Тарас Шевченко (украин Тарас Шевченко; *9 хәажәкыра 1814, Морынци — †10 хәажәкыра 1861, Петербург) — аукраин апоетеи асахьаҭыхҩыеи. Дырмит Гәлиа диҭазгуан аҩымҭақәа аҧсшәа.
Дырмит Гәлиа аиҭага.
- АУСИАҬ АЖӘА
- Са санҧслакь шәара сыжәжы
- Адамра сҭаҵаны,
- Асазан ҭбаа агуҭаны,
- Са с-Украинаҿы;
- Адә ду ҧшӡа ҭбаакуеи,
- Днепри уи аҧаҩкуеи
- Сара избауа, цқъаисаҳауа
- Иара абжъы шгауа.
- Украинатә ишаагалакь
- Хара амшын иаҵәахь
- Хаҕацәа ршьа… усҟан сара
- Адәи ашьхеи абра —
- Зегь ааныжьны иара убрахь,
- Сцап анцәа ихаҭа иахь
- Сматанеирацы… Уаанӡа сара-
- Дсыздырам уи анцәа.
- Сара сыжәжы, нас шәа шәнагыл,
- Ашьамҭлаҳәкуа ншашәыжь,
- Нас ҳаҕацәа ршьала
- Ицқьашәтә ахакуиҭра.
- Саргь ҭаацәара ду аҿы,
- Хакуиҭ ҭаацәа ҿыц аҿы,
- Сышәхашәмырхҭын, сышәгуалашәала
- Жәа хаа гуҟаҵагала.
|
«Аусиаҭ ажәа»