Перейти к содержанию

Абызшәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Абызшәа» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Абызшәа (аҵакы).

Абызшәа — ԥсабарала ма иԥсабаратәымкәа иаԥҵоу, аилкааратә ҵаки ахкытә шьҭыбжьи (аҩреи) еихьзырԥшуа адыргатә система уадаҩ.

Атермин «абызшәа», инарҭбаау аҵакала, лассы-лассы адыргатә системақәа ркласс ҭшәақәа рзы еиҳа ахархәара шамоугьы, зхы иақәиҭу адыргатә системақәа ирызкызаргьы ҟалоит.[1]

Адыргатә системақәа ирылыркаауеит:[2]

Абызшәақәа ҭнаҵаауеит абызшәадырра (алингвистика). Адыргатә системақәа — асемиотика аҭҵаара иамаҭәаруп. Абызшәа аструктура ауаҩытәыҩса ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи ишырныруа апсихолингвистика иҭнаҵаауеит. Абызшәа ахаҭеи абызшәа закәу аилкаареи ирыдҳәалоу, азеиԥшуаҩытәыҩсатә теориатә проблемақәа ҭнаҵаауеит абызшәа афилософиа.

Абызшәа аилкаара

Аицәажәареи аусеицуреи ҭызҵаауа апсихолог, азанааҭуаҩ М.Томаселло ишиҳәо ала, абызшәа ҳәа иԥхьаӡатәу, аиҿцәажәараан, егьырҭ ргәазыҳәарақәа рыцеиҩшара алзыршо ауп.[10]

Абызшәа афункциақәа

Ажәа «афункциа» ара ахархәара амоуп «ахықәкы», «ароль», ма «аобиект иҟанаҵо аусура» аҵакала. Абызшәа афункциа рацәа змоу ҟалароуп. Абызшәа афункциақәа зегьы аицәажәараҿы иааԥшуеит.[11]

Абызшәа афункциа хадақәа хԥа иреиуоуп:

  • " аицәажәаратә " ("акоммуникативтә" функциа) — адырраҭара аиагаразы абызшәа ахархәара;
  • "акогнитивтә" ("агносеологиатә") - адырраҭара аизгареи, аиқәырхареи, аҭареи;
  • " аизгатә " ("аккумулиативтә ") — адырра аизгареи аиқәырхареи.[12]

Р. О. Иакобсон акоммуникативтә рҿиара атеориа аҳасабала иаликаауеит абарҭ афункциақәа:

  • "ареференттә" — адыррҭара аԥҵареи аҭареи (акогнитивтәи акоммуникативтәи функциақәа еиднакылоит);
  • "амҩақәҵагатә" — азышьҭҩы ихымҩаԥгашьа аҭышәныртәалара;
  • "ацәанырратә" — аиҳарак, аинтонациа абзоурала иарбоу ацәаныррақәа раарԥшра;
  • "аимадарашьақәыргыларатә" (афатикатә) — аимадара ашьақәыргылареи аиқәырхареи; (Иарбоу афункциа еицәажәо реимадара еиқәнархоит, аимадаратә знеишьа адгылара хықәкыс иамоуп. Абасала, ари афункциа ажәаҳәаҿы еиуеиԥшым аклишеқәа раҳасабала ахатәы цәаҩа амоуп)
  • "аметабызшәатә" ("аметабызшәадырратә") - абызшәа анализ азуреи аилыркаареи; иара абызшәа ахархәарала иузеилымкаауа ажәақәа, ма аҳәамҭақәа реилыркаара иадҳәалоуп;
  • "аестетикатә" ("апоезиатә") — адырраҭара азхьаԥшра иара адырраҭара ахаҭазы;
  • «ахьӡҳәаратә» — амаҭәарқәа рыхьӡқәа.

Андре Мартине абызшәа афункциақәа хԥа аликааит:

  • " аицәажәаратә" («акоммуникативтә» функциа) — аилибакааразы абызшәа ахархәара;
  • "ахәыцрашьакәыргыларатә" — ахәыцрақәа рышьаҭа;
  • "аекспрессивтә" — иҳәоу азыҟазаашьа аарԥшра

Абызшәа ахылҵшьҭреи аҿиареи

Ихадароу астатиа: Аглоттогенез

Абызшәа ахылҵшьҭра иазку агипотезақәа акыр ыҟоуп, аха абызшәа ахылҵшьҭра ҳаамҭа иахьацәыхароу азы, урҭ акгьы макьана фактла ишьақәырӷәӷәам.[13] Дара гипотезақәаны иаанхоит, избанзар абызшәа ахылҵшьҭра апроцесс ашьклаԥшрагьы, ԥышәарала аиҭаҳәарагьы залыршахом. XXI ашәышықәса алагамҭазы, аҭҵааҩцәа гәыԥҩык ауаҩы ибызшәа ацәырҵра, 7-тәи ахромосомаҿы аген FOXP2 аҿы амутациақәа ҩба ирыдырҳәаларатәы алшара рызҭаз адыррақәа жәпакы ҟалеит, урҭ ирылҵшәаны ауаҩы ихӡы FOXP2 ашимпанзеи егьырҭ априматқәеи рыхӡы FOXP2 еиԥшӡам аминоҵәыҵәырақәа ҩба рыԥсахрала: атреонин аспарагин ала 303-тәи апозициаҿы, аспарагин асерин ала 325-тәи апозициаҿы.[14][15] Арҭ аԥсахрақәа анеандерталуаҩ иҿы иҟалахьан.[16]

Абызшәа ахылҵшьҭра иазку атеориақәа, аԥхьаӡатәи агәаанагарақәа рыла, гәыԥ-гәыԥла ишоит. Атеориақәа рыхәҭак шьаҭас ирымоу, абызшәа акырӡа иуадаҩу ҟалараны излаҟоу ала, ус баша изцәырҵуамызт, иаԥхьанеиуа абиԥарақәа злеилибакаауаз, ижәытәӡоу абызшәашьаҭа иахылҵыр акәын. Егьырҭ атеориақәа излазгәарҭо ала, ауаа рбызшәа здаҟам цәырҵроуп, уи аԥстәқәа реицәажәара асистемақәа ирҿырԥшӡам, убри азы ауаҩы иаԥхьанеиуа абиԥарақәа рҟынтәи раԥхьатәи ауаа рахь ииасраан, иаалырҟьаны иара цәырҵит. Теориақәак, абызшәа аиҳарак асоциалтә еимадарақәа рыла иаауа культуратә ҟалароуп ҳәа ианырԥхьаӡо аамҭазы, даҽа критерик ианарбоит атеориақәа рыхәҭак, абызшәа ауаҩы генетикала ицәа иалоу функцианы изыԥхьаӡо агәаанагара ишықәныҟәо.[17]

Иахьазы, абызшәа иаалырҟьаны ацәырҵра иазку атеориа иналукааша адгылаҩ Ноам Хомски заҵәык иоуп. Иара игәаанагарала, «машәыршақә мутациак ҟалеит, иҟалап ахшыҩ назырҳәы-аазырҳәыз, акалашәа иҟоу акосмостә шәахәақәа анрықәԥха ашьҭахь, иаабац апримат ахшыҩ аҿы ажәаҳәатә цәеижьхәҭа аԥнаҵазар» ҳәа.[18] Ари ахҭыс зынӡа ииашаҵәҟьоуп ҳәа адкылара шаԥсам ала аԥхьаҩ игәиҽанҵо, Хомски ишьақәирӷәӷәоит иара иаҳа аиаша иазааигәазар шалшо, ажәаҳәа аеволиуциа иазку егьырҭ «алакә» ҭоурыхқәа жәпакы раасҭа.[19]

Абызшәа маҷ-маҷ аҿиара атеориақәа ирықәныҟәоит иахьазы аҭҵааҩцәа реиҳараҩык, аха ари аҿиара иадгалоу амеханизмқәа рыла, арҭ атеориақәа еиԥшым. Шьоукы, иаагозар апсихолог Стивен Пинкер иеиԥш иҟоу, абызшәа аҿиара аҩныҵҟатәи процессуп, уи иаԥхьагылоу ҳәа ишьатәуп аԥстәқәа ринтеллект ҳәа ирԥхьаӡоит.[20] Абызшәа аицәажәара апроцесс аан ироуа, иҭырҵаауа мыругоуп ҳәа изԥхьаӡо егьырҭ аҭҵааҩцәа (иаагозар, М.Томаселло иеиԥш) хыҵхырҭак аҳасабала иалырхуеит аԥстәқәа рыбжьара аицәажәара, ашьҭыбжьтә ма анапырхахаратә.[21] Абызшәа маҷ-маҷ амузыка аҟынтәи аҿиара, Жан-Жак Руссои Чарльз Дарвини реиԥш иҟоу ахәыцыҩцәа ирҳәахьоу агәаанагара шьақәдырӷәӷәоит егьырҭ амодельқәа. Ари атеориа ҳаамҭазтәи адгылаҩ ду ҳәа дыԥхьаӡатәуп археолог Стивен Миттен.[22]

Абызшәа ауаатәыҩса рҭоурыхнӡатәи аамҭақәа рзы ишцәырҵыз иазку ҭоурыхтә шьҭак еиқәымхеит, иахьа ус еиԥш иҟоу апроцессқәа убаӡом. Убри аҟнытә маҷ-маҷ аҿиара атеориа иқәныҟәо аҭҵааҩцәа абызшәа заанаҵы ашьақәгылареи аԥстәқәа (иаагозар, априматқәа) реиҿцаареи аиԥшызаарақәа ҭырҵаалар акәхоит. Аҭҵаара альтернативтә метод, аԥхьаӡатәи ауаа адгьыл иҵоу рыԥсыбаҩқәа рҿы ажәаҳәа аҽашьырцылара ашьҭақәа, иара убас абызшәаԥхьатәи аамҭазы адыргақәа рхархәара ашьҭақәа рыԥшаара ауп.[23]

Ауаҩы иеиԥшу австралопитекаа реиҿцаара асистема шьаҭанкыла амаамынқәа ирымоу еиԥшымызт ҳәа агәаанагара еицрыдыркылахьоу акәны иҟоуп.[24] Ари аиҿцаара асистема ԥхьаҟатәи аҿиара иазкны, 2,5 миллион шықәса раҟара раԥхьа, ахкы "Homo" анцәырҵ инаркны, еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп. Ҭҵааҩцәақәак аԥхьаӡатәи абызшәашьаҭа ацәырҵра 2,3 миллион шықәса раԥхьа ахкы "Homo habilis" идырҳәалоит, даҽа ҭҵааҩцәақәак ракәзар, ари аҳәаа иахысын 1,8 миллион шықәса раԥхьа "Homo erectus", мамзаргьы "Homo heidelbergensis" ҳәа ирыԥхьаӡоит (зынӡа 600 нызқь шықәса раԥхьа). Абызшәа акәзар, уи иахьатәи аформала ишьақәгылеит хыхьтәи апалеолит аамҭаан — 100 нызқь шықәса инеиҵаны раԥхьа.[25]

Аглоттогенез ҳаамҭазтәи аҭҵаарақәа рылҵшәақәа (Д.Бикертон, Р. Боид, Џь-Л.Десаль, Р. Џьакендофф, Т. Дикон, М. Дональд, Д. Дор, К. Лаланд, П. Ричерсон, Р. Ренгем, К. Стерелли, М. Томаселло, В. Уилдген, Џь. Харфорд уҳәа уб. иҵ.) иалдыршоит ишьақәгыло аҩаӡарарацәатә парадигма ҿыц аӡбара.[26] Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иаку еибаркыраны рҽеидыркылоит Л. С.Выготски, Б. Скиннер, Дм Узнаӡе, Р. Коллинз рԥсихологиатәи рмикросоциологиатәи идеиақәа. Уи азы аеволиуциатә модель атехноԥсабаратә ҭыԥқәа, асоциалтә еиҿкаарақәа, аицәажәаратә усқәа еиуеиԥшым аиқәыршәаратә структурақәа ирыднаҳәалоит: аҵастә практикақәа, авокалтә ԥышәарақәа, адыргатәи асемантикатәи акқәа инадыркны — анеиронтә жәаҳәа амеханизмқәеи урҭ шьҭрала рықәманшәалахареи рҟынӡа. Ҳаамҭазтәи аҭҵаарақәа рыхҳәаа ҟаҵоуп Светлана Бурлак лышәҟәы "Абызшәа ахылҵшьҭра. Афактқәа, аҭҵаарақәа, агипотезақәа» аҿы.[27]

Ауаа жәытә-натә аахыс иазҿлымҳан Адгьыл аҿы абызшәақәа рацәаны цәырҵшьас ироуз азҵаара. Ҵарауаақәак ргәы иаанагоит урҭ зегьы еицырзеиԥшу адацқәа рымоуп ҳәа, апрамиртә бызшәа аиԥшымзаарақәа реибаркыра ("амоногенез" аконцепциа) иахҟьаны; ари агәаанагаразы ирҳәоит, хәҭакахьала, «адунеизегьтәи аетимологиақәа» ҳәа изышьҭоу — амакросемақәа зегьы ирзеиԥшны иҟоу ажәа шьагәыҭқәа.[28] Даҽа шьоукы, аханатә абызшәақәа еихьԥшым рхыҵхырҭақәа акымкәа иҟан ҳәа ирԥхьаӡоит ("аполигенез" аконцепциа)[29]

Абызшәадырцәа абызшәақәа реигәыцхәра шьақәдыргылоит абызшәатә акзаара 5-10 нызқь шықәса иреиҳамкәа раԥхьа ианеилаҳа, абызшәатә ҭаацәарақәа рахь ианеиднакыло аамҭазы. Ҭҵааҩцәақәак абызшәақәа еиҳа ихароу ргенетикатә еиуарагьы ашьақәыргылара рҽазыршәоит.

Абызшәа аҵара

Ихадароу астатиа: Абызшәадырра

Абызшәа ҭызҵаауа ҭҵаарадырроуп абызшәадырра. Уи ашьақәгылара иалагеит ҳашықәсԥхьаӡара алагара акыр шагыз, ажәытәӡатәи аамҭақәа раан.[30] Абызшәадырратә дырра аҿиара апроцесс акырӡа еиҵыхын, аиҳаракгьы еиҿагылон, иҷыдоу ашколқәеи атрадициақәеи ахьышьақәгылоз еиуеиԥшым аетникатә культурақәа рхаҭарнакцәа рымчала имҩаԥысуан. XIX — XX ашәышықәсақәа рзы ишьақәгылоит иахьатәи абызшәадырра —ауаҩы ибызшәеи ицәажәаратә усуреи рганқәа зегьы теориалеи практикалеи иҭызҵаауа имахәҭарацәоу ҭҵаарадырроуп.[31]

Абызшәадырра аҟәшақәа

Абызшәа академтә ҭҵаара, еиуеиԥшым атеориатә позициақәа рыла, аҭцаарадырра аҟәшақәа акыр рзы аинтерес аҵоуп.[32] Убас, ахцәажәаратә бызшәадырра иҭнаҵаауеит иалкаау абызшәа аграмматика, атеориатә бызшәадырра, абызшәа аԥсабара азхәыцреи аҳәаақәҵареи ирызку атеориақәа, иҟоу абызшәа рацәа шьаҭас иҟаҵаны аус рыднаулоит. Асоциолингвистика азҿлымҳауп абызшәа асоциализациа хықәкыс иҟаҵаны хархәашьас иамоу, анеиролингвистика ауаҩы ихшыҩ аҿы абызшәатә дырраҭара аус адулара иадҳәалоу апроцессқәа ҭнаҵаауеит, аҭоурыхтә бызшәадырра иҭнаҵаауеит абызшәатә еиуареи абызшәақәа ргенетикатә классификациеи рызҵаарақәа, апрагматика иҭнаҵаауеит ицәажәо абызшәатә дыргақәа рхархәаразы аҭагылазаашьақәа реизак.[33]

Абызшәадырра аҭоурых

Фердинанд де Сосиур

Абызшәа формалла аҭҵаара аҭоурых V ашәышықәса ҳ. ҟ. инаркны иалагоит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.[34] Ари аамҭазы индиатәи аграмматик Панини ишьақәиргылеит асанскрит абызшәа аморфологиатә ԥҟарақәа 3959. Убри инаваргыланы, дырраҭарақәак рыла, XIX ашәышықәсазы ҳ. ҟ. шумертәи ашәҟәыҩцәа шумертәии аккадтәии абызшәақәа рграмматика аиԥшымзаарақәа ҭырҵаахьан. Анаҩс, аҩыра аус адызулоз ажәытә культурақәа зегьы рхатәы грамматикатә традициа иазнеиуан.[35] Традициала иалкаахоит абарҭ амилаҭтә бызшәадырратә традициақәа: индиатә, антикатә (нас — европазегьтәи), китаитәи арабтәи (Аҟәырҟан аилыркаареи аԥхьареи ирыдҳәалоу).

XVII ашәышықәсазы Пор-Роиальтәи афранцыз грамматикцәа аус адырулеит абызшәа аграмматика ахәыцра ашьаҭақәа аанарԥшуеит, убри аҟнытә аграмматика универсалтәызароуп ҳәа зҳәо аидеиа. XVIII ашәышықәсазы афилолог Уилиам Џьонс, аиҿырԥшратә анализ шьаҭас иҟаҵаны, асанскрити алатын бызшәеи хылҵшьҭрак акәзар ҟалап ирымоу ҳәа азгәаҭаны, аиҿырԥшра-ҭоурыхтә бызшәадырра ашьаҭа икит[36], Вильгельм фон Гумбольдт академтә бызшәа аҵара индоевропатәи абызшәақәа ргәыԥ мацара аҳәаақәа ирҭигеит.[37] XX ашәышықәса алагамҭазы, Фердинанд де Соссиур, дара-дара рыла иҳәаақәҵоу, еидҳәалоу акқәа рстатикатә системак аҳасабала, абызшәа аидеиа аԥиҵеит.[38] Соссиур иеихьӡара хадақәа рахь иԥхьаӡатәуп иара убас адиахрониатәи (аҭоурыхтәи аиҿырԥшратәи), асинхрониатәи (адескриптивтә) бызшәадырра аиҩдыраара. Соссиур излаиҳәо ала, абызшәадырратә ҭҵаара амаҭәар ианақәшәо, абызшәа адиахрониатә аспектқәа реиԥш асинхрониатә аспектқәагьы ианрыххәыцуа ауп. Уи адагьы, иара идҳәалоуп абызшәатә система ахәҭақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәеи аиԥшымзаарақәеи ҩ-хкык ралкаара: асинтагматикатәи ассоциативтәи (апарадигматикатәи)

Абызшәа системак аҳасабала

Ихадароу астатиа: Абызшәатә система

Ихадоу ҳәа иалкаауп анаҩстәи абызшәа аҩаӡарақәа[39]:

Абызшәа еиуеиԥшым аҭыԥқәеи аҳаракырақәеи рҿы асистема аҩаӡара еиԥшӡам; убас, афонологиаҿы, хәҭак ӷәӷәала аиҭакра егьырҭ ахәҭақәа рышҟа ииасуа аиҭкарақәа ҟанаҵоит, уи алексикаҿы аасҭа акыр еиҳауп.[39] Уи адагьы абызшәатә системеи уи хаз игоу асистемеи рҿы иалкаахоит ацентри аперифериеи.

Адунеи абызшәақәа

Ихадароу астатиа: Адунеи абызшәақәа
Адунеи абызшәатә ҭаацәарақәа

Адунеи аҿы иҟоуп 7 нызқь инареиҳаны абызшәақәа, аха урҭ еидукылар ҟалоит акыр имаҷу абызшәатә ҭаацәарақәа рыла.[40]

Иԥсабаратәу абызшәақәа зегьы, ма реиҳарак ирымоуп абызшәатә ԥҟарақәа ҳәа изышьҭоу (иаагозар, иарбан бызшәазаалак иамоуп абжьыҟақәеи ацыбжьыҟақәеи, абызшәаҿы арыҩбатәра ыҟазар, уи иалоуп арацәа хыԥхьаӡарагьы уҳәа).

Абызшәақәа реихшара

Абызшәақәа реихшаразы еиуеиԥшым азнеишьақәа ыҟоуп:

Ҭаацәарақәак рзы иазгәаҭоуп еиҳа зыҩаӡара ҳараку атаксонқәа реидкылара — амакроҭаацәарақәа. Агенетикатә ҷыдарақәа рышьаҭала абызшәақәа реихшара иаҿуп абызшәатә систематика.

Абызшәа адинамика адунеи аҿы

Адгьыл аҿы иҟоуп 7 нызқь инареиҳаны абызшәақәа.[41] Аимадарақәа реизҳарала, зыԥсы ҭоу абызшәақәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит бжьаратәла бызшәак ҩымчыбжь рыҩныҵҟала аццакра аманы.[42]

Нови-Сад (Сербиа) ақалақь ахадара ахыбраҿы ԥшь-бызшәак рыла иҟоу аҭаӡҩырақәа: асерб, авенгр, асловак, аладаурыс

Еиҳа ахархәара змоу 40 бызшәа рыла ицәажәоит Адгьыл иқәынхо ауааԥсыра 2/3 рҟынӡа. Зхатәы бызшәала ицәажәо рхыԥхьаӡарала адунеи аҿы аԥыжәара рымоуп акитаи, ахинди, англыз, аиспан, араб, апортугал, аурыс. Амала фактла еиҳа ихадоу рбаганы иҟалоит, аиҳаракгьы иахьатәи адунеи аҿы, ахатәы бызшәа акәымкәа, зыԥсы ҭоу есҽнытәи аицәажәараҿы, аҵараҿы, амассатә дырраҭара ахархәагақәа рҿы, аамҭахгарақәа, аинтернет аҿы бызшәак ареалтә хархәара, адунеи аҿы абызшәа зҵо рхыԥхьаӡара иадҳәалоу арбага. Ас азнеишьаан, хымԥада хыԥхьаӡарала аԥыжәара амоуп англыз бызшәа, еиҳа имаҷны, афранцыз, аиспан, аҩадатәи китаитәи, араб бызшәақәа реиԥш иҟоу абызшәақәа.

Ҩ-бызшәак, ма инареиҳаны ицәажәо ауаа рхыԥхьаӡара есааира иацлоит. 70% рҟынӡа Адгьыл иқәынхо бызшәак инеиҳаны иалацәажәар рылшоит. Ҩ-бызшәак акыр ибзианы рдырреи бызшәак аҟынтәи даҽа бызшәак ахь ахы иақәиҭны аиасреи абилингвизм ҳәа иашьҭоуп.[43][44] Атәылақәа жәпакы рҿы ауаа аҩны аҭыԥантәи абызшәала, ма адиалект ала ицәажәоит, аофициалтә еизыҟазаашьаҿы — аҳәынҭқарратә бызшәа алитературатә вариант ала, аиҳарак ашкол аҿы — уи адиглоссиа ҳәа иашьҭоуп.[44]

Иахьатәи аамҭазы, иӡуеит ҳәа иԥхьаӡоу, 400 бызшәа инареиҳаны иҟоуп.

Абызшәа ныҟәызго аҵыхәтәантәи ауаҩы иара ицԥсуеит, убри аҟнытә ашәарҭара иҭагылоуп, зегь раԥхьаӡагьы, аҩыра зхы иазмырхәо ажәларқәа.[45]

Абызшәақәа рҭахара амзызқәа ируакуп иныҟәызго рыҩныҵҟа урҭ хыԥхьаӡарала еиҟарамкәа реихшара. Убас, апланета ауааԥсыра 80% ирықәшәоит 80 бызшәа, 3,5 нызқь бызшәа — адгьыл иқәынхо ауааԥсыра 0,2% роуп.[46] Абызшәақәа рыӡра апроцесс мзыз хадақәас иԥхьаӡоуп аглобализациеи амиграциеи. Ауаа ақыҭақәа ирылҵны ақалақьқәа рахь ицоит, рыжәлар рбызшәа рцәыӡуеит.

Иахьа иҟоу абызшәақәа рыбжеиҳараҩык XXI ашәышықәса азбжазы ахархәара рҵәыӡуеит. Абызшәақәа жәпакы ыӡуеит дара ныҟәызго еиҳа зымч ӷәӷәоу абызшәатә еилазаара ианамадахалак, убри аҟнытә аӡра ашәарҭара иҭагылоуп раԥхьа иргыланы ажәлар маҷқәа рбызшәақәеи аҳәынҭқарра змам ажәларқәа рбызшәақәеи. 70% иреиҵаны ахәыҷқәа абызшәа рымҵозар, иӡуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. ИУНЕСКО «Аӡра ашәарҭара иҭагылоу адунеитә бызшәақәа ратлас» адыррақәа рыла, иахьатәи Аамҭазы Европа аӡра ашәарҭара иҭагылоуп 50 бызшәа рҟынӡа.

Рҭагылазаашьа еиҳа иуашәшәыроуп Австралиа, Индокитаи, Америка, Африка рышьагәыҭуаа рбызшәақәа, аконтинентқәа ирҟәыҭхоу адгьылбжьахақәа — уаҟа иҟоуп даҽа шьоукы иқәырцо ажәлар ссақәа рацәаны, иара убас адгьылбжьахақәа ҟалар, ажәлар жәпаҩыла ианԥсуа иара еиҭашьақәзыргыло уаҩ дыҟам. Еиҳа иӷәӷәоуп Европа абызшәақәа — Европа атәылақәа ҿиоуп, уа ауааԥсыра рацәаны инхоит; ус анакәха, урҭ абызшәақәа ныҟәызго зықьҩыла ракәзаргьы раныӡаара рацәак иԥырхагахом. Ватикан аофициалтә бызшәақәа ируаку, шьҭа иԥсхьоу алатын бызшәа, уахь иузалаҵом.

Абызшәа аҷыдарақәа

Абызшәақәа реиқәырхареи рфункциатә ԥкреи рыҩаӡарала иҳәаақәҵоуп.

Аиқәырхара аҩаӡара

Ихадароу астатиа: Абызшәақәа реиқәырхара аҩаӡара

Аиқәырхара аҩаӡарала (англ. Levels of endangerment) абызшәақәа ИУНЕСКО абызшәақәа рзы Ашәҟәы Ҟаԥшь аҿы еиуеиԥшым абызшәа ашәарҭара иҭазыргыло ашәарҭара еиҳа еилыкка аилкааразы ирыдгалоу ф-категориак рыла ишьақәгылоу аихшарбага рымоуп:

  • Иӡхьоу абызшәақәа (extinct – иӡхьоу)
  • Иҟалап иқәӡааз абызшәақәа ("possibly extinct")
  • Ақәӡаара ахықә иқәгылоу (иқәӡаарц егьызгым, "nearly extinct")
  • Иӡуа (иқәӡаауа) абызшәақәа ("seriously endangered")
  • Иманшәалам абызшәақәа ("endangered")
  • Иҭышәынтәалам абызшәақәа ("potentially endangered")
  • Иманшәалоу абызшәақәа (имԥсуа) ("not endangered")

Афункционалтә ԥкра

Функциала иԥку ҳәа иашьҭоуп иахьынӡахәҭоу мамзаргьы зынӡа абарҭ алшарақәа змам абызшәа:

  • иалкаау аҩыратә системаҿы иҭышәынтәалоу аорфографиа;
  • иҿырԥшыгоу алитература (аграмматика, ажәарқәа, аклассикцәа рырҿиамҭақәа);
  • амассатә аларҵәара аматериалқәа (апресса, аудионҵамҭақәа, афильмқәа, ашәақәа, амузыка);
  • атехникатәи арҵаратәи литература (атехникатәи аҭҵаарадырратәи кьыԥхьымҭақәа, адидактикатә усумҭақәа, арҵага шәҟәқәа);
  • есҽнытәи адырраҭара еиуеиԥшым аныҟәгагақәа (афишақәа, алаҳәарақәа, акорреспонденциа, аилыркаагақәа, анапхгарақәа уҳәа);
  • абызшәала адырраҭара аиагаразы егьырҭ ахархәагақәа.[47]

Абызшәа функциала иԥкуп ҳәа аԥхьаӡаразы, еиқәыԥхьаӡоу алшарақәа зегьы рыҟамзаара хымԥадатәӡам. Абызшәа аҩыра амазар, ашкол аҿы иддырҵозар ҟалоит, аха убри инаваргыланы адырраҭаратә ма абызшәатә лшарақәа хаҭабзиарала иахьынӡахәҭоу рыҟамзаара иахҟьаны ӷәӷәала ааха аиур ҟалоит.

Функциала иԥку рахь ииашаны иԥхьаӡахоит зықәӡаара хырԥашьа амам абызшәақәа реиԥш ицәырҵуа абызшәақәагьы, акырӡа алшара дуқәа змоу, аха макьаназы аҟазааразы инагӡаны иазымхо.

Ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа рыҟазаара аганахьала, функциала иԥку абызшәа ақәӡаара ашәарҭара иҭазыргыло бызшәаны иҟалар алшоит уи ахархәара аныҟәгаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷзар.

Функциала иԥку абызшәақәа рахь иаҵанакуеит:

  • Европа:
  • Америка:
    • ◦ ашьагәыҭ уааԥсыра рбызшәақәа шамахамзар зегьы;
  • Азиа:
    • ◦ полинезиатәи, микронезиатәи, меланезиатәи адгьылбжьахақәа иашьагәыҭуаау рбызшәақәа шамахамзар зегьы;
    • ◦ Азиа Аҩада зхыԥхьаӡара маҷу ажәларқәа рбызшәақәак.
  • Африка:
    • ◦ абызшәақәа шамахамзар зегьы функциала иԥку рахь иаҵанакуеит.

Абызшәа ахкқәа

Ихадароу астатиа: Абызшәа ахкқәа

Иарбан бызшәазаалак аҩныҵҟа ихадоу ахкқәа рахь иаҵанакуеит, аиерархиатә еишьҭагылашьала:

Ахархәара маҷым иара убас «анеитралтә» термин:

  • аидиом — абызшәа ахкы арбара иара астатус хаҭа рацәак хра аламзаргьы, ма еилкаамзаргьы.[55]

Адиалектқәа реизак, иара убас иҿиоу абызшәақәа рҿы абаша бызшәа иаҿагылоит алитературатә бызшәа — инормарку, афункциа рацәа змоу амилаҭтә бызшәа хкы, хымԥада аҩыратә форма змоу. Алитературатә бызшәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыркаауеит ауаажәларра еиуеиԥшым акоммуникативтә ҭахрақәа рымаҵ зуа еиуеиԥшым афункционалтә стильқәа (иаагозар, асахьаркыратә, аҭҵаарадырратә, аофициал-усуратә, апублицистикатә).[56]

Иааидкыланы, "еизааигәоу аидиомқәа ҩба диалектқәоума, еиуеиԥшым бызшәақәоума" ҳәа азҵаара аҭак акырџьара ҵакы заҵәыкны иҟаӡам; абызшәеи адиалекти реиԥшымзаара апроблема абызшәатә систематика апроблема хадақәа ируакуп, уи аҵакы абызшәадырра аҳәаақәа хараӡа ирҭыҵуеит.

Абызшәатә еимадарақәа

Ихадароу астатиа: Абызшәатә еимадарақәа

Еиуеиԥшым абызшәақәа ныҟәызго иааигәаны реинырраан рбызшәақәа анеиныруа маҷӡам, ианеиҵаха хазхаҭалатәи аҩаӡараҟынӡа. Абызшәатә еимадара инарҭбааны имҩаԥысыр алшоит абызшәатә ҳәааҿы, адстраттә бызшәақәа рыбжьара, мамзаргьы амиграциа иахҟьаны, усҟан иныҟәызго изы иҿыцу абызшәа суперстратк (уаанӡатәи зыхәлабгаз), ма субстратк аҳасабала иҟалар алшоит.

Абызшәатә еимадарақәа раан аҭыԥ роур алшоит еиуеиԥшым афеноменқәа — урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп абызшәақәа реизааигәахара, амаԥсахра, акалькақәа, аиҭеидкылара реиԥш иҟоу. Аинтенсивтә бызшәатә еимадарақәа ирылҵшәоуп ирмариоу абызшәа еилаԥса, аилаӡҩара, акодқәа реиҭакра, еилаԥсоу абызшәақәа.

Шәахә. иара убас

Азгәаҭақәа

  1. ↑ Норман, 2009, с. 14—18
  2. ↑ Кузнецов, 1991, с. 186, 193—194, 201—202
  3. ↑ Кибрик, 1990, с. 604
  4. ↑ Кузнецов, 1991, с. 186—187, 201—202
  5. ↑ Contact Languages: A Wider Perspective / Ed. by S. G. Thomason. — Amsterdam: John Benjamins Publishing, 1997. — xi + 506 p. — (Creole Language Library. Vol.17). — ISBN 1-55619-172-3. — P. 1-4.
  6. ↑ Бурлак, Старостин, 2005, с. 64—68
  7. ↑ Бланке Д.  Проекты плановых языков и плановый язык // Проблемы международного вспомогательного языка. — М.: Наука, 1991. — С. 63—69. — 263 с. — ISBN 5-02-016810-6. .
  8. ↑ Беликов В. И. Жестов языки // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 153.
  9. ↑ Норман, 2009, с. 14—18
  10. ↑ Ахутина Т. В. Вступительная статья // Томаселло, Майкл. Истоки человеческого общения / Пер. с англ. М. В. Фаликман, Е. В. Печенковой, М. В. Синицыной, Анны А. Кибрик, А. И. Карпухиной. — М.: Языки славянских культур, 2011. — С. 20.
  11. ↑ «Язык, средство общения» — статья в Малой советской энциклопедии; 2 издание; 1937—1947 гг.
  12. ↑ Э. Скибицкий, Е. Китова Научные коммуникации 2-е изд. Учебное пособие для бакалавриата и магистратуры. ЛитРес. 2022.
  13. ↑ Бурлак, Старостин, 2005, с. 175—191
  14. ↑ Enard W., Przeworski M., Fisher S. E. e. a. Molecular evolution of FOXP2, a gene involved in speech and language // Nature, 2002, 418 (6900). — P. 869—872. — doi:10.1038/nature01025. — PMID 12192408 .
  15. ↑ Nudel R., Newbury D. F. FOXP2 // Wiley Interdisciplinary Reviews. Cognitive Science, 2013, 4 (5). — P. 547—560. — doi:10.1002/wcs.1247. — PMID 24765219 .
  16. ↑ Krause J., Lalueza-Fox C., Orlando L. e. a. The derived FOXP2 variant of modern humans was shared with Neandertals // Current Biology, 2007, 17 (21). — P. 1908—1912. — doi:10.1016/j.cub.2007.10.008. — PMID 17949978 .
  17. ↑ Ulbaek, 1998, p. 30—43
  18. ↑ Chomsky, 2000, p. 4
  19. ↑ Chomsky, 2000, p. 4
  20. ↑ Pinker, Steven.  The Language Instinct: How the Mind Creates Language. — New York: HarperCollins, 2000. — xv + 525 p. — (Harper Perennial Modern Classics). — ISBN 0-06-095833-2.
  21. ↑ Tomasello, Michael.  Origin of Human Communication. — Cambridge, MA: MIT Press, 2008. — xiii + 393 p. — (The Jean Nicod Lectures). — ISBN 978-0-262-20177-3. — P. 8—10, 53—55.
  22. ↑ Fitch, 2010, p. 466—507
  23. ↑ Fitch, 2010, p. 250—292
  24. ↑ Foley, 1997, p. 70—74
  25. ↑ Fitch, 2010, p. 292—293
  26. ↑ Розов Н. С. Происхождение языка и сознания. Как социальные порядки и коммуникативные заботы порождали речевые и когнитивные способности. Новосибирск: Манускрипт, 2022. 355 с.
  27. ↑ "Светлана Бурлак Происхождение языка. Факты, исследования, гипотезы" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 25 нанҳәамза 2022 ахь. Ириашоу 25 нанҳәамза 2022 шықәсазы.
  28. ↑ Иванов Вяч. Вс. Моногенеза теория // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 308—309.
  29. ↑ Бурлак, Старостин, 2005, с. 125—126
  30. ↑ Сусов И. П.  История языкознания. — М.: АСТ: Восток-Запад, 2007. — 382 с. — ISBN 5-17-039272-9.
  31. ↑ Newmeyer, Frederick J. "The History of Modern Linguistics". Linguistic Society of America. Иархивтәоу аоригиналзы 31 ԥхынҷкәынмза 2014 ахь. Ириашоу 10 ажьырныҳәамза 2015 шықәсазы.
  32. ↑ Trask, Robert Lawrence.  Language and Linguistics: The Key Concepts. 2nd ed. — London: Routledge, 2007. — xxi + 367 p. — ISBN 978-0-415-41398-9. — P. 110—111, 184—188, 264—265.
  33. ↑ Арутюнова Н. Д. Прагматика // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 389—390.
  34. ↑ Campbell, Lyle.  The History of Linguistics // The Handbook of Linguistics / Ed. by M. Aronoff and J. Rees-Miller. — Malden, MA: Blackwell Publishers, 2001. — xvi + 821 p. — ISBN 0-631-20497-0. — P. 81-105.
  35. ↑ В. М. Алпатов. История лингвистических учений. — Москва: Языки славянской культуры, 2005. — С. 9, 13. — 368 с. — ISBN 5-9551-0077-6.
  36. ↑ Третий ежегодный доклад В. Джонса, президента Азиатского общества в Бенгалии Архив ҟаҵан 2007-09-30 азы Wayback Machine аҟны. [анеишьа амам азхьарԥш]
  37. ↑ Гумбольдт В.  Избранные труды по языкознанию. — М.: Прогресс, 1984. — 397 с.
  38. ↑ Saussure, Ferdinand de.  Course in General Linguistics. — La Salle, Ill.: Open Court, 1983. — xx + 236 p. — ISBN 0-8126-9023-0.
  39. ↑ 39,0 39,1 Булыгина Т. В., Крылов С. А. Система языковая // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 452—454.
  40. ↑ Бурлак, Старостин, 2005, с. 3
  41. ↑ Ethnologue — крупнейший в мире каталог языков Архив ҟаҵан 2007-12-27 азы Wayback Machine аҟны. (англ.)
  42. ↑ "Почти половине языков мира грозит исчезновение". Иархивтәоу аоригиналзы 29 рашәарамза 2008 ахь. Ириашоу 5 абҵарамза 2007 шықәсазы.
  43. ↑ Мультиэтничность современных государств и проблема раннего билингвизма
  44. ↑ 44,0 44,1 Типология билингвизма (наблюдения за 5 билингвами)
  45. ↑ "Когда умирают языки". Иархивтәоу аоригиналзы 22 ԥхынгәымза 2011 ахь. Ириашоу 9 жьҭаарамза 2008 шықәсазы.
  46. ↑ "Мир теряет языки". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 19 ԥхынгәымза 2011 ахь. Ириашоу 9 жьҭаарамза 2008 шықәсазы.
  47. ↑ Марсель Дики-Кидири. Как обеспечить присутствие языка в киберпространстве? — М.: Межрегиональный центр библиотечного сотрудничества (МЦБС), 2007. — 64 с.
  48. ↑ Виноградов В. А. Идиолект // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 171.
  49. ↑ 49,0 49,1 49,2 Касаткин Л. Л. Диалект // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 132—133.
  50. ↑ Жукова И. Н., Лебедько М. Г., Прошина З. Г., Юзефович Н. Г.  Словарь терминов межкультурной коммуникации. — М.: Флинта; Наука, 2013. — 632 с. — ISBN 978-5-9765-1083-8. — С. 84.
  51. ↑ 51,0 51,1 Реестр кавказских языков // Коряков Ю. Б. Атлас кавказских языков / Ин-т языкознания РАН. — М.: Пилигрим, 2006. — 76 с. — ISBN 5-9900772-1-1. — С. 21—41.
  52. ↑ Ананьева Н. Е.  История и диалектология польского языка. 3-е изд. — М.: Книжный дом «Либроком», 2009. — 304 с. — ISBN 978-5-397-00628-6. — С. 88.
  53. ↑ Abalain, Hervé.  Le français et les langues historiques de la France. 2e éd. — Paris: J.-P. Gisserot, 2007. — 317 p. — ISBN 978-2877-47881-6. — P. 154.
  54. ↑ Широков О. С.  Введение в языкознание. — М.: Изд-во Моск. ун-та, 1985. — 264 с. — С. 112.
  55. ↑ Виноградов В. А. Идиом // Лингвистический энциклопедический словарь / Гл. ред. В. Н. Ярцева. — М.: Советская энциклопедия, 1990. — С. 171.
  56. ↑ Норман, 2009, с. 261—263

Алитература

Азхьарԥшқәа