥшымрақәа револиуциа аазырԥшуа:
Уаҟа a —амасштабтә фактор, а k — ацәқәырԥатә вектор. Уи аҟынтәи, ҷыдала, иалҵуеит зшәагаа еиҳау афлуктуациақәа шҭышәынтәалам:
Убри аан, ацәхьаҵра аизҳара цәаҳәатәуп, мамзаргьы еиҳа иԥсыҽуп, Хаббл ипараметр аеволиуциеи амчхара аилаӷәӷәареи зеиԥшроу еиԥш.
Ари амодель ишахәҭоу ала иаанарԥшуеит ирелиативисттәым аҭагылазаараҿы ацәхьаҵрақәа рколлапс, урҭ ршәагаа уажәтәи ахҭысқәа рылаԥшҳәаа аасҭа акырӡа еиҵазар (радиациала еиҳарак еиҿкаау аамҭазы аматериа лашьца азгьы уахь иналаҵаны). Еиҿагылоу аҭагылазаашьақәа рзы, ииашоу арелативисттә еиҟаратәрақәа рыхәаԥшра аҭахуп. Иидеалтәу аӡы амчхара-аимпульс атензор, аилаӷәӷәара ацәхьаҵра маҷқәа ҳасаб рзуны
ковариантла еиқәырхоуп, уи аҟынтәи арелиативисттә ҭагылазаашьазы еизаку агидродинамикатә еиҟаратәрақәа ҟалоит. Азеиԥш еизыҟазааратә теориа аиҟаратәрақәа ирыцны, урҭ Фридман иӡбара аҵаҟа акосмологиаҿы аҽеиҭакрақәа револиуциа шьақәзыргыло аханатәтәи аиҟаратәратә система аадырԥшуеит[60].
Арекомбинациа ҟалаанӡатәи аамҭа
Адунеи амасштаб ду змоу аилазаашьа аеволиуциаҿы иалкаау аамҭа ҳәа иԥхьаӡатәуп аӡри арекомбинациа аамҭа. Абри аамҭанӡа механизмқәак аус руеит, ашьҭахь — зынӡа даҽа механизмқәак[61].
Аԥхьатәи аилаӷәӷәаратә цәқәырԥақәа ахҭысқәа рлаԥшҳәаа аасҭа еиҳауп, насгьы Адунеи аҿы иҟоу аматериа аилаӷәӷәара ианыруам. Аха алаԥшҳәаа аҽарҭбаацыԥхьаӡа шәагаала ацәхьаҵра ацәқәырԥа аура иаҟарахоит, ишырҳәо еиԥш «ацәқәырԥа алаԥшҳәаа иаҵыҵуеит» мамзаргьы «алаԥшҳәаа иаҵалоит». Уи ашьҭахь, уи аҽырҭбаара апроцесс — абжьытә цәқәырԥа аҽырҭбаара афон аҿы аларҵәара ауп.
Ари аепоха аан, уажәтәи аепохазы ацәқәырԥа аура 790 Мпк еиҳамкәа измоу ацәқәырԥақәа алаԥшҳәаа иаҵалоит. Агалактикақәеи урҭ реилаҵәарақәеи рышьақәгыларазы акыр зҵазкуа ацәқәырԥақәа ари астадиа алагамҭазӡа иаауеит.
Уи аамҭазы аматериа ахәҭарацәалатәи аплазма ауп, уа еиуеиԥшым аеффективтә механизмқәа ыҟоуп абжьытә цәхьаҵрақәа зегьы рырԥсыҽразы. Иҟалап, урҭ рҟынтә акосмологиаҿы зегь реиҳа алҵшәа змоу Силк иԥсыҽхара акәзар. Абжьытә цәхьаҵрақәа зегьы анырԥсыҽха ашьҭахь, адиабатикатә цәхьаҵрақәа роуп иаанхо.
Аамҭак иалагӡаны иаабац аматериеи аматериа лашьцеи револиуциа синхронла ицоит, аха арадиациа аус ацура иахҟьаны иаабац аматериа аԥхарра еиҳа хәыҷы-хәыҷла илеиуеит. Имҩаԥысуеит аматериа лашьцеи абарионтә материеи ркинематикатәи рыԥхарратәи еиҟәыҭхара. Иҟоуп агәаанагара, ари амомент ҟалоит ҳәа
Абарион-фотонтә компонент аиҟәыҭхара ашьҭахь инаркны арадиациатә етап аҵыхәанӡа ахымҩаԥгашьа еиҟаратәрала иаарԥшуп[61]:
Уаҟа k —иаагоу ацәқәырԥа аимпульс, η —аконформтә аамҭа. Иара иҟаиҵаз аӡбара аҟынтәи иааԥшуеит уи аамҭазы абарионтә компонент аилаӷәӷәара ацәхьаҵрақәа рамплитуда шымеизҳауаз, мамзаргьы ишагымхоз, аха акустикатә осциллиациақәа шахҭнагоз:
Убри аамҭазы, аматериа лашьца абас еиԥш иҟоу аҵысрақәа иақәымшәеит, избан акәзар алашара ақәыӷәӷәарагьы, абарионқәеи аелектронқәеи рықәыӷәӷәарагьы уи ианыруам. Уи адагьы, уи ацәхьаҵрақәа рамплитуда еизҳауеит:
Арекомбинациа ашьҭахь
Арекомбинациа ашьҭахь, афотонқәеи анеитриноқәеи аматериаҿы ирымоу ақәыӷәӷәара маҷуп. Убри аҟнытә, аматериа лашьцеи абарионтә материеи рыцәхьаҵрақәа зныԥшуа аиҟаратәратә системақәа еиԥшуп:
Аиҟаратәқәа рформа аиԥшра аҟынтәи, аӡәы игәы иаанагар, насгьы ишьақәирӷәӷәар илшоит, аматериа лашьцеи абарионтә материеи рыбжьара афлуктуациақәа реиԥшымзаара аконстантахь ишеихо. Даҽакала иуҳәозар, иаабац аматериа аматериа лашьца иаԥнаҵо апотенциалтә ҭыԥқәа рахь иҭалоит. Арекомбинациа ашьҭахьҵәҟьа ацәхьаҵрақәа разҳара аӡбара ала иалкаауп
Уаҟа — раԥхьатәи аҵакқәа ирхьыԥшу аконстанта аҵакқәа. Хыхь иаагоу аҟынтәи ишаҳбо еиԥш, аамҭа рацәала аилаӷәӷәара афлуктуациақәа амасштабтә фактор иаҟараны ирызҳауеит:
Ари ахәҭаҿы иаагоу ацәхьаҵрақәа рызҳара аццакрақәа зегьы ацәқәырԥа ахыԥхьаӡара иацны еизҳауеит; убри аҟнытә, раԥхьатәи ацәхьаҵрақәа рыспектр ҟьаҟьа аан, иреиҵоу аҭыԥҭаӡаратә масштабқәа рыцәхьаҵрақәа аилабгара астадиахь заа инаӡоит, даҽакала иуҳәозар, еиҵоу амасса змоу аобиектқәа раԥхьаӡа ишьақәгылоит.
Астрономиазы ~105Мʘ акапан змоу аобиектқәа аинтерес рыҵоуп. Иҟоу убри ауп, аматериа лашьца аилабгараан, апротогало шьақәгылоит. Аӡрии агелии, уи агәҭахьы зхы хоу, ашәахәаркра иалагоит, насгьы 105Mʘ аасҭа еиҵоу амасса аныҟоугьы, уи ашәахәаркра арчы дырҩеигь апротоструктура анҭыҵҟа иҭнажьуеит. Еиҳау амассақәа рҿы раԥхьатәи аеҵәақәа рышьақәгылара апроцесс иалагоит.
Раԥхьатәи аилабгара акыр зҵазкуа хылҟьа-ҿылҟьоуп акапан ду змоу аеҵәақәа рцәырҵра, аспектр икьакьоу ахәҭаҿы ашәахәаркра змоу. Иҭыҵуа аквант ӷәӷәақәа, анаҩс, инеитралтәу аӡри иақәшәоит, насгьы уи аионизациа азнауеит. Убас, аеҵәақәа раԥхьатәи рыԥжәара ашьҭахьҵәҟьа, аӡри аҩбатәи аионизациа ҟалоит[61].
Амчхара лашьца аԥыжәара астадиа
Иаҳҳәап, амчхара лашьца ақәыӷәӷәареи аилаӷәӷәареи аамҭа цацыԥхьаӡа рҽырыԥсахӡом, даҽакала иуҳәозар, уи акосмологиатә константа ала иаарԥшуп. Анаҩс акосмологиаҿы аҽеиҭакрақәа рзеиԥш еиҟаратәрақәа рҟынтәи иааԥшуеит ацәхьаҵрақәа абас еиԥш ала аеволиуциа шырхырго:
Апотенциал амасштабтә фактор иаҿагыланы ишаҟароу ҳаназхәыцуа, уи иаанагоит ацәхьаҵрақәа рызҳара мҩаԥысуам ҳәа, урҭ ршәагаагьы ԥсахрада иаанхоит ҳәа. Уи иаанагоит аиерархиатә теориа уажәы иаҳбо аилазаарақәа раасҭа еиҳау аилазаашьақәа рыҟаҵара шалнамыршо.
Амчхара лашьца аԥыжәара аан, аҵыхәтәантәи ҩ-хҭыск ҟалоит амасштаб ду змоу аилазаашьақәа рзы: Асар Рымҩа еиԥш иҟоу агалактикақәа рцәырҵра — уи ҟалоит z~2, анаҩс маҷк ашьҭахь — агалактикақәа рыкластерқәеи рсуперкластерқәеи рышьақәгылара[61].
Атеориа апроблемақәа
Аиерархиатә теориа — логикала аеҵәақәа рышьақәгылара иазку иахьатәи иҵабыргу агәаанагарақәа ирыцныҟәо, насгьы аматематикатә мыругақәа рацәаны зхы иазырхәо, аҵыхәтәантәи аамҭазы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирыниеит, атеориатәқәа реиԥш, еиҳаракгьы, ахылаԥшратә ҟазшьа змоу ауадаҩрақәагьы[59]:
- Иреиҳау атеориатә проблема атермодинамикеи амеханикеи ахьеиқәшәо аҭыԥаҿ ишьҭоуп: иҵегьтәи ифизикатәым амчқәа алагаламкәа материа лашьцак аҟынтәи ҩ-галок зеидҵахом.
- Авоидқәа ҳаамҭа еиҳа иазааигәаны ишьақәгылоит, арекомбинациа иазааигәаны аасҭа, аха уажәааигәа иаартыз 300 Мпк ашәагаақәа змоу зынӡаск иҭацәу аҭыԥҭаӡақәа ари аҳәамҭа иаҿагылоит.
- Иара убас агалактика дуқәагьы ианаамҭоу ииуам, урҭ рхыԥхьаӡара аҭаӡара арбага аҿы z ду аҿы акырӡа еиҳауп атеориа иаҳәо аасҭа. Уи адагьы, уи ԥсахрада иаанхоит, атеориа инақәыршәаны даара лассы иазҳаларц шахәҭоугьы.
- Ижәытәӡоу аглобустә кластерқәа рҟынтәи адыррақәа 100 Mʘ рҟынӡа амасса змоу аеҵәақәа рышьақәгылара ақәшаҳаҭхара рҭахӡам, насгьы ҳамра еиԥш иҟоу аеҵәақәа еиӷьыршьоит.
Ари атеориа зықәшәо апроблемақәа рыхәҭак мацара ауп.
Ҳаамҭазтәи амодельқәа рыуадаҩрақәа
Хаббл изакәан аамҭахь еиҭаганы ҳахәаԥшыр, ҳара иҳаууеит ҭыԥк, агравитациатә сингулиарра, акосмологиатә сингулиарра ҳәа изышьҭоу. Ари проблема дууп, избан акәзар афизика аналитикатә аппарат зегьы акгьы иаԥсамкәа иааҟалоит. Иара убасгьы, 1946 шықәсазы иҟаҵаз Гамов имҩала, иахьатәи афизикатә закәанқәа аусура ахьынӡарылшо аамҭанӡа гәрагарала аекстраполиациа ҟаҵазаргьы, макьана ари “афизика ҿыц” алагара аамҭа ииашаны аилкаара залшом. Иҟоуп агәаанагара, уи аҵакы Планк иаамҭа иаҟароуп ҳәа, с.
Адунеи аформа азҵаара акосмологиаҿы акыр зҵазкуа иаарту зҵаароуп. Математикатә бызшәала иаҳҳәозар, ҳара ҳақәшәоит Адунеи аҭыԥҭаӡаратә ҟәша х-еизшәарактәи атопологиа аԥшаара апроблема, даҽакала иуҳәозар, Адунеи аҭыԥҭаӡаратә аспект еиҳа еиӷьны иаазырԥшуа афигура. Аҭыԥантәи атеориа аҳасабала Азеиԥштә зыҟазааратә теориа ари азҵаара аҭак инагӡаны аҟаҵара алшом, аха уигьы ԥкрақәак аланагалоит.
Акымҭын, идырым Адунеи глобалла ҭыԥҭаӡарала иҟьаҟьоума, даҽакала иуҳәозар, Евклид игеометриа азакәанқәа иреиҳау амасштабқәа рҿы ахархәара рымоума. Иахьазы, акосмологцәа реиҳараҩык ргәы иаанагоит, иубарҭоу Адунеи ҭыԥҭаӡарала иҟьаҟьоуп ҳәа, аҭыԥантәи аиқәҵақәа аманы, амассивтә обиектқәа аҭыԥҭаӡара-аамҭа ахьырыԥсахуа. Ари агәаанагара шьақәдырӷәӷәеит WMAP аҵыхәтәантәи адыррақәа, ацәынхатә шәахәаркра аԥхарра аԥсахрақәа рҿы "акустикатә осциллиациақәа" ирыхәаԥшуа.
Ҩбамҭын, еилкааӡам Адунеи акала еидҳәалоума, мамзаргьы ирацәаны еидҳәалоума. Ибжьаратәу аҽырҭбааратә модель инақәыршәаны, Адунеи аҭыԥҭаӡаратә ҳәаақәа амаӡам, аха ҭыԥла ҵыхәаԥҵәара амазар ауеит. Ари аилкаара ҳалшоит ҩ-еизшәарактәи аналогиа аҿырԥштәаҿы: асфера ахҟьа аҳәаақәа амам, аха аҵакыра ԥкуп, насгьы асфера ахәара еиҭакрада иҟоуп. Адунеи ииашаҵәҟьаны ҭыԥҭаӡарала иԥкызар, усҟан уи амодельқәак рҟны, иарбан ганзаалакгьы ацәаҳәа иашала аныҟәара, аныҟәара алагамҭахь унеир улшоит (ҭагылазаашьақәак рҿы уи ҟалашьа амам аҭыԥҭаӡара-аамҭа аеволиуциа иахҟьаны[62]).
Хԥамҭын, иҟоуп агәаанагара, Адунеи аханатә еикәагьежьуа иит ҳәа. Аира иазку аклассикатә гәаанагара — Атҟәацра ду аизотропра ахшыҩзцара иадҳәалоуп, даҽакала иуҳәозар, амчхара аганқәа зегьы рахь еиҟараны ирылаҵәоит. Аха, уи иацлабуа гипотезак цәырҵит, адгыларагьы аиуит: Мичигантәи Ауниверситет аҟынтәи аҵарауаа ргәыԥ, афизика апрофессор Маикл Лонго напхгара зиҭоз, иаадырԥшит агалактикақәа рыспиральтә маӷрақәа асааҭ ахыц иаҿагыланы ирҵәиу 7% рыла еиҳа ишырацәоу “еиҿагылоу ахырхарҭа змоу” агалактикақәа раасҭа, уи шаҳаҭра азнаур алшоит Адунеи раԥхьаӡатәи аеикәарҳәара амомент аҟазаара. Ари агипотеза Аладатәи агьежьбжаҿы имҩаԥысуа ахылаԥшрақәа рылагьы иԥышәатәуп[63].
Адунеи аартра аҭоурых
- Ихадароу астатиа: Адунеи иазку агәаанагарақәа рыҿиара аҭоурых
Ажәытәтәи акосмографиеи заатәи астрономиеи
Азиеи Адгьылбжьаратәи амшыни рцивилизациақәа
Месопотамиа
Тигри Евфрати рыбжьара иҟаз аҭыԥҭаӡара хәыҷык аҿы еиуеиԥшым акультурақәа ыҟан, урҭ еишьҭагыланы дара-дара рҽеиҭнырыԥсахлон. Урҭ ркосмогониатә дунеихәаԥшышьақәа еиқәҿырҭуеит. Анцәахәқәа рыхьӡқәеи детальқәаки рҽырыԥсахуан, аха рҵакы еиқәхон.
Диодор Сицилиатәи иҟаиҵаз ахцәажәара инақәыршәаны Месопотамиа ажәларқәа рыбжьара Адунеи х-дунеик рыла еиҟәшоуп: анцәа Ану ижәҩантә дунеи, Енлил иеиԥшыншьалоу Бел идгьылтә дунеи, насгьы Еа анапхгара ахьиуа адгьылҵаҟатәи адунеи. Аҩбатәи адунеи, адгьыл ахыхьтәи адунеи, ашьха иаҩызоуп, насгьы ҵаҟантәи иҭыҳәҳәоу, ихаҵҵалаз аӷба гьежь еиԥшуп. Ажәҩантә дунеи адгьылтә дунеи аформа еиҭаҟанаҵоит, ажәҩантә океан ала уи аҽацәыхьчаны. Амра мрагыларахьтә мраҭашәарахь ицоит, аеҵәақәа реиԥш, иазыԥҵәоу амҩа ианыланы[64][65].
Астрономиатә дыррақәа ракәзар, урҭ ирызку адыррақәа даара иԥыҵәҵәоуп. Акымҭын, ари атема иазку реиҳа ижәытәӡоу, насгьы изаҵәу ахыҵхырҭақәа, mul APIN, «Астролиабиа», раамҭанҵара даараӡа ииашам, еиуеиԥшым аусумҭақәа рҿы зқьышықәсала еиԥшымзар ауеит, аха аҵарауаа реиҳараҩык Касситтәи аамҭахь рхы дырхоит. Иҩбахаз, астролабиақәеи mul APIN-и рҿы иарбоу аобиектқәа уажәгьы хәҭакахьала мацара ауп ишалкаау, агипотезақәа рацәаны ишыҟаҵоугьы. Ихԥахаз, аеҵәақәа рымҵысра ада, ажәытәтәи вавилонтәи астрономцәа ргәаанагарақәа ирызку адыррақәа абарҭ ахыҵхырҭақәа рҟынтәи реизгара ауам: апланетақәа рныҟәара иазкны еилыркаарак ҟаҵаӡам, насгьы аеҵәақәа рхатә ныҟәара иазкны адыррақәа ыҟам, вавилонаа ахылаԥшра апериоди аиашареи ҳасаб рзуны игәарҭарц ирылшоз.
Иара убасгьы иҟам аеҵәақәа рныҟәара шырыԥхьаӡоз азы игәрагоу адыррақәа. Аҵарауаа рыхәҭак ирҳәоит вавилонаа усҟан асфератә координаттә система ахархәара иалагахьан ҳәа, аха аҿагылаҩцәа, акосмогоникатә хәаԥшышьақәеи егьырҭ аиқәымшәарақәеи шьаҭас иҟаҵаны ари ахәаԥшышьа иақәшаҳаҭӡам[64].
Ажәытәтәи Мысра
Мысратәи амифологиаҿы адунеи ашара иазкны еицырзеиԥшу агәаанагарақәа ыҟамызт. Иҟан еиуеиԥшым версиақәак[66].
Убри аҟынтә руак аҿы урҭ амра анцәахәы Ра адунеи агәҭаны ддыргылеит, насгьы егьырҭ анцәахәқәа зегьы раб ҳәа дрыԥхьаӡон. Иареи иара ихылҵшьҭрақәа ааҩыки еиҿыркааит Гелиополистәи еннеад ҳәа изышьҭоу. Гелиополистәи алегенда излаҳәо ала, Атум аханатәтәи аӡқәа рҟынтәи дцәырҵит, иара игәаԥхарала урҭ рҟынтәи ахаҳә ԥшьа Бенбенгьы аизҳара иалагеит. Уи ахықәан дгыланы Атум дишеит аҳауа анцәахәы Шу, насгьы ацәаакыра анцәахәԥҳәыс Тефнут. Арҭ хаҵеи-ԥҳәыси ирхылҵит ахшара, адгьыл анцәахәы Геби, ажәҩан анцәахәы Нути. Ари анцәахәқәа раԥхьатәи рабиԥарақәа Еннеад аҟны аԥҵара ашьаҭа аадырԥшуеит. Геби Нути ирхылҵит Осирис, Исида, Сет, Нефтида, урҭ Нил аӡхаларатә ҭыԥи ацәҳәыреи ирхаҿырбаган.
Иаҿагылаз аверсиа ыҟан Гермополис ақалақь аҿы, уа адунеи ажәытәтәи анцәахәқәа ааба ирхылҿиааит ҳәа агәра ргон, огдоад ҳәа изышьҭоу. Ари ааба анцәахәқәеи анцәахәыҳәсақәеи рыла ишьақәгылан, урҭ аԥҵара аелементқәа ирсимволын. Нуни Наунети аханатәтәи аӡқәа ирышьашәалоит, Хуи Ҳаухети ҵыхәаԥҵәара змам акосмос, Куки Каукети — наӡаӡатәи алашьцара. Аԥшьбатәи апара изныкымкәа рҽырыԥсахит, аха Аҳра Ҿыц инаркны уи Амони Амаунети рыла ишьақәгылоуп, урҭ иумбои аҳауеи ирхаҿырбагоуп. Гермополтәи аверсиа инақәыршәаны, арҭ анцәахәқәа амра анцәахәы ианацәеи иабацәеи ракәын, алашареи анаҩстәи аԥҵареи адунеиахь иаазгаз.
Адунеи аҭыԥҭаӡара мысраа рзы еиԥшны, изотропны иҟамызт. Аныҳәарҭа дуқәа зегьы иҷыдоу ҭыԥны, «ԥсы зхоу зегьы» ҳәа иԥхьаӡан. Апирамидақәагьы иҷыдоу ҭыԥқәан, иуадаҩу, имаӡоу атопологиа змоу. Нил аӡиас аладаҟынтә ҩадаҟа иахьцоз анырра даара иӷәӷәан. Убриаҟара, Мысратәи аруаа иааҳәны ицоз Евфрат анырба, уи иаарҳәыз аӡиас ҳәа ахьӡырҵеит (Му кеду, ажәа-жәала. «Иаарҳәу аӡы», атранслит. египеттәи mw-qd.w)[67].
Абжьаратәи Аҳра аҟынтәи асаркофагқәа рҿы иҭыху асахьақәеи Аҳра Ҿыц аҟынтәи аҩырақәеи рыда ҳаамҭа аҟынӡа астрономиатә текстқәа акгьы мааӡеит. Иара убас «адеканқәа» рыхсаалақәагьы астрономиатә документқәаны иԥхьаӡазар ауеит. Иҟалап ҳара зыӡбахә ҳҳәо аеҵәақәа ма аеҵәақәа ргәыԥқәа ракәзар, аха Сириуси Ориони рымацара роуп ҿыӷәӷәала зеилкаара ҳалшо. Иҟалап ажәытәтәи мысраа адеканқәа рҭыԥ аԥхьаӡараҿы рхатәы знеишьа рымазар, ҳара ҳтәы ӷәӷәала еиԥшмыз, насгьы Абжьаратәи Аҳра алагамҭазы ирӡыз[68].
Ажәытәтәи Бырзентәыла
- Ихадароу астатиа: Ажәытәтәи Бырзентәыла астрономиа

Ажәытәтәи Бырзентәыла, егьырҭ ажәытәтәи ацивилизациақәа жәпакы реиԥш, Адунеи азы ахатә гәаанагара аԥнаҵеит. Аха Ажәытәтәи Бырзентәыла ҷыдарас иамаз модель заҵәык акәымкәа ирацәаны иахьамаз ауп: еиуеиԥшым афилософиатә школқәа акырӡа еиуеиԥшымыз адунеи амодельқәа ықәдыргылеит, урҭ зегьы анс акә арс акә аргументқәа рыла ишьақәырӷәӷәан.
Зааӡатәи афилософиатә школқәа шьаҭанкылатәи ҳәа иалыркаауан еиуеиԥшым аматериақәа ма афигурақәа. Адунеи иазку раԥхьатәи агәаанагарақәа абарҭ ашьаҭақәа рыла ишьақәдыргылон. Убас, зны адгьыл адиск аӡаҿы иӡсоит, Фалес иеиԥш, мамзаргьы ацилиндр ҵыхәаԥҵәара змам аҭыԥҭаӡараҿы иӡсоит, Анаксимандр иҟны еиԥш, уҳәа убас иҵегьы.
Пифагораа Адунеи апироцентристтә модель ҟарҵеит, аеҵәақәа, Амра, Амза, ф-планетак Агәҭантәи Амца (Гестиа) иахьакәшо. Иааизакны иԥшьоу ахыԥхьаӡара алҵырц азы — жәаба — асферақәа, афбатәи планетаны Адгьылҿагыла (Антихтон) рылаҳәан. Амреи Амзеи, ари атеориа инақәыршәаны, Гестиа ианыҷҷаалоз алашарала илашон[69]. Ари адунеитә система дахцәажәеит Филолаи.
Аха ажәытә бырзен ҵарауаа реиҳараҩык пифагораа иаԥырҵаз агеоцентртә дунеитә система иадгылан.
Пифагораа рзы алашарбагақәа рыбжьара абжьаӡарақәа агамма аҿы амузикатә интервалқәа ирышьашәалон; урҭ аныҵәиуа, «асферақәа рмузыка» абжьы гоит, ҳара иаҳмаҳауа. Пифагораа Адгьыл ампыл еиԥшуп ҳәа ирыԥхьаӡон, урҭ рҟынтәи шьоукы (Екфант, Гикет) — аҵәҩан иакәшоит, убри аҟнытә уахи-ҽни реиҭныԥсахлара ҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Платон адунеи зегьы анализ азиуан адоуҳатә ҵакы иазку игәаанагарақәа дрылԥшны. Уи хымԥада адунеи аилазаашьа ианыруан. Иара изы аеҵәақәа ацәеижьи аԥсыи змаз «анцәатә ҟазшьақәа» ракәын. Иубарҭоу рформа амца ауп, насгьы урҭ зегь раасҭа илашо, иԥшӡаны иааԥшырц азы илашоит. Зегьы-зегьы еиԥшхарц азы, урҭ ампыл еиԥшны иаԥҵан. Платон излаиԥхьаӡо ала, акосмос наӡаӡатәиӡам, избан акәзар, иуныруа зегьы маҭәаруп, насгьы амаҭәар ажәуеит, иԥсуеит. Уи моу, Аамҭа ахаҭагьы акосмос иацит.
Платон раԥхьаӡакәны алашарбагақәа еиҟарам рныҟәарақәа агьежьқәа рыла «инаӡоу» аныҟәарақәа рахь реихшаразы ажәалагала ҟаиҵеит. Книдтәи Евдокс уи ааԥхьара ақәҿиҭит. Иаанымхаз иҩымҭақәа рҿы, иара далацәажәеит агомоцентристтә сферақәа ртеориа, апланетақәа рныҟәара акинематикатә схема, ԥшьы-сфера заҵәык рыла апланетақәа рретроградтә ныҟәара ҳаилзыркаауа (еиқәыԥсоу агьежьратә ныҟәарақәа рыла), зыгәҭаны Адгьыл ыҟаз.

Аристотель иаԥиҵеит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аҵак ду змаз акосмологиатә система[70]. Иара агәраганы дыҟан ажәҩантә цәеижьқәа рныҟәараҿы урҭ зыдҳәалоу ажәҩантә сферақәа ишныҟәырго. Иара игәаанагарала, еиҭаҵуа зегьы анҭыҵтәи акы ала еиҭаҵуеит, уигьы акы ала еиҭаҵуеит, уҳәа убас иҵегьы, еиҭамҵуа аныҟәгага — Аԥхьаныҟәгага аҟынӡа ҳнаӡаанӡа. Иара Адгьыл ҵысӡом ҳәа иԥхьаӡон.
Понттәи Гераклид Адгьыл аҵәҩан иакәшоит ҳәа иԥхьаӡон. Уи адагьы, ҳара ҳҟынӡа иааӡаз адырра маҷ инақәыршәаны, иҳәазар ауеит Гераклид Венереи Меркурии Амра иакәшоит ҳәа игәы ишаанагоз, уи ахаҭагьы Адгьыл иакәшоит ҳәа. Иҟоуп Гераклид дунеи асистема даҽа реконструкциак: Амра, Венера, Адгьыл центрк иакәшоит, насгьы Адгьыл зныктәи ареволиуциа аамҭала шықәсык иаҟароуп[71]. Ари аҭагылазаашьаҿы, Гераклид итеориа Филолаи идунеитә система иаорганикатә ҿиаран, насгьы Аристарх игелиоцентристтә дунеитә система иаԥхьанеиуан.
Ҳ.ҟ. III ашәышықәса актәи азбжазы Аристарх адунеи агелиоцентртә система аԥҵара далацәажәеит. Агелиоцентртә системеи аеҵәақәа рышықәстә параллаксқәа рхылаԥшра ахьамуеи ирыбзоураны, иара иҟаиҵеит Адгьыл аҟынтәи Амра аҟынӡа абжьаӡара маҷуп ҳәа алкаа, Амра аҟынтәи аеҵәақәа рҟынӡа абжьаӡара иаҿырԥшны. Уи адагьы, иара Амреи Амзеи рыбжьаӡара, насгьы урҭ ршәагаақәа ршәаразы азнеишьа иӡбеит. Иара ихәшьарақәа рыла, Адгьыл ҭаӡарала 250-нтә Амра аасҭа еиҵоуп. Хыԥхьаӡарала дышиашамызгьы, изнеишьа илнаршеит Адгьыл Амра аасҭа акырӡа ишыхәыҷу аилкаара.
Ҳ.ҟ. III-тәи ашәышықәса инаркны абырзен ҭҵаарадырра иаднакылеит вавилонаа реихьӡарақәа, астрономиеи аматематикеи рҿы аихьӡарақәагьы уахь иналаҵаны. Аха абырзенцәа иҵегьы акырӡа хара ицеит. Ҳ.ҟ. 230 шықәсазшәа Пергатәи Аполлони еиҟарам апериодтә ныҟәара аарԥшразы аметод ҿыц еиқәиршәеит ашьаҭатә гьежь — адеферент — насгьы деферент иакәшо аҩбатәи агьежь — аепицикл рыла; аеҵәа ахаҭа аепицикл ала ицоит. Ари аметод астрономиаҿы иалеигалеит Родос аус зуаз Гиппарх.
Ҳ.ҟ. I-тәи ашәышықәсазы Гемин ирылаирҵәеит агәаанагара, аеҵәақәа сферак аҿы ишьҭоуп ҳәа ҳгәы ишаанаго, аха аиашазы урҭ Адгьыл аҟынтәи еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рымоуп шрымоу зҳәоз. Иҟоуп ари агәаанагара раԥхьаӡакәны ҳ. ҟ. III-тәи мамзаргьы II-тәи ашәышықәсақәа рзы иҟалеит ҳәа агәаанагаразы амзызқәа, избан акәзар уи аеҵәақәа рхатә ныҟәарақәа рыҟазаара алшара иадҳәалоуп, ззын Гиппарх агәҩара имаз: ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа рыҟазаара аеҵәақәа сферак аҿы ишьақәырӷәӷәоу цәеижьқәоуп ҳәа агәаанагара иаабуам.
Акыраамҭа ицоз алаҟәра ашьҭахь, I ашәышықәса анҵәамҭазы —II ашәышықәса алагамҭазы, ажәҩантә цәеижьқәа рыҭҵаареи адунеи амодельқәа раԥҵареи хацыркхоит. Смирнатәи Теон еидҵоу асферақәа ртеориа далацәажәоит — афизикатә теориа, аепициклқәа ртеориа аилыркаара зҽазызшәо. Уи аҵакы абас иҟоуп. Ҳхаҿы иааҳгап аматериал кьакьа иалху ҩ-концентрикатә сферақәак, зыбжьара сфера хәыҷык ҭаргылоу. Асфера дуқәа ррадиусқәа рыбжьаратәи арифметикатә ҵакы адеферент иарадиусуп, асфера хәыҷы арадиус — аепицикл иарадиусуп. Аҩ-сфера дук рыргьежьра иахҟьаны асфера хәыҷы урҭ рыбжьара аргьежьра мҩаԥысуеит. Асфера хәыҷы аекватор апланета ықәургылар, уи аныҟәара епициклқәа ртеориаҿы иҟоу еиԥшхоит; абасала, аепицикл асфера хәыҷы аекватор ауп.
Птолемеигьы ари атеориа дақәныҟәон, ԥсахрақәак ҟаҵаны. Уи иусумҭа «Апланетатә гипотезақәа» аҿы далацәажәоит[72]. Уаҟа иазгәаҭоуп, ҷыдала, апланетақәа зегьы рҟынӡа иреиҳау абжьаӡара иаҟароуп урҭ ирышьҭанеиуа апланета аҟынӡа иреиҵоу абжьаӡара, даҽакала иуҳәозар, Амза аҟынӡа иреиҳау абжьаӡара Меркури аҟынӡа иреиҵоу абжьаӡара иаҟароуп, уҳәа убас иҵегьы. Амза аҟынӡа иреиҳау абжьаӡара Птолемеи ахәшьара аҭара илшеит Аристарх иметод иаҩызоу аметод ала: 64 Адгьыл арадиус. Уи адунеи зегьы амасштаб инаҭеит. Уи иалҵшәаны, еилкаахеит аеҵәақәа 20 нызқь Адгьыл арадиусқәа раҟара абжьаӡараҿы ишыҟоу. Птолемеи иара убас апланетақәа ршәагаа аилкаара иҽазишәеит. Иаалырҟьаны иҟалаз агхақәа рхарҭәаара иабзоураны, Адгьыл иара иҟны Адунеи абжьаратәи ашәагаа змоу цәеижьны иҟалеит, аеҵәақәагьы, инықәырԥшшәа, Амра ашәагаа иаҟараны.
Аҩадатәии Аладатәии Америка ацивилизациақәа
Месоамерика
Месоамерикатәи ацивилизациақәа рахь иаҵанакуеит ацтекцәа, маиаа, амиштекцәа, ольмекцәа, апурепечацәа, асапотекцәа, атолтекцәа, атотонакцәа, ауастекцәа, ачичимекцәа. Цивилизациак аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рҿы аиԥшымрақәа рацәазаргьы, адунеи иазку зеиԥш гәаанагарак аганахьала, хадара злам еивгарақәак рымааны ахәаԥшышьақәа ракзаара ыҟоуп.
Амесоамерикаа ииашоу астрономиатә хылаԥшрақәа рыҟаҵара зааӡа иалагеит, абжьааԥпны ақыҭанхамҩатә ҭахрақәа ирыдҳәаланы. Урҭ ииашаны ирыԥхьаӡон амреи амзеи ртыҩкрақәа, иара убас ажәҩан аҿы Венера акоординатқәа рыԥхьаӡара. Иара убас иаԥҵан ииашоу амзар.
Аха месоамерикатәи ахәыцрақәа рҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааныркылоит ахылаԥшрақәа рылҵшәақәа ракәымкәа, астрологиеи амзари[73]. Убас, амзар иаҵанакуа ациклизм ахәыцра ари адунеи ахҭысқәа зегьы рахь ииасуеит; абарҭ аиҭаҟаҵарақәа рпериодқәа месоамерикаа рзы иԥшьоу аԥхьаӡацқәа ирыдҳәалоуп, иаҳҳәап 400, 20, 52. Ациклра акосмогониаҿгьы иҟоуп: адунеи хырбгалахоит, анаҩс ҿыц иаԥҵахоит. Иааидкыланы ԥшь-циклк ыҟан, уажәтәи ахәбатәи ауп. Ахронологиа алагара амш ииашаны ишьақәыргылоуп ҳәа иҳаԥхьаӡозар, уажәтәи ацикл анҵәамҭа 2012 шықәса иақәшәоит[74].
Адунеи аилазаашьагьы еиԥшын: адунеи авертикалтәи агоризонталтәи аихшара амоуп. Апроекциаҿы уи аԥшькәакь ауп, зкәакьҭақәа алашара аганқәа рахь ирхоу. Адунеи аҵла адунеи агәҭа иагәылгоуп, ажәҩантә дунеиқәа 13, адгьылтә дунеи, иара убас адгьылҵаҟатәи адунеиқәа 9 еидызкыло. Алашара ахәҭақәа зегьы ирыман рхатәы нцәахәы, рхатәы ԥштәы, урҭ еиуеиԥшым ажәларқәа рыбжьара еиԥшымызт. Адунеи аира зыбзоуроу еиҿагылоу ҩ-принципк реиқәԥара ауп: абзиеи ацәгьеи, алашареи алашьцареи уҳәа убас иҵегьы.[75]
Абжьаратәи ашәышықәсақәа
Европа
Абжьаратәи ашәышықәсақәа раан, Птолемеи излаиҳәоз ала, акатоликатә Европа иахьаҵанакуаз адунеи агеоцентртә система амчра аманы иҟан. Ари асистема, Аристотель игәаанагарақәа ирыцны, Ауахәамеи Апапа иаҳраҭыԥи рҟынтәи официалла азхаҵареи адгылареи роуит[76]. Аристотель игомоцентристтә сферақәа рсистема аларҵәаҩы хадақәа дреиуан еицырдыруаз афилософ, атеолог Фома Аквинтәи[77]. Иара ари асистема заҵәык ауп ииашоу ҳәа иԥхьаӡон; Птолемеи иҵарадырраҿы ишьақәирӷәӷәаз епициклқәеи аексцентрикқәеи «цәцашьа змам ацәгьара» ҳәа иԥхьаӡан, аҳасабрақәа рзы иаԥҵаз иманшәалоу математикатә хыҭҳәааны.
Убри аамҭазы Европа ауниверситетқәа цәырҵуа иалагеит. Урҭ еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы акатоликатә Уахәама анапхгара аҵаҟа ишыҟазгьы, урҭ аҭҵаарадырратә хшыҩҵакқәа иргәыцә хадақәаны иҟалеит, насгьы адунеи аилазаашьа иазку адыррақәа рыҿиареи реизгареи аус аҟны ацхыраара ҟарҵон[78].
Аԥсылмантә дунеи

Аԥсабаратә философиеи акосмологиеи рҿы арабтәи аҵарауаа реиҳараҩык Аристотель иҵарақәа ирықәныҟәон. Уи шьаҭас иамаз Адунеи шьаҭанкыла еиԥшым ҩ-хәҭакны аихшара акәын — амзаҵаҟатәии амзахыхьтәии адунеи. Амзаҵаҟатәи адунеи — зҽызыԥсахуа, иҭышәынтәалам, иаамҭалатәиу аҳәаақәа роуп; уи аҭыԥан, амзахыхьтәи, ажәҩантә дунеи — наӡаӡатәи, зҽызымԥсахуа аҳра ауп. Ари ахәыцра иадҳәалоуп аԥсабаратә ҭыԥқәа рконцепциа. Иҟоуп аматериа ахкқәа хәба, урҭ зегьы ҳдунеи аҿы рыԥсабаратә ҭыԥқәа рымоуп: адгьыл аелемент — адунеи агәҭаныцәҟьа иҟоуп, уи иашьҭанеиуеит аӡы, аҳауа, амца, аефир рыԥсабаратә ҭыԥқәа.
Акосмологиа аганахьала, аԥсылмантә тәылақәа рҵарауаа адунеи агеоцентртә система иадгылан. Аха, аимак-аиҿак ҟалеит иарбан версиоу еиҳа иалкаатәу азҵаараҿы: агомоцентристтә сферақәа ртеориа акәу, мамзаргьы аепициклқәа ртеориа акәу.
XII-тәи ашәышықәсеи XIII-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы Андалусиатәи арабтәи афилософцәеи аҵарауааи аепициклқәа ртеориа ӷәӷәала иаҿагылеит. Ари аиҿкаара зны-зынла "Андалусиатәи ақәгылара" ҳәа иашьҭоуп[76]. Уи ашьаҭаркҩы Муҳаммад ибн Баџьа, Европа Авемпац (иԥсҭазаара далҵит 1138 ш.) ҳәа деицырдыруан, аусура иацырҵеит иҵаҩы Муҳаммад ибн Туфаил (1110—1185) насгьы аҵыхәтәантәи иҵаҩцәа Нур ад-Дин ал-Битруџьи, Алпетраги ҳәагьы еицырдыруаз, насгьы Аверроес; Урҭ дырхыԥхьаӡалазар ауеит Андалусиатәи аиудеиаа рхаҭарнак Маимонидгьы. Абарҭ аҵарауаа агәра ганы иҟан, аепициклқәа ртеориа, математикатә хшыҩзышьҭрала иамоу аԥыжәарақәа зегьы хшыҩзышьҭра рыҭазаргьы, аҵабырг ишақәымшәо, избан акәзар аепициклқәеи аексцентрикатә деферентқәеи рыҟазаара Аристотель ифизика иаҿагылоуп, уи ишаҳәо ала, ажәҩантә лашарбагақәа рыҵәира ацентр заҵәык ауп иамоу — адунеи агәҭа, Адгьыл агәҭа иақәшәо.
Аха, птолемеитәи аверсиаҿы иҟоу аепициклқәа ртеориа (аексцентриситет ҩбаны аихшара атеориа) астрономцәа инагӡаҵәҟьаны ргәы арҭәуамызт. Ари атеориаҿы, апланетақәа еиҟарам рныҟәара аилыркааразы, иҳәоуп, аепицикл агәҭа адеферент иқәланы аныҟәара еиԥшуп ҳәа, адеферент агәҭантәи акәымкәа, еквант ҳәа изышьҭоу ҭыԥк аҟынтәи, мамзаргьы аиҟаратәратә ҭыԥ аҟынтәи уахәаԥшуазар. Убри аан, Адгьылгьы адеферент агәҭаны иҟам, аха аганахь симметриала еиҟаратәу аҭыԥ ахь ииасуеит адеферент агәҭа иазкны. Птолемеи итеориаҿы, аепицикл агәҭа акәакьтә ццакыра аеквант иаҿырԥшны еиҭакрада иҟоуп, аха адеферент агәҭантәи уанахәаԥшуа, апланета аныҟәараан аепицикл агәҭа акәакьтә ццакыра аҽаԥсахуеит. Ари иаҿагылоуп Кеплер иаԥхьатәи астрономиа азеиԥш идеологиа, уи инақәыршәаны ажәҩантә цәеижьқәа зегьы рныҟәарақәа зегьы еиԥшу, игьежьуа рыла ишьақәгылоуп.
Аԥсылман астрономцәа (Ибн ал-Ҳаисам инаиркны, XI-тәи ашәышықәса) Птолемеи итеориаҿы даҽа уадаҩракгьы азгәарҭеит. Птолемеи ихаҭа иаԥиҵаз еидҵоу асферақәа ртеориа инақәыршәаны, аепицикл агәҭа адеферент ала аныҟәара материалтә сферак аҵәира еиԥш иаарԥшын. Аха, зынӡа иҳалшом ҳхаҿы иааҳгарц ацәеижь ӷәӷәа агәҭа иалсуа аҵәҩан иаакәыршаны аҵәира, аҵәҩан анҭыҵтәи ҭыԥк иаҿырԥшны аҵәҩан аццакра ԥсахрада иаанхарц азы.
Агеоцентристтә система анҭыҵ ацаразы аҽазышәарақәагьы ыҟан, аха урҭ аортодокстә теологцәа рҟынтәи аҿагылара ду роууан, урҭ иарбанзаалак аԥсабаратә философиатә теориақәа Аллаҳ зегь зымчу изку атезис иаҿагылоит ҳәа мап ацәыркуан[79].
Аиашахаҵаратә дунеи

Византиеи Мрагыларатәи ақьырсианра иалахәыз атәылақәеи рҿы адунеи иазку агәаанагара атеологиа иадҳәалан. Уи ҳакәша-мыкәша иҟоу адунеи ҳаилнаркаар акәын, насгьы Иԥшьоу Аҩыра иаҿамгылакәа. VI-тәи ашәышықәсазы «Ақьырсиантә топографиа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу анапылаҩыра ҭыҵит Александриантәи ахәаахәҭҩы Козма Индикоплевст авторс дызмаз. Византиа аҟны уи азҿлымҳара ду арҭомызт. Апатриарх Фоти Болгариа аҳ Михаил изиҩит уи азҿлымҳара иаԥсам ҳәа, уа иану ажәҩан иазку агәаанагара шымцу азгәаҭо, насгьы автор «аҵабырг еиҭазҳәо иакәымкәа, алакәқәа зҳәо еиҳа диеиԥшны» дибеит. Аха Мраҭашәаратәи Европа аусумҭа аларҵәара ду аиуит. Амонголцәа раԥхьатәи аамҭазы уи Киевтәи Урыстәыла адгьылҵакырахь инаӡеит, XVII-тәи ашәышықәсанӡагьы анырра аман[80].
Козма Индикоплевст Адгьыл сфератәуп ҳәа иҟаз агипотезеи Птолемеи исистема зегьи мап рцәикуан, насгьы урҭ ахәыцрақәа «игьежьу агаӡабызшәа» ҳәа рыхьӡиҵеит. Иара уи шьақәирӷәӷәон Иԥшьоу Аҩыраҿы иаҳәо Аҩынтәтәи Ааираан амаалықьцәа ажәларқәа абыкь абжьы ала еизыргоит ҳәа «ажәҩан аҵыхәантәи аҵыхәанӡа». Адгьыл гьежьызар, ажәҩангьы гьежьуп, даҽакала иуҳәозар, ҳәаа амаӡам, уи Аҩыра иаҿагылоуп. Уи адагьы, ажәҩан «гьежьны» иҟазар, убри аҟнытә, уи аҵкарқәа рыла аглобус иахьымкьысуазар, нас усҟан ауаа, зегьы рыԥсҭалара аан, Аҩынтәтәи Аара аан адгьыл аҟынтәи ишԥашьҭыҵуеи? Козма игәаанагарала Адгьыл аԥшь-кәакьҭа аформа аман. Хыхьынтә ари аԥшь-кәакьҭа шьхак ахь ихалоит, уи ахықә аҩада-мраҭашәарахь инаауп, насгьы ари адгьыл-шьха анаара иқәыршәны аҩадантә аладаҟа еиуеиԥшым ажәларқәа нхоит. Амра аниасуа аамҭазы, ҩадатәи адгьылқәа раасҭа аладатәи адгьылқәа еиҳа ирзааигәаны иааԥшуеит. Адгьыл иаакәыршаны иҟоуп аокеан, уи аҵкар аҿы икьакьоу аха иҵәцоу ажәҩантә ҭӡамц халоит, аокеан нырцәтәи адгьыл иазцо.
Козма Индикоплевст иусумҭа адагьы, иҟан X-тәи ашәышықәсазтәи болгариатәи автор Иоанн Екзарх ишәҟәы «Афымш» ҳәа хьӡыс измоу, уи 1263 шықәсазтәи анапылаҩырала ҳара ҳҟынӡа иааит[80]. Ари аусумҭа актәи аасҭа еиҳа аимак-аиҿак аҵоуп. Ганкахьала, Иоанн Козма игәаанагарақәа иреиԥшу агәаанагарақәа ааирԥшуеит, аха автор Адгьыл ампыл еиԥш ихаҿы ишааиго ала агәаанагарагьы ыҟоуп. Иара убас, Козма иеиԥш акәымкәа, уи апланетақәеи аеҵәақәеи еилихуеит.
Мрагыларатәи ақьырсианра акосмографиатә гәаанагарақәа ануп VIII-тәи ашәышықәсазы инхоз атеолог Иоанн Дамаскин ишәҟәы «Аиашахаҵаратә дин ииашаны аилыркаара» аҟны. Иоанн игәаанагарақәа Козма игәаанагарақәа ирҿагылоуп: Азодиак зегь рыла иаарԥшуп, апланетақәа растрологиатә ҩнқәа рыӡбахә ҳәоуп, адгьыл аформагьежь адгылара амоуп. Дамаскин ишәҟәы ажәҩан аԥсабара иазкны агәаанагара еизак аанарԥшӡом, аха ажәҩан аԥсабара иазкны агәаанагарақәа зегьы аагоуп. Васили Ду игәаанагара адгылара аҭаны иаагоуп: «сего небесе божественный Василий тонкое быти, глаголет, естество, аки дым».
Аҿыцҿиара аепоха (XV—XVI ашәышықәсақәа)
Аԥхьатәи Аҿыцҿиара (XV-тәи ашәышықәса)
«Аҵарауаҩтә мдырра» ҳәа зыӡбахә ҳәоу атрактат аҿы иаагоу Николаи Кузантәи (1401—1464) икосмологиа аҿыцра ду аҟазшьа амоуп. Иара игәы иаанагеит Адунеи аматериалтә акзаара, насгьы Адгьылгьы иныҟәоу апланетақәа иреиуоуп ҳәа иԥхьаӡон; ажәҩантә цәеижьқәа рҿы ауаа нхоит, Адгьыл аҟны еиԥш, насгьы Адунеи аҿы иҟоу зегьы еиҟараны амзызқәа рыла имҵысуашәа рхы рыԥхьаӡоит. Иара игәаанагарала, Адунеи ҳәаа амаӡам, аха ҵыхәаԥҵәара амоуп, избан акәзар ҵыхәаԥҵәарадара Анцәа заҵәык иоуп изҟазшьарбагоу. Убри аамҭазы, Кузанц иҟны абжьаратәи аамҭақәа рзтәи акосмологиа аелементқәа рацәаны еиқәхоит, ажәҩантә сферақәа рыҟазаара агәрагарагьы уахь иналаҵаны, адәахьтәи — имҵысуа аеҵәақәа рысферагьы урҭ рхыԥхьаӡараҿы. Аха, урҭ асферақәа зынӡагьы игьежьӡам, рыргьежьра еибеиԥшӡам, насгьы рыргьежьратә ҵәҩанқәа акосмос аҿы иалкаау аҭыԥ ааныркылом. Убри аҟнытә, адунеи абсолиуттә центри иаахтыҵәҟьоу аҳәааи амаӡам (иҟалап, абри аҵакала акәзар Николаи Адунеи аҳәаадара иазку итезисгьы шеилкаатәу)[81].
Агелиоцентртә система (XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа)
- Ихадароу астатиа: Адунеи агелиоцентртә система
XVI ашәышықәса актәи азбжа Николаи Коперник иҟаиҵаз агелиоцентртә дунеитә система ҿыц ацәырҵрала иазгәаҭан. Коперник Амра адунеи агәҭаны иқәиргылеит, апланетақәа зыкшәшоу (Адгьылгьы уахь иналаҵаны, иара зхатә ҵәҩангьы иакшәшо). Иара уажәгьы Адунеи имҵысуа аеҵәақәа рысферала иҳәаақәҵоуп ҳәа иԥхьаӡон; иҟалап, иара убасгьы ажәҩантә сферақәа шыҟоу агәра игозҭгьы[82].
Икьасоу Аҿыцҿиара (XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа)
Коперник ихәыцрақәа рылацәажәараан, англыз астроном Томас Диггес иҳәеит акосмос ҵыхәаԥҵәара шамам, насгьы еҵәала ишҭәу. Урҭ ахшыҩҵакқәа ирҵаулеит италиатәи афилософ Џьордано Бруно[83][84][85]. Бруно икосмологиа аԥҟарақәа жәпакы раамҭазы иҿыцын, уимоу иреволиуциатәын, еиҳарак Аамҭа Ҿыц акосмологиа аԥҟарақәа рацәаны иазыԥшын: Адунеи аҵыхәаԥҵәарадареи уа иҟоу адунеиқәа рхыԥхьаӡареи, аеҵәақәа харатәи амрақәа рыла аиԥшьра, адунеи аматериалтә акзаара иазку агәаанагара. Уи аамҭазы, Џьордано Бруно ихәыцрақәак (раԥхьаӡа иргыланы аматериа аԥсы ахаҵара ахшыҩзцара) иаарласны аҵарадырра аанрыжьит.

Аха аҵарауаа зегьы Коперник иконцепциа рыдыркыломызт. Убас, аҿагылаҩцәа дыруаӡәкын Тихо Браге, уи аматематикатә спекулиациа ҳәа ахьӡҵо. Иара акомпромисстә “геогелиоцентртә” адунеитә система ҟаиҵеит, Птолемеи Коперники рҵарақәа реилаҵара иахылҵыз: Амреи, Амзеи, аеҵәақәеи имҵысуа Адгьыл иакәшоит, апланетақәеи акометақәеи зегьы Амра иакәшоит. Браге Адгьыл уахыки-ҽнакитәи аҵәирагьы азхеиҵомызт.
Аҭҵаарадырратә револиуциа (XVII ашәышықәса)
Иоганн Кеплер ихаҿы иааигон Адунеи ҵыхәаԥҵәара змоу арадиус змоу ампыл еиԥш, Амратә система ахьыҟаз агәҭаны аҭыԥ аманы. Кеплер игәы иаанагон ари аҭҳәаа анҭыҵтәи асфератә шьаҭа еҵәала иҭәуп ҳәа —апланетақәа зкәыршоу, зхы зырлашо аобиектқәа[86]. Иара иаргументқәа иреиуоуп афотометриатә парадокс ишиашоу аԥхьагылаҩ. Кеплер ихьӡ иадҳәалоуп даҽа револиуциакгьы. Иара иԥсахуеит агьежьтә ныҟәарақәа, еиуеиԥшым аеквантқәа рыла ирхьанҭоу, акы ала — аеллипс иаваршәны, насгьы уи иқәланы аныҟәара азакәанқәа ааигоит, уажәшьҭа иара ихьӡ зху.
Галилео Галилеи, Адунеи аҵыхәаԥҵәарадара азҵаара аартны иааныжьны, аеҵәақәа Амра еиԥшуп ҳәа агәаанагара дадгылон. XVII-тәи ашәышықәса азбжазы — аҩбатәи азбжазы урҭ ахәыцрақәа ирыдгылеит Рене Декарт (аԥшаҵәиқәа ртеориа)[87], Отто фон Герике, Христиан Гиугенс. Хиугенс раԥхьаӡакәны аеҵәа (Сириус) аҟынӡа абжьаӡара аилкаара иҽазишәеит, уи алашара амра атәы иаҟароуп ҳәа агәаанагара ҟаҵаны.
XVII-тәи ашәышықәсазы Браге исистема иадгылаз дыруаӡәкын иналукааша италиатәи астроном, аиезуит Џьованни Риччиоли. Адгьыл Амра акәшара ишиашоу ашьақәырӷәӷәара 1727 шықәсазы мацара ауп ианцәырҵыз (алашаратә аберрациа), аха ииашаҵәҟьаны Браге исистема аҵарауаа реиҳараҩык мап ацәыркит XVII-тәи ашәышықәсазы Коперник-Кеплер асистема иаҿырԥшны ҵаҵӷәыда, иԥсабаратәымкәа ируадаҩтәуп ҳәа иԥхьаӡаны.
XVIII—XIX ашәышықәсақәа
XVIII ашәышықәса алагамҭазы иҭыҵит ҳаамҭазтәи афизика зегьы азы аҵак ду змаз ашәҟәы — Исаак Ниутон иҩымҭа “Аԥсабаратә философиа аматематикатә принципқәа”[88]. Уажәы макьана заԥҵара иаҿу аматематикатә анализ афизика алшара анаҭоит афактқәа ӷәӷәала ахәшьара рыҭара, иара убасгьы урҭ рыхцәажәара зҽазызшәо атеориақәа рхаҭабзиара ииашаны аӡбара.
Уи ашьаҭала, XVIII-тәи ашәышықәсазы, Ниутон Адунеи амодель иргылоит. Иара еиликаауеит, агравитациа змоу ацәеижьқәа рыла иҭәу ҵыхәаԥҵәара змоу адунеи аҟны хымԥада урҭ зегьы анеилало аамҭа шыҟало. Убас ала, иара игәы иаанагоит Адунеи аҭыԥҭаӡара ҵыхәаԥҵәарадоуп ҳәа.
1755 шықәсазы Томас Раит (англ. Thomas Wright) иусумҭа шьаҭас иҟаҵаны, Иммануил Кант иҳәеит Агалактика еикәагьежьуа цәеижьны иҟазар шалшо, еҵәа рацәала ишьақәгылоу, Амратә системаҿы аус зуа амчқәа иреиԥшу агравитационтә мчқәа рыла еидкылоу, аха кырӡа еиҳа зымҽхак ҭбаау. Агалактика аҩнуҵҟа иҟоу ахылаԥшҩы иҟынтәи (ҷыдала, ҳара ҳ-Амратә системаҿы), иалҵуа адиск уахынла ажәҩан аҿы ацәаҳәа лаша еиԥш иубарҭахоит. Кант иара убасгьы иҳәеит уахынла ажәҩан аҿы иубаратәы иҟоу анаҟәрақәа руакқәакгьы хазы игоу агалактикақәа ракәзар шалшо.
Уилиам Гершель иҟаиҵаз агәаанагара ала, анаҟәрақәа Асар Рымҩа асистема еиԥшу харатәи аеҵәатә системақәа ракәзар ҟалоит. 1785 шықәсазы иара иҽазишәеит Асар Рымҩа аформеи ашәагааи аилкаара, насгьы уи аҿы Амра ахьыҟоу, “скоп” ҳәа изышьҭоу аметод ахархәарала — еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аеҵәақәа рыԥхьаӡара. 1795 ашықәсазы, апланетартә наҟәыра NGC 1514 данахәаԥшуаз, еилыкка ибеит еҵәак уи агәҭаны, анаҟәратә материала зкәыршаз. Абасала, ииашоу анаҟәрақәа шыҟоу лакҩакрада еилкаан, насгьы анаҟәратә шәытақәа зегьы харатәи аеҵәатә системақәа роуп ҳәа ахәыцра аҭахӡамызт[89].
1837 шықәсазы, В. Иа. Струве, иара ихатә хылаԥшрақәа рыла, α Лира апараллакс гәеиҭеит, иагьишәеит (1839 шықәсазы икьыԥхьын). Иоуз аҵакы (0,125" ± 0,055") раԥхьаӡа акәны еҵәак апараллакс қәҿиарала ианеилкаахаз иаҿырԥштәхеит. Ари Адунеи ииашоу аҭыԥҭаӡаратә масштаб аилкаараҿы актәи шьаҿан[90].
XX ашәышықәса

XX-тәи ашәышықәса иахьатәи акосмологиа ахьиз ашәышықәса ауп. Уи ашәышықәса алагамҭазы ицәырҵуеит, насгьы аҿиара амҩа иану, ателескоп дуқәа, акосмос ахь аԥырра, акомпиутерқәа рыҟаҵаразы атехнологиақәа реиԥш иҟоу иҿыцу аихьӡарақәа зегьы еиднакылоит.
Иахьатәи акосмологиахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан 1908—1916 шықәсқәа рзы. Уи аамҭазы, Магеллантәи Аԥсҭҳәа хәыҷы аҟны ацефеидқәа рпериоди иубарҭоу рыеҵәатә шәагааи рыбжьара ииашаны апропорционалтә еизыҟазаашьа аарԥшра (Генриетта Ливитт, ЕАА) Еинар Герцспруни Харлоу Шаплии ирылнаршеит ацефеидқәа рыла абжьаӡара аилкааразы аметод аԥҵара.
1916 шықәсазы, А. Еинштеин иҩуеит азеиԥш зыҟазааратә теориа аиҟаратәрақәа — агравитациа атеориа, аԥыжәара змоу акосмологиатә теориақәа рзы шьаҭас иҟалаз. 1917 шықәсазы, «иҭынчу» Адунеи аазырԥшуа аӡбара аԥшаара иҽазшәо, Еинштеин азеиԥш зыҟазааратә теориа аиҟаратәрақәа рахь параметрк — акосмологиатә константа ациҵоит.
1922—1924 шықәсқәа рзы А. Фридман Еинштеин иеиҟаратәрақәа (акосмологиатә константа ада, насгьы уи ацны) Адунеи зегьы ашҟа ихы иаирхәоит, насгьы иҭынчым аӡбарақәа иоуеит.
1929 шықәсазы Едвин Хаббл иааирԥшит агалактикақәа рыццакреи урҭ рҟынӡа абжьаӡареи рыбжьара апропорционализм азакәан, анаҩс уи ихьӡ зыхҵахаз. Еилкаахоит Асар Рымҩа иааҳакәыршаны иҟоу адунеи идуум хәҭак мацара шакәу. Абри зегьы иацны ицәырҵуеит Кант игипотеза ашьақәырӷәӷәара: анаҟәрақәак, ҳара ҳтәы еиԥш иҟоу агалактикақәа роуп. Убри аамҭазы, иааҳакәыршаны иҟоу адунеи иҭынчым аԥсабара иазкны Фридман иҟаиҵаз алкаақәа шьақәдырӷәӷәоит, убри аамҭазыгьы ишьақәдырӷәӷәоит акосмологиа аҿиаразы иалху ахырхарҭа шиашоу[91].
Абри аамҭа инаркны 1998 шықәсанӡа акосмологиатә константа змам Фридман иклассикатә модель аԥыжәара аиуеит. Акосмологиатә константа аҵыхәтәантәи аӡбарахь иамоу анырра ҭҵаахоит, аха Адунеи аарԥшразы иамоу аҵакы азы аексперименталтә рбагақәа ахьмаҷу иахҟьаны, ас еиԥш иҟоу аӡбарақәа ахылаԥшратә дыррақәа рыҭҵааразы ахархәара роуӡом.
1932 шықәсазы Ф. Цвикки аматериа лашьца аҟазааразы агәаанагара ааирԥшуеит — афымцамҳалдызтә радиациа ала зхы аазмырԥшуа, аха агравитациатә еидҳәалараҿы иалахәу аматериа. Уи аамҭазы ари ахәыцра гәҩарала ирыдыркылеит, насгьы 1975 шықәсазшәа ауп уи аҩбатәи аԥсҭазаара анаиуз, зегьы рыла ианрыдыркылаз[92].
1946—1949 шықәсқәа рзы Г. Гамов ахимиатә элементқәа рхылҵшьҭра еиликаарц иҽазышәо, агәыцәтә физика азакәанқәа Адунеи аҽырҭбаара алагамҭаҿы ихы иаирхәеит. Абас ауп «Адунеи ца» атеориа — Атҟәацра ду атеориа — шцәырҵыз, уи иацны Кельвинқәак раҟара аԥхарра змоу аизотроптә цәынхатә радиациа агипотеза.
1964 шықәсазы А. Пензиаси Р. Уилсони арадиодиапазон аҿы аизотроптә ԥырхага ахыҵхырҭа рыԥшааит. Убасҟангьы еилкаахоит, ари Гамов иазԥхьагәеиҭахьаз ацәынхатә радиациа шакәу. Адунеи ца атеориа шьақәырӷәӷәоуп, насгьы аелементартә хәҭаҷқәа рфизика акосмологиахь иаауеит.
1991—1993 шықәсқәа рзы акосмостә гәаҭарақәа “Реликт-1”, иара убас СОВЕ рҟны ацәынхатә шәахәаркра афлуктуациақәа аартхеит. Ҵабыргны, ԥыҭрак ашьҭахь Нобель ипремиа занашьахаз COBE агәыԥ иалахәыз аӡәык-ҩыџьак мацара роуп[91].
1998 шықәсазы, харатәи Ia хкы змоу асуперҿыцқәа рҟынтәи идуқәоу рзы Хаббл идиаграмма ҟаҵоуп. Еилкаахоит Адунеи ццакрала аҽырҭбаара ишаҿу. Фридман имодель ари алнаршоит акосмологиатә константа ала иаарԥшу антигравитациа алагалараан мацара. Абри азы аҭакԥхықәра зду иҷыдоу амчхара ахкык аҟазаара азы агәаанагара цәырҵуеит — амчхара лашьца. Ҳаамҭазтәи аҽырҭбааратә теориа цәырҵуеит — ΛCDM амодель, уи амчхара лашьцагьы аматериа лашьцагьы аҵанакуеит. Адунеи ирласны аҽырҭбаара иалагеит 6—7 миллиард шықәса раԥхьа. Уажәтәи аамҭазы (2010-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы) Адунеи убас ала аҽарҭбаауеит, уи аҿы абжьаӡарақәа 10 миллиард шықәса рыла ҩынтәны еизҳауеит, насгьы ҳаԥхьаҟа ари атемп маҷӡак ауп аҽахьаԥсахло[93]:48 .
Аҭҵаараҿы иӡбам ауадаҩрақәа
XXI-тәи ашәышықәса алагамҭазы, Адунеи аҭҵаараҿы иаарту апроблема хадақәа иреиуоуп: Адунеи аҽырҭбаара апроблемақәеи, абри апроцесс раԥхьатәи астадиақәеи аханатәтәи асингулиарра аҟынтәи; шьаҭанкылатәи афизикатә еидҳәаларақәа Реидгылара Ду апроблема (агравитациатә еидҳәаларақәагьы уахь иналаҵаны); Адунеи амасштаб ду змоу аилазаашьа ахылҵшьҭреи аеволиуциеи; Адунеи аҿы аԥсҭазаареи ахдырреи рызҵаарақәа. Акылаара еиқәаҵәақәагьы уахь иналаҵаны, иклассикатәым аҟазшьа змоу афундаменталтә обиектқәа рҟазшьа апроблема ӡбамкәа иаанхоит. Џьоукы аҵарауаа ргәы иаанагоит ари аԥсабара аилкаара азеиԥш зыҟазааратә теориа анҭыҵ ицоит ҳәа, насгьы агравитациа акванттә теориа аԥҵара аҭахуп ҳәа. Агалактикақәа ргәыцә активқәа, аквазарқәа, агамма-лашарақәа рыԥжәарақәа уахь иналаҵаны, Адунеи аҿы еицырзеиԥшу еиуеиԥшым аобиектқәа рҟазшьеи «русуратә механизми» рыхҳәаа азҵаарагьы ӡбам. Иаҳҳәап, XXI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз адыррақәа рыла, ашьақәырӷәӷәара алыршахеит агамма-лашарақәа рыԥжәарақәа харатәи метагалактикатә хҭысқәоуп ҳәа, урҭ мчхарала еицырдыруа Адунеи ахәҭаҿы зегь реиҳа идууп[2].
Азгәаҭақәа
Комментарии
- ↑ Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҿы уи еиуеиԥшымкәа иҳәоуп:
- БСЭ // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978.: «адунеи зегьы, ҳәаа змам аамҭеи аҭыԥи рыла, ҵыхәаԥҵәара змам еиуеиԥшым аформақәа рыла аматериа аҿиара апроцесс аҿы иамоу. В. обиективла иҟоуп, уи еилызкаауа ауаҩы ихдырра иахьыԥшымкәа».
- Адунеи — астатиа аҟынтәи БЕС: «Иҟоу аматериалтә дунеи зегьы, аамҭеи аҭыԥи рҿы ҳәаа змам, насгьы аматериа аҿиараан иамоу аформақәа рыла ҵыхәаԥҵәарада еиуеиԥшым».
- Аҭҵаарадырра-техникатә енциклопедиатә жәар: «аматериа, амчхара, акосмос реизга, ихьҭоу, иҭацәу аҭыԥ дуқәа рыла ишьақәгылоу, аԥхарра ҳарак змоу аеҵәақәеи агалактикақәа рҿы еидкылоу егьырҭ аобиектқәеи ахьыҟоу».
- Казиутински В.В. Адунеи // Новая философская энциклопедия / Ин-т философии РАН; Нац. обществ.-науч. фонд; Предс. научно-ред. совета В. С. Стёпин, заместители предс.: А. А. Гусейнов, Г. Ю. Семигин, уч. секр. А. П. Огурцов. — 2-е изд., испр. и допол. — М.: Мысль, 2010. — ISBN 978-5-244-01115-9.: ““иҟоу зегьы”, “зегьы зҵазкуа адунеи”, “амаҭәарқәа зегьы реизакра”; арҭ атерминқәа аҵакқәа рацәаны ирымоуп, насгьы аконцепциатә контекст ала ишьақәгылоуп.”
- «Иубарҭоу аматериалтә дунеи зегьы, акосмостә системақәа зегьы зҵазкуа рматериеи рымчхареи, урҭ рҿы имҩаԥысуа афеноменқәа зегьы, иара убасгьы теориала азин змоу ацҵара»[2].
- “Афизикатә енциклопедиа”, иара убас “Акосмос аенциклопедиа маҷ” рҟны аилкаара аилыркаа ҟаҵаӡам.
- ↑ Аха Амратә системаҿы мацара акәымкәа — азеиԥш зыҟазааратә теориа аеффектқәа ибзианы иҭҵаауп еизааигәоу ҩ-еҵәак рҭыԥ ӷәӷәақәа рҿгьы, аха урҭ рҟазшьатә шәагаақәа еиԥшуп.
- ↑ Акосмологиатә константа змоу амодельқәа раларҵәара шмаҷу еилыкка иаанарԥшуеит С.Веинберг ишәҟәы “Акосмологиеи агравитациеи” (урысшәала икьыԥхьу 1975 шықәсазы) аҿы акосмологиатә константа змоу амодельқәа ирызку апараграф ихьысҳау амодельқәеи иҭынчу Адунеи амодельқәеи ирыцны ҟәшак иахьаҵаиркыз, ахҳәаа 675 даҟьа рҟынтәи 4 даҟьак мацара азылхны.
- ↑ 4,0 4,1
Иаарту ахыҵхырҭақәа рҿы ахҳәаа бзиа англыз бызшәала иҟоу астатиаҿы иаагоуп
- Robert Brandenberger. Topics in Cosmology. — 2007.
- Д. С. Горбунов, В. А. Рубоков. Джинсовская неустойчивость в ньютоновой теории тяготения // Введение в теорию ранней Вселенной:Космологические возмущения. Инфляционная теория. — М.: Краснад, 2010. — С. 335—371. — 568 с. — ISBN 978-5-396-00046-9.
Источники
- ↑ Тургунова Гулмира Амантайовна. Лингвокультурологические особенности концепта "Вселенная" в разных языковых картинах мира (на материале переводов с киргизского языка на русский/английский язык) // Бюллетень науки и практики. — 2022. — № 2.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 2,3 2,4 2,5 2,6 Ф. А. Цицин, В. Г. Сурдин. Вселенная // Большая российская энциклопедия. — 2006. — Т. 6. — С. 41.
- ↑ Planck Collaboration; Aghanim, N.; Akrami, Y.; Ashdown, M.; Aumont, J.; Baccigalupi, C.; Ballardini, M.; Banday, A. J.; Barreiro, R. B.; Bartolo, N.; Basak, S. (September 2020). "Planck 2018 results: VI. Cosmological parameters". Astronomy & Astrophysics. 641: A6. arXiv:1807.06209. Bibcode:2020A&A...641A...6P. doi:10.1051/0004-6361/201833910. ISSN 0004-6361. S2CID 119335614.
- ↑ В. Н. Лукаш, Е. В. Михеева. Космологическая сингулярность Архив ҟаҵан 2026-03-02 азы Wayback Machine аҟны. // Большая российская энциклопедия. — 2022.
- ↑ John Soltis, Arya Farahi, Dragan Huterer, C. Michael Liberato II Percent-Level Test of Isotropic Expansion Using Type Ia Supernovae Архив ҟаҵан 2019-05-04 азы Wayback Machine аҟны. // arXiv.org 19 Feb 2019
- ↑ Известно научное исследование, свидетельствующее об анизотропии расширения Вселенной. // K. Migkas, G. Schellenberger, T. H. Reiprich, F. Pacaud, M. E. Ramos-Ceja, L. Lovisari //Probing cosmic isotropy with a new X-ray galaxy cluster sample through the LX−T scaling relation // arXiv.org 7 Apr 2020.
- ↑ 7,0 7,1 Greene, Brian (2011). The Hidden Reality: Parallel Universes and the Deep Laws of the Cosmos. Alfred A. Knopf.
- ↑ В. Н. Топоров. Космос // Мифы народов мира. Энциклопедия. — 1988. — Т. 2.
- ↑ В. Н. Топоров. Космогонические мифы[permanent анеишьа амам азхьарԥш] // Мифы народов мира. Энциклопедия. — 1988. — Т. 2.
- ↑ Carroll, Bradley W.; Ostlie, Dale A. (2013). An Introduction to Modern Astrophysics (International ed.). Pearson. pp. 1173–1174. ISBN 978-1-292-02293-2. Ириашоу May 16, 2018 шықәсазы.
- ↑ Redd, Nola. "What is Dark Matter?". Space.com. Иархивтәоу аоригиналзы 2018-02-01 ахь. Ириашоу 2018-02-01 шықәсазы.
- ↑ 12,0 12,1 "Planck 2015 results, table 9". Иархивтәоу аоригиналзы 2018-07-27 ахь. Ириашоу 2018-05-16 шықәсазы.
- ↑ Persic, Massimo; Salucci, Paolo (1992-09-01). "The baryon content of the Universe". Monthly Notices of the Royal Astronomical Society. 258 (1): 14P–18P. arXiv:astro-ph/0502178. Bibcode:1992MNRAS.258P..14P. doi:10.1093/mnras/258.1.14P. ISSN 0035-8711. S2CID 17945298.
- ↑ И. Л. Генкин. "Что такое Вселенная?". Московский Государственный университет. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2013-05-27 ахь. Ириашоу 2014-08-30 шықәсазы.
- ↑ Н. Б. Шулевский (2013). "Учебно-методические программы по философии для бакалавров, магистров и аспирантов экономического факультета МГУ". Московский государственный университет имени М. В. Ломоносова. pp. 26, 39, 67. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2014-08-29 ахь. Ириашоу 2014-08-29 шықәсазы.
- ↑ "Вселенная//Новая философская энциклопедия". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2014-05-19 ахь.
- ↑ Цейтлин Р. М. Лексика старославянского языка. — М.: Наука, 1977. — С. 39.
- ↑ Фасмер М. Этимологический словарь русского языка. Т.1. М., 2004. С.363
- ↑ Логика Космоса (физика античной Греции). Архив ҟаҵан 2012-05-26 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ Abundance in the Universe for all the elements in the Periodic Table. Архив ҟаҵан 2012-08-25 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ 21,0 21,1 21,2 Jarosik, N., et.al. (WMAP Collaboration). "Seven-Year Wilkinson Microwave Anisotropy Probe (WMAP) Observations: Sky Maps, Systematic Errors, and Basic Results" (PDF). nasa.gov. Архивтәра аоригиналзы (PDF) шықәсазы 2012-08-16 ахь. Ириашоу 2010-12-04 шықәсазы.
{{cite web}}: CS1 maint: multiple names: authors list (link) (from NASA’s WMAP Documents. Архив ҟаҵан 2010-11-30 азы Wayback Machine аҟны. page) - ↑ "Astronomy & Astrophysics Vol. 571, November 2014 (open volume): Planck 2013 results". Иархивтәоу аоригиналзы 2021-04-11 ахь. Ириашоу 2022-06-17 шықәсазы.
- ↑ Дибай Э. А. Квазары // Физика космоса / Р. А. Сюняев. — М.: Советская энциклопедия, 1986.
- ↑ Мазец Е. П. Гамма-всплески // Физика космоса / Р. А. Сюняев. — М.: Советская энциклопедия, 1986.
- ↑ John Kormendy, Kennicutt, Robert C., Jr. (2005-06-07). "Secular Evolution and the Formation of Pseudobulges in Disk Galaxies". Annual Review of Astronomy and Astrophysics. doi:10.1146/annurev.astro.42.053102.134024. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2011-08-11 ахь. Ириашоу 2009-07-31 шықәсазы.
{{cite web}}: CS1 maint: multiple names: authors list (link) - ↑ Sottosanti K. "Observable Universe". britannica.com (англыз бызшәала). Encyclopædia Britannica. Иархивтәоу аоригиналзы 2024-11-25 ахь. Ириашоу 2024-11-23 шықәсазы.
- ↑ «За горизонтом вселенских событий» Архив ҟаҵан 2012-03-14 азы Wayback Machine аҟны., «Вокруг света», № 3 (2786), март 2006 — качественное популярное описание понятия края наблюдаемой Вселенной (горизонт событий, горизонт частиц и сфера Хаббла).
- ↑ http://www.dailygalaxy.com/my_weblog/2013/06/500-billion-a-universe-of-galaxies-some-older-than-milky-way.html Архив ҟаҵан 2014-03-24 азы Wayback Machine аҟны..
- ↑ "Расширение Вселенной". Иархивтәоу аоригиналзы 2017-02-28 ахь. Ириашоу 2015-12-14 шықәсазы.
- ↑ Е. Б. Гусев. "Вселенная как объект науки". Астронет. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2012-03-14 ахь. Ириашоу 2015-01-17 шықәсазы.
- ↑ "Распределение галактик в пространстве. Структура и эволюция Вселенной". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-12-18 ахь. Ириашоу 2015-05-31 шықәсазы.
- ↑ Введение в философию Архив ҟаҵан 2013-01-19 азы Wayback Machine аҟны. — М.: Политиздат, 1989. Ч. 2. — С. 85.
- ↑ И. Л. Генкин (1994-03-02). "Будущее Вселенной". Астронет. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2008-10-22 ахь. Ириашоу 2014-02-07 шықәсазы.
- ↑ "«Физический минимум» на начало XXI века Академик Виталий Лазаревич Гинзбург Астрофизика". Иархивтәоу аоригиналзы 2014-02-09 ахь. Ириашоу 2014-03-24 шықәсазы.
- ↑ Академик Виталий Лазаревич Гинзбург. "Астрофизика". Элементы.ру. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2014-02-09 ахь. Ириашоу 2014-03-24 шықәсазы.
- ↑ "Астрономия метагалактики". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-10-17 ахь. Ириашоу 2015-09-06 шықәсазы.
- ↑ "Острова в океане тёмной энергии. Игорь Караченцев, Артур Чернин. «В мире науки» № 11, 2006. Тёмная энергия". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-11-24 ахь. Ириашоу 2015-11-23 шықәсазы.
- ↑ "Современная астрономия: новые направления и новые проблемы. Структура наблюдаемой области вселенной — метагалактики". Иархивтәоу аоригиналзы 2016-03-06 ахь. Ириашоу 2015-09-06 шықәсазы.
- ↑ "СКОЛЬКО ВСЕЛЕННЫХ ВО ВСЕЛЕННОЙ?". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-11-08 ахь. Ириашоу 2015-11-23 шықәсазы.
- ↑ "Ключевые проблемы в школьном курсе астрономии. Синтез элементов во Вселенной". Иархивтәоу аоригиналзы 2017-02-28 ахь. Ириашоу 2015-12-14 шықәсазы.
- ↑ S. Capozziello and M. Francaviglia. Extended theories of gravity and their cosmological and astrophysical applications (англ.) // General Relativity and Gravitation. — 2008. — Vol. 40, iss. 2—3. — P. 357—420. — ISSN 0001-7701. — doi:10.1007/s10714-007-0551-y. Архивировано 12 ԥхынгәымза 2015 года.
- ↑ 42,0 42,1 М. В. Сажин. Современная космология в популярном изложении. — М.: УРСС, 2002. — С. 145—148. — 240 с. — 2500 экз. — ISBN 5-354-00012-2.
- ↑ 43,0 43,1 43,2 43,3 43,4 43,5 43,6 43,7
- Засов А. В., Постнов К. А. Общая Астрофизика. — Фрязино: Век 2, 2006. — С. 421—432. — 496 с. — ISBN 5-85099-169-7.
- Горбунов Д. С., Рубаков В. А. Введение в теорию ранней Вселенной: Теория горячего Большого взрыва. — М.: ЛКИ, 2008. — С. 45—80. — 552 с. — ISBN 978-5-382-00657-4.
- ↑ Ade P. A. R. et al. (Planck Collaboration). Planck 2013 results. XVI. Cosmological parameters (англ.) // Astronomy & Astrophysics. — 2014. — Vol. 571. — P. A16. — doi:10.1051/0004-6361/201321591. — Bibcode: 2014A&A...571A..16P.
- ↑ 45,0 45,1 Майкл Роуэн-Робинсон. Космология = Cosmology / Перевод с английского Н. А. Зубченко. Под научной редакцией П. К. Силаева. — М.-Ижевск: НИЦ «Регулярная и хаотическая динамика», 2008. — С. 96—102. — 256 с. — ISBN 976-5-93972-659-7.
- ↑ B2FH, the Cosmic Microwave Background and Cosmology. Архив ҟаҵан 2017-08-06 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ 47,0 47,1 И. М. Капитонов. Введение в физику ядра и частиц. — М.: УРСС, 2002. — С. 251—259. — 384 с. — 1700 экз. — ISBN 5-354-00058-0.
- ↑ М. В. Сажин. Современная космология в популярном изложении. — М.: УРСС, 2002. — С. 144. — 240 с. — 2500 экз. — ISBN 5-354-00012-2.
- ↑ М. В. Сажин. Современная космология в популярном изложении. — М.: УРСС, 2002. — С. 104—106. — 240 с. — 2500 экз. — ISBN 5-354-00012-2.
- ↑ "Перевод «Официального Сайта Теории Суперструн»". Астронет. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2009-02-23 ахь.
- ↑ Lev Kofman, Linde Andrei, Starobinsky Alexei A. Reheating after inflation. — Phys. Rev. Lett., 1994.
- ↑ Астрономия XXI век / Под ред. В. Г. Сурдина. — 2-е. — Фрязино: Век 2, 2008. — С. 414—416. — 608 с. — ISBN 978-5-85099-181-4.
- ↑ Victor J Stenger. "Is the Universe fine-tuned for us?" (PDF) (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы (PDF) шықәсазы 2012-07-16 ахь.
- ↑ Tegmark Max. The Interpretation of Quantum Mechanics: Many Worlds or Many Words?. — Fortschritte der Physik, 1998.
- ↑ Грин Б. Элегантная Вселенная. Суперструны, скрытые размерности и поиски окончательной теории. — 1999. — 464 с. — ISBN 0-375-70811-1.
- ↑ "Космология. При чём же тут теория струн?". Астронет. Иархивтәоу аоригиналзы 2011-08-22 ахь. Ириашоу 2010-05-15 шықәсазы.
- ↑ L. Baum and P.H. Frampton. Turnaround in Cyclic Cosmology. — Physical Review Letters, 2007. — doi:10.1103/PhysRevLett.98.071301. — Bibcode: 2007PhRvL..98g1301B. — PMID 17359014.
- ↑ P. J. Steinhardt, N. Turok. The Cyclic Model Simplified. — New Astron.Rev., 2004. — doi:10.1016/j.newar.2005.01.003. — Bibcode: 2005NewAR..49...43S.
- ↑ 59,0 59,1 Gibson C. H., Schild R. E. Evolution Of Proto-Galaxy-Clusters To Their Present Form: Theory And Observation. — Journal of Cosmology, 2010.
- ↑ 60,0 60,1 Горбунов Д. С., Рубоков В. А. Джинсовская неустойчивость в ньютоновой теории тяготения // Введение в теорию ранней Вселенной:Космологические возмущения. Инфляционная теория. — М.: Краснад, 2010. — 568 с. — ISBN 978-5-396-00046-9.
- ↑ 61,0 61,1 61,2 61,3 Горбунов Д. С., Рубаков В. А. Скалярные возмущения: результаты для однокомпонентных сред. // Введение в теорию ранней Вселенной: Космологические возмущения. Инфляционная теория. — М.: ЛКИ, 2008. — 552 с. — ISBN 978-5-396-00046-9.
- ↑ Л. Д. Ландау, Е. М. Лифшиц. Теория поля. — М.: Физматлит, 2006. — С. 493—494. — (Теоретическая физика).
- ↑ Longo Michael J. Detection of a dipole in the handedness of spiral galaxies with redshifts z~0.04. — Physics Letters B, 2011.
- ↑ 64,0 64,1 Литовка И. И. Представления о пространстве и времени в древней Месопотамии касситского И ассирийского периода // Философия история. — 2011. — Т. 4. — С. 105—113.
- ↑ Куртик Г. Е. Космология древней Месопотамии // Исследования по истории физики и механики. 1995—1997. — М.: Наука, 1999. — С. 60—75.
- ↑ Коростовцев М. А. Религия Древнего Египта. Архив ҟаҵан 2015-09-24 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ Культурное пространство Древнего Египта. История и культура Древнего Египта. Архив ҟаҵан 2010-10-09 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ Литовка И. И. Проблемные аспекты древнеегипетской астрономии, хронологии и календаря // Философия история. — 2009. — Т. 1. — С. 134—154.
- ↑ А. Панекук. Греческие поэты и философы // История Астрономии = A history of astronomy. — второе. — М.: URSS, 2010. — 592 с. — (Физико-математическое наследие). — ISBN 978-5-382-01147-9.
- ↑ Л. Пономарёв. Под знаком кванта. — М.: ФИЗМАТЛИТ, 2005. — 416 с. — ISBN 5-9221-0653-8.
- ↑ B. L. van der Waerden, On the motion of the planets according to Heraclides of Pontus, Arch. Internat. Hist. Sci. 28 (103) (1978)
- ↑ James Evans. History and practice of ancient astronomy. — Oxford: Oxford. University Press, 1998. — С. 384—392.
- ↑ К.Таубе. Мифы ацтеков и майя / К. Ткаченко. — М.: Фаир-пресс, 2005.
- ↑ "Энциклопедия мифологии. Астрология народов Мезоамерики". Ириашоу 2011-05-27 шықәсазы.
- ↑ А. И. Давлетшин. "Заметки о религиозно-мифологических представлениях в Мезоамерике". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2009-12-27 ахь.
- ↑ 76,0 76,1 Sabra A. I. The Andalusian Revolt Against Ptolemaic Astronomy: Averroes and al-Bitrûjî // in: Transformation and Tradition in the Sciences: Essays in honor of I. Bernard Cohen. — Cambridge University Press, 1984. — P. 233—253.
- ↑ Биленкин Д. А. Путь мысли. — Научно-худ. лит-ра. — М.: Дет. лит., 1982. — С. 166.
- ↑ Астрономия. Большая советская энциклопедия.
- ↑ С. К. Всехсвятский. Как познавалась Вселенная. — М.: Государственно Издательство Технико-Теоретической Литературы, 1955. — 49 с.
- ↑ 80,0 80,1 Д. О. Святский. Астрономия древней Руси. Архив ҟаҵан 2011-10-12 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ Койре А. От замкнутого мира к бесконечной вселенной. — М.: Логос, 2001. — С. 2—17.
- ↑ Barker P. Copernicus, the orbs, and the equant. — Synthese, 1990..
- ↑ Джордано Бруно. О бесконечности, Вселенной и мирах
- ↑ Gatti H. Giordano Bruno and Renaissance Science. — Cornell Univercity Press, 1999. — С. 105—106.
- ↑ Койре 2001; Granada 2008.
- ↑ Храмов Ю. А. Физики: Биографический справочник / Под ред. А. И. Ахиезера.. — Изд. 2-е, испр. и дополн. — М.: Наука, Главная редакция физико-математической литературы, 1983. — С. 130. — 400 с. — 200 000 экз.
- ↑ Матвиевская Г. П. Рене Декарт. — М.: Просвещение, 1987. — С. 38. — 79 с. — (Люди науки). — 74 000 экз.
- ↑ Ньютон И. Математические начала натуральной философии / Перевод с латинского и примечания А. Н. Крылова. — М.: Наука, 1989. — 688 с. — [Архивировано 26 ԥхынгәымза 2007 года.]
- ↑ Ю. Н. Ефремов. "Постоянная Хаббла". Астронет. Иархивтәоу аоригиналзы 2011-08-11 ахь. Ириашоу 2010-10-04 шықәсазы.
- ↑ "Параллакс звезды". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2013-09-21 ахь. Ириашоу 2013-04-11 шықәсазы.
- ↑ 91,0 91,1 Засов А. В., Постнов К. А. Общая астрофизика. — М.: ВЕК 2, 2006. — 398 с. — 1500 экз. — ISBN 5-85099-169-7.
- ↑ Эйнасто Яан. Сказание о тёмной материи = Tumeda aine lugu / сост. Mihkel Jõeveer, ред. Urmas Tõnisson. — Tumeda aine lugu. — Tartu: Ilmamaa, 2006. — Т. 71. — С. 259—415. — (Eesti mõtteloo (История эстонской мысли)). — ISBN 978-9985-77-192-1. — [Архивировано 27 цәыббрамза 2011 года.]
- ↑ Валерий Рубаков. Вселенная известная и неизвестная // Наука и жизнь. — 2019. — № 11. — С. 46—50. Архивировано 9 абҵарамза 2019 года.
Алитература
- 2334183 Вселенная / Ф. А. Цицин, В. Г. Сурдин // Восьмеричный путь — Германцы [Электронный ресурс]. — 2006. — С. 41. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 6). — ISBN 5-85270-335-4.
- Космологическая сингулярность / В. Н. Лукаш, Е. В. Михеева // Большая российская энциклопедия [Электронный ресурс]. — 2022.
- В. Н. Топоров. Космогонические мифы // Мифы народов мира. Энциклопедия. — 1988. — Т. 2.
- В. Н. Топоров. Космос // Мифы народов мира. Энциклопедия. — 1988. — Т. 2.
- Landau L. D., Lifshitz, E. M. The Classical Theory of Fields (Course of Theoretical Physics) (англ.). — revised 4th English. — New York: Pergamon Press, 1975. — Т. 2. — P. 358—397. — ISBN 978-0-08-018176-9.
- Liddell H. G., Scott R. A Greek-English Lexicon (англ.). — Oxford University Press, 1968. — ISBN 978-0-19-864214-5.
- Misner C.W., Thorne K. S., Wheeler J. A. Gravitation. — San Francisco: W. H. Freeman, 1973. — P. 703—816. — ISBN 978-0-7167-0344-0.
- Raine D. J., Thomas E. G. An Introduction to the Science of Cosmology (англ.). — Institute of Physics Publishing, 2001.
- Rindler, W. Essential Relativity: Special, General, and Cosmological. — New York: Springer Verlag, 1977. — P. 193—244. — ISBN 978-0-387-10090-6.
- Smithsonian Universe / Martin Rees. — 2nd. — London: Dorling Kindersley, 2012. — ISBN 978-0-7566-9841-6.
Азхьарԥшқәа
- van der Waerden B. L. The Heliocentric System in Greek, Persian and Hindu Astronomy (англ.) // Annals of the New York Academy of Sciences : journal. — 1987. — Vol. 500, no. 1. — P. 525—545. — doi:10.1111/j.1749-6632.1987.tb37224.x. — Bibcode: 1987NYASA.500..525V.
- Все статьи с мертвыми внешними ссылками
- Статьи с мертвыми внешними ссылками from August 2026
- Articles with invalid date parameter in template
- Статьи с навсегда мертвыми внешними ссылками
- CS1 maint: multiple names: authors list
- Articles with hatnote templates targeting a nonexistent page
- Википедия:БРЭ (ссылки без архивной копии)
- Астрономиа
- Астрофизика
- Акосмос
- Алагылазаарақәа
- Афизикатә космологиа