Арӡынба, Владислав Григори-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Владислав Григори-иԥа Арӡынба
ақырҭ. ვლადისლავ გრიგორის ძე არძინბა
аур. Владислав Григорьевич Ардзинба
Аԥсны Аҳәынҭқарра 1 тәи ахада
Амаҵураҭыԥ ахь:
абҵарамза 261994 ш. – жәабранмза 122005 ш.
Аԥхьа иҟаз Аусбарҭа амаҵура
Аҭынха Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь
1-тәи Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳазоу асовет ахантәаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
ԥхынгәымза 231992 ш. – абҵарамза 261994 ш.
Аԥхьа иҟаз Аусбарҭа амаҵура
Аҭынха Сократ Раче-иԥа Џьинџьолиа
Аԥсны Асовет Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
ԥхынҷкәынмза 241990 ш. – ԥхынгәымза 231992 ш.
Аԥхьа иҟаз Аусбарҭа амаҵура
Аҭынха Амаҵура аԥыхра
СССР жәлар рдепутат
Амаҵураҭыԥ ахь:
лаҵарамза 251989 ш. – ԥхынҷкәынмза 261991 ш.

Аполитикатә партиа
Алахәылара Асовет Еидгыла акоммунисттә партиа

Аира лаҵарамза 141945 ш.
Ешыра ақыҭа, Аԥснытәи АССР
Аԥсра хәажәкырамза 42010 ш.
Москва, Урыстәыла
Аԥсыжра аҭыԥ Ешыра ақыҭа, Аҟәа араион, Аԥсны
Амилаҭра Аԥсуа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра,
Қырҭтәыла
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
Аурыс бызшәа
Аԥҳәыс Светлана Ирадион-иԥҳа Џьергениа
Ахәыҷқәа Мадина Арӡынԥҳа
Ажәла Арӡынба
Алма-матер Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет,
Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә университет
Аусура алингвист,
аҭоурыхдырҩы,
аполитик,
хеттолог
Анашьамҭақәа Аԥсны Афырхаҵа
орден «Честь и слава»
орден Почёта
Анаԥынҵамҭа
Асаит http://ardzinba.com/

Владислав Григори-иԥа Арӡынба (ақырҭ. ვლადისლავ გრიგორის ძე არძინბა; аур. Владислав Григорьевич Ардзинба; лаҵарамза 141945 ш., Ешыра ақыҭа, Аԥснытәи АССРхәажәкырамза 42010 ш., Москва, Урыстәыла) — Аԥсуа политик, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада (1994-2005), Аԥсны Амилаҭтә Фырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩы, абызшәадырҩы, анаукаҭҵааҩы.

Абиографиа

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14 1945 шықәса Арӡынба Григори Қьаамын-иԥеи Иаӡычба Надежда Шьаабан-иԥҳаи рҭаацәараҿы. Анеҩсан быжьшықәса рышьҭахь дииуеит иашьеиҵыб Нодар.

Владислав иаб — далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра ду. Аибашьра ду аԥхьеи, уи ашьҭахьи аус иуан ашкол аҿы. Владислав иаб иман хҩык аишьцәа: аиҳабы ихьӡын Султан, агәыбжьанытә — Миша, реиҵыбӡа — Рауф. Иара убас акыршықәса ашкол аҿы аус лухьан иангьы.

В. Арӡынба раԥхьаӡатәи ишьаҿақәа еихигеит Ешыратәи абжьаратә школ ашҟа. В. Арӡынба агәырҵҟәыл бзиа змаз аҵаҩцәа дреиуан. Уи бзиа ибон ажәеинраалақәа аисахьаркны раԥхьара.

В. Арӡынба ашколаҿ еиҿкааз акәашаратә гәыԥ далан. Ибзианы ицааиуан Кавказтәи акәашарақәа. Иара дызлаз агәыԥ изныкымкәа аолимпиадатә конкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа ргахьан.

В. Арӡынба ашкол аҿы аҵара аниҵоз зегь реиҳа игәаҿы иаанхеит аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Дара ирыбзоуран иидыруаз абызшәақәа.

В. Арӡынба ашкол даналга ашьҭахь 1962 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогиатә институт аҭоурыхтә факультет.

В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара инасыԥны аԥхьаӡон Аҟәатәи апедагогигатә институт аҭоурыхтә факультет дахьалгаз. Уи ашколтә ҵара алгара анааигәаха иаб иҭахын Қарҭтәи ауниверситет аекономикатә факультет дҭаларц. Аха уи игәамыԥхеит аҵара аҭалараан аԥышәарақәа рҭиуан урыс бызшәала, нас ақырҭуа бызшәахь иахьасуаз. Убри мацара иахырҟьаны иҷкәын уахь дцаны иҵара мап ацәикит.

В. Арӡынба иара убас инасыԥ дуны иԥхьаӡон дара ркурсаҿ алекциақәа иахьрыԥхьоуз зегь иреиҳаз аҵарауаа. Урҭ иреиуан: Аԥсны археолог Михаил Мамеҭ-иԥа Траԥшь, аҭоурых ҭҵааҩы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аԥсуа етнограф аҵарауаҩ ду Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа.

Анаукатә ҭҵаара

В. Арӡынба иҵара даналга ашьҭахь дҭалоит аспирантура мрагыларатәи Академиа. Ари аҵараиурҭаҿ аус иуан 1969 инаркны 1988. В. Арӡынба хықәкыла иҭиҵааун имаҷу Азиа иадҳәалоу аҭоурыхи, акультуреи, урҭ ажәларқәа ирыдҳәалоу арелигиатә нцәахаҵарақәуеи, еиҳарак хаттааи хеттааи ирыдҳәалаз.

1971 шықәсазы В. Арӡынба ихьчоит икандидаттә дисерациа, 1985 шықәсазы идоктортә дисертациа.

1987 шықәсазы уи напхгара азиуан Ажәытә Мрагыларатәи аинститут акультуреи аидеиалогиеи сектор аҟәшаҿы, аха рацәак дынгылуом, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҭҵааратә институт хадара азиуеит 1999 шықәсанӡа.

Аԥсны раԥхьатәи аԥыза Москва аус иуанаҵы иԥсадгьыл хылаԥшрада инижьуамызт, уи иара дшадҳәалаз дадҳәалан. Аԥсныҟа данаалак акабинет дыҩнатәаны мацара акәымкәа, Аԥсны аҵарауааи иусуцәеи дрыҿцәажәон, уи еиликаауан урҭ ирыгыз ирыбзаз.

Иусқәа инарымаданы ирацәаны имҩаԥигон археологиатә ҭҵааратә експедициақәа Аԥсны атерриториаҿы. Аԥсны усҟантәи аамҭаз хадара шазиимуазгьы ижәлар ирацәаны дрыцхраауан. Дрыцхраауан аԥсуа ҵарауаа рыстатиақәеи ржурналқәеи акьыԥхь рарбараҿы. Акы рдицхрааит аԥсуа ҵарауаҩ Ш. Д. Инал-иԥа иҭыҵыз ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов» ҳәа хыс измаз иахҟьаны иӷәӷәаз авба ахьирҭаз аҟнытә. Иара убас иџьабаа дуқәа ируакуп Аԥсны ахәынҭқарра даныпрезидентха ижәлар рыԥсҭазаараҿ ихадара дуны иҟалеит Аԥсны анаука Академиа аԥҵара.

Уи иџьабаа кыр ишарацәазгьы ижәлар рҿаԥхьа, имаҷым иџьабаа аҭҵааратә усурақәа рыҿгьы.

Иҭҵааратә усурақәеи имонографиақәеи иреиоуп:

Ашәҟәқәа

  • Ардзинба В. Г. Ритуалы и мифы древней Анатолии / отв. ред. В. В. Иванов. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1982.
  • Маккуин Дж. Г. Хетты и их современники в Малой Азии / под ред. и послесловие В. Г. Ардзинба. — М.: Наука, 1983
  • Пиотровский Б. Б., Иванов В. В., Ардзинба В. Г. Древняя Анатолия. — М., 1985

Астатиақәа

  • Ардзинба В. Г. К вопросу о хеттском царе и «царице-матери» // Сборник статей преподавателей и аспирантов Сухгоспедиинститута. — Сухуми: Алашара, 1970. — С. 86—107.
  • Ардзинба В. Г. Заметки к текстам хеттских ритуалов // Вестник древней истории. — 1977. — № 3. — С. 118—132.
  • Ardzinba V. G. Some Notes on the Typological Affinity Between Hattian and North-West Caucasian (Abkhazo-Adygian) Languages. In: "International Tagung der Keilschriftforscher der sozialistischen Länder" (англ.) // Zusammenfassung der Vorträge. — Budapest, 1974. — 25 April. — P. 10—15.
  • Ардзинба В. Г. Некоторые сходные структурные признаки хаттского и абхазо-адыгского языков // Переднеазиатский сборник. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1979. — Т. III: История и филология стран Древнего Востока. — С. 26—37.
  • Ардзинба В. Г. Хурритский рассказ об охотнике Кесси // Кавказско-ближневосточный сборник. — Тб., 1984. — Вып. VII. — С. 61—73.
  • Ардзинба В. Г. Нартский сюжет о рождении героя из камня // Древняя Анатолия. — М.: Наука, 1985. — С. 128—168.
  • Ардзинба В. Г. Из наблюдений над §168 хеттских законов // Šulmu. — Prague, 1986.
  • Ардзинба В. Г. Хеттская дипломатия // Межгосударственные отношения и дипломатия на Древнем Востоке. — М., 1987. — С. 90—131.
  • Ардзинба В. Г. Послесловие // О. Герни. Хетты. — М.: Наука, 1987. — С. 192—222.
  • Ардзинба В. Г. Приметы образа «пастуха» абхазских нартских сказаний // Труды Абхазского государственного университета. — 1987. — Т. 5. — С. 131—135.
  • Ардзинба В. Г. Хеттская культура, религия и искусство // История Древнего Востока, часть вторая. — М., 1988.
  • Ардзинба В. Г. История Малой Азии // История стран Востока. — М.: Высшая школа, 1988.
  • Ардзинба В. Г. К истории имени, функции и образа общезападнокавказского бога кузнеца // Медные рудники Западного Кавказа III-I тыс. до н.э. и их роль в горно-металлургическом производстве древнего населения. Тезисы докладов Башкапсарского полевого археологического семинара. — Сухуми, 1988. — С. 62—64.
  • Ардзинба В. Г. К истории культа железа и кузнечного ремесла (почитание кузницы у абхазов) // Древний Восток: этнокультурные связи. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1988. — С. 263—306.
  • Ардзинба В. Г. Цивилизации древней Малой Азии // Древние цивилизации. — М.: Мысль, 1989.
  • Ардзинба В. Г. Приметы образа «пастуха» абхазских нартских сказаний // Абхазоведение. Язык. Фольклор. Литература. — Сухум, 2006. — Вып. II. — С. 128—137.

В. Арӡынба иҭҵааратә усумҭақәа зегьы инхоит хьтәы рахәыцны аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы.

Иполитикатә усура Асовет аамҭазы

В. Арӡынба 1989 ш. инаркны 1991 ш. дыҟан СССР жәлар депутатны, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Амилаҭтә хеилак алахәылас. Уаҟа диабдруеит академик А. Сахоров. Уи иабадырра В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара анырра ду ҟанаҵеит.

Актәи иқәгылараҿ жәлар депутатцәа рысездаҿ В. Арӡынба иқәиргылеит азҵаара имаҿу амилаҭқәа реиқәырхара ититултәу амилаҭқәа СССР иалоу 15 ҳәынҭқарра рҿаԥхьа. Уи ицәажәараҿ ирылеиҳәоит рыбжьара иҟаз аиқәшаҳаҭра иахәаԥшны автономтә республикақәа аҳәынҭқарра дуқәа ирылҵны рхала иҟаларац азы. Иара убас уи иҿцәажәараҿ иааган ҿырԥштәыс Аԥсны ССР Қырҭтәыла ССР 1921-1936 ш.ш. ирибжьаз аиқәшаҳаҭра.

Аԥсны аполитикатә напхгара

1990 ш. В. Арӡынба далхын Аԥсны Асср иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Убри аамҭазы Қырҭтәыла иреиҳаӡоу Асовет иҟанаҵеит алаҳәара автономтә Милаҭәқәа раԥыхра аҳәынҭқарра аҩныҵҟа. 1992 шықәсазы Аԥсны иҟанаҵеит аҭак 1972 шықәсазтәи аконституциа амчра шацәыӡуа, 1925 шықәсазы ирыдкылаз аконституциа аҽазнык амчра шаиоуа, уа ишазгәаҭаз ала Аԥсны иашьаратә республикан СССР иахьалаз.

СССР аилаҳамҭаз В. Арӡынба дықәгыланы ирылаиҳәоит зхы иақәиҭу ҳәынҭқарран иҟаларц азы, иара убас уи иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿақәа Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҟарара рымазарц.

В. Арӡынба 1992-1993 шықәсқәа рзы дҟаҵан Аҳәынҭқарра акомитет амилаҭ - хақәиҭтәра азықәԥара ахантәаҩыс. Ақырҭуеи-аԥсуеи реибашьра алагамҭаз В. Арӡынба ижәлар рахь иҟаиҵоит ааԥхьара: «Мы должны выстоять в этот трудный час, и мы выстоим, мы нанесем поражение тем, кто сеет смерть и разрушение в Абхазии».

Арҭ иажәақәа рнаҩс В. Арӡынба ижәлар ириҭоит адҵа инаскьарц аӡиас Гәмысҭа аладахьы ақалақь Аҟәа ааха ӷәӷәа амоурц азы. Аха усҟантәи аамҭаз Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара иҟаз аиҿцәажәара лыҵшәадахеит, ақалақь иаиоуит ааха ӷәӷәа.

Аибашьра анеилга ашьҭахь В. Арӡынба ишьаҿақәа еихигоит Урыстәылеи Аԥсни реизааигәахара, иара убас урҭ аиқәшаҳаҭра рыбжьаларц Урыстәыла ар аганахь ала.

1994 шықәсазы абҵарамза 26 рзы 12 тәи асесиаҿы ирылаҳәан зхы иакәиҭу ҳәынҭқарранны аҟалара иагьԥҵан иҿыцу аконституциа. Уи иақәшәо Аԥсны иҟалеит ипртзидентә ҳәынҭқарран. Иаразнак асовет аӡбарала, усҟантәи аамҭаз хантәаҩыс иҟаз, В. Арӡынба Аԥсны аҳәынҭқарра президентыс далхын. Уи ашықсан 1997 ш. ԥхәынчкәынмза 6 идикилеит аиноугурациа.

Урыстәыла Афедерациа ашәарҭара амаӡаныҟәагаҩ ихаҭыԥуаҩ Борис Березовски изныкымкәа иҽазышәахьан иазаагара, аха зегьы лыҵшәадахеит. Иара хаҭала, мамзаргьы усҟантәи аамҭаз имаз хантәаҩс Анри Џьергьениеи иареи иалахәын ақырҭуеи-аԥсвеи реидыслара аҭышәантәалара иазкыз аиҿцәажәарақәа ООН абжьа ҟазареи Урыстәылеи рыбжьара.

1999 шықәсазы жьҭаарамза 3 рзы раԥхьатәи жәларзегьтәи абжьыҭираан В. Арӡынба аҽазнык далхын Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас.

Аԥсны раԥхьаӡатәи ахада иԥсҭазаара алҵра

Аха иоуз ачымазара иахҟьаны, уи дзазымиааикәа иԥсҭазаара далҵуеит 2010 ш. хәажәкырамза 4 рзы. Уи даара итрагедиа духеит аԥсуа жәлар рзы. Уи анышә дамадоуп дахьиз дахьааӡаз Ешыра ақыҭа, иԥсадгьыл аҵеицәа рааигәара.

Иҭаацәара

Абиблиографиа

Азхьарԥшқәа

Аԥхьа иҟаз:
Аусбарҭа амаҵура
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада
(абҵарамза 261994 ш. — жәабранмза 122005 ш.)
Аҭынха:
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь