Агрба, Азиз Рашьыҭ-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Агрба Азиз Рашьыҭ-иԥа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба
Аира рашәарамза 2, 1912 ш.
Аԥсра рашәарамза 6, 1991 ш.
Азанааҭ актёр

Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба (рашәарамза 21912 ш., Ҟәланырхәарашәарамза 61991 ш., Аҟәа) — еицырдыруа аԥсуа актиор, арежиссиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1954), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1982), Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ааԥхьарақәа хԥа рдепутат.

В. И. Домогаров напхгара ззиуаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа драматә студиа аушьҭымҭа. 1935 ш. рзы аҵара иҵон Луначарски ихьӡ зху Москватәи атеатртә институт (ГИТИС) арежиссиортә факультет аҿы. Апрофессор В. Сахновски рҵаҩыс диман. 1931 ш. инаркны – Аԥсуа театр актиор. 1939 – 1961 ш. ш. рзы Аԥсуа театр режиссиор хадас дыҟан. А. А. иихәмархьаз иреиӷьу арольқәа иреиуоуп: Сеидыҟ (М. Лакрба «Данаҟаи», Қьалышьбеи (Г. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», Рашьыҭ (С. Ҷанба «Амҳаџьырқәа»), «Баҭаҟәа» (Г. Габуниа «Амра агыламҭазы»), Гәыдым (Д. Гәлиа Анаурқәа»), Алоу (А. Лагәлаа, Гь. Суликашьвили «Абрыскьыл»), Наҳарбеи (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы»), Махаз (Шә. Ԥачалиа «Гәында», Гәыдиса (А. Аргәын «Агәы ашәа»), Ақалақь Хы (Н. Гоголь «Аревизор», Забелин (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа», Муромски (А. Сухово-Кобылин «Аус», Харитонов (Б. Лаврениов «Амшын ихыу рзы», Иаго (Шеқспир «Отелло», Дудукин (А. Островски «Харада ахара зду», Данден (Ж. -Б. Молиер «Жорж Данден, Нико (И. Воинович «Афырҭын»), Езоп («Езоп» Г. ФигеиредоГацы (М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ») уҳәа егь.

А. Агрба режиссиор-қәыргылаҩыс дрымоуп аспектакльқәа: М. Лакрба «Данаҟаи», «Ажәытәра иагаз» Ӡ. Дарсалиа, «Асас еиқәаҵәақәа» Гь. Гәлиа, «Амра агыламҭаз» Гь. Габуниа, «Ԥсра зқәым» Шә. Ԥачалиа, «Аца иҭоу аҳәынаԥ» Хә. Џьапуеи А. Хәаҭланӡиеи, «Ҳауа идагәада?» Шь. Ҷкадуа, «Ажәҩан цқьа» Шь. Басариа, «Отелло» У. Шеқспир, «Аҵыхәтәантәиқәа» М. Горки, «Кремлиовтәи акурантқәа» Н. Погодин уҳәа егьурҭгьы. А. Агрба автор дамоуп ақәҿиара ду зауз аҭоурыхтә драма «Леон 1(1981). А. Агрба Аԥсуа театр аҿы ақәыргылазы аԥсшәахь еиҭеигеит хыԥхьаӡара рацәала аклассикатә драматә ҩымҭақәа. Баҩхатәра дула асценатә иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа: Креон ( Ж. Ануи «Антигона», Муромски (А. Сухово-Кобылин «Аус»), Гәыдиса (А. Аргәын «Ахәрашәа») рзы А. Агрба ианашьан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.

А. Агрба асценаҿы қәҿиарала иаԥиҵон акомедиатәқәа реиԥш атрагедиатә хаҿсахьақәагьы. Уи  ибаҩхатәрала ирлашон философиатә ҵакыла ибеиаз аԥсихологиатә драмақәа. А. Агрба ирҿиарала еихеиҳауан ареалисттә театр атрадициақәа.

Аԥсуа театр акорифеи А. Агрба ибаҟа ықәгылоуп С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа (аскульптор В. Џьениа, 2004 ш.).

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]