Агрба, Разынбеи Михаил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Агрба Разынбеи Михаил-иԥа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Разынбеи Михаил-иԥа Агрба (лаҵарамза 221913 ш., Ҟәланырхәацәыббрамза 101980 ш., Аҟәа) – аԥсуа актиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1958). В. И. Домогаров напхгара ззиуаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа драматә студиа даушьҭымҭоуп.

1931 ш. инаркны - Аҟәатәи аԥсуа драматә театр аҿы актиор. Қәҿиарала инаигӡон акомедиатәқәа реиԥш адраматә рольқәагьы. Аамҭакала АԥснытәиАҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҿы балетмеистер хадас аус иуан. Актиорк иаҳасабала, Р. Агрба асценаҿы иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа иаарылукаартә иҟоуп: Лакоба (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Хлестаков (Н. Гоголь «Аревизор», 1932); Жадов (А. Островски «Ахашәалахә ҭыԥ», 1932); Наҳарбеи (М. Саркисиан «Наҳарбеи», 1934); Фрондосо (Лопе де Вега «Ауаса аӡыхь»1934); Ҟазылбақь (Мҭы Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», 1935); Данилбеқь (И. Вакели «Шамил», 1935); Ҳабашь (С. Ҷанба «Сеидыҟ», 1936); Сазонов (А. Давурин «Волковаа рҭаацәара», 1936); РОдриго (Шеқспир «Отелло», 1941); Бадри (Н. Миқава «Актриса лыбзиабара», 1946); Асқьер (У. Гаџьибеков «Аршин мал-алалан»,1949); Ушьанг (Н. Миқава, Г. Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1950); Гәыга (А. Токаев «Аԥҳәысҳәаҩцәа» , 1951); Раит (И. Мосашьвили «Иҵаарҟәылоу ахаҳәқәа», 1953); Миловзоров (А. Островски «Харада ахара зду», 1953); Глебов (Г. Габуниа «Амра агыламҭазы», 1953), Мошкин (А. Макаионок «Агәаҵәа иамоу ахаҳәқәа», 1954); Алеқсандр (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Кәанаҭа (Шә. Ԥачалиа «Гәында», 1955); Анри де Симон (Гь. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Мыкыҷ (И. Папасқьыр «Ҭемыр», 1956); Захаров (М. Лакрба «Данаҟаи», 1956); Баграт (А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа «Аца иҭоу аҳәынаԥ», 1957); Ленин (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа»,1957); Влахо (И. Воинович «Афырҭын», 1958); Кәарсантел (А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа «Аҩны аномер 12», 1958); Михаил (В. Ниниӡе «Аџьалтә ҿымҭра», 1959); Мырзаҟан (Шь. Басариа «Ажәҩан цқьа», 1961); Силон (Р. Ебралиӡе «Ҳаамҭазтәи атрагедиа», 1961); Шипучкин (А. Чехов «Аиубилеи», 1962); Алықьса (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Иакимов (Д. Павлова «Аламыс», 1965); Баҭыршах (А. Лагәлаа «Абырскьыл»,1965); Ҭархәына (Џь. Аҳәба «Аҳақ ашәара», 1966); Бобыль (А. Островски «Ас-ҭыԥҳа», 1969); Енгстран (Г. Ибсен «Алаԥшҵашәарақәа», 1969); агубернатор (Б. Шьынқәба «Ахра ашәа», 1971); Вано (Н. Думбаӡе «Бысцәымшәан, сан!, 1974); Акрызҵазкуа Ахаҿы (А. Сухово-Кобылин «Аус», 1975); Бесс (А. Мықәба «Амра атыҩ ианакуа», 1976); Ҳабашь (Б. Шьынқәба «Нас ишышәҭахыу…», 1977); Далаҭбеи (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы», 1977) уҳәа убас иҵегьы.

Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аргун Алықса Хута-иԥа, Талант и вдохновение (Актерские портреты), Аҟәа: Алашара, 1976. — ад. 67.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]